Москватәи аԥсуа диаспора имҩаԥнагеит аҩбатәи иаарту аԥсуа культура афестиваль «Аԥсны» Москва ақалақь аҟны.

Саид Барганџьиа

Аҩбатәи иаарту аԥсуа культура афестиваль «Аԥсны» мҩаԥысит Москва, «Краснаиа пресниа» апарк аҟны рашәарамза 30 рзы. Афестиваль еиҿнакааит Москватәи аԥсуа диаспора (МАД), уи адгылара арҭеит: Урыстәыла иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәарҭа, Москва ақалақь анапхгареи, Акультура адепартаменти, Аԥсны акультуреи аҭоурыхтә-культуратә ҭынха ахьчареи рминистрра, Аԥсны акурортқәеи атуризми рминистрра.

Ахҭыс ахҳәаа азуа, Москватәи аԥсуа диаспора ахада Беслан Агрба иазгәеиҭеит ас еиԥш иҟоу аусмҩаԥгатәқәа аҵак ду шрымоу Аԥсны адунеи аларҵәара аус аҿы.

«Ауаа аԥсуа культура аелементқәа лабҿаба ирбо-ирҳауа аҭагылазаашьа аԥҵоуп, амилаҭ рхаҭарнакцәа рбоит, урҭ ирацәажәоит. Ари афестиваль ацәанырра бзиақәа цәырнагоит, ауаа ишиашоу рхы-ргәы ианыруеит, убри зегьы ирыцкуп – даҽа жәларык, даҽа милаҭк еиҳа еиӷьны реилкааразы», – иҳәеит Агрба.

Иара иазгәеиҭеит убасгьы афестиваль хықәкы хадақәас иамоу – Москва ауааԥсыра аԥсуа культура дырбара, иара убас Москва инхо аԥсуаа мышкы иадымхаргьы «аҩны иҟоушәа» ргәы аҟаҵара.

«Ауаа рацәаҩны еизеит. Заатәи адыррақәа рыла, жәа-нызқьҩык инареханы иҟан», – иҳәеит иара.

Уажәтәи афестиваль актәи излаеиԥшым ҳәа хадаратәла Беслан Агрба иазгәеиҭеит уажәазы ашәуаа еиҳа активла уи ралахәра. МАД ахада иажәақәа рыла, сынтәа афестиваль аҟны раԥхьаӡа акәны иаартын абаза милаҭ чыс апавильон, иара убасгьы абаза кәашарақәа дырбан.

Аԥсны аҭаара

Ҷыдала иҽазкны ари афестиваль даҭааит Аԥсны акурортқәеи атуризми рминистр ихаҭыԥуаҩ Асҭамыр Барцыц. Аминистрра ахьӡала иара аныҳәа аҭааҩцәа рыбжьара Аԥсныҟа апутиовка ықәҵаны ирхәмарит. Аҳамҭа лгеит Москва иаҭааны иҟаз Самара ақалақь инхо Екатерина Гридисова, апутиовка абзоурала лара Пицунда лыԥсы лшьар лылшоит.

«Аҳамҭақәа иҵегь ирацәаны иҟан. Иааидкыланы ахҳәаа ҟасҵозар, иазгәасҭарц сылшоит абас еиԥш иҟоу аусмҩаԥгатәқәа ҳтәылахь аԥсшьаҩцәа рхьарԥшразы акыр ишыцхыраагӡоу. Аиҿкааҩцәа ирылшеит ҳтәыла ахаҿра аарԥшра. Афестиваль ҩаӡара ҳаракыла еиҿкаан, уи, ҳәара аҭахума, Аԥсны туристтә тәылак аҳасабала ахыԥша бзиа аларҵәараҿы акраанагоит», – ҳәа ациҵеит Барцыц.

Амузыка рацәа

Афестиваль асасцәа рзы еиҿкаан аконцерт, уи иалахәын иреиӷьу аԥсуа шәаҳәаҩцәеи, акәашацәеи, акллективқәеи. Артистцәа рхыԥхьаӡараҿы иҟан: еицырдыруа амузыкант Александр Шьоуа, аоператә шәаҳәаҩы Алиса Гыцԥҳа, ашәаҳәаҩ қәыԥшцәа Валериа Адлеиԥҳа, Амра Барганџьиа, Саида Агрԥҳа, Гиа Ԥлиа, Милена Барцыц, Викториа Лабиа, амилаҭтә кәашаратә ансамбльқәа «Нарҭаа», «Алон».

Урыстәылеи Аԥсныи еицырдыруа ашәаҳәаҩ, акомпозитор, агәыԥ «Непара» асолист, Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист Александр Шьоуа иазгәеиҭеит афестиваь «Аԥсны» даараӡа ибзианы еиҿкаан ҳәа. Иагьациҵеит афестиваль аҟны ақәгылара иара ихатә инициативаны ишыҟаз.

«Сашәақәа хԥа назыгӡеит, аԥсышәала исымоу ашәа «Са сгәы иҭаз» захьӡугьы уахь иналаҵаны. Сықәгылара аамҭа аиаанӡа апарк сналс-аалсит, афестиваль амҽхак збаратәы алшара соуит. Гәахәарала ауаа срацәажәеит, ҳмилаҭ чысқәа, ҳаҩқәа ргьама збеит, Аԥснытәи сҩызцәа рацәаҩны избеит. Москватәи сҩызцәагьы сыцын, даара игәаԥхеит ирбаз-ираҳазз зегьы, еиҳа инарҭбааны Аԥсны аӡбахә еилыркаар рҭаххеит. Сеигәырӷьоит абас еиԥш афестиваль ахьыҟоу», – иҳәеит Шьоуа.

Иқәыԥшу, аха уажәнатә ахьӡ-аԥша заухьоу, НТВ ателеканал ала ицоз ашоу «Ты супер» аҟны иаиааиз аԥсуа шәаҳәаҩ қәыԥш Валериа Адлеиԥҳа иналыгӡеит лашәа «Сгәаҵа иҭоу», еснагь еиԥшгьы ахәаԥшцәа рыгәқәа хылхит.

«Афестиваль Аԥсны уҟоушәа уҟанаҵоит. Гәахәарала схы аласырхәит. Москва ауааԥсыра абас еиԥш ҳтәыла аӡбахә раҳаратә, ҳкультура рбартә иахьҟоу даараӡа ибзиоуп. Ҳақәгыларақәа раан даара ҳгәы шьҭырхуан, еиҳара аԥсуа ашәақәа анаҳҳәоз. «Браво» ҳәа ҿырҭуан», – лҳәеит Валериа Адлеиԥҳа.

Аԥсуа бызшәа аурокқәа, амилаҭтә чысқәа, аҩы бзиа

Афестиваль аҳәаақәа ирҭагӡаны аԥсуа бызшәа арҵаразы аинтерактивтә урокқәа еиҿыркааит аинновациатә школ Capital school center, иара убас аԥсуа бызшәа онлаин аҵаразы ашкол «Алашарбагеи». Еиҿкаан иара убас ачысҟаҵаратә, акәашаратә, адаул арҳәашьатә мастер-классқәа, аԥсыуала ачара аушьа дырбан, уи иацу атрадициатә қьабзқәа зегь аарԥшны. Афестиваль аҭааҩцәа аԥсуа милаҭтә чысхкқәа ргьама рбеит, аԥсуа кинематографи, кавказтәи аиогеи закәу рбеит.

Афестиваль аиҿкааҩцәа ируаӡәку аԥсуа режиссиор, Аҿартә политиказы аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы, Ҭемыр Кәакәасқьыр иазгәеиҭеит, афестиваль идеиа хадас ишамоу – Урыстәыла аҳҭнықалақь ауааԥсыреи асасцәеи Аԥсны аҵасқәеи ақьабзқәеи дырдырра.

«Ари афестиваль – лшара бзиоуп ҳтәыла аӡыргаразы, алацәажәаразы. Ауаа даараӡа ирацәан, зегьы ргәы алаҟаны иҟан. Қәы хәыҷыкгьы леит, аха ауаа мцеит, зҿлымҳара дула имҩапысуаз зегьы иахәаԥшуан, еиҳаракгьы аԥсуа кәашарақәа. Зегь реиҳа ауаа рацәа здызыԥхьалаз аԥсуа чысқәа ахьыҟарҵоз апавильон ауп», – иҳәеит Кәакәасқьыр.

Аҽны ахәыҟаҵара рхахьы иргеит Москва иҟоу аԥсуа ресторан «Ача-Чача» аусзуҩцәа. Афестиваль аҭааҩцәа ҳмилаҭ чысқәа (аилаџь, ачашә, абысҭа) ргьамабара адагьы алшара рыман рхалагьы ачысҟаҵарра аҽалархәра: аџьынџьыхәеи ачаҳаржәқәеи ҟарҵон.

Аԥсадгьыл адоуҳа

Афестиваль иаҭааит Москва инхо Аԥсны атәылауаа рацәаҩны.

«Аҽнынтәарак сыԥсадгьыл аҿы сыҟазшәа сгәы иабон, убри азы афестиваль аиҿкааҩцәа даараӡа иҭабуп ҳәа расҳәоит. Сгәы аладуун избоз зегьы, абасала Аԥсны аӡбахә Москва ауааԥсыра ирбартә иахьыҟаз. Ҳәарада, гәахәара дуун, апавильонқәа рҿы издыруаз ауаа анысԥылоз. Ари ныҳәа дуун, иамеигәырӷьаз ҳәа уаҩ дыҟам. Москватәи сҩызцәа акыраамҭа ихамышҭыхәны ирзыҟалоит – ҳәа лцәаныррақәа ҳацеиҩылшеит Аԥсны иалҵыз, уажәы Москва инхо Жанна Барганџьиа.

АААК афестиваль аҟны

Ҵыԥх еиԥш сынтәагьы афестиваль аусура иалахәын Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс. АААК Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы иаппарат анапхгаҩы Кан Ҭаниа еиҭеиҳәеит афестиваль иаҭааз асасцәа зегьы Аконгресс алаларазы алшара шрымаз. Иара иажәақәа рыла Аконгрес уи аҽны иалалеит 50-ҩык инареиҳаны ауааԥсыра.

«Аконгресс иазнархиаз апавильон ауаа аднаԥхьалон аԥсуа-абаза жәлар рынхарҭақәа рыхсаалеи, АААК аԥҵара аҭоурыхи уажәтәи аусуреи ирызку ашәҟәи рыла, иара убасгьы авикторина амҩаԥгареи, амилаҭтә чысқәеи рылагьы», – иҳәеит Ҭаниа.

Аҟәатәи аԥшаҳәала анеиааиреи «Ишьхатәылоу Аԥсныи»

Ҵыԥхтәи афестиваль аҟнеиԥш сынтәагьы асасцәа идырбан Аԥсны аҭыԥ ԥшӡарақәа. Афонд «Ишьхатәылоу Аԥсны» адиректор Ҭенгиз Ҭарба афестиваль «аԥсны» аҭааҩцәа ирзеиҭеиҳәеит ҳтәылаҿы имҩаԥысуа ашьхатә туризм атәы: трекинг, рафтинг, каньонинг, скитур, фрираид уҳәа. Апарк «Краснаиа пресниа» аллеиа хадаҟны ицәыргақәҵан Ҭенгиз Ҭарба ифотосахьақәа «Ашьхатәыла Аԥсны»

Аԥсны аӡбахә нагӡаны иузҳәома Аҟәатәи аԥшаҳәа асахьа аамырԥшӡакәа? Аиҿкааҩцәа Аҟәатәи аԥшаҳәа аармаҷны идыргылан, аԥсуа сахьаҭыхыҩцәа русумҭақәа рла ирҩычеит. Абри зегьы афестиваль ахаҿра гәылнаҭәааит.

«Шәымҭак азы сылаӷырӡқәа аахаҟәҟәылеит. Москва инхо аԥсуаа ҳзы ари ныҳәак иаҩызоуп. Ҳаԥсадгьыли ҳауацәеи ҳарцәыхароуп шаҳҳәоз, абас ахамҭа шьахә ҳазшәырхиеит. Иҭабуп идуӡӡаны», – лҳәеит афестиваль иаҭааз Елана Џьынџьуа.

Афестиваль аиҿкааҩцәа ахәыҷқәа ргәы арҿыхарагьы иазхәыцит. Ҷыдала дара рзы аус ауан ахәыҷтәы зона, аниматорцәеи арҿиаратә ҟазарҭақәеи рыла ибеиаз. Ахәыҷқәа аԥсуа милаҭтә хәмаррақәа рыхәмаруан, амыдаӷьцәа хәыҷқәа рыла ахәмаргақәа ҟарҵон, итрадициатәу аԥсуа хәмаргақәа рыҟаҵараҿы рхы ԥыршәон.

«Сара сан слыцны сааит. Зегь сгәаԥхеит даара: аинтерес аҵан, илахҿыхран, игәышьҭыхган. Зегь реи.ха сгәы иахәеит ахәмаргақәа рыҟаҵара», – лҳәеит Аԥсны ииз, уажәы Москва инхо, аа-шықәса зхыҵуа Малика Дарчам.

Аԥсуа культура афестиваль Москва аҩынтә раан имҩаԥысит. 2018 шықәсазы иара мҩаԥган цәыббра 30 рзы, Аԥсны Аиааиреи Ахьаԥшымреи рымш 25 шықәса ахыҵра иазкны. Усҟан, АААК афестиваль алахәра аихшьалақәа рыла, Аконгресс иалалеит 20-ҩык инареиҳаны алахәцәа ҿыцқәа.