Иналукааша абаза ҵарауаҩ, ауаажәларратә усзуҩ, ажәлар рыхьӡырҳәагацәа иреиуоу Иури Агырба изкны АААК аинфопортал иазнархиаз аочерк шәаԥхьарц ишәыдаагалоит иара имширазы.

Гьаргь Чкала

Текст: «Адунеи зегьы бзиа абара мариоуп, еиҳа иуадаҩуп агәыла бзиа ибара» – ари аҩыза аирониа зҵоу агәаанагара зегьы ақәшаҳаҭуп уҳәар ҟалоит, мамзрагьы аиҳараҩык. Еицырдыруа абаза ҵарауаҩ Иури Агырба иҿырԥшала иаҳҳәар ҟалоит, ииашаҵәҟьаны, ҳаҭырлеи бзиабаралеи уганаҿы иҟоу ауаҩи, иара убасгьы ужәлар зегьи рызнеира алшоит ҳәа. 

Ахьааи аҭабуреи: ахәыҷратә шықәсқәа

Есымша илахҿыхӡа, аԥсҭазаара еигәырӷьо иҟоу Иури Агырба ихәыҷра шықәсқәа ртәы анеиҭеиҳәо илахь еиқәышьшьы дааҟалоит.

«Ажәа «саб» – сыԥсҭазаараҟны зныкгьы исзымҳәеит», – ихьааганы иҳәоит Иури Исуф-иԥа. Ажәа «сангьы» акыраамҭа аҳәара илахь ианымызт.

Иури Агырба диит рашәарамза 25, 1939 шықәсазы Ҟарачы-Черқьессиа, ақыҭа Ԥсыж аҟны, Аџьынџьтәылатә Еибашьра Дуӡӡа алагара ҩышықәса шагыз. Иаб афронт аҟынтә дыхнымҳәӡеит, 9-шықәса анихыҵуаз иангьы диԥхоит.

Агырба ихәыҷра шықәсқәа иузаҟәымҭхо ирыдҳәалоуп ачымазара бааԥси, уи алзыргаз аџьмахши: Иури агәра ганы дыҟоуп усҟан иԥсы еиқәзырхаз, ианду иабдуи иидыржәуаз аџьмахш шакәу. Иԥсҭазаара зегьы иагәылганы иааигеит, акыр зықәрахь инеихьаз Черқьесск инхоз аурыс ҭаацәара – Андреи Лелиеи рахь имоу аџьшьара. Урҭ аџьмақәа рааӡон, дара роуп Иури иҭаацәара ахш рызҭозгьы.

«Иаҳхаҳгаз арыцҳарақәа зегьы ҳзаазгаз аибашьроуп. Есыҽны Анцәа сиҳәоит, уи аҩыза атрагедиақәа уаҳа иҟамларц азы», – иҳәоит Иури Исуф-иԥа.

Абжьаратә ҵара Иури Агырба иоуит Черқьессктәи амилаҭтә школ-интернат аҟны. Ахьтәы медалла уи далгоит 1955 шықәсазы, анаҩс иҵара ацҵаразы дцоит Москваҟа.

Аинралцәеи астудентцәеи рықалақь

Иури Агырба иԥсҭазаара зегьы, ауниверситет ашьҭахьтәи шықәсқәак аламҵакәа, ихигеит Урыстәыла аҳҭнықалақь аҟны.

«Раԥхьаӡа Москва саннеи, авокзал аҟны аинралк дызбеит. Аинрал лабҿаба! Сара уи уамашәа дбаны, сааҭбжак аҟара дахьцалак сишьҭан», – игәалашәоит аҳҭнықалақь аҟны раԥхьатәи амш Иури Агырба.

Иара дҭалоит К.А. Тимириазев ихьӡ зху Москватәи ақыҭанхамҩатә академиа, уи дагьалгоит 1960 шықәсазы агроном-аекономист изанааҭ ала.

Хәышықәсатәи аҵара аамҭа мариамызт. Аԥара еиҷаҳаны иныхтәын, афатә иахҭниҵоз ахарџь акыр иҿахҵәан. Аха урҭ ашықәсқәа ирыцыз абзиарақәагьы рацәан. Уи, раԥхьаӡа иргыланы, Назир Екба (еицырдыруа абаза лингвист, арҵаҩы – аред.) иабадырра ауп. Ҳәарада, аҵарауаҩ иҿиҵаауаз адагьы, уи имадара астудент изы цхыраара дуун, ақалақь дуӡӡа аритм ақәшәараҿы.

«Тимириазиевка (ақыҭанхамҩатә академиа – аред.) иацәыхарамкәан сынхон, Иури сасра дысзаалон, ҳхатәы бызшәала ҳаицәажәон, исылшоз ҟасҵон адгылара иҭаразы, игәы ашьҭыхразы. Даараӡа патуқәҵарала дысзыҟан, азҵаарқәа зегь рыла сгәаанагара дазҵаауан, иҵара ашьҭахь дахьцоз-дахьаауаз зегь здыруан. Иара иахьа уажәраанӡагьы иҳабжьоу аимадара даараӡа иӷәӷәоуп», – еиҭиҳәон академик Екба.

Академиа даналга ашьҭахь, Иури Агырба ҩышықәса аус иуан Казахсҭан иҟаз Кустанаитәи адгьылеиқәыршәаратә експедициа аҟны, уи ашьҭахь хәышықәса Ҟарачы-Черқьессиа – раԥхьа ақыҭанхамҩазы аобласттә усбарҭа аҟны, анаҩс – КПСС аобком ақыҭанхамҩатә ҟәша аҟны. 1967 шықәсазы дхынҳәуеит Москваҟа, Тимириазиевтәи академиахь, алатәаратәи ақыҭанхамҩатә аекономика аспирантура аҭаларазы.

«Ҳаи, шәышԥамаҷу!»: абаза ҵарауаҩ имҩа

1970 шықәсазы Иури Агырба адиссертациа ихьчоит, дагьыҟалоит аекономикатә ҭҵаарадыррақәа ркандидатс. Уи ашықәс инаркны аусура ҳәа даанхоит адиссертациа ахьихьчаз акафедраҿы. Араҟа иара ацхырааҩ инаиркны апрофессор иҟнынӡа амҩа данысуеит. Иҭҵааратә усура азкын агроааглыхра аиӷьтәра, акооперациақәа рырҿиара, ақыҭанхамҩа аҿыцрақәа ралагалара уҳәа убас еиԥш егьырҭгьы. 1997 шықәсазы ихьчоит адоктортә диссертациа «Ашәырқәеи ауҭраҭыхи рааӡара иацу аекономикатәи, аҭиратәи апроблемақәа». Иури Агырба дравторуп 175 аҭҵаарадырратә, аҵара-методикатә усумҭақәа.

Апрофессор Агырба ирҳаз адыррақәа зегьы гәахәарала аҿар ириҭоит. Астудентцәа аӡәырҩы иара иҿы акурстә, адипломтә усумҭақәа рыҩра иашьҭоуп. Ипрофессионалтә усура ашықәсқәа ирылагӡаны имаҷҩым иара инапхгарала аҭҵаарадырратә мҩа ылызхызгьы: напхгара ззиуаз 23 аҵарауаа ҿарацәа қәҿиарала ирыхьчеит акандидадтә диссертациақәа.

Аҳаҭыр змоу аҵарауаҩ иаҳасабала иара дрылахәын аҭҵаарадырратә конференциақәа – Асоветеидгылатәи, адунеижәларбжьаратәи аҳаракыра змақәаз рҿы, еиуеиԥшым аделегациақәа дрыцны атәылақәа жәпакы дырҭаахьан.

«Зны, Китаи саныҟаз ус исазҵаауеит: иазусҭцәада абазаа, шаҟаҩы шәыҟада? ҳәа, – еиҭеиҳәоит Иури Исуф-иԥа аныҟәарақәа раан дзыниаз хҭыск. – Ишԥарасҳәарыз китаиаа 30-нызқьҩык ҳауп иҟоу ҳәа? Изжьеит, 300-нызқьҩык ҳаҟоуп ҳәа расҳәеит. «Ҳаи, шәышԥамаҷу», – ҳәа ргәы ҳалырсны рыхқәа аадырҵасит китаитәи ҳколлегацәа».

Иџьынџьуаа зызкызи урҭ рнапы злакызи аусқәа еснагь ирыцклаԥшуаз Иури Исуф-иԥа ишьақәиргылеит абри аҩыза афакт, алшара анимазгьы уи аацәыригон: ХХ-тәи ашәышықәсазы Москва инхоз амилаҭқәа зегьы рҟынтә ашәуаа рыбжьара аҭҵаарадырра адоктор ҳәа аҩаӡара змаз рхыԥхьаӡара зегьы иреиҳан.

«Ҳара Москва иаҳамоуп хәҩык аҭҵаарадырра адокторцәа. Уи – ҳара ҳметр Назир Екба, нас Руслан Хабат, Карабит Аџьбақь, Заур Аисанов. Ахәбатәи – сара», – еиқәиԥхьаӡон Иури Агырба еиуеиԥшым аизара хатәрақәа рҿы.

Аҳҭнықалақьтәи абазақәа «рвожд»

Агырба ихаҭа иџьабаа рацәа адуп иџьынџьуаа реидкылара аус аҟны. Иҟан аамҭак, Москва инхо абазақәа зегьы иара иахь ианеихоз. Иара еидикалон Москвеи, уи азааигәареи инхоз иџьынџьуаа ирызку аинформациа зегьы. Ихатәы студенттә шықәсқәа игәаларшәо, насгьы Назир Екба иҟынтә иоуз адгылареи ацхыраареи ихаҿы иааганы, илшоз зегь ҟаиҵон аҳҭнықалақьтәи аҵариурҭақәа рҟны аҵара зҵоз абазақәа рыцхрааразы, реидкыларазы.

Ҟарачы-Черқьессиатәи аҳәынҭқарратә абаза театр аиҳабы Умар Кьышьмахәа ГИТИС (Атеатралтә ҟазаразы Аҳәынҭқарратә институт – аред.) аҟны аҵара аниҵоз иааигәаны диабадырит Агырба.

«Хәышықәса зегь сара исныруан илаԥш еснагь ишысхыз, – иҳәоит Умар Кьышьмахәа. – Ҳара абаза студентцәа зегьы даҳхылаԥшуан иашьеиҳабык еиԥш».

Амала, Иури Исуф-иԥа ианакәзаалак хьаас иман аҳҭнықалақь аҿы ииз абазақәа рхатәы бызшәа ахьырзымдыруаз. Аџьабаа рацәагьы адиҵеит абаза бызшәа аҵаразы ашкол Москва иаатырц. Насгьы, абазақәа роуп зегь раԥхьаӡа ари аҩыза ашкол Москва аԥҵара зылшаз. Раԥхьатәи рҵаҩысгьы уи ашкол аҟны дҟалеит академик Назир Беқмурза-иԥа Екба ихаҭа.

Иури Агырба аҳҭнықалақьтәи абаза диаспора рыбжьара иаҳаҭыр еиҳа-еиҳа иазҳауан – хара имгакәагьы далхын урҭ раԥхьагылаҩыс. Есқьынагьы алаф бзи избо Иури Исуф-иԥа даахәмаршәа иҳәалон: «Сара свождуп ҳәа». 60-шықәса ихыҵра иазкыз аиубилеи иазкны, ҟабардатәи иҩызцәа изыҟарҵеит аоригиналтә ҳамҭа: аныҳәатә еишәазы иҭрыжьит ауаҭка «Авожд», аиубилиар ифотосахьа анҵаны. Уи ауаҭка агьама абара зылшазгьы рацәаҩымызт –аԥаҭылкақәа реиҳарак асасцәа сувенирҵас иргеит.

Насгьы, уи аиубилеи иаҭаарц Москваҟа иааит Ҟарачы-Черқьессиантәи абазақәа рделегациа ду. Уи ҳәарада, иаанарԥшуан Иури Исуф-иԥа иџьынџь дгьыл аҟны имоу аҳаҭыр ду.

Зегьы ззеиԥшым ауаҩы илшамҭақәа

Иури Агырба – аҭҵаарадыррақәа рдоктор, апрофессор, Еиду Амилаҭқәа Реилазаарахь иаҵанакуа Аинформатика Жәларбжьаратәи Академиа академик, Урыстәылатәи

аҳәынҭқарратә адгьылқәаарыхратә университет – К.А. Тимириазиев ихьӡ зху Москватәи ақыҭанхамҩатә академиа аветеранцәа Рхеилак ахантәаҩы, ауниверситет Аҵарауаа Рхеилак алахәҩы.

Хыԥхьаӡара рацәала Агырба ианашьоуп аҳәынҭқарратә ҳамҭақәеи аҳаҭыртә хьыӡқәеи: Кавказ иреиҳаӡоу ауаажәларратә ҳамҭа «Ахьтәы Пегас», Урыстәыла Ахада иџьшьара, «Аиҩызара» аорден, Аԥсны Аҳәынҭқарра аорден «Ахьӡ-Аԥша» II аҩаӡара, Урыстәылатәи Афедерациа иреиҳау апрофессионалтә ҵарадырра аҳаҭыр змоу аусзуҩы ҳәа ахьӡ ҳаракы, Ҟарачы-Черқьессиеи, Адыгатәылеи, Ҟабарда-Балкариатәи Ареспубликеи, Ингәыштәылеи рҟны аҭҵаарадырра зҽаԥсазтәыз аусзуҩы, ҞЧА зҽаԥсазтәыз аекономист… Ажәакала, аочерк хәыаҷы аҳәаақәа ирҭагӡаны иузҳәом, иналукааша апрофессионал, зегь ззеиԥшым ауаҩы илшамҭақәа зегьы ртәы.

Еицырдыруа ҵарауаҩны даныҟала, Иури Агырба аус иуан Асовет Еидгыла Аҳәынҭплани, Амазеилыхқәа Рминистрреи рексперттә хеилакқәа рҿы, Урыстәылатәи Афедерациа Аиҳабыраҿы, Урыстәыла Аҳәынҭқарратә Дума амилаҭқәа рус азы Аилак аҟны.

Иахьагьы лассы-лассы Иури Агырба еиуеиԥшым аусбарҭақәеи аиҿкаарақәеи ааԥхьара ирҭоит аиҳабыратә еилатәарақәеи, аексперттә гәыԥқәеи рылахәхаразы. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп: Урыстәыла Ахада Иусбарҭа иатәу аҩныҵҟатәи аполитиказы аусбарҭа, Ихадоу афедералтә округ аҿы Урыстәыла Ахада азин змоу ихаҭарнак, Урыстәылатәи Афедерациа Аҳәынҭқарратә Дума, Москватәи Амилаҭқәа Рыҩны.

Урҭ аилатәарақәа иара активла далахәуп, еиҳаракгьы уаҟа иалацәажәоит ажәларқәа реилибакаареи реиҩызареи арӷәӷәареи, Нхыҵ Кавказ арегионқәа рмилаҭтә политикеи ирызку азҵаарақәа. Иури Агырба хаҭала далахәын амилаҭқәа реизыҟазаашьа иазку Афедералтә закәанқәа ԥыҭк аус рыдулара, урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп «Урыстәылатәи Афедерациа ажәлар маҷқәа ихәдықәҵоу рзинқәа» ҳәа хьӡыс измоу азакәан.

Иури Исуф-иԥа 25 шықәса Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза жәлар рассоциациа (АААЖәР, уажәазы – Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза Конгресс – аред.) анагӡаратә комитет далахәҩын, акыршықәса дыҟан Жәларбжьаратәи ачерқьесстә ассоциациа анагӡаратә комитет алахәҩыс. АААЖәР ахада Тарас Шамба дицны, Иури Агырба аԥсуа-абаза жәлар ахаҭарнакцәа ахьынхо атәылақәа жәпакы дырҭаахьан, аԥсуааи абазақәеи реимадара арӷәӷәаразы.

Иахьазы, Агырба активла далахәуп аԥсуа-абаза ауаажәларратә ԥсҭазаара, Москватәи аԥсуа-абаза, адыга диаспора Абыргцәа рхеилак ахантәаҩыс дыҟоуп.

«Ианакәызаалакгьы исхашҭуамызт сшабазоу»

2009 шықәсазы Иури Исуф-иԥа 70-шықәсатәи ииубилеи иазкны, амедицинатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор Борис Дауров абас еиԥш иҟаз анҵамҭа нижьит: «Иури Исуф-иԥа – ауаҩԥсы, атәылауаҩ: аромантик, агәаҳәара змоу, есқьынагьы ацхыраара иазыхиоу, арыцҳарақәеи агәырӷьарақәеи раан есымша уганаҿы игылоу. Иара зегьы рзы даартуп: аиҳабацәа, аиҵбацәа, астудентцәа, аҵарауаа. Зегьы рзы иԥшаауеит ажәа ҟәандеи, иҟәышу абжьгареи. Иара ихшыҩ ҵари илафҳәашьеи иарбанзаалак аиԥылараҟны гәыцәс дҟарҵоит. Аиҩызара еиҷаҳауа, ауаа ирзааигәоу, згәы разу, дарбанзаалак иазнеишьа иақәшәо Ауаҩы. Зхы аӡыргара иашьҭам, ауаҩы ҳалал, имоу акультура ҳаракы ҳара еснагь ҳаршанхоит, иара ҿарԥштәысгьы дҳамоуп».

Иури Агырба дыздыруа зегьы арҭ ажәақәа, хамԥада, иақәшаҳаҭхоит. Иури Исуф-иԥа илоуп иреиӷьӡоу ижәлар рҷыдаҟазшьақәа, иԥсҭазаара зегьы иалганы иааигеит абазақәа рыламыс акодекс – Абазара.

«Сыԥсҭазаара еиҳарак сара исхызгеит исызгәакьоу аҭыԥқәа сырцәыхараны, аха ианакәызаалакгьы исхашҭуамызт сашабазоу», – иҳәоит Агырба.

Иури Исуф-иԥа иԥшәмаԥҳәыс Галинеи иареи рыԥҳацәа – Камилеи, Каринеи, Леилеи ирыларааӡеит рыжәлар аидеалқәа. Убри абзоуралагьы ианакәызаалак рыҩны аҳра ауеит аилибакаареи апатуеиқәҵареи. Иури Исуф-иԥа иахьатәи ииубилеи даԥылоит изаигәоу ауаа дрыгәҭылакны.

Иаҳазгәакьоу Иури Исуф-иԥа, гәыкала ишәыдаҳныҳәалоит шәирамш!