Тарас Шамба ихьӡ зху ашьапылампылтә храҿа аиааиразы Абаза жәлар ахәбатәи рыхәмаррақәа мҩаԥгахоит Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресси, Ассоциациақәа «Алашареи», «Аԥсадгьыли» рхылаԥшрала, Ҟарачы-Черқьесиа.

Саид Барганџьиа

Тарас Шамба ихьӡ зху ашьапылампылтә храҿа азы еиндаҭлоит Абаза жәлар ахәбатәи рыхәмаррақәа раан, Ҟарачы-Черқьесиа – абас аанацҳауеит Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза жәлар рконгресс (АААК) апресс-маҵзура.

Абаза жәлар рыхәмаррақәа ирылахәхоит еизгоу акомандақәа Аԥснынтә, Ҟарачы-Черқьесиантә, Ҟабарда-Балкариантә, иара убас Москвантә, Ставрополиентә, Иорданиантә, Ҭырқәтәылантә. Ахәмаррақәа хацыркхоит ԥхынгәымза 21 рзы, ашәыуа қыҭа Инжич-Ҷкәын аҟны. Сынтәа арҭ ахәмаррақәа мҩаԥысуеит Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресси, Аԥсуа-абаза жәлар рыҿиара ацхырааразы Ассоциациа «Алашареи», Абаза уаажәларратә еиҿкаарақәа рассоциациа «Аԥсадгьыли» рхылаԥшрала.

Ахәмаррақәа реиҿкааҩцәа изларыӡбаз ала, иаԥҵан ашьапылампылтә храҿа –Аконгресс аԥҵаҩцәа ируаӡәку, Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза жәлар рассоциациа ахада, зыхьӡ нагоу аҵарауаҩ, аиуристтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор Тарас Мирон-иԥа Шамба иааираны иҟоу 80 шықәса ихыҵра аиубилеи иазкны.

АААК ахантәаҩы Мусса Егзакь адунеи иалаԥсоу аԥсуа-абаза жәлар рхаҭарнакцәа реизакреи, аҭоурыхтә еимадарақәа рышьақәыргылареи, рырӷәӷәареи рҿы Тарас Шамба инаигӡаз ароль ахә ҳаракны ишьеит.

«Аԥсуааи ашәуааи зегьы Тарас Шамба деицырдыруеит Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза жәлар рассоциациа аԥҵаҩыс, акыршықәса инеиԥынкыланы уи ахада иаҳасабала. Тарас Мирон-иԥа иҭабуп ҳәа иаҳҳәоит хәы змаӡам иџьабаазы, ҳаҭыр дусгьы иҳаԥхьаӡоит Аконгресс анаҩстәи аусура имдара, насгьы ахәшьара ҳаракӡа аҳҭоит адунеи иалаԥсоу ҳажәлар рхаҭарнакцәа реизааигәатәра аус аҿы хаҭала иара иааникылаз аҭыԥ. Тарас Мирон-иԥа данқәыԥшыз Аҟәатәи «Спартак» ашьапылампылтә командаҿы дахьыхәмаруаз ҳазхәыцны, ҳара иаҳҭаххеит арҭ аспорттә хәмаррақәа рҳәаа иҭагӡаны 80 шықәса ихыҵра иазку ашьапылампылтә храҿа ықәҳаргыларц», – ҳәа азгәеитеит Аконгресс ахантәаҩы.

Егзакь иазгәеиҭеит иара убас, аҿар аиҳабацәа рылшамҭақәа, рџьабаа пату ақәҵарала, урҭ шаҟа ҳаҭыр рызрықәу шаадырԥшуа, еиҳаракгьы зықәра иазхьамԥшкәа активла ауаажәларратә ԥсҭазаара иалахәу, зхатә позициа хьаҵрада изыхьчо, ааԥсарада зыжәлари змилаҭи рымаҵ аура иазыхиоу рыӡбахә анҳамоу.

«Ҳарҭ аԥхьаҟагьы ҳгәы иҭоуп аиҳабацәа рабиԥара иаҵанакуа, ҳаҭыр зқәу ауаа рылшамҭақәа разгәаҭара, урҭ аҿырԥшы бзиа рырҭоит еиҵагыло аҿарацәа, иара аҳаҭырқәҵара шаҭаху аҿгьы», – иҳәеит Егзакь.

Акомандақәа еиндаҭлоит еиуеиԥшым аспорт хкқәа рҿы: ашьапылампыл, аволеибол, аҩра, авинтовкала ахысра, армреслинг, хара аԥара, ахыци ахәымпали рыла ахысра, ашаха ахара.

Абаза жәлар рыхәмаррақәа сынтәа ахәынтә раан Ҟарачы-Черқьесиа имҩаԥысуеит. Алахәцәа рхыԥхьаӡара есааира иацлоит, урҭ ахьынтәаауа аҭыԥқәа рхыԥхьаӡарагьы ишацло еиԥш: ҳмилаҭ рхаҭарнакцәа Урыстәыла арегионқәа рҟынтә еиԥш, аҳәаанырцәынтәгьы иаауеит.