Ахәаша, хәажәкыра 23 рзы Аԥсны иазгәарҭеит Аҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь архынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы аԥҵоижьҭеи 25-шықәса аҵра иазку аиубилеи. Арҭ ашықәсқәа ирылгӡаны ԥшь-нызқьи бжаки инареиҳаны ҳџьынџьуаа рыԥсадгьыл ахь нхара ҳәа ихынҳәит. 11 нызқь раҟара ироуит Аԥсны атәылауаҩра.
Асҭа Арӡынԥҳа
Аҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь архынҳәразы Аԥсны аҳәынҭқарратә еилакы аԥҵан хәажәкыра 23, 1993 шықәсазы. Убри азы Аусԥҟа инапы аҵаиҩит Аԥсны Иреиҳаӡоу Асовет ахантәаҩы Владислав Арӡынба. Аԥсадгьыл ахьчаразы хамеигӡарада аибашьра шцозгьы, аԥсуа жәлар еилыркаауан амилаҭ реидкылара шаҟа аҵанакуаз, Аԥсны инхо аԥсуааи анҭыҵ иҟоу аԥсуа диаспореи реимадара арӷәӷәареи арҿиареи шхымԥадатәиу. Уи иадҳәалан аҳәынҭқарра аԥеиԥш лаша ақәгәыӷрагьы, аха усҟан азы аԥхьа иӡбатәны ишьҭаз ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа рҟынтә ахақәиҭтәра акәын.
Амилат рԥыза Владислав Арӡынба зны иҳәахьан анаҩс иҭоурыхтәхаз афраза «Ҳџьынџьуаа рырхынҳәра - ҳаԥсадгьыл еиқәнархоит». Абарҭ ажәақәа роуп Аԥсны арепатриациазы аҳәынҭқарратә еилакы, ианаԥҵаз аҽны инаркны, абар шьҭа 25 шықәса раахыс аусураҿы девизс иамоу.
Аԥсуааи абазақәеи Кавказтәи аибашьреи Урыстәылатәи аимпериа усҟан ара имҩаԥнагоз ампыҵахаларатә политикеи ирылҵшәаны, ршьам дгьылқәа ааныжьны, Османтәи аимпериахь ихҵәаны иқәҵыр акәхеит.
Ажәлар еиҩшахеит, шәышықәсаки бжаки дуӡӡа инарзынаԥшуа иарбанзаалак еимадарак ашьақәыргыларазы алшарақәа рымамызт. Раԥхьаӡа акәны еиҿкааны арепатриациа амҩаԥгаразы ашьаҿақәа ҟаҵан XX ашәышықәса алагамҭазгьы. Аха усҟан азы зынӡа иқәыԥшыз Асовет ҳәынҭқарра, Аԥсны, ишаҳдыруа еиԥш, уи иалан, аполитикатә кониунктура иахҟьаны арҭ аҽазышәарақәа акгьы рылымҵит. Абасала, раԥхьаӡатәи зымҽхак ҭбаау арепатриациа апроцесс, аҳәынҭқарратә ҩаӡара аҭаны, амҩаԥгара алыршахеит Аԥсны ахьыԥшымра анаиу ашьҭахь мацара.
Еиуеиԥшым ашықәсқәа рзы Аҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь архынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы иахагылан: Ныгәзар Ашәба (1993-1995 шш.), Фениа Аҩӡԥҳа (1995-1997 шш.), Гиви Допуа (1997-2002 шш., 2003-2005 шш.), Апполон Шьынқәба (2002-2003 шш.), Анзор Мықәба (2005-2010 шш.), Зураб Адлеиба (2010-2013 шш.), Хьрыԥс Џьопуа (2013-2014 шш.), Вадим Ҳаразиа (2014-2017 шш.), Беслан Дбар (2017 – иахьа уажәраанӡа).
Иахьатәи аамҭазы Аԥсны амчра амоуп, аусгьы ауеит арепатриациазы азакәан, иара излаҳәо ала, аԥсуааи абазақәеи, еиԥмырҟьаӡакәа анхаразы зҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь ихынҳәыз, хәы-шықәса ирыхҵоуп арепатриант истатус. Хәы-шықәса рыҩныҵҟа аҳәынҭқарратә еилакы иалшо ала ацхыраара рынаҭоит: анхарҭа ҭыԥ, ма адгьыл рзалнахуеит, ирыцхаауеит аусура аҭыҵреи атәылауаҩра аиуреи рҿы, ашколқәеи ахәыҷбаҳчақәеи ирҭоу ахәыҷқәа рыхә ашәоит. Иара убас, иреиҳау аҵараиурҭақәа ирҭоу рҵара ахә ахәҭак ашәоит.
Арепатриаца азы аҳәынҭқарратә программа анагӡаразы 1998 шықәсазы иаԥҵан абиуџьет иалам арепатриациа афонд. 2018 шықәсазы афонд ашәагаа наӡеит 156 миллион мааҭ рҟнынӡа, урҭ рахьтә 116 миллион арепатриантцәа рзы иҿыцу анхарҭа ҩнқәа рыргылара иазоужьхеит. Аҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь архынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы иақәкны изламоу ала, ҳазҭоу ашықәс цәыббрамзазы, Аиааиара Амш аламҭалаз, шәҩык инарзынаԥшуа арепатриантцәа рҭаацәарақәа рнапаҿы ирыҭахоит ауаҭых ҿыцқәа рҟынтә ацаԥхақәа.
Аҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь архынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы аинформациа ала, 25 шықәса рыҩныҵҟала, Аԥсны атәылауаҩрахь иадкылан 11 нызқь рҟынӡа ҳџьынџьуаа, анхаразы рҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь ихынҳәит ԥшь-нызқьи бжаки ауааԥсыра инареиҳаны.
2013 шықәсазы Аҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь архынҳәразы аҳәынҭқарратә еилаки Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрреи еидгыланы, ауаажәларратә усзуҩцәеи, урыстәылатәи аҳәынҭқарратә усбарҭақәа рхаҭарнакцәеи рыцхыраарала еицымҩаԥыргеит агуманитартә акциа: 500-ҩык раҟара аԥсуааи абазақәеи Аԥсныҟа иааган аибашьра амца зхаҵәаны иҟаз Шьамтәылантә.
Арепатриациазы аҳәынҭқарратә еилакы 25-шықәса ахыҵра иазкны Аҟәа, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониаҿы имҩаԥысит аныҳәатә хәылԥазы. Ахәылԥаз аҿы еизаз бзиала шәаабеит ҳәа раҳәауа, Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба аԥсуа-абаза жәлар зегь рахь ихы нарханы ааԥхьаратә ажәа иҳәеит.
Атәыла ахада иазгәеиҭеит, Владислав Арӡынба Арепатриациазы аҳәынҭқарратә еилакы аԥҵаразы ақәҵара инапы анаҵаиҩуаз, ари ашьаҿа акырӡа шаҵанакуаз агәра ганы дыҟан ҳәа, уи еиликаауан адиаспореи аҭоурыхтә ԥсадгьыли реимадара шырӷәӷәатәыз, ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи рырхынҳәразы апрограмма ашьақәыргылара шхымԥадатәииз, ихьыԥшым, зхы иақәиҭу аҳәынҭқарра аргыларазы.
«25 шықәса рыла Аилак аимадарақәа шьақәнаргылеит ҳдиаспореи ҳареи ҳабжьара, Аԥсныҟа ихынҳәыз рацәаҩуп, аратәи асоциалтә-економикатә ԥсҭазаара иахәҭакхеит, аҭаацәарақәа аԥырҵеит, зхатә наплакқәа аазыртыз ҟалеит, аҵарадырра, акультура, аспорт рыҿиара иацхраауеит. Ари аамҭа иалагӡаны Аԥсны – рыԥсадгьыл аҿы – иит ахәыҷкәа, ирызҳаит абиԥара ҿыц», – иҳәеит Ҳаџьымба.
Иара ҷыдала иазгәеиҭеит Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан аҳәаанырцәынтә рыԥсадгьыл ахьчараз иааз ҳџьынџьуаа рроль.
«Ахааназ хашҭра рықәзаауам Аԥсны аибашьра амцашыра ианалагылаз Ҭырқәтәылантә, Шьамтәылантә, Иорданиантә иааны, рабџьарқәа шьҭыхны рыԥсадгьыл ахьчаразы иҳавагылаз ҳашьцәа, уи зхы ақәызҵаз ҳашьцәа. Ари даҽазнык ишьақәнарӷәӷәоит, аԥсуа дахьыҟазаалакгьы иԥсадгьыл дшазхәыцуа, уи алахьынҵа, уи аԥеиԥш дрылахәзарц шиҭаху», – ҳәа азгәеиҭеит атәыла ахада иқәгылараҿы.
Рауль Ҳаџьымба иациҵеит иара убас Аҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь архынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакыи егьырҭ аҳәынҭқарратә усбарҭақәеи Адунеизегьтәи Аԥсуа-Абаза Конгресс аус шацрыуло.
«Аҭоурыхтә трагедиа ду иахҟьаны еиҟәгаз ҳажәлар реизакра, ҳашьцәа ршьамдгьыл ахь рырхынҳәра, аԥсуа жәлар, аԥсуа культура, аԥсуа бызшәа реиқәырхара – иреиҳаӡоу милаҭтә идеиазароуп», – иҳәеит Ҳаџьымба.
Аҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь архынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Беслан Дбар иҟынтә адныҳәаларатә аашьҭымҭа даԥхьеит Аҳәаанырцәтәи аԥсуаа рҭоурых амузеи аиҳабы, АААК Иреиҳаӡоу Ахеилак алахәыла Џьамбул Инџьгьиа.
«Ҳазҭагылоу аамҭа ҳҿаԥхьа иқәнаргылоит иуадаҩу апроблемақәа, урҭ рыӡбаразы аԥсадгьыл ахь абзиабара иҳамоу мацара азхом, ҳтәыла аԥеиԥш ҳазықәԥозароуп лшарақәас иҟоу зегь ҳхы иархәаны, насгьы ҳазегь ҳаидгыланы, ҳажәҩахыр еибыҭаны. Ҳажәлари ҳаԥсадгьыли рзы Аилак аҟны аџьабаа збо зегьы агәабзиареи русураҿы ақәҿиарақәеи рзеиӷьасшьоит. Иреиҳау аихьӡарақәеи ахҭыс бзиақәеи ҳзыԥшызааит!» – аҳәон аашьҭымҭа.
Адунеи иқәынхо аԥсуааи абазақәеи рҿаԥхьа ауадаҩра ҿыцқәа цәырҵуеит, раԥхьаӡа иргылангьы ахатәы бызшәеи, акультуреи, амилаҭтә хдырреи рцәыӡразы иҟоу ашәарҭараоуп ҳәа азгәеиҭеит иқәгылараҿы Ҭырқәтәылатәи Аԥсуа культуратә центрқәа Рфедерациа аиҳабы Аҭанур Аҟусба.
Иара игәаанагарала, Аԥсныҟа ҳаицтәылауаа рырхынҳәразы иахәҭоу аҭагылазаашьақәа раԥҵара инаваргыланы, иҩлатәуп аҳәынҭқарратә программақәа адунеи иалаԥсоу аԥсуаа рыхьчара иазынархоу, хаҭалагьы атәым дгьылқәа рҿы инхо аԥсуааи абазақәеи иахьа уажәраанӡа иааргаз рбызшәеи, ркультуреи, рмилаҭтә хдырреи реиқәырхара иацхрааша.
«Ауаҩы аԥсуа еилазаара дахәҭакны дшыҟоу иҳардырроуп, убри иныруазароуп иара дахьынхозаалакгьы, Ҭырқәтәылоума, даҽаџьароума», – иҳәеит Аҟусба.
Аҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь архынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы 25 шықәса ахыҵра аҳаҭыраз иҭыжьыз аиубилеитә медал лырҭеит Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба иԥшәмаԥҳәыс Светлана Џьергьениаԥҳа.
Адиаспореи аҭоурыхтә ԥсадгьыли рыбжьара аимадара арӷәӷәараҿы иҟарҵаз алагалазы аорден «Ахьӡ-аԥша» III-тәи аҩаӡара аныҳәатә еилатәараҿы иранашьан: Неџьеҭ Агәмаа, Биулент Аҩӡба, Џьаммалеҭин Арӡынба, Зульфи Ачузба, Аиџьан Бедиа, Ардашьын Бганба, Сенер Гогәуа, Аида Кәыҵниа, Ерқан Қәҭарба, Аҳмаҭ Маршьан, Шьарафеддин Маршьан, Адем Махариа, Еқрем Хышба, Октаи Ҷкәатуа, Зеррин Шамԥҳа.
шәҭалароуп, ма шәыҽҭажәыҩроуп.