Аҵыхәтәантәи аурыс императрица Александры Фиодор-иԥҳа фреилинас илымаз, зегьы еицырдыруаз аҭыԥҳа ԥшӡа Мери Шервашиӡе-Чачԥҳа лыԥсҭазаара даара аинтерес аҵаны имҩаԥысит, аемиграциа данақәшәагьы лхы лмырӡит, Коко Шанель лмодақәа рыҩны аҟны иреиӷьыз модельын.

Арифа Қапԥҳа

Уи лыԥшӡара ихнахуан Санкт-Петербург аҳҭынра иазааигәаз зегьы, Николаи II ихаҭа акомплиментқәа лиҭон, бзиа дызбоз апоетцәа иреиӷьыз ражәеинраалақәа лзыркуан, асахьаҭыхыҩцәа ракәзар – лыԥшӡара асахьҿы иаадырԥшыр рҭахын, лпатретқәа ҭырхуан. Абри зегьы Мери Шервашиӡе-Чачԥҳа лоуп изызку (Шервашиӡе ─ аԥсуа ҭауадцәа Чачаа рыжәла ақырҭуа формоуп, ихьшәоу абжьарашәышықәса инаркны ақырҭуа ҩыратә традициаҿы ахархәара зауз – ред.)

Аҳәынҭқар иаҳҭынраҿы

Лара диит жьҭаара 17, 1895 шықәсазы Баҭым ақалақь, Аԥсны аҳ Қьалышьбеи Чачба имоҭа-шьмоҭа Прокофи Леуан-иԥа Шервашиӡе-Чачба иҭаацәараҿы, аиҳәшьцәа хҩык дыруаӡәкын. Чачбақәа ҭаацәала Санкт-Петербургҟа нхара ҳәа ииасит аӡӷабцәа шқәыԥшӡаз. Прокофи Урыстәылатәи Аимпериа Аҳәынҭқарратә дума адепутатс дыҟан. Аҭаацәа акыр ацхыраара риҭон аимператрица Мариа Фиодор-иԥҳа лканцелиариа аиҳабыс иҟаз Гьаргь Дмитри-иԥа Шервашиӡе-Чачба. Урыстәыла аҳҭынраҿы уи ихьӡ рдыруан, акыр аныррагьы ҟаиҵон, убри аҟнытә Санкт-Петербург иаауаз аԥсуа ҭауадцәа рхаҭарнакцәа аӡәырҩы рҭагылазаашьа дацхраартә дыҟан.

Аҭоурыхҭҵааҩ Гьаргь Ӡиӡариа «Ареволиуциа ҟалаанӡатәи аԥсуа интеллигенциа ашьақәгылара» захьӡу ишәҟәаҿы иҩуеит XX-тәи ашәышықәса алагамҭазы Санкт-Петербург аурыс иаҳҭынра иазааигәаз рахьтә аԥсуа ҭауад жәлақәа гәыԥҩык уԥылон ҳәа. «Аҳәсагьы рылан, – иҩуеит Ӡиӡариа, – убарҭ дыруаӡәкын аҳкәажә Мери Чачԥҳа. 1914 шықәсазы уи илыцны иаҳбоит лаб – ԥхьатәара ицаз аинрал Прокофи Шервашиӡе-Чачба, лан Нина Гьаргь-иԥҳа, нас лаҳәшьцәа Ҭамареи Аннеи Чачԥҳацәа».

Лтәашьеи-лгылашьеи рыла дҽырба-ҽырбо иҟаз, аристократтә хаҿра лыманы, инҭырҳәцааны ахымҩаԥгашьа атәы здыруаз Мери Чачԥҳа иаразнак ала зегьы даарылукаауан, иара Санкт-Петербурггьы, ишдыру еиԥш, уа аҟара аҭыԥҳа ԥшӡақәагьы абаҟаз аха. Аҳҭынраҿы лыԥсҭазаашьа зеиԥшраз атәы ҳазҳәо епизодк ыҟоуп.

Ҽнак зны Мери Чачԥҳа ԥсрак ахь дагханы дааит, ауада дыҩналеит аимператор Николаи II-тәи иаамышьҭахь. Ас аҟаҵара аетикет аилагара акәын иаанагоз, игха дуны иԥҳьаӡан, аха аимператор Мери дангәаиҭа «Абас уԥшӡазар ҟалома, игәнаҳарами, аҳкәажә» ҳәа леиҳәеит ауп. Уи лыԥшӡара ихнахуан ахацәагьы аҳәсагьы. Аимператор Николаи I-тәи имоҭа лыԥҳа – аҳкәажә ду Александра зны ус лалҳәахьан: «Мери, шаҟа быԥшӡоузеи! Маҷк иадымхаргьы бара ибеиԥшу аӡә дысԥылазҭгьы, уаҳа акы самыхәаԥшкәа, сылақәа хҩаны сиццон!» ҳәа. 

Мери илнасыԥхараны иҟаз ауаҩгьы уаҟа, аимператор иаҳҭынраҿоуп дахьылбаз, лыԥсы ахьынӡаҭазгьы иараӡәк иакәын бзиа илбоз. Иара ақырҭуа аҳ Иракли II-тәи дихылҵшьҭран (имоҭа-шьмоҭа), аҭауад Гьаргь Николаи-иԥа Еристави иакәын. Ақәыԥшцәа шеибабаз еиԥшҵәҟьа иаразнак ала аҩыџьагьы гәаԥхеибашьеит. Аха усҟан Мери дыфреилинан, ус анакәха, хаҵа дцар ҟаломызт. Еибагеит ареволиуциа аныҟала ашьҭахь, Қәҭешь ақалақь аҟны. 

Ареволиуциа аамышьҭахьтәи ахынҭа-ҩынҭарақәа

1917 шықәсазтәи октиабртәи ареволиуциа ашьҭахь Мери Чачԥҳа Қарҭ днанагоит. Уаҟа диабадыруеит аурыс сахьаҭыхҩы Савели Сорин. Иара, зегь реиԥш, Мери лыԥшӡара дыхнахит, лсахьа ҭихырц азин даҳәеит. Апортрет аус адиулон 23 мшы. Абар уи асахьа дшахцәажәо амода аҭоурых аҭҵааҩы Александр Василиев: «Лбырфын ҵкы шкәакәа лӡара иаакәыршаны иҿаҳәаны, «амц-классикатә» шьал ларма жәҩа иқәыршәны, лбырлаш еихаԥса лнаҵәкьара ԥшқақәа ирыбжьакны – абас Мери лсахьа ҭихит абаҩхатәра змаз аҟаза, Урыстәыла иаанхаз лпортрет аҟны».

Василиев иазгәеиҭоит ари апортрет Урыстәыла иаанхеит ҳәа, аха даҽа хыҵхырҭақәак изларҳәо ала, Сорин аемиграциа данақәшәа, дахьцоз игеит. Изларԥхьаӡо ала, ари асахьа акыраамҭа ихшьын Монако апринцесса Греис Келли луаҭах аҟны, уи Мери лыԥшӡара еталонуп ҳәа дазыҟан.

Дыҟазма бзиа дызбоз апоет?

1918 шықәса, лаҵарамза 20 рзы Қәҭешь ақалақь аҟны Мери Чачԥҳа диццоит Гьаргь Еристави. Изларҳәо ала, ари ахҭыс даара игәы иасит Мери бзиа дызбоз апоет Галактион Табиӡе, иагьылзикит апоема «Мери». Уаҟа игәыҭшьааганы иааирԥшуеит лхаҵацара иинаҭаз ааха:

Қәыршыҩ ҵхын – Мери хаҵа дцеит,
Қәыршыҩ ҵхын, дысшәиит са с-Мери.
Иҳабжьагылт лареи сареи
Аартышьа змамыз ашә цеи-цеи дук.
Нас снеин убри ашә снагәӡит,
Издыруан, шәхырхәон Анцәа иҿаԥхьа,
Бнацәа ԥшқа хьы-мацәазала иркит.
Ус акәӡами аԥсаатәгьы шҿарҳәо!?
Тәыс ирго – шҭарҵо ахәура!

Мери лыԥсҭазаара ҭызҵаауаз аӡәырҩы иазгәарҭахьеит, уи бзиа дызбоз апоет, лыхьӡала апоемақәа иҩуан, ажәеинраалақәа рциклқәа лзикуан ҳәа. Мери уи атәы акгьы лыздыруамызт, акыраамҭа ҵхьан еиԥш ианларҳәагьы – даара иџьалшьеит. Урҭ ажәеинраалақәа дрыԥхьаны дыҟамызт, избанзар Табиӡе қырҭшәала дыҩуан, лара уи абызшәа лыздыруамызт.

Апоема «Мери» ацәаҳәақәа даара аромантикатә цәаҩа рхуп, аха Мери Чачԥҳа лақәҵәҟьамзар ҟалап изызку ҳәа агәаанагара змоугьы маҷҩым. Избан акәзар

Табиӡе ипоема ақырҭуа журнал «Атеатри аԥсҭазаареи» ианылеит 1915 шықәсазы, Мери хаҵа дцеит даҽа хышықәса рышьҭахь. Галактион Табиӡе хаҭала Мери даниба насӡоуп. Аҭҵааҩцәа аӡәырҩы изларҳәо ала, раԥхьаӡа акәны лара дибеит Париж, 1935 шықәсазы.

Мери Парижтәи лыԥсҭазаара

1921 шықәса ашьҭахь Мери лхаҵеи лареи Константинопольҟа ииасуеит, уаҟа гәырӷьарала, ныҳәамшла рымшқәа рхыргоит. Дара нхон ақалақьаҿ зегьы иреиӷьыз асасааирҭаҿы, есыуаха аресторанқәеи, акабареқәеи ирҭаауан. Лассы-лассы итәалон акабаре «Черная роза» аҟынгьы, уаҟа усҟан дықәгылон еицырдыруаз ашәаҳәаҩ Александр Вертински, Мери иареи еибадыруан Петербургтәи аамҭақәа раахыс. Лассы-лассы иара ихьӡала дахьтәаз ашәҭқәа лызнаргон, насгьы Мери реиҳа илгәаԥхоз ашәақәа лзиҳәон.

Константинополь дыҟанаҵ Мери аԥшӡаратә конкурсгьы далахәын, уи ақалақь аҿгьы лхаҿсахьала зегьы лыршахеит. Аха хара имгакәа хаҵеи ԥҳәыси Парижҟа ииасырц рыӡбоит, рфинанстә ҭагылазаашьа ахьыуадаҩхази, зеиԥшла аполитикатә ҭагылазаашьа ахьҭышәынтәаламызи ирыхҟьаны. Усҟан Парижҟа аемиграциа иақәшәон Урыстәылеи Кавкази рҟынтә аинтеллигенциа рхаҭарнакцәа аӡәырҩы.

Аристократтә хылҵшьҭра змаз ҩ-жәла дук ирхаҭарнакцәаз Мери уи лыԥшәма Гьаргьи, ԥарада, ҩызак-дырк дахьрымамыз Париж ақалақь аҿы аҟазаара акыр ирцәыуадаҩын. Ахныҟәгаразы ирымаз ахәыҷы есааира иагхон, хәы-змоу рмаҭәарқәеи арԥшӡагақәеи рҭилар акәын, џьара ҟәрышьқәак роурц. Аимператор Николаи II-тәи иҳамҭаз – ахьтәы ҭаҭынжәгагьы рҭиир акәхеит. Уаҳа ԥсыхәа аныҟамла, аусурҭа иашьҭалеит. Рлахьынҵа зыӡбаз ак акәхеит Париж амҩадуқәа руак аҿы машәырла аҭауад Дмитри Павел-иԥеи дареи реиԥылара, Дмитри иаразнак ала Мери дидырит. Еицырдыруаны иҟалахьаз франциатәи адизаинер Коко Шанельгьы даара иааигәаны дидыруан, убри аҟнытә илабжьигеит аҳкәажә ԥшӡа Мери дналыхәаԥшырц. Абас ала Мери – Коко Шанель лателье аҟны аусура далагоит.

«Усҟантәи аамҭазы Шанель лыҩнаҟны Мери лнаҩсан аус луан Кавказтәи ахылҵшьҭра змаз даҽа ҭыԥҳа ԥшӡакгьы – ижәытәӡатәиу аҟабарда жәла иреиуаз Гали Ҳагәындоҟәа-Баженова. Кавказ ашьха-ҭыԥҳацәа аҩыџьагьы адунеиаҿы еицырдыруаз абренд ахаҿра аадырԥшуан, уи зегь реиҳа ианасакьаҳәымҭаз аамҭазы. Зыхьӡ дырым афотоҭыхҩы иҟаиҵаз урҭ рпатреҭ иахьазы – афотосахьатә ҟазараҿы иклассикоуп», – ҳәа лыҩуеит асахьаҭыхҩы Ельвира Арсалиа.

Ажурналист Татиана Савостина иазгәалҭоит, аславиан ҭыԥҳацәа рыԥшӡареи, Кавказ аҭыԥҳацәа имаӡаркыраз, иблахкыгаз рыԥшӡареи усҟантәи аамҭазы европауаа лымкаала ихнахуан ҳәа.

«Ихабгалахьаз Урыстәылатәи аимпериа аҟынтә аҭауад-ҭыԥҳацәа рхаҿсахьақәеи раамысҭашәареи рыла иаразнак иаарылукаан егьырҭ аҭыԥҳацәа ԥшӡақәа рыбжьара. Еицакра зқәымыз Мери лыпрофиль, лыбла гәыҭбаақәа, лхынкылашьа, лныҟәашьа уҳәа зеиԥшраз ала, амодақәа рыҩны Chanel аҟны иреиӷьӡоу амодельқәа дыруаӡәкхеит», – ҳәа лыҩуеит Савостина лыстатиаҿы.

Мери Чачԥҳа лоуп раԥхьаӡа акәны ибырлашлыху аимхәыцқәа лыхәда иахаҵаны аподиум ахь ицәырҵыз ҳәа иԥхьаӡоуп. Анаҩс ари арԥшӡага адунеи иалаҵәеит Шанель дызлардыруаз амода аекссессуарк аҳасабала. Аԥшӡа Мери даара ҳаҭыр ду лықәын амода адунеиаҿы, ахәылԥазқәа рахь лассы-лассы ааԥхьарақәа лырҭон, лпатреҭ ҭырхырц афотоҭыхыҩцәа агәаран иқәгылон.

Амода аҭоурых аҭҵааҩы Александр Василиев, ишәҟәы «Аԥшӡара – атәым жәҩан аҵаҟа» аҟны иҩуеит: «Зыхцәы еикәаҵәаз, зӡара паӡа иҟаз Мери лыԥшӡашьа 20-тәи ашықәсқәа рзы даара имодан. Лара лхы-лҿыи, леиҿартәашьеи зеиӷьыҟам ала ианаалон Шанель усҟантәи лыстиль, насгьы Коко лгәы иахәон, лара – апровинциа Оверни иатәыз аӡәы лҿы шьҭрала иаҳкәажәцәоу аус ахьыруаз. Париж усҟантәи ашықәсқәа рзы атитул змаз аҳәса рыхә ҳаракӡаны иршьон. Дара ирыладыргылаз ируаӡәкуп аҳкәажә ду Мариа Павел-иԥҳа, аҳкәажә Мариа Иусупова, аҳкәажә Мери Шервашиӡе, нас Гали Баженова. Париж усҟан инхоз аурыс ҭыԥҳацәа ԥшӡақәа даараӡа ирацәан, аха урҭ зегь рхыԥхьаӡараҟынтә иалркаауаз, парижтәи аристократиа ираҟараны ирывадыргылоз илыԥшааху аӡәык-ҩыџьак мацара ракәын».

Аха Мери лхаҭа рацәак лгәы иақәшәомызт аманекеншьица лкариера, убри аҟнытә хара имгакәа ари аус аанлыжьит, уаҳа дагьазыхнымҳәит, илгәалалыршәомызт, лара лтәала иԥхалшьон. Аамала Коко Шанель лыҩны ааныжьны данцозгьы, нап ҭацәы доурмыжьит: Коко аҳамҭа ссир лылҭеит – аҭауад ду Дмитри зны илиҭахьаз ибырлашԥсароу аимхәыц ссирқәа.

1946 шықәсазы Мери лхаҵа длыԥхеит. Азаҵәра иахаанхаз Мери даара дгәырҩоит. Лгәы зырԥсаҳәоз лаҳәшьаԥацәа Нанукеи Константини ракәын. Аха урҭгьы Мери лаԥхьа рыԥсҭазаара иалҵуеит. Константин даныԥсы ашьҭахь Мери лгәаҟра ахгара даара илцәыуадаҩын, акыраамҭа аҩны ддәылҵуамызт. Париж лхала даанхеит, азаҵәра дахәаҽуан, уи атәы лассы-лассы илҳәон Урыстәыла иаанхаз лҩыза лахь илышьҭуаз асалам шәҟәқәа рҿгьы.

Чачԥҳацәа реиԥылара

Мери илызкны аинтерес зҵоу адырранҵақәа аанлыжьит асахьаҭыхҩы Александр Шервашиӡе-Чачба иԥҳа Русудана. Дара еиқәшәеит Париж 1968 шықәсазы, усҟан Мери 76 шықәса лхыҵуан. «Мери сареи ҳаиԥылара сҽаназыҟасҵоз, сазыԥшын ԥҳәыс быргк дызбап ҳәа, уаанӡатәи зыԥшӡара ашьҭақәа аалрла уназхьыԥшуа, рацәак еиҭамҵуа, аҟәардә хәбаба дагәылатәаны, лгәыхьқәа-лхыхьқәа дырхашшаауа. Шаҟагьы иџьасшьазеи лара лҟынтә аресторан ахь ааԥхьара ансоу, уаҟа дысԥылеит ажәра зынӡа зымԥан иаазмышьҭыз аԥҳәыс ԥшӡа, дҽаԥха-ҿаччо, леилаҳәашьоума, лхымҩаԥгашьоума – зегь рыла аамҭа иақәшәоз», – ҳәа лыҩуеит Русудана Александр-иԥҳа.

Мери Шервашиӡе-Чачба даара гәыбылрала дылгәалалыршәон Русудана лаб Александр, урҭ хаҭала еибадыруан, изныкымкәа еиқәшәахьан Санкт-Петербург, Қарҭ, Париж. Уи иуаҩышәатә ҟазшьақәа, игәадура, иҟәыӷара, иааӡашьа, ихӡырымгара еснагь иҿырԥшыган Мери лзы. Урҭ ашәҟәеимдара рыбжьан. «Акыр иаԥсоу саб иашьа Александр» ҳәа иалҳәон лысалам шәҟәқәа рҿы, иагьаҵалыҩуан «гәыбылрала ишәзыҟоу шәашьа иԥҳа Мери» ҳәа.

Еиқәханы иҟоуп Александр Чачба 1912 шықәсазы акварельтә шәыгақәа рыла иҭихыз Мери Чачԥҳа лсахьа ссир. Шәагаала рацәак идуум ари аҭыхымҭа, Русудана лажәақәа рыла, асахьаҭыхҩы иҭынха ԥшӡа лахь имаз игәыбылреи ицәанырра ԥхақәеи бзиаӡаны ианыԥшуеит.

«Асахьаҭыхҩы гәыбылрала иааирԥшит аҭыԥҳа қәыԥш лыԥшӡара, ԥсабаралатәи лгәыкра, лхаҿсахьа. Аԥсуа ҭыԥҳа ссир ласахьа ҭыхуп маҷӡак лхы ларҟәны, лқаруа бла гәыҭбаақәа рыԥшышьеи лыџьымшьқәа рышьҭыхшьалеи иаҳбоит аԥсҭазаара ду ахь зшьаҿа еихызгараны иҟоу аӡӷаб қәыԥш лгәыхыҭ-хыҭра, уи ацәанырра ахәаԥшҩы иахьгьы ииасуеит, асахьа аԥсы ҭоуп, улаԥш аҟәгара уҭахымхо иҟоуп», – ҳәа лыҩуеит Мери лсахьа иазкны Русудана Чачԥҳа.

Ари асахьа ҭыхын «Варвара Михаил-иԥҳа Меиендорф лыҩнаҭаҿы, уи аԥсуа поет Гьаргь Чачба иаҳәшьа лакәын, лыҩнаҭа лассы-лассы иаҭаалон лыуацәа, Меригьы Александргьы уахь иналаҵаны». Ари асахьа акыраамҭа Казан ақалақь, Аҿыханҵатә ҟазара амузеи аҿы иҵәахын, аха Аԥсны АССР акультура аминистрс иҟаз Алексеи Аргәын иҟаиҵаз аҽазышәарақәа ирыбзоураны, 1980-тәи ашықәсқәа рзы Аԥсныҟа иааргеит.

Русудана Чачԥҳа Париж ақалақь аҿы Мери данылԥылоз, лаб Александр иархив аҿы пату ақәҵаны иҵәахыз лфотосахьа лылҭеит, лхаҭагьы Мери лпатреҭ ҭылхит.

Хынҩажәатәи ашықәсқәа рзы Мери Чачԥҳа илоуеит адмирал Марков иԥа Вадим илзынижьыз амалҭынха, уи иԥсы ахьынӡаҭаз аимператрица лыфреилина Мери бзиа дибозаарын.

Мери лхала данаанха Парижтәи абыргцәа рыҩнахьы нхара диасит, иҳәатәуп, уи абыргцәа ишрыҩнызгьы, акырӡа ишьахәны ишеиҿкааз. Лара илыман иреиӷьӡаз аҩнымаҭәа зыҩнагылаз, иблахкыгаз х-уадак. Егьырҭ аемигарнтцәа имаҷны дрыҿцаауан, аха лассы-лассы дцалон лхаҵеи лареи ахьынхоз Париж ибеиоу араионахь. Уаҟа дырԥылон лҩызцәа, сааҭла амаца дрыцасуан. Мери лықәрахь даннеигьы лыԥшӡара лцәымӡит, ахацәа рыблаҿы дааиуан. Абыргцәа рыҩнаҿгьы бзиа дызбоз аҩыза длыман, уи есышьыжь иссирӡаз ашәҭқәа кны дылԥылон. Мери лыԥсы ахьынӡаҭаз зыԥсы лыҿҳәараз ауаа лыкәша-мыкәша ирацәан. Аха ус шакәызгьы лара аҵыхәтәанынӡа дзаҵәын, лыԥшәма игәалашәара шлыцыз лыдунеи лыԥсахит. Аҳкәажә Мери Шервашиӡе лыԥсҭазаара далҵит 98 шықәса дшырҭагылаз, 1986 шықәса, ажьырныҳәа 21 рзы. Уи лыԥшәмеи лареи анышә иамадоуп Париж, Сент-Женевьев-де-Буа анышәынҭраҿы.