Зқьы инареиҳаны аӡын маҭәа акомплектқәа ацхыраара зҭаху Аԥсны ахәыҷқәеи, ҞЧА инхо ашәуа хәыҷқәеи ирызшан, агәыҳалалратә акциа «Агәы аԥхарра» аҳәаақәа ирҭагӡаны.

Саид Барганџьиа

Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс агәыҳалалратә акциа «Агәы аԥхарра» хырқәшан, Ҟарачы-Черқьесиа инхо ашәуа хәыҷқәа амаҭәаԥҳа акомплектқәа рызшарала. Акциа шьақәгылан аетапқәа рыла, урҭ инарықәыршәаны ацхыраара зҭаху Аԥсынтәыла ахәыҷқәеи, ҞЧА иқәынхо ашәуа ҭаацәарақәа рхәыҷқәеи аӡын маҭәала еиқәыршәан.

АААК Аҿар рхеилак анапхгаҩы Леван Торчуа иазгәеиҭеит, ари аҩыза зымҽхак ҭбаау акциа Аԥсны раԥхьаӡа акәны ишымҩаԥысыз. Уи аихшьалақәа рыла, аӡын маҭәала (акурткақәеи, акьаҿқәеи, аимаақәеи, ахылԥақәеи уҳәа уб.егь.) еиқәыршәан 973 аԥсуа хәыҷқәа, 49 цыра аӡын маҭәа акомплектқәа рызшан ашәуа хәыҷқәа.

Амаҭәа ҿыҵқәа ахәыҷқәа рҟынӡа инаган агәыҳалалратә еиҿкаарақәа рыла, иара убас хаҭалагьы.

Убас, 534 цыра аӡын маҭәа акомплектқәа рызшан агәыҳалалратә еиҿкаара «Кьараз» хылаԥшра знаҭо ахәыҷқәа, 54 комплект – Калдахәаратәи ашкол-интернат аҵаҩҵәа, 40 комплект – Аҟәатәи ашкол-интернат аҵаҩцәа, 30 комплект – ауаажәларратә еиҿкаара «Аџьар ҟаԥшь» зхылаԥшуа ахәыҷқәа. Аа-комплектк – Аԥсны Амсылманцәа рхеилак иазынашьҭын, 33 – Аҟәатәи ареабилитациатә центр, 50 – Аԥсны Аҳәынҭқарра арепатриациазы аминистрра. Даҽа 224 комплект рыҭан АААК еиқәнаршәаз асиа ианылаз ахәыҷқәа.

Иара убасгьы Аконгресс Иреиҳаӡоу Ахеилак алахәыла Аҳмеҭ Ҳапат иаԥшьгарала, Ҭырқәтәылатәи агәыҳалалратәи, ауаажәларратәи аиҿкаарақәеи, Ҭырқәтәыла иҟоу аԥсуа-абаза диаспора ахаҭарнакцәеи иҟарҵаз ацхыраарала, зықьҩык инареиҳаны аԥсуа хәыҷқәа еимаала еиқәыршәан.

Агәыҳалалратә акциа «Агәы аԥхарра» Аԥсны араионқәа зегь рҟынӡагьы инаӡеит: Аҟәатәи араион аҟны ишан – 191 амаҭәа акомплектқәа, Очамчыратәи араион аҟны – 455, Гәдоуҭатәи – 179, Гагратәи – 37, Гәылрыԥшьтәи – 67, Ҭҟәарчалтәи – 44.

«Ихадараз – ацхыраара зҭаху зегь рыҟнынӡа анаӡара акәын. Уи азы, ҳәарада, аҭагылазаашьа бзиаӡаны иҭҵаатәын. Еиуеиԥшым аиҿкаарақәа аус рыцаҳуан, урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп агәыҳалалратә еиҿкаара «Кьараз», иара асиа ауп ҳсиа хада аиқәыршәараан шьаҭасгьы иҟаҳҵаз. Аха уи асиаҟны иарбаз Очамчыра араион амацара акәын. Ҳара хықәкыс иаҳаман акциа Аԥсны зегьы амҽханакырц», – ҳәа азгәеиҭеит Торчуа.

Иара иажәақәа рыла, акциа аиҿкааҩцәа рнапаҿы иҟаз асиақәа хадырҭәаауан аҭыԥантәи ауааԥсырагьы, АААК аусуҩцәа ирыдыргалон ацхыраара зҭаху ргәылацәа, ма зыӡбахә раҳахьаз аҭаацәарақәа рҭыӡҭыԥқәа.

«Аҭел иаҳзасуан есыҽны. Асиақәа есааира ихаҳарҭәаауан. Акциа Аԥсны зегьы иахаҵәеит, ҳтәылауаа ирдыруа аҭаацәарақәа рыҟнытә ацхыраара зҭаху рыхьыӡқәеи рыжәлақәеи ҳара ҳҟынӡа инеиртә иҟарҵон», – ҳәа еиҭеиҳәеит Аконгресс Аҿар рхеилак анапхгаҩы.

Торчуа игәаанагарала, ауааԥсыра зегьы акциа ралархәра иабзоураны уи амҽхак ҭбаахеит, насгьы акциа ахьыӡгьы иашаны иалхын «уи иаанарԥшит, гәаартыла аӡәы сицхраандаз ҳәа иҟоу ауаа шырацәоу».

Иара убасгьы иазгәеиҭеит, абизнесуааи, анаплакҩыцәеи, АААК активистцәеи хаҭалатәи алагала ду шыҟарҵаз атәы.

«Ацхыраара ҟаиҵеит Аҟәатәи иҷыдоу амашьынанхамҩа аиҳабы Саид Кәыр-иԥа. Мызки бжаки раҟара аӡын маҭәа акомплектқәа ахьыҵәахыз ахыбра хәыда-ԥсада иҳаиҭеит анаплакҩы Виктор Кәыҵниа. Ҟарачы-Черқьесиаҟа амаҭәақәа ргараҿы дҳацхрааит Беслан Кьылба», – иҳәеит Торчуа.

Торчуа хаҭа-хаҭала иазгәеиҭеит ацхыраара ҟазҵаз аӡәырҩы: АААК Очамчыратәи Аҭыԥантәи аҟәша ахеилак аиҳабы Даур Ҵәыџьба, АААК Тҟәарчалтәи Аҭыԥантәи аҟәша

ахеилак алахәылацәа Дамир Горзолиа, Лика Адлеиԥҳа, АААК Аҿар рхеилак алахәылацәа – Инна Џьениаԥҳа, Милана Лацәышԥҳа, Иракли Агрба, АААК Аҳәса рхеилак алахәылацәа – Фатима Бзаркал, Асҭанда Барцыцԥҳа, Гәында Агрԥҳа, Аза Гәымԥҳа, Лиуда Коӷониаԥҳа, Илона Амҷԥҳа.

«АААК Аҳәса рхеилак алахәылацәа амаҭәа ахьеилырхуаз ахыбраҿы хәылбыҽханӡа аус руан, убасҵәҟьа аџьабаа рбеит Агәыҳалалратә еиҿкаара «Кьараз» аусуҩцәагьы: Кама Гоԥиа, Кадыр Аргәын, Асҭанда Гәаланӡиа, Кристина Лакәиа, Алиса Туиба. Урҭ амаҭәақәа зегьы еилыхны аилаҳәарақәа ҟаҵаны идырхиеит. Ҳәарада, ирылшаз рацәоуп. Убас еиԥш иҟоу ауаа рыбзоуралоуп, акциагьы аиҿкаара залшахаз», – ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Торчуа.

Агәыҳалалратә акциа «Агәы аԥхарра» еиҿыркааит: Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс, аԥсуа-абаза милаҭ рыҿиара иацхраауа Жәларбжьаратәи ахеидкыла «Алашара», Ҭырқәтәыла иҟоу аԥсуа культуратә центрқәа Рфедерациа. Акциа «Агәы аԥхарра» мҩаԥысуан 2018 шықәса (ԥхынҷкәын) инаркны 2019 шықәсанӡа (хәажәкыра).