Ҭырқәтәылатәи аԥсуа-абаза диаспора рҟынтә агуманитартә цхыраарак аҳасабала иааз амаҭәа ԥха акомплектқәа рызшан Гагра иҟоу Аҳәынҭқарратә реабилитациатә центр аҟны зҽызхәышәтәуа аибашьра аинвалидцәа.

Саид Барганџьиа

Ҭырқәтәылатәи ҳашьцәа рҟынтә иаашьҭыз агуманитартә цхыраара – амаҭәа ԥха акомплектқәа рыхәҭак жьҭаара 18 рзы ирызнаган Гагратәи ареабилитациатә центр аҟны ишьҭоу Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аинвалидцәа. Агуманитартә цхыраара Ацентр ахь инаргеит Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс аусзуҩцәа.

АААК анагӡаратә маӡаныҟәгаҩ Инар Гыцба Аџьынџьтәылатә еибашьра аинвалидцәа ирзеиҭеиҳәеит акциа ахықәки уи аиҿкааҩцәеи рыӡбахә. Иара иазгәеиҭеит, Аконгресс аԥхьаҟагьы агәы ишҭоу адиаспора рхаҭарнакцәа агәыҳалалратә акциақәа ралархәра.

Ареабилитациатә центр аҳақьым хада Валери Аҩӡба акциа аиҿкааҩцәа иҭабуп ҳәа раиҳәеит иҟарҵаз ацхырааразы. Иара иазгәеиҭеит аибашьра аветеранцәа абас азҿлымҳара анроуа, еснагь анырра бзиа шрынаҭо, ргәы шыҭнаго.

Аахыҵ Уаԥстәылантә хатәгәаԥхарала Аԥсны еибашьуаз Ефрем Рубаев АААК акорреспондент иҿцәажәараан иазгәеиҭеит, абас еиԥш агәцаракра анроуа, агәахәара ду шырнаҭо, уи ахә ашьара шыуадаҩу.

«Ҳара еснагь гәахәарала асасцәа ҳарԥылоит. Ҳара ҳзы даара акраанагоит ауаа ҳшыргәалашәо анаҳбалак, абас еиԥш иҟоу аиԥыларақәа уи зеиӷьыҟам ала ишьақәдырӷәӷәоит», – иҳәеит иара.

Агәалашәареи ацхыраареи рзы иҭабуп рҳәеит егьырҭ аветеранцәагьы. Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеран, аинвалид Зураб Демерџь-иԥа иазгәеиҭеит «абас иҟоу акциақәа рымҩаԥгара аҵак ду амоуп, ҳара ҳзы акраанагоит ҳшыргәалашәо, ишҳахӡыӡаауа анаҳдыруа» ҳәа.

Ҳазҭоу ашықәс цәыббрамзазы АААК Иреиҳаӡоу ахеилак иалоу Аҳмаҭ Ҳапат иаԥшьгарала Ҭырқәтәыла иҟоу аԥсуа-абаза диаспора рхаҭарнакцәа еидкыланы Аԥсныҟа иаарышьҭит 1200 комплект амаҭәа ԥхақәа, заагарҭа маҷу Аԥсны аҭаацәарақәа рызшаразы. Агуманитартә цхыраараҿ иҟоуп 400 комплект ахәыҷтәы ԥхамаҭәа, 250 комплект ахацәа рзы аԥхамаҭәеи, 550 комплект аҳәса рзы аԥхамаҭәеи. Жьҭаара 4 рзы аидара Аҟәа иӡхыган. Амаҭәақәа зегьы ҿыцҳараӡа иҟоуп, ишиашоу аба-фабрикақәа рҟынтә еидкылоуп. Амаҭәа аарышьҭит абарҭ афабрикақәа реиҳабцәа: Şik Örme, HSM Tekstil, Karadağ Tekstil, Hayber Tekstil, Dark Tekstil, Espira Tekstil, Anemon Tekstil, Berfin.