Аԥсны Жәлар рпоет, аиҭагаҩ ду, адунеитә литература аклассикцәа рҩымҭақәа аԥсышәала аҷҷаҳәа изырцәажәаз, Александр Пушкин иажәеинраалоу иромангьы уахь иналаҵаны, Мушьни Лашәриа иқәра шмаҷымгьы иахьа уажәраанӡа активла арҿиаратә ус инапы алакуп.

Арифа Қапԥҳа

Мушьни Лашәриа диит 1938 шықәса, ажьырныҳәа 16 рзы аԥсуа қыҭа Кәтол, унеишь-уааишь ҳәа зарҳәоз, ажәабжьҳәаҩыс хара зыхьӡ рдыруаз анхаҩы Ҭаиа Лашәриа иҭаацәараҿы. Мушьни инахыс аҭаацәараҿы ирызҳауан даҽа хҩык иара иашьцәеи ԥшьҩык иаҳәшьцәеи. Мушьни иашьеиҳабы Даҭикәа Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аҟны деибашьуан, дԥырҩын, 1944 шықәсазы фырхаҵарыла дҭахоит Ленинград азааигәара.

Мушьни Лашәриа ажәеинраалақәа рыҩра далагеит 10-11 шықәса анихыҵуаз аамҭазы, аа-класск змаз Кәтолтәи ашкол данҭаз. Ателехәаԥшра иаиҭаз аинтервиуқәа руак аҟны иара иазгәеиҭеит: «Споет духоит, арҿиамҭа шьахәқәа аԥысҵоит, уи алагьы ахьӡ-аԥша соуеит ҳәа заа иӡбаны ари амҩа ылызхо маҷзар ҟалап. Иҟазаргьы, уи аҩыза агәҭакы уарла-шәарлоуп ианынаӡо. Еиҳарак ҩныҵҟала иҳаҳауа абжьоуп иҟаҳҵаша ҳаҵазҳәо, ҳамҩақәызҵо».

«Ашәҟәыҩҩцәа рқыҭа» иалҵыз

Мушьни Лашәриа изныкымкәа иазгәеиҭахьеит апоезиахь игәыбылра ацәырҵраҿы акыр шаҵанакуа иара дахьиз иқыҭа Кәтол ахыԥша – аԥсуа поетцәеи ашәҟәыҩҩцәеи жәпаҩык ирқыҭа гәакьоу. 1953 шықәсазы Кәтолтәи ашкол далганы Мушьни Лашәриа дҭалоит Аҟәатәи арҵаҩратә училишье. Уаҟа еиҿкааз алитературатә кружок аилатәарақәа руак аан астудент қәыԥш Мушьни Лашәриа диԥылоит заԥхьаҟа иҵарауаҩ духранаы иҟаз Шоҭа Салаҟаиа – уи акырынтә рыҩны днеихьан, Мушьни иаб Ҭаиа Лашәриа иҟны жәлар рҿаԥыцтә ҳәамҭақәа аниҵон. Усҟан Мушьни ашкол дҭан, аха уажәшьҭа аҩыџьагьы ҵараиурҭак аҟны ианеиқәшәа, алитературеи апоезиеи ахь ирымаз нҵәара зқәым агәыбылра еиднакылеит, хәышықәса ирыбжьазгьы аԥырхагамхеит убасҟан ииз иахьа уажәраанӡа иӷәӷәаӡа иҟоу урҭ реиҩызара ду.

«Алитературатә кружок аилатәарақәа рахь ҳаицныҟәон, апоезиа ҳазыӡырҩуан, нас еилҳаргон, ҳахцәажәон, абас ахы акит ҳаиҩызара, еицаҳзеиԥшыз аинтересқәа рыла», – ҳәа азгәеиҭоит афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор Шоҭа Салаҟаиа.

Аучилишье аҟны иҵара хыркәшаны Лашәриа дҭалоит Горки ихьӡ зху Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институт афилологиатә факультет. Уи аамышьҭахь, 1960 шықәсазы Мушьни Лашәриа Москва Алитературатә институт дҭалоит.

Алитинститут аҟны

Москва алитературатә институт аҟны иҵара ашықәсқәа дырзааҭгыло Жәлар рпоет Мушьни Лашәриа телехәаԥшрала зны иҳәахьеит, алитинстиут аҟны иара изы акыр имҩақәҵагахаз, ихадароу ԥышәаны ишыҟалаз ажәеинраалақәа реилыргарақәа раан «аполитикатә» цәаҩа зхаз аганахь ишнықәырҵоз – апартиа, акомсомол, асоцреализм уҳәа ирызкыз ажәеинраалақәа ирызхьаԥшуамызт, апоезиа уҩныҵҟатәи адунеи аарԥшроуп раԥхьаӡа акәны изызку ҳәа азгәаҭауа. Арҵаҩцәа хатәрақәа рҟынтә абасеиԥш амҩақәҵара зауз апоет қәыԥш Мушьни Лашәриа ақьаад ахь ииаигоит илыԥшааху игәҭыхақәа зегьы.

«Мушьни Лашәриа апоезиаҿы дцәырҵит алирик иаҳасабала, – иҳәоит уи иҩыза, ирҿиара бзианы издыруа аҵарауаҩ Шоҭа Салаҟаиа. – Иагьазгәаҭатәуп уи заатәи илирикагьы ҳлитератураҿы иажәа ҿыцны ишыҟалаз, даҽак иаламҩашьо ахатә ҭыԥгьы шааннакылаз. Мушьни илирика уи иаԥхьанеиуаз апоетцәа ртәы аасҭа акырӡа-акыр афольклор иацәыхараны игылоуп. Уи даара ихаҭаратәуп, угәы унархьуа аҟынӡа иаартуп, автор иҟазшьа шьахәлаҵәҟьа ианыԥшуеит».

Москва иҵарашықәсқәа (аспирантураҿы аҵарагьы уахь иналаҵаны, иааидкыланы жәашықәса) апоет игәалаиршәоит алитература згәы азыбылуаз, уи ала зыԥсы ҭаз аҿарацәеи иареи реибабара, реигәныҩра иаамҭаны. Ирацәаны еиқәшәон, еицәажәон, еиҳаракгьы алитературатә, апоезиатә хәылԥазқәа раан. Иара даараӡа ибзианы исахьаркны иаԥхьоз иаҳасабала лассы-лассы иҳәон апоемақәа «Евгени Онегин», ма «Мцыри» рҟынтә ацыԥҵәахақәа дрыԥхьаларц.

1974 шықәсазы Москвантә дхынҳәны данаа Мушьни Лашәриа аусура далагоит Д. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт аҟны аҭҵаарадырратә усзуҩ еиҵбыс, анаҩс – аҭҵаарадырратә усзуҩыс, 1988 шықәса рзы аинститут аҟны алитература аҟәша дахагылеит. Еиуеиԥшым ашықәсқәа рзы Мушьни Ҭаиа-иԥа Лашәриа ашәҟәҭыжьырҭа «Алашара» аредактор хадас дыҟан, жәашықәса инарзынаԥшуа Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа реидгыла напхгара азиуан, абарт имаҵурақәеи активлатәи ирҿиаратә усуреи еснагь еилаигӡон, аҩра даҟәыҵны ҳәа иҟамлаӡацт.

Алирикеи аепоси

Мушьни Лашәриа алирикала зырҿиара хацзыркыз аепикатә жанрқәа рҟынӡагьы днаӡеит. Иара иаԥиҵаз апоема «Ахьтәы уасцәа» иазкны Фазиль Искандер иҩуан: «Ари апоемаҿы ицәырҵит уаанӡа аԥсуа поезиаҿы иаҳԥымлацыз аепикатә мотивқәа реибарххара, иааԥшит шәышықәсала ишьақәгылоз ажәлар рашәаҳәаратә фольклор абеиара… Ари апоема аԥсадгьыл азы игәыҭшьаагоу гимнхеит» ҳәа.

Аԥсуа литература баҟак аҳасабала иазгылоуп Мушьни Лашәриа иажәеинраалоу ироман «Аџьынџь», 1992-1993 шықәсқәа рзтәи Аԥсны Аџьынџьтәылатәи аибашьра иазку. Ари амонументалтә усумҭа ду аԥҵара акыраамҭа аҭаххеит, аха автор илшеит ҳҭоурых аҿы иҟаҵәҟьаз афырхацәа-аԥсадгьыл ахьчаҩцәа рхаҿсахьақәеи ҳтәыла иақәлаз аӷа хәымга ихаҿсахьеи ҟазарала раарԥшра. «Аџьынџь» иалоуп иалкаау аҭоурыхтә хаҭарақәагьы, иаҳҳәап Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынбеи, аибашьраан хабарда ибжьадырӡыз аԥсуа поет Таиф Аџьбеи реиԥш иҟоу.

Шоҭа Салаҟаиа иажәақәа рыла, абас еиԥш ароман аԥҵара аидеиа Мушьни Ҭаиа-иԥа жәашықәса раҟара ҭаха инаҭомызт, акьыԥхь аҿы ицәырҵуан уи атемала хазы игоу иажәеинраалақәа: «Амитинг Нальчик», «Уара суԥоуп, Ҟабарда», «Аԥсуа ҭыԥхацәа», «Умҵәыжәҩақәа еиҵых, Аԥсынра», аамҭак ашьҭахь дара зегьы иажәеинраалоу ароман аҟны доусы рҭыԥқәа ылырхит.

Мушьни Лашәриа ихаҭа изныкымкәа иазгәеиҭахьеит абри аԥҵамҭа зегь реиҳа игәы ззыбылуа, иԥсы зыҿҳәароу акәны дшазыҟоу, иажәеинраалаҿгьы уи атәы иҳәоит:

Иҭабуп, Анцәа, сахьахьугӡазз сҳәатәы,
Ҳәашьа змамыз, ҩышьа змамыз са сыҩтәы,
Иаанумыжьит, исымумхит мҩабжара,
Исаҭәоушьеит иҟаз шыҟаз аҳәара,
Иреиҳау ҳамҭак уа уахьтә саҳәомызт сара!

Аиҭагаҩ иџьабаа

Мушьни Лашәриа ирҿиаратә ԥсҭазаара иузаҟәымҭхо иахәҭакуп асахьаркыратә еиҭагара аусгьы. Зегьы еицырдыруеит Мушьни Лашәриа аԥсшәахь ишеиҭеигаз аурыс литература аклассик Александр Пушкин ипоема «Евгени Онегин». Шоҭа Салаҟаиа иазгәеиҭоит ари арҿиамҭа ду аиҭагара инапы аиркаанӡа, Лашәриа ишеиҭеигахьаз аурыс классик Михаил Лермонтов ипоема «Мцыри», аха уи аҵакы Кавказ иадҳәалан аҟнытә аиҭагара еиҳа имариан. «Евгени Онегин» акәзар – уи зынӡа даҽакуп, ари аурыс милаҭтә хаҿра зныԥшуа, Кавказ жәларқәа акала иреиԥшым аславиан жәлар рынхашьа-бзазашьа зларсу ҩымҭоуп.

«Аклассикатә роман иалажьу абеиара зегьы ааигәа аҩыра зауз алитература абызшәахьы аиҭагара, убри аан асахьаркра зегь еиқәырханы – даараӡа имариамыз усын, – ҳәа азгәеиҭоит Салаҟаиа. – Убас ахьакәу азы иаҳагьы гәадурала иаҳҳәарц ҳалшоит Лашәриа ари аус қәҿиара дула инаигӡеит ҳәа, аҩымҭа ду ацәаара унахьԥшуа акәымкәа, аԥсышәала аҩынтә раан аԥсы ахаиҵеит, даҽа ԥсҭазаарак аиҭеит».

Иажәеинраалоу ароман «Евгени Онегин» аиҭагаразы 2010 шықәсазы Урыстәыла ахада Дмитри Медведев Кремль азал хадақәа руак аҟны усҟан Жәлар рпоет ҳәа ахьӡ иаԥсахахьаз Мушьни Лашәриа ианаишьеит «А.С. Пушкин имедал», 2015 шықәсазы Шоҭа Русҭавели поема «Абжьас цәа зшәу» аиҭагаразы Мушьни Лашәриа ианашьан Дельвиг ихьӡ зху урыстәылазегьтәи апремиа.

Ақәра ԥшӡа

2018 шықәсазы Аԥсны инарҭбааны иазгәаҭан Жәлар рпоет Мушьни Лашәриа ԥшьынҩажәа шықәса ихыҵра аиубилеи. Абри арыцхә инамаданы, «апсуа поезиеи, алитератураҭҵаареи, асахьаркыратә литературеи рыҿиараҿы илшамҭа дуқәа рзы» Жәлар рпоет ианашьан аорден «Ахьӡ-аԥша» актәи аҩаӡара, С. Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа драматә театр аҟны апоет ирҿиаратә хәылԥазы мҩаԥыргеит. Аиубилиар ихьӡала адныҳәаларатә ажәақәа шьардаӡа ықәыҩит уи ауха, арежиссиор Мадина Аргәын иқәлыргылеит Лашәриа иҩымҭақәа рцыԥҵәахақәа рыԥхьарала ишьақәгылаз апоетикатә спектакль.

Мушьни Лашәриа иқәра шхатәроугьы, ааԥсарада арҿиара инапы алакуп, ааигәа акьыԥхь абеит иссирӡоу ипоема ҿыц «Ашаеҵәа». Шоҭа Салаҟаиа иажәақәа рыла, Мушьни Ҭаиа-иԥа еснагь арӷьажәҩаны дивагылан иара иԥшәмаԥҳәыс Елена Оҭырԥҳа, аха рыцҳарас иҟалаз, лара иаамҭанымкәа лыԥсҭазаара далҵит. Аҭаацәараҿы ирызҳаит ҩыџьа аԥҳацәа хазынақәа Рабиеи Асҭандеи.

Мушьни Ҭаиа-иԥа ахьӡ ҳаракқәеи аҳамҭа дуқәеи рацәаӡаны иоухьеит. «Ахьӡ-аԥша» аорден инаӡоу кавалеруп, Дырмит Гәлиа ихьӡ зху аҳәынҭқарратә премиа далауреатуп, Жәлар рпоет ҳәа ахьӡ ианаршьеит 2009 шықәсазы. Аха егьа ус акәзаргьы, Мушьни Лашәриа еснагь ииҳәо акоуп – иреиҳау еихьӡарас иԥсҭазаараҿы еснагь еиԥш иахьагьы ишиԥхьаӡо аус иуртә алшара ахьимоу.

«Дарбанзаалак ауаҩы, дышәҟәыҩҩума, дырҵаҩума, дынхаҩума – ҳазқәу абри адгьыл аҿы ишьҭамҭа аанижьыр иҭахуп. Аӡәы ҵеирала ишьҭра ирӡуам, ҽаӡәы – аҵла еиҭеиҳауеит, ҳарҭ ашәҟәыҩҩцәа ҳтәы уҳәозар, инҳажьуа ҳҩымҭақәа роуп».