Аҧсни Урыстәылеи аспорт зҽаҧсазтәыз азҟаза Олег Бебиа дҭахеит лаҵарамза 10, 2023 шықәса рзы, ахәцәа рҭыгараан, иҷыдоу арратә операциа ахьымҩаҧысуа аҵакырадгьыл аҿы. Иааирҧшыз агәымшәаразы данҭаха ашьҭахь ианаршьеит Урыстәылатәи Афедерациа Атәылахьчара аминистрра амедали, Афырхаҵаразы аордени, ахьы иалху Гьаргь иџьар 1-тәи аҩаӡареи. «Сокол» ҳәа ахьӡ ҷыда змаз аибашьҩы иҧсҭазаареи иҭахареи ирызкны шәаҧхьа ажурналист, АААК Аҳәса рхеилак ахантәаҩы Екатерина Бебиаҧҳа лматериал аҿы. 

Екатерина Бебиаҧҳа

Шәышықәсацыҧхьаӡа иазгылоит ахатәы фырхацәа, имҩаҧысуеит ахатәы фырхаҵарақәа, урҭ рыхьӡ кадыршәуам. 1941-1945 шш. рзтәи Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуи, 1992-1993 шш. рзтәи Аҧсны Жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьреи инарышьҭаргыланы, усҟантәи ахҭысқәа раан еиҧш хацәнамырха анацизми афашизми ирҿагыланы Донбасс имҩаҧысуа, иҷыдоу арратә операциа адәаҿы зыҧсадгьыл иазықәҧо, иҿыцу ахьчаҩцәеи афырхацәеи раамҭа ааит. Урҭ рыгәҭа игылоуп ҳаҧсадгьыл хәыҷы Аҧсны аҵеицәа гәымшәақәагьы. Иахьатәи аамҭазы аидысларақәа рҿы иҭахахьеит 30-ҩык ҳтәылауаа, урҭ рхыҧхьаӡара даҵанакуеит ҷыдала сара исзааигәаз ауаҩгьы – сашьа иҧа Олег Борис-иҧа Бебиа. 

Шьҭрала, Олег далҵит Очамчыра араион Кәтол ақыҭа. Аха диит иара (жәабранмза 11, 1982 шықәса рзы), дагьызҳаит Гәылрыҧшь араион Агәыӡера аҳабла. Олег Бебиа – Даур Бигәаа ихьӡ зху Агәыӡератәи абжьаратә школ даушьҭымҭоуп. Хәыҷы аахыс аспорт дазҟазан, еиҳараӡакгьы абокс дазҿлымҳан. Аицлабрақәа ихы рылаирхәуа даналага, аҧышәа ду змаз Урытәылатәи азыҟаҵаҩцәа аҷкәын аҧеиҧш бзиа шимоу азгәарҭон. Иҿаз, иҧшӡаз, ҭеиҭҧшла еиҿкааз аҷкәын қәыҧш иаразнак длаҧшықәырҵеит. Ашкол даналга ашьҭахь, анаҩс напхгара изҭоз азыҟаҵаҩ Игорь Галентин-иҧа Угрозов иааҧхьарала Олег Урыстәылаҟа нхара ҳәа диасны, аспорттә клуб «Боевые перчатки» абокс аҟәшаҿы иҽазыҟаиҵон. Иара убри аамҭазы, аҽазыҟаҵарақәеи аицлабрақәеи ирылагӡаны, 1998 шықәса инаркны 2000 шықәсанӡа Олег аҵара иҵон Ленинградтәи атәылаҿацә, Сосновыи Бор ақалақь иҟоу Азанааҭтә лицеи № 36 аҿы, «амҿыуасҭаратә ҭыжьра азҟаза» ахырхарҭала. 2000 шықәса нанҳәамзазы, Олег ихырҵеит «Урыстәыла аспорт азҟаза» ҳәа ахьӡ.

2002 шықәсазы дҭалоит А.С. Пушкин ихьӡ зху Ленинградтәи аҳәынҭқарратә атәылаҿацәтә университет, абаҩрҵәыра афакультет. Олег аҵара ицызҵоз иҩызцәа дрылыркаауан. Бокс азы Санкт-Петербург еизгоу агәыҧ даларҵеит. Иааирҧшуаз аџьабзиабареи, аицамкреи, аҽазҵәылхреи илдыршеит иҿаҧхьа иқәгылаз ахықәкқәа рынагӡара, Олег ирласны аспорттә кариера амардуан ахалара даҿын. Олег Бебиа аихьӡарақәа рацәаны измоу боксиорк иаҳасаб ала истатус ашьақәырӷәӷәараан ҳасаб ззыруаз рбагақәоуп аспорттә џьашықәс, имҩаҧгаз аисрақәеи аиааирақәеи рзеиҧш хыҧхьаӡара, иара убасгьы аспорттә хьӡы. Аамҭа кьаҿ иалагӡаны, Олег Борис-иҧа Урыстәыла адагьы, уи анҭыҵгьы деицырдыруа дҟалеит. 

2006 шықәсазы, арадиоактивтә маҭәахәқәа аус рыдулара иазку азауад аҿы рҭәаҩыс аус аниуаз аамҭазы, Олег Бебиа ибла ааха ӷәӷәа аиуит. Имҩаҧгаз ҩ-операциаки, аамҭа рацәа дзыдхалаз аиҭашьақәыргылареи рышьҭахь аспорттә кариера аанижьыр акәхеит.

Олег аҭаацәара далалеит. Дынхон Ленинградтәи атәылаҿацә, ақалақь Сосновыи Бор. Иҧшәмаҧҳәыс – Иулиа Васили-иҧҳа Бебиаҧҳа далгеит Урыстәыла Ахада иҟны еиҿкаау, Аҳәынҭқарратә маҵзура Академиа Аҩада-мраҭашәаратәи афилиал. Уаҟа лара илоуит иреиҳау аекономиатә ҵара, аҵыхәтәантәи  лмаҵура – Урыстәыла атәанчаҩратә фонд аҟны аспециалист ҧхьагылаҩ. Олеги Иулиеи ирыхшеит хҩык ахәыҷқәа, дызҳауеит рмаҭа Аниа. Рыҧҳа еиҳабы Кристина – дмедиаҳәшьоуп, аҭаацәара далалахьеит. Рҧа Баграт «атомклассқәа» реизак имҩаҧырго аицлабрақәа ихы рылаирхәуеит, адипломқәа ианаршьахьеит. Рыҧҳа еиҵбы Диана дзиудо лҽазыҟалҵоит, илымоуп аҩежь маҟеи аҳамҭақәеи. Иҷыдоу арратә операциа иалагаанӡа Олег игәиҭан Аҧсныҟа дхынҳәны, аспорт аганахь ала азыҟаҵаратә усура инапы алаикып ҳәа. Аха, ҳгәы иҭаҳкуа зегьы еснагь ишаҳҭаху иҟалом. 

2022 шықәса цәыббрамзазы Олег Бебиа иҷыдоу арратә операциа аҽалархәразы амобилизациа даҵанакит. Аррамаҵура ихигон амотохысратә баталион, амотохысратә рота амцабџьартә цхыраара аҭара иазкыз авзвод аҿы, напыла имҩақәырҵо атанкҭархагатә ракетақәа рыҟәша аоператор иаҳасаб ала. 

Ҳәара аҭахума, Олег ичымазара аҭоурых цәыригар илшон иҷыдоу арратә операциа аҽалархәра мап ацәкра, аха уи аҩыза ахымҩаҧгашьа ааимырҧшит. Аррамаҵура ихигон Купиантәи ахырхарҭаҿы, Харьковтәи атәылаҿацә иаҵанакуа аҳабла Ольшана. Олег Борис-иҧа агәымшәара аарҧшны, бааҧсыла деибашьуан. Ахьӡ ҷыдас иман «Сокол». 

Хәажәкырамза 13, 2023 шықәса рзы аибашьра адәаҿы иааирҧшыз аџьабаақәа рзы ианашьан амедал «Иҷыдоу арратә операциа алахәҩы». Лаҵарамза 10, 2023 шықәса рзы ахәра зауз иҩызцәа аибашьра ацәаҳәа аҟнытә ишҭигоз Олег Бебиа дҭахеит. 

Урыстәылатәи Афедерациа атәылахьчара аминистр идҵала Олег Бебиа данҭаха ашьҭахь УА Атәылахьчара аминистрра амедал ианашьан, иара убасгьы ианаршьеит Афырхаҵаразы аордени, ахьы иалху Гьаргь иџьар 1-тәи аҩаӡареи.

Олег хлымӡаахрала иҭахара иаб Борис (Рамин) Қарбеи-иҧа Бебиа игәабзиара ҵнашәааит. Уи иҧсҭазаара далҵит иҧа анышә данамарда ашьҭахь хара имгакәа. Борис Қарбеи-иҧа қәнагала инхоз, зыҧсадгьыл гәык-ҧсык ала иазыҟаз уаҩын. Иааӡеит ҩаџьа аҧацәа заманақәа; ҩажәи жәаба шықәса инареиҳаны аус иуан арратә ус дахьаҧхьоз, анхамҩа еиҳабыс дахьамаз Гәылрыҧшьтәи абжьаратә школ аҿы. Борис Қарбеи-иҧа ашкол арҵаҩратә коллективи аҵаҩцәеи рыбжьара ҳаҭыр зқәыр     ҵоз уаҩын. 

Наунагӡа хашҭра уқәым уара – иҿоу, иҧшӡоу, игәымшәоу Олег Бебиа! Хашҭра уқәым уара, Борис Бебиа, афырхаҵа дзааӡаз, зхы ҳаҭыр ақәҵаны, хьӡы-ҧшала, ҧсыцқьарала зыҧсҭазаара зхызгаз аб!