Иналукааша аԥсуа ауаажәларра-политикатә усзуҩы, АААК аҳаҭыр зқәу ахада Тарас Шамбеи Аҟәа иҟоу Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс аусзуҩцәеи реиҩызаратә еиԥылара мҩаԥысит.  

Саид Барганџьиа

Иналукааша аԥсуа ауаажәларра-политикатә усзуҩы, АААК аҳаҭыр зқәу ахада Тарас Шамбеи Аҟәа иҟоу Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс аусзуҩцәеи еиԥылеит.

1992 шықәса инаркны 2017 шықәсанӡа Жәларбжьаратәи аԥсуа-абаза жәлар рассоциациа (Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс раԥхьатәи ахьӡ - аред.) ахадас иҟаз Тарас Шамба иколлегацәа ирзеиҭеиҳәеит Аконгресс аԥҵара аҭоурых. Иара иазгәеиҭеит, иахьазы Аконгресс «аԥсуа-абаза жәлар ахаҭарнакцәа реидкылара азҵаара ззы ибаша ажәам аҿар рнапаҿы иахьыҟоу» акыр шаҵанакуа. Иара убасгьы инаҵшьны иазгәеиҭеит абас еиԥш иҟоу аконгресс аилазаареи АААК Иреиҳаӡоу Ахеилак Мусса Егзакь иҟәыӷаратә напхгареи рыбзоурала «русураҿы, ҳәарада, аихьӡарақәа ҳбалоит» ҳәа. 

Шамба лымкаала дахцәажәеит аԥсуа-абаза жәлар рзы Мусса Егзакь ихаҭара аҵакы.

«Иналукааша уаҩуп. Зажәа иацәхьамҵуа, хәарҭара ду злоу аусқәа рыҟаҵара зылшо, аԥсуааи абазақәеи ргәадуура иаԥсоу хаҭароуп. Аусеиҿкааҩ замана», - ҳәа Аконгресс ахантәаҩы дихцәажәо иҳәеит АААК аҳаҭыр зқәу хада. 

Иара убасгьы, Тарас Шамба аҿар ирымеидеит шықәсырацәалатәи иусурала ирҳаз аԥышәа. 

АААК ауснагӡаратә маӡаныҟәгаҩ Инар Гыцба иазгәеиҭеит, АААК аусзуҩцәа зегьы рзы ишҳаҭыр дуу – зыԥсҭазаара 25 шықәса Аконгресс аргылареи, адунеи зегьы аҟны инхо аԥсуа-абаза жәлар ахаҭарнакцәа реидкылареи иазызкыз ауаҩы иԥылара.

«Иаразнак ҳашәԥылар ҳҭаххеит. Ҳџьынџьуаа ахьынхо ҳазҭаалалак атәылақәа рыҟны еснагь ажәаҟәандала иргәаладыршәоит дареи шәареи шәеиԥыларақәа», - ҳәа Тарас Шамба еиҳәеит Инар Гыцба.  

Иара дазааҭгаланы иазгәеиҭеит, Аконгресс ахыдҵақәеи ахықәкқәеи ԥсахрада ишаанхаз, насгьы аусзуҩцәа зегьы ҳаҭырны ишырыԥхьаӡо 26 шықәса раԥхьа ихацыркыз аус ацҵара.

Гыцба еиҭеиҳәеит, аԥсуа-абаза жәлар ахьынхо атәылақәа рахь АААК имҩаԥнагахьоу аныҟәарақәа ртәы, инацҵангьы иазгәеиҭеит, урҭ аныҟәарақәа хықәкы хадас ишрымоу – «ҳџьынџьуаа рҭоурыхтә ԥсадгьыл – Аԥсны иазку аинформациа зегьы инҭырҳәцааны рзеиҭаҳәара». 

Гыцба иҳәеит, адунеи зегьы аҟны инхо ҳџьынџьуаа Аконгресс алахәцәас рыҟалареи, иара убасгьы Аконгресс аусура активла рхы алархәреи азы алшарақәа зегь шаԥҵоу. 

Тарас Шамба дазҵааит адиаспора ахаҭарнакцәеи Аконгресси реимадара шышьақәыргылоу атәы. АААК аинфопортал анапхгаҩы Амина Лазԥҳа лганахьала иазгәалҭеит, Аконгресс апортали хыԥхьаӡара рацәала ҳџьынџьуааи иааиԥмырҟьаӡакәа аимадара шрыбжьоу. 

«Аӡәыцыԥхьаӡа зегьы ҳрызҿлымҳауп. Иҳалшо зегь ҟаҳҵоит аимадарақәа реизырҳаразы, еиҳаракгьы аныҟәарақәа раан. Апортал аҟны зыӡбахә еиҭаҳҳәаша ҳџьынџьуаа рыԥшаара ҳашьҭоуп», - лҳәеит Лазԥҳа. 

Аиқәшәара алахәцәа алацәажәеит ахатәы бызшәа аиқәырхареи аҿиареи азҵаара, иара убас егьырҭ актуалра зҵоу азҵаарақәагьы шьҭыхын. 
Аиԥылара ахыркәшамҭаз АААК аколлектив Тарас Шамба изеиҭарҳәеит Аконгресс ԥхьаҟатәи гәҭакқәас иамоу.