Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс аҭыԥантәи аҟәша аартын Аконгресс ахаҭарнакцәеи Гал араион ауааԥсыреи реиԥылараан ажьырныҳәа 25 рзы.

Саид Барганџьиа

Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс ахаҭарнакцәа ажьырныҳәа 25 рзы Гал араион ауааԥсыра ирԥылеит, Аконгресс аӡбахә рзеиҭарҳәеит, уи аусура ахықәкқәеи ааигәатәи агәҭакқәеи ртәы рзеиҭарҳәеит.

Аусмҩаԥгатә аҳәаақәа ирҭагӡаны иаԥҵан Гал ақалақь аҿы Аконгресс аҭыԥантәи аҟәша. 

Аҟәша дахагылеит Ҭенгиз Инал-иԥа. АААК аҭыԥантәи аҟәша аилазаараҿы иҟоуп иара убас: Елеонора Берулаа, Циала Латариа, Дмитри Лабжьаниа, Едишьер Зыхәба, Диана Иналԥҳа, Инал Кәычбериа.

АААК анагӡаратә маӡаныҟәгаҩ Инар Гыцба аиԥыларахь иааиз ирзеиҭеиҳәеит Аконгресс гәцаракрала ишазнеиуа аҭыԥантәи аҟәшақәа раартра азҵаара. Ҿырԥштәысгьы иааигеит ааигәа Тҟәарчал имҩаԥысыз аиԥш зеиԥшу аиԥылара, уаҟагьы нас аҭыԥантәи аҟәша аԥҵан.

Аиԥылара далахәын Гал араион ахада Ҭемыр Надараиа. Иара Аконгресс ахаҭарнакцәа иҭабуп ҳәа реиҳәеит араион ахь иаадырԥшыз азҿлымҳаразы, иуаажәлар рахь ааԥхьарагьы ҟаиҵеит Аконгресс иалаларц азы.

«Араион ахада иаҳасабала исымчу ацхыраара зегь ҟасҵоит. Иҭабуп шәахьаҳҭааз. Аԥеиԥш лаша аагаразы аусеицура ҳазхиоуп», –иҳәеит Надараиа.

Аконгресс алаларазы иҟаҵатәуи, уи алахәцәа зегьы иҟарҵо ахәҭалагала аҵак ду шамоуи ртәы еиҭеиҳәеит АААК Иреиҳаӡоу ахеилак алахәыла Инвер Алшәындба.

«Ҳара ҳзы даара акраҵанакуеит шәара шәалахәра: араион ауааԥсыра раҟара издыруада аҭыԥан проблемақәас иҟоу, нас урҭ ӡбашьас ирымоу. Ҳара зегь ҳаицхыраалароуп, доусы ҳамчқәа еибаҳҭар иҳалшо рацәахоит», – иҳәеит иара.

Аҭыԥантәи ауааԥсыра рҿаԥхьа иқәгылеит иара убас АААК Аҳәса рхеилаки Аҿар рхеилаки рнапхгаҩцәа.

«Еицаҳзеиԥшу апроектқәа азԥхьагәаҭаны иҳамоуп. Аҿарацәа зегь рыла иҳавагылап ҳәа ҳгәыӷуеит,– азгәеиҭеит Аҿар рхеилак анапхгаҩы Леван Торчуа.

Аҳәса рхеилак анапхгаҩы Гета Арӡынԥҳа лакәзар, илҳәеит ауаажәлар "асоциалтә проектқәа рынагӡара рҭаххартә еиԥш ринициатива рҿыхатәуп ҳәа, урҭ апроектқәа хара имгакәа ихацыркхоит Аԥсны араионқа зегьы рҟны". 

Аиԥылараҿы иӡырган бызшәарацәала аус зуа Аконгресс аинформациатә портал. Аинфопортал апресс-маӡаныҟәгаҩ Саид Барганџьиа аиԥылара иаҭааз ирзеиҭеиҳәеит асаит аиқәыршәашьа зеиԥшроуи уи аҟны аҽҭаҩра иунаҭо алшарақәеи ртәы.

«Изҭаху зегьы рыҽҭарҩырц рылшоит, уи аамышьҭахь асаит аҟны убасҵәҟьа зыҿҭазыҩхьоу аԥсуа-абаза милаҭ рхаҭарнакцәа рыԥшаара ҟалоит, адунеи ҭыԥс иахьынхозаалакгьы», – ҳәа азгәеиҭеит Барганџьиа.

Аизара иалахәыз ахәыԥшырц ирыдгалан ИАЕ "Алашара" иазку адокументалтә фильм, ари ассоциациа Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс ихымԥадатәу адгылаҩыс иқәгылоит. Хәшықәса раахыстәи уи аусура иалагӡаны зеиӷьыҟам ала ахы аанарԥшит ашәуаа рсоциалтә зҵаарақәа рыӡбараҿы, ашәуа кыҭақәа рҿы аспорти акультуреи рыҿиара ахырхарҭала алҵшәа бзиақәа амоуп, комплексла аҭҵаарадырратә усура мҩаԥнагоит.

Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс ахаҭарнакцәеи Гал араион активистцәеи реиԥылара аҩбатәиуп аиԥш зеиԥшу рыбжьара. Ас еиԥш аиԥыларақәа мҩаԥгалахоит Аԥсны ақалақьқәеи араионқәеи зегьы рҿы, ҳтәыла ауааԥсыра Аконгресс аӡбахә дырҳаразы, уи аусурахь алахәыла ҿыцқәа радыԥхьаларазы.