АААК Иреиҳаӡоу Ахеилак ахантәаҩы Мусса Егзакь ақьырсианцәа Мшаԥы рыдиныҳәалеит, сынтәа ари аныҳәа азгәарҭоит мшаԥымза 28 рзы.

Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс Иреиҳаӡоу Ахеилак ахантәаҩы Мусса Егзакь ақьырсианцәа рныҳәа хада – Иаса Қьырса игылара рыдиныҳәалеит. Ҳазҭоу ашықәс азы Амшаԥныҳәа азгәарҭоит мшаԥымза 28 рзы.

Егзакь иазгәеиҭеит, Амшаԥныҳәа адунеи ақьырсианцәа зегьы рзы аҵак ду шамоу.

«Амшаԥныҳәа иаҳзаанагоит Анцәа ихаҵара́ иацу алашара, ауаҩы игәы агәырӷьареи абзиабареи рыла иарҭәоит. Амшаԥныҳәа иазку аныҳәарақәа ҳабацәеи ҳабдуцәеи рытрадициақәа рахь ҳхьадырԥшуеит, ажәлар рыбжьара адоуҳа аиқәхара иацхраауеит», - иҳәеит Мусса Егзакь.

Иара иазгәеиҭеит, ари аныҳәа даҽазнык ишаҳгәаланаршәо ҳааигәа иҟоу ауаа рыцхраареи, игәаҟуа рыдгылареи шаҳуалу атәы, аҩнаҭаҿы аиқәшаҳаҭра, аилибакаара ҳазнеилар шҳахәҭоу.

«Иаса Қьырса игылара иазку аныҳәа лаша досу ишәзаанагааит агәырӷьара, ааԥынтәи аиҭаира амч-алша», - ҳәа ақьырсианцәа зегьы ирзеиӷьеишьеит Мусса Егзакь.

Амшаԥныҳәа – ақьырсианцәа рзы ихадоу ныҳәароуп. Уаҟа иаарԥшуп ауаҩытәыҩсатә ҭоурых зегьы шьаҭанкыла изыԥсахыз ахҭыс – Анцәа иԥа, Анцәареи ауаҩреи еицызбаз Иаса Қьырса игылара. Иаса Қьырса Ацқьа Мариа дылхылҵит, аԥсыцқьала диит. Иара адгьыл даҭааит ауаа рыԥсқәа ҿихырц, Адами Евеи иҟарҵаз раԥхьаӡатәи агәнаҳа инаркны ауаа зегьы ирықәырҵаз агәнаҳарақәа рхихырц. Аԥсҿыхра алшахартә иҟалеит Иаса Қьырса харак имамкәа аџьар аҿы данкыдырҵа ашьҭахь: ихахьы игеит адунеи ауааԥсыра зегьы рыгәнаҳарақәа, Иара дхазҵаз, Иуасиаҭқәа ирықәныҟәо ажәа риҭеит жәҩангәашәԥхьара шырзаатуа.

Иаса Қьырса аџьар аҿы икыдҵареи иԥсреи ҟалеит ахәаша, анышә дамадан аиудеиатә қьабзқәа инарықәыршәаны. Хымш рышьҭахь, иҵаҩцәа неит иԥсыбаҩ ахьынрыжьыз ахаҳәтә дамраҿы, аха дрымбеит… Анаҩс, рҿаԥхьа дцәырҵуеит дыбзаханы. Даҽа 40 мшы иара адгьылаҿ дыҟан, Иуахәама аԥызҵаз, ақьырсианра адунеи аларҵәара зҽазызкыз иҵаҩцәа абжьгарақәа рыҭауа.