Иналукааша аԥсуа етнолог, Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьра аветеран, Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс Иреиҳаӡоу ахеилак алахәыла Марина Барцыц 55 шықәса лхыҵуеит.

Саид Барганџьиа

АААК Иреиҳаӡоу ахеилак алахәыла, еицырдыруа аԥсуа етнолог, аҵарауаҩ, ауаажәларратә усзуҩ, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеран Марина Барцыц 55 лхыҵит. Ари қәра дуум зынӡагьы – аха лара лхаҭара амҽхак ала иугозар, уи иҭаӡеит епоха дуӡӡак: аибашьреи аҭынчреи, агәырӷьареи агәаҟреи, аиааирақәеи иахьеи-уахеитәи аԥсҭазаара аикәшареи…

Ахӡырымгара

Иҿыцу аочерк аус адулара уаналаго, уи зызку ауаҩы хаҭала дузымдыруазар, зназы уаанӡа изырҳәахьоу еидкыланы иҭуҵаауеит, урыԥхьоит егьырҭ аинтервиуқәа, астатиақәа, аҩызцәа ргәалашәарақәа. Нас хаҭалатәи аибадырраҿынӡа уаннеилак уи еснагь игәыхыҭхыҭгоуп, аинтерес дугьы ацуп. Азҵаарақәа зегьы ухы иҭагьежьуеит, иԥсҭазаараҟынтә иудыруа ахҭысқәа рыла иҟазшьа зеиԥшроу еилукаауашәа угәы иабоит, хаҭала дудыраанӡагьы даараӡа ҳаҭыр иқәуҵоит, дугәаԥхоит.

Марина Барцыц лҭел аномер ылызгоит. Ишьҭылхаанӡа аԥсшәа шысҳәаша сазхәыцуеит. Иаразнакала ишьҭылхит, аԥсшәақәа ааибаҳҳәан, сазусҭоу сҳәеит, нас иҵегь маҷк ҳааицәажәақәан, сыззасызгьы ласҳәеит: абас-абас ишәызку аматериал саҿуп, ҳаиԥылар, ҭынч џьара ҳнеидтәаланы ҳаицәажәар, иаҳа игәылҭәаахон ҳәа…

Аҳәса ирызку аочеркқәа сыҩқәахьеит, аха абас аибашьрагьы даветеранны, дагьҵарауаҩ дуны иҟоу маҷҩуп. Убри гәаныла сазхәыцуанаҵы, лара ирԥшӡаны мап лкуеит, аамҭа сымам, даара сеилахоуп, аҭаацәара аганахьалагьы аилахарақәак ҳамоуп ҳәа саҳәаны.

Ҳәарада, уи еилкаауп, аӡәы абри аҟара ус реилагӡара злаилшои ҳәа иџьаушьартә иҟоуп. Аха, егьа ус акәзаргьы, сара исхаразар ҟалап, аханатә сгәы иҭаз ахьласҳәаз – аредакциа адҵала лара илызку аочерк аҩра. Аинтервиу ду мап ацәылкыр шалшоз сзазымхәыци ахӡырымгареи аԥхашьареи илылоу аҟнытә? Ари аҟазшьа иахьатәи ҳаамҭазы неиҩымсрада зегьы ирылааӡоуп ҳәа узҳәагәышьом акәымзар.

«Макьана акыр сыԥсы ҭазаап ҳәа сгәыӷуеит, сымширақәа ԥхьаҟагьы иҟалап, лабҿаба аицәажәарагьы ҳахьӡап», – ҳәа дычча-ччо ҭелла лыбжьы саҳауеит Марина Мкан-иԥҳа. Саргьы уажәшьҭа еилыскааит уаҳа илыдымцалакәа ахьаҵра шсыхәҭоу, аха аочерк аҩра уеизгьы-уеизгьы сшацәхьамҵуа агәра згеит. Сыгәгьы иаанагеит: абас зкан ыҟоу ауаҩы, агәымшәареи аҟәышреи злоу, хымԥада, ибзианы дыздыруа аҩызцәа иашақәа лымоуп ҳәа.

Сагьиашан. Марина Барцыц акыршықәса ҩыза гәакьас длымоуп аԥсуа ҳәсақәа иаарылукааша даҽа хьыршәыгәкгьы – Аԥсны Жәлар рџьынџьтәылатә еибашьра аветеран, «Аԥсны афырԥҳәызба» ҳәа ахьӡ ҳаракы занашьоу Ҭали Џьапуаԥҳа. Лара сагьлыдҵаалеит Марина илызку лажәабжь сзеиҭалҳәарц.

«Маҵәык ажьы лықәымкәа дхахаӡа…»

Ииашаҵәҟьаны, Ҭали Џьапуаԥҳа лҩыза гәакьа Марина илызкны иаҳзеиҭалҳәаз шьардоуп, ҳаргьы гәахәарала уи зегьы ҳаԥхьаҩцәа ишәыцеиҩаҳшоит.

Марина Барцыц диит Гәдоуҭа араион Блабырхәа ақыҭан абҵара 16, 1964 шықәсазы. Ашьҭра бзиа змаз, ауаа нагақәа ирылҵыз, зхатә џьабаала инхоз нхаҩын Марина лаб Барцыц Мкан. Лан Цкәуа Венера д-Жәандәрыԥшьтәын. Мкани Венереи ԥшьҩык ахшара рааӡеит – ҩыџьа аҷкәынцәеи ҩыџьа аӡӷабцәеи. Рыԥшьҩыкгьы иреиҳау аҵараиурҭақәа ирылдыргеит. Марина зегьы дреиҵбын. Аҵара лҵон Кондрат Ӡиӡариа ихьӡ зху Аҟәатәи ашкол-интернат аҟны. Данмаҷыз инаркны аҵара бзианы илҵон. Бзиа илбон агуманитартә маҭәарқәа. Ашкол аамышьҭахь Марина аҵара лҵон Ростовтәи аҳәынҭқарратә университет аҭоурыхтә факультет аҟны.

Аибашьра ианалагоз ашықәс азы Москва Аетнологиа аинститут иатәыз аспирантура дҭалеит.

«Аԥхын днаскьаҳгеит лҵара ашҟа. Убра Москва аспирантцәа рзеиԥшынхарҭаҟны ауп аибашьра ишалагаз ахьлаҳазгьы», – еиҭалҳәоит Ҭали Џьапуаԥҳа.

Аибашьра анцоз Ҭали ианылҵеит Марина лыҿцәажәарак, бҵара кажьны бымцан ҳәа лазҳәоз ҭакс ирылҭаз ахьылҳәо: «Сара сыжәлар рытрадициатә культура ҭысҵаауеит. Сыжәлар аныҟамла, уи аҭҵаара аҵакы ацәыӡуеит сара сзы. Иахьа сыжәлар аҟазаареи аҟамзаареи ианрыбжьагылоу, сара исуалу дара ахьыҟоу аҟазаароуп» ҳәа.

Аԥсныҟа аара усҟан иуадаҩын. Гагра ақырҭқәа рнапаҟны иҟан. Марина Бамбораҟа (Гәдоуҭа араион иатәу ақыҭа – аред.) иԥыруаз аурысқәа рырратә ҳаирпланк ала дааргартә иҟалҵеит. Данааи, аамҭак азы Гәдоуҭа Владислав Арӡынба идкыларҭаҿы маӡаныҟәгаҩыс аус луан, аибашьра иалагаанӡа ишылуаз еиԥш. Октиабр аҽеиҩшамҭазы Ешыраҟа днеиит. Уа дагьаангылеит медиаҳәшьак лаҳасабала. Аибашьра аҵыхәтәантәи амш аҟынӡа ҳаибашьцәа дрывагыланы рымҩа бааԥс дрыцанысит.

«Аибашьра еилгеижьҭеи 25 шықәса ҵуеит, аха аҵыхәтәантәи ҩышықәса роуп ианеилыскаа убасҟан сцашьа ԥшӡамзар ҟаларын ҳәа. Сара Гәдоуҭа сшыҟаз афронт ахь сцеит, абзиараз ҳәагьы мҳәакәа. Гәдоуҭа сзыԥсахша ауаҩы уеизгьы-уеизгьы дҟалон. Афронт аҿы акәзар, еснагь ауаа рзымхара ыҟан. Ахыҵәҟьа сзагәыдымларгьы, метрак иадымхаргьы ҳадгьыл гәыдкыланы исыхьчоит ҳәа сазхәыцуан. Аха уажәшьҭа еилыскаауеит усҟан сахьцо ҳәаны сцар шакәыз», – лҳәеит Марина Барцыц линтервиуқәа руак аан.

Абарҭ амзақәа зегьы ирылагӡаны Марина лҭаацәара ирыздыруамызт афронт аҿы дшыҟаз: Гәдоуҭа аус шылуц илуаз џьыршьон. Марина Барцыц афотоархив аидкыларагьы даҿын. Аибашьра ашьҭахь Маиа Амҷԥҳаи лареи афотоцәыргақәҵа мҩаԥыргеит Баҭал Џьапуа игалереиаҟны.

Ҭали Џьапуа Марина лхаҭара далацәажәо иазгәалҭоит лара ишлылоу даҽаӡәы диеиԥшызымтәуа аҟазшьақәа.

«Аиҩызыраҿы аиаҳәшьа гәакьа илзыҟамҵаша ҟалҵоит. Ауаҩы дизааигәоуп. Лхы аԥхьа лааигәа иҟоу ауаҩы иинтересқәа лыргылоит. Ус дыҟан аибашьраҿгьы. Ихадаран лывара игылаз рыхӡыӡаара, урҭ рзын лхы амшаҭара, амгәамҵра.Урҭқәа уҳәан-сҳәанла акәымкәа хаҭала избон, исныруан шықәсык инацны ашьеи алаӷырӡи ҳахьеицрылагылаз», – лҳәоит Ҭали.

Мирод Гәажәба аԥхынтәи ажәылараан Марина ахә дышҿалҳәоз аниба, Ҭали данҭылхуаз иџьашьаны илзеиҭеиҳәон, лара шаҟа дыццакыз, ҳақьымҵас иҟалҵоз дырны ишыҟалҵоз. Ус илылоу ахьааԥшыз аибашьраҿы мацара акәӡам.

«Сара аибашьра ашьҭахь иаразнак, 1993 шықәса абҵарамзазы амҩатә машәыр бааԥс сақәшәеит. Шықәсык иназынаԥшуа Москва ахәшәтәырҭа сҭан. Абраҟа Марина лџьабаа дуӡӡа сыдуп. Шамахамзар, есыҽны дсывагылан, агәкаҳаха сымҭо. Грак ахымкаакәа сахьалҵыз, ларгьы илыбзоуроу рацәоуп. Ус еиԥш ахымҩаԥгашьа зылшо маҷҩуп».

Ауаа гәҭыӷьӷьаала дшырзыҟоу еиԥш, лыԥсҭазаараҿы иарбан усзаалакгьы ҭакԥхықәрала дазнеиуеит Марина Барцыц. Лара еснагь бзиа илбоз акакәын апатреҭҭыхра.

«Марина раԥхьа данызба инаркны еснагь дахьыҟазаалак лыжәҩа ихшьын афотоаппарат. Иахьа лара илымоу афотоархив аҩыза змоу Аԥсны дыҟамзар ҟалап. Еиҳаракгьы хәы-змам роуп ҳәа исыԥхьаӡоит ҳаибашьраҿы иҟалҵоз ҳаибашьцәа рфотоқәа. Уи ҳҭоурых ауп. Знымзар зны жәлары зегьы ирбартә еиқәыршәаны иҭыжьхап ҳәа сақәгәыӷуеит».

Аибашьра иаӡрыжәыз аиҩызара

Маринеи Ҭали реиҩызара ахы акит 1989 шықәсазы, Аԥсуаҭҵааратә институт аҿы.

«1989 шықәсазы Д. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт аҟны аусура салагеит. Марина усҟан аинститут адиректорс иҟаз Владислав Арӡынба имаӡаныҟәгаҩыс аус луан. Зынӡа дқәыԥшӡан. Маҵәык ажьы лықәмызт, дхахаӡа. Аха аенергиа дуӡӡа лыман есымша. Лара дҭоурыхҭҵааҩын, аха апоезиа бзиа илбон. Таиф иажәеинраалақәа ҿырҳәала дрыԥхьон. Ҿырҳәала илҳәон Цветаева, Ахматова… ражәеинраалақәа. Иџьоушьаратә ибзианы илдыруан адунеитә поезиа ахьыршәыгәқәа», – лҳәоит Ҭали Маринеи лареи реибадырра лгәаларшәо.

«Ҳаиднакылон еиҳарак ҳмилаҭ рҭагылазаашьа уадаҩ ахьаагара. Уи аԥсахра иазықәԥоз ҳаргьы ҳҽырԥаҳшьуан. Зегьы ҳаидызкылоз Аԥсуаҭҵаара аинститути «Аидгылареи» (Жәлар рфорум «Аидгылара» аԥҵан 1988 шықәсазы, хықәкы хадасгьы иаман аԥсуа ҳәынҭқарра аиҭашьақәыргыларазы ажәлар рмилаҭтә-хақәиҭратә қәԥара – аред.) ракәын. Уи ауп нас иеибашьуаз ҳаҷкәынцәа ҳрывазыргылазгьы», – ҳәа лгәалашәарақәа ирыцҵауа еиҭалҳәоит Ҭали Џьапуаԥҳа.

Усҟангьы, есымшагьы аҭҵааратә институтқәа рҟны есыҽны аусураҿы итәаӡом аҵарауаа, аҩны аус руеит, шамахамзар ҳәа азгәалҭоит Ҭали.

«Аха сара аҩны аус зуртә аусурҭатә уада ахьсымамыз аҟнытә, есыҽны аинститут ахь сныҟәон усура. Ԥсаҭа шкәакәа Емма Кьылԥҳа – аинститут аҵарауаҩ-маӡаныҟәгаҩи Маринеи есыҽны русураҿы иҟан усгьы. Убасҟан ҳаизааигәахеит дареи сареи. Иаҳгәыҵхаз рацәамзи. Ауаажәларратә ҭагылазаашьа уадаҩын. Уигьы ҳаиднакылон. Аплан дуқәа ҳаман иҟаҵатәыз-иутәыз рзы. Аха аибашьра иԥнаргеит зегьы. Маринеи сареи ҳаибадыруеижьҭеи сынтәа 30 шықәса ҵуеит. Ҳаиҩызара аибашьралагьы иӡрыжәуп сҳәар сылшоит», – ҳәа гәаартыла иазгәалҭеит Ҭали Џьапуаԥҳа.

Ауаҩра зегьы ирыцкуп

Аҩыза гәакьа ишылҳәо ала, Марина Барцыц лҟазшьақәа зегьы ирхадароуп илылоу ауаҩра.

«Дуаҩуп зегь рыла. Еснагь аӡәы иусқәа дрышьҭоуп – згәы бзиам, изыхәҭоу ахылаԥшра змоуз, изыхәҭаны ирызгәамҭаз… Урҭқәа дышрышьҭоу, лхатә усқәа анылцәынхо рацәоуп. Аха илгәамԥхо анылбо дыџьбароуп. Ус ада иамуазаргьы акәхап. Марина 2000-тәи ашықәсқәа рзы Аԥсны Жәлар Реизара адепутатс далхын (2002-2007 шықәсқәа рзы Жәлар Реизара ахԥатәи ааԥхьара адепутатс дыҟан – аред.).Уи лусушьа, лалхыҩцәа иахьа уажәраанӡагьы дшырзыҟоу, жәлар рхаҭарнак дыҟазарц шахәҭоу азы иҿырԥшыгоуп ҳәа сгәы иаанагоит. Ҳмилаҭ иацтәи рҭоурых бзианы издыруа, уаҵәтәи рԥеиԥш иазхәыцуа уи зхы-зыԥсы азызкуа ҳажәлар рҵеира дреиуоуп – ҳәа лыԥхьаӡаоит Ҭали Џьапуаԥҳа.

Егьыс, лҟазшьақәа рахьтә аҩыза ҷыдала иалылкаауеит ҳашьхақәа рахь илымоу абзиабара. Уи «ачымазара» аҟынӡа иҵаруп ҳәагьы азгәалҭоит.

«Шықәсык ашьха данымцац ыҟамзар ҟалап. Уи абзиабара, лара излалҳәо ала, лаб дшыхәыҷыз агьама лиркхьан. Иахьа уажәраанӡагьы иаалгоит уи агәбылра. Ашьха аҵасқәа бзианы илдыруеит, иҭылҵаауеит. Дгәамҵуеит, илхьаауп урҭ рахьтә иаҳцәыӡуа иалагаз ҳҵас бзиақәа ахьырацәоу. Сыбла дыхгылоуп аибашьраан, ашьаҟьасҭауаа аҳаракырақәа рхалара анаҳцәыуадаҩыз, лхы лыҵаршәны лхалашьа, лынарха», – ҳәа хәы-змаӡам лгәалашәарақәа ҳацеиҩылшоит Аԥсны Афырԥҳәызба Ҭали Џьапуаԥҳа.

Ауацәеи аколлегацәеи рыбжьара

Маринеи сареи ҳаицәажәараан «даара сеилахоуп» ҳәа ансалҳәоз, абжьааԥнеиԥш иҟоу шыҟоу иаахтны илҳәон.

Ҭали Шьаликәа-иԥҳа лажәақәа рыла, аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы, лан лчымазара иахҟьаны, Марина амчыбжь абжа ақыҭахь Блабырхәаҟа дцоит. Данааилакгьы ауниверситет аҟны алекциақәа лымоуп, уахь дахнагоит.

«Аха мчыбжьык ҳанеиқәымшәо ыҟаӡам. Сара сзы зегь реиҳа игәакьақәоу дреиуоуп. Насгьы азеиԥш усқәа рҿы иҳазцәырҵуа иарбан проблемазаалакгьы азы лара лгәаанагара здыруазарц сҭахуп. Сара сзы уи акраҵанакуеит. Уи аҟнытә еснагь ҳаимадоуп», – ҳәа ҳзеиҭалҳәеит аибашьра аветеран.

Марина Барцыц зеиԥш дмаҷу етнологуп. Ҳажәлар рытрадициатә культура бзиаӡаны илдыруеит, аҵара бзиа лымоуп. Илдыруеит лнапы злаку атема азы адунеитә литература. Илылшоит иахьатәи аамҭа иашьашәалоу аусумҭақәа раԥҵара – ҳәа азгәалҭоит Ҭали Џьапуаԥҳа.

«Аинститут анаукатә сессиақәа рыҟны лықәгыларақәа рзыӡырҩра агәахәа ду урҭоит. Марина аԥсышәалагьы урысшәалагьы еиԥшны дыҩуеит. Аԥсуа етнологк иаҳасабала, аԥсуа ҵарауаа рыхьӡала Аԥсны анҭыҵ дахьнеилакгьы илҳәаша лымоуп. Аха иахьа лусқәа зегь реиҳа ихадароуп ҳәа исыԥхьаӡоит Аԥснытәи ауниверситет аҟны алекциақәа дахьрыԥхьо. Иахьатәи ҳҿар ҳмилаҭ рытрадициатә культура ҳаҭырла иазыҟазарц азы, рмилаҭтә хдырра ҳаракызарц азы Марина ллекциақәа анырра ду ҟарҵоит ҳәа сгәы иаанагоит», – лҳәеит аҩыза.

Ҭали Џьапуаԥҳа акыр сгәы лырҭынчит Маринеи сареи ҳаиқәшәара ахьзалымшахаз аҵыхәала: лара ишылҟазшьоу еиԥш, уи амш азгәаҭара мап ацәылкыргьы ҟалоит ҳәа саҳәаны.

«Аха лара лҩызцәа, лколлективқәа уи ахҭыс ус инрыжьрым ҳәа сгәы иаанагоит», – лҳәеит Џьапуаԥҳа.

Иџьашьатәу аԥсуа ԥҳәызбак лҭоурых иазку абри ажәабжь егьа еиҵаҳхыргьы, ҳәарада, изхарҭәаахом лара лхаҭа лхәыцрақәа, лцәажәара ахьалам азы. Аха иҟалап, абри данаԥхьалак анаҩстәи лымширақәа руак аан ҳаиқәшәара дақәшаҳаҭхаргьы, ажәа шҳалҭаз еиԥш. Ҳаԥхьаҟа убри аинтервиу лымхра сҽазысшәарц схы азин асҭоит. Уажәазы, Аконгресс ала сколлегацәа зегьы срыцны гәыкала илыдаҳныҳәалоит АААК Иреиҳаӡоу ахеилак алахәыла Марина Барцыц лымшира.

Агәабзиара, агәамч, аманшәалара, анасыԥ шәымазааит Марина Мкан-иԥҳа! Шәыжәлар шәрыгымзааит!