200-ҩык инареиҳаны алахәцәа, 17-ҩык аҧхьахәгаҩцәа, аицлабратә ритм, ухызхуа агәалаҟазаара - абар, уажәшьҭа хынтәуп Аҟәатәи аӡсара уи аспорт хкы иазҿлымҳау ауаа еиднакылоижьҭеи.
Шазина Бганҧҳа
Аицлабра апрограмма иаҵанакуан 16 шықәса зхымҵыц рзы 100, 200, 500 метра иҟаз абжьаӡареи, аиҳабыратә гәыҧ иаҵанакуа рзы 500, 1000, 3000 метра иҟаз абжьаӡареи рҿы аӡсара.
Алахәҩцәа аицлабра хацдыркит шьыжьнаҵы, асқьала «Аҧра» аҟнытә, иагьхдыркәшеит шьыбжьон, амшын аҟәара «MarNero» иахьаҵанакуа аҭыҧ аҿы.
3000 метра иҟоу абжьаӡараҿы, аҳәса рыбжьара аиааира лгеит 54 минуҭ рыла абжьаӡара иахысыз, 17 шықәса зхыҵуа аспортсменка Роксана Гилиазетдинова. Ахацәа рыбжьара аиааира ганы, 58 минуҭ рыла афиништә цәаҳәа дахысит Белгородтәи аспортсмен Евгени Сабиров. 1000 метра иҟаз абжьаӡараҿы аиааира ргеит Александр Кравеци Елизавета Варнавскаиеи. 500 метра иҟаз абжьаӡараҿы аҧхьагылара иаҧсахеит Глеб Иаблокови Анна Квашаки.
Аспортсменцәеи аспорт абзиабаҩцәеи еидызкылаз аицлабра иалахәыз ауаа Аҧсны адагьы, Урыстәыла еиуеиҧшым ақалақьқәа рҟынтә иааит. Аицлабраҿы ахархәара рыҭан анаҩстәи аӡсашьақәа: даӷьырӡса, ахиаалаӡсара, зых иақәиҭу аӡсара, бӷала аӡсара.
Аҧсны ахыхкеицлабразы Афедерациа аиҳабы Борис Барцыц ишазгәеиҭаз ала, аицлабра иазҿлымҳау рхыҧхьаӡара есышқәса иацлоит, иазҳауеит алахәцәа ргеографиагьы.
«Ҳгәы иаахәоит алахәцәа рхыҧхьаӡара иахьацло. Қәрала аспортсменцәа иреиҳабу 80 шықәса ихыҵуеит. Уи иҧсҭазаашьа еизҳауа аҿар рзы ҿырҧштәуп. Аӡсаҩцәа ршәарҭадара алыршара акәзар, уи аус аҿы ҳамчқәа еибаҳҭеит», - иҳәеит иара.
Сынтәа, раҧхьаӡа акәны аӡсара аҽалархәразы аҧара рылырхуан. Еизыргаз аҧарақәа зегьы азыркуеит акультура-гәыҳалалратә фонд «Ашана» зхылаҧшуа, ӷәӷәала ичмазаҩу Фридонна Аҩӡҧҳа лыхәшәтәра.
Иара убасгьы, раҧхьаӡа акәны аиааира згаз аспортсменцәа иранаршьеит аҧаратә ҳамҭақәа (15, 10, 5-нызқь мааҭ). Аҳамҭақәа разырхиараҿы ацхыраара ҟанаҵеит аҿар рыҿиареи абаҩрҵәыреи рзы АААК аҟәша.
«Адунеизегьтәи аҧсуа-абаза конгресс ҷыдала хылаҧшра анаҭоит аҿар рыбжьара абаҩрҵәыра аҿиара. Ҳәара аҭахума, ҳтәылаҿы имҩаҧысуа аспорттә хҭысқәа зегьы ҳдыргәырӷьоит. SwimSukhum – ауаҩы иқәреи изанааҭи зеиҧшразаалакгьы, аспорт бзиа избо зегьы рзы ныҳәа дууп. Ауаа рацәа злахәу аспорт - агәабзиара иазеиӷьу аҧсҭазаашьа аларҵәаразы иреиӷьу пропагандоуп», - лҳәеит аҿар рыҿиареи абаҩрҵәыреи рзы АААК аҟәша аспециалист Есма Кәыҵниаҧҳа.
Аицлабра аиҿкааҩцәа - Аҧсны ахыхкеицлабразы Афедерациа, амобилтә еилахәыра «А-Мобаил», аҿари аспорти русқәа рзы Аҧсны Аҳәынҭқарратә еилакы, ақ. Аҟәа Ахадара аҿари аспорти русқәа рзы Аусбарҭа, иара убасгьы аҿар рыҿиареи абаҩрҵәыреи рзы АААК аҟәша.
шәҭалароуп, ма шәыҽҭажәыҩроуп.