Абҵара 20 рзы 85 шықәса лхыҵуазаарын раԥхьатәи аԥсуа поетесса Нелли Ҭарԥҳа.
Арифа Қапԥҳа
Раԥхьатәи аԥсуа поетесса Нелли Ҭарԥҳа диит, хылҵшьҭрала Дәрыԥшь ақыҭа иатәыз Золоҭинск Ҭарба иҭаацәараҿы, лан Вера Чычԥҳа шьҭрала Аҷандаратәын. Нелли лаб мчыла Ҭырқәтәылаҟа иахгаз аԥсуаа дырхылҵшьҭран. Аишьцәа хҩык рҟынтәи иара заҵәык иоуп атәым дгьыл аҟнытә зыԥсадгьыл ахь ахынҳәра зылшаз, иара убри ала иан даныԥсуаз аламҭалаз илҳәаз лгәыхәтәгьы наигӡеит – лнышәынҭра аҟынтә уаԥсҵәык анышә Аԥсныҟа, лыԥсадгьыл гәакьахь иааигеит.
Аб иҭакра
Нелли Ҭарԥҳа лани лаби рҭоурых 30-тәи ашықәс еиқәаҵәақәа раан аԥсуа ҭаацәарақәа жәпакы ирызшаз алахьанҵа иаҩызан. Нелли хышықәса ракәын илхыҵуаз, 1937 шықәса, нанҳәа 20 рзы лаб данҭаркуаз. Иара убри ашықәсан, жьҭаара 4 рзы Золоҭинск Ҭарба иеихсны дшьын, аха иҭаацәара уи атәы рыздыруамызт, раб ихынҳәра акыршықәса иазыԥшын.
«Усҟантәи аамҭақәа рзы аҵара змаз уаҩуп ҳәа дыԥхьаӡан, дзиндырҩын, иара уи адагьы дкоммунистын, сан лҿы иахьа уажәраанӡагьы иҵәахуп иара ишәҟәқәа – Ленини Маркси раԥҵамҭақәа реизга», – ҳәа лабду иӡбахә еиҭалҳәоит Нелли Ҭарԥҳа лыԥҳа Асида Ламиа. – Иҟоуп убасгьы аҵара змаз аԥсуаа еидгыланы рфотосахьа, Дырмит Гәлиа дназлоу ауаа нагақәа, убарҭ дрывагылан сабду Золоҭинск Ҭарбагьы».
Нелли лан Вера Чычԥҳа лыԥсы ахьынӡаҭаз лхаҵа ихабарк лаҳарц дашьҭан. Аҭаацәараҿы агәра ганы иҟан: Сталин илагерқәа рҿы џьара дҭакуп ҳәа. Зны Сибра џьара Ҭарба зыжәлоу баандаҩык дыҟоуп ҳәа анраҳа, Нелли лашьа Сергеи иҽааидкыланы уахь дцеит. Аха уи аинформациа ҵабыргымхеит. Золоҭинск Ҭарба дышҭахаз иԥҳәыс ианлаҳа ҩажәа шықәса рышьҭахь ауп, убасҟан ауп ашәы анылшәылҵагьы. Асида Ламиаԥҳа уи шыҟалаз еилылкааит машәырла уҳәар ауеит, жәларбжьаратәи аконференциаҿы дшыҟаз қырҭтәылатәи КГБ архивқәа лнапаҿы илоуртә даныҟала – лабду данырга аахыс 70 шықәса инареиҳаны иааҵуаны.
Дәрыԥшь аԥҳа
Нелли Ҭарԥҳа лаб игәхьаагара лырҿиара зегьы иагәылсны ицоит.
Лара дышқәыԥшӡаз ажәеинраалақәа рыҩра далагеит, дәрыԥшьтәи ашкол данҭаз аамҭазы. Вера Чычԥҳа ҩыџьа лхәыҷқәеи лареи рхала ианаанха, Дәрыԥшь лхаҵа иҭаацәарахь нхара диасит. Аха нас лара лхаҭагьы дҭаркит, ахԥатәи лыԥҳа Лиудмила абахҭа иатәыз агоспиталь аҟны длоуит.
Нелли Дәрыԥшь илызҳаит, лқыҭа уамакала бзиа илбон, лыԥсы аҿҳәаран. Уи иазкны абас лыҩуан:
Сқыҭа, сқыҭа, са сгәаԥхара,
Сыбзиабара зегьы зцу,
Сылацәа аахтыз аахыс сгәазҳара,
Схәыцра, сашәақәа зызку!..
Лыԥсадгьыли лыжәлари рыԥшӡара дазышәаҳәон Нелли лырҿиамҭақәа зегьы рҿы. Уи ажәеинраалақәа мацара ракәӡам. Апоетесса 20 шықәса азылкит ашәҟәы «Уара уҵеицәа, Дәрыԥшь» аҩра, уаҟа лара еизылгеит Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аҟынтә изыхнымҳәыз дәрыԥшьаа рфырхацәа зегьы рҭоурыхқәа. Лқыҭа гәакьа аԥҳак лаҳасабала абри ашәҟәала лара илҵәыуеит иҭахаз лашьцәа. Ашәҟәы ахқәа руакы лара лаб Золоҭинск изкуп.
«Сара абри ашәҟәы лыԥсҭазаараҿы ихадароу шәҟәны исыԥхьаӡоит, уи ажәеинраалақәа шанымгьы. Ԥшьҩык ахәыҷқәа зааӡоз, аҩны-адәны уҳәа даара еилахаз аԥҳәыс, зегь акоуп аамҭа лыԥшаауан иҭахаз аибашьцәа рҭаацәарақәа дырҭаарц азы, ирыцеибашьуаз асаламшәҟәқәа рзылыҩуан. Зны-зынла мчыбжьык ҳәа данцалоз ыҟан, лассы-лассы аԥсшьарамшқәа раан ҳаби ҳара ахәыҷқәеи ҳалгон [ашәҟәазы аматериалқәа реизгаразы] данцоз. Абри ашәҟәала Дәрыԥшь аҵеицәа рхаҿсахьақәа наунагӡа имыӡуа еиқәлырхеит, инапылачаԥарам абаҟа рызлыргылеит», – ҳәа азгәалҭоит апоетесса лыԥҳа.
Автобиографиа лырҿиараҿы
Нелли Тарԥҳа лҩымҭақәа рҿы ирацәоуп лара лыԥсҭазаараҟынтә иаагоу асиужетқәа. Убас, аповест «Маҵиса» иалоу ахаҿсахьа хада лан Вера лоуп, Маҵиса лхаҵа – лаб Золоҭинск иоуп.
«Усҟан ус традициас иҟан: зны аҩымҭа алитературатә журнал «Алашара» аҿы иркьыԥхьуан, нас акәын хаз шәҟәны ианҭрыжьуаз, – еиҭалҳәоит Асида Ламиа. – Усҟан ажурнал аредактор хадас даман еицырдыруаз аԥсуа шәҟәыҩҩы Ҷыҷыкәа Џьонуа, аповест «Маҵиса» данаԥхьа лара (Нелли – аред.) иара иахь дааиԥхьеит. Лара иҟаз зегьы шыҟаз илҩит, лаб 1937 шықәсазы дышҭаркыз, уи ашьҭахь дшыхнымҳәыз атәы. Аха Џьонуа длыҳәеит асиужет лыԥсахырц, аҩымҭа афырхаҵа аибашьраҿы дҭахеит ҳәа иҟалҵарц. Сан илҭахымызт ус аԥсахра, даара игәнылгон, ацензура даҿагылон, аха аҵыхәтәан дхьаҵгәышьеит, аповест ишакәхалакгьы акьыԥхь абарц».
Нелли Ҭарԥҳа илылаз ажәеинраалаҩра абаҩхатәреи, апоезиахь абзиабареи ртәы уҳәозар, уи ланду Катиа Гәынԥҳа лҟынтә иаауеит – лара дажәабжьеиҭаҳәаҩын, ссиршәақәа еиҭалҳәон ажәытә ажәабжьқәеи, алегендақәеи, аҭоурыхқәеи. Нелли ланду даара бзиа дылбон, лыԥсы ахьынӡаҭаз еснагь дылгәалашәон, баҩхатәра ҳәа акыр сылазар лара лоуп изыбзоуроу ҳәагьы лҳәон.
1954 шықәсазы Дәрыԥшьтәи абжьаратә школ хьтәы медалла далганы Нелли Ҭарԥҳа дҭалоит Аҟәатәи арҵаҩратә институт афилологиатә факультет. Шықәсык ааҵуаны иҭыҵит раԥхьатәи лышәҟәы «Бзиа избоит амҩа», аамҭак ашьҭахь уи иашьҭанеиуеит ашәҟәқәа «Ааԥынра агәы», «Ақәыԥшреи агәҭыхеи», «Аԥа», «Бзыԥтәи аповест» уҳәа убас ирацәаны.
«Иббап, Кәымф Ламиа симыццозар»
Нелли лхатә ԥсҭазаараҿы насыԥ змаз ԥхәысын. Лара дзыццаз ахаҵа бзиагьы дибон, поетҵасгьы деиликаауан. Уи лхаҵа аԥсуа поет Кәымф Ламиа иакәын. Аԥсуа интеллигенциа рыбжьара арҭ аҩыџьа рҭаацәара зегь реиҳа иԥшӡаз, еицырдыруаз ируакын.
Урҭ реибадырра аҭоурых даара аинтерес аҵоуп. Нелли ашкол данҭаз Кәымф Ламиа иажәеинраалақәа агазеҭ «Аԥсны ҟаԥшь» ианны илԥыхьашәеит, урҭ данрыԥхьа даараӡа илгәаԥхеит, нас ландугьы длызрыԥхьан, убасгьы дахлафааит: «Иббап, Кәымф Ламиа симыццозар» ҳәа. Уи ашьҭахь аамҭа акыр цеит, ус зны апоетесса қәыԥш аҵарауаҩ ду Шьалуа Инал-иԥа иабжьгарала лажәеинраалақәа лыманы Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа реидгылахь дымҩахыҵит. Убра дахьнеиз зегь раԥхьа илԥылаз Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла амаӡаныҟәгаҩ иакәын, ихы лирдырын, Кәымф Ламиа сыхьӡуп иҳәеит… Ларгьы дааиҿаччеит. Убас иҟалеит реибадырра.
Урҭ рыбзиабареи ирыбжьаз аилибакаареи ирхылҿиаауеит Нелли Ҭарԥҳа лажәеинраалақәа иргәылыжжуа алиризм. Лара лассы-лассы дзызхьаԥшуа темоуп бзиа еибабо ҩ-гәык рцәаныррақәа, иҳаҩсыз ашәышықәса 60-тәи ашықәсқәа рзы ус еиԥш иҟоу аҩра агәаӷьра зегьы ирылшомызт.
Нелли Ҭарԥҳа абзиабара атема иазылкыз ажәеинраалақәа руак «Уара сара усцәымшәан ахаан» ҳәа иалагоит. Изызкугьы, ҳәарада лыԥшәма иоуп. Ҳаамҭазтәи ашәаҳәаҩ қәыԥш Рената Багаҭелиаԥҳа ари ажәеинраала иалхны ашәа лҳәеит, иара рацәакгьы идуӡам, аха даара иҵаулоуп, иагьлирикатәуп, аԥсуара ишаҭәоу еиԥш иагьаартцәам. Аурыс бызшәахьы Нелли Ҭарԥҳа лажәеинраалақәа еиҭалгон аурыс поетесса Римма Казакова, уи изныкымкәа Аԥсныҟа даахьан, Нелли Кәымфи рыҩнаҭаҿы даангылон.
Нелли Ҭарԥҳаи Кәымф Ламиеи рҭаацәараҿы иит хҩык аԥҳацәеи аԥеи. Аԥа иира – апоетесса акыраамҭа дыззыԥшыз, игәырӷьахәыз хҭысын. Лԥа мгәарҭа даныҟазгьы ажәеинраалақәа рцикл изылкхьан.
Убарҭ ажәеинраалақәа руак аҿы лара аԥсуа фырхаҵаратә епос иалоу аԥҳәыс хада, шәҩык аԥацәа ран Саҭанеи Гәашьа длацәажәоит:
Саҭанеи, Саҭанеи
Гәашьа, Гәашьа Саҭанеи,
ибдыруама, ибаҳахьоума
иәаша-хгәаша, сара гәаҭеи
зегьы ирыцкны,
зегьы ирхацкны
сгәаҵа исымоу иҵәахны?
…
99-ҩык зыӷра иҭшаны,
Иааӡаны, ихьчаны, иуаатәны,
Ашәҩыкгьы (абраҟа исҳәароуп,
сыгәҭыхақәа зегь назгӡароуп:
сара иахьатәи с-Аӡәк сшизыԥшу,
бара уи Ашәҩык бшизыԥшыз!)
Абзиабара ахьаԥыз аҭаацәареи бзиа илбоз ауси
«Аԥсуа ҭаацәарақәа рҿы абзиабара аӡбахә аҳәара иаҭәам, уи уамакгьы ицәырыргом, аха ҳаб ҳани ҳареи убас дҳахӡыӡаауан, акгьы аҳәара аҭахӡамызт, зегьы усгьы еилкаан. Иара гәыла-ԥсыла дызлагоз зегьы рҿы длыдгылан, даара ҳаиҭахын», – ҳәа лгәалалыршәоит аԥҳа еиҳабы Асида Ламиа.
Аҭаацәараҿы ахәыҷқәа имырхьынцыцкәа ирааӡон, аха убри ала еиҳагьы иааԥшуан дара рыхӡыӡаара. Нелли Ҭарԥҳа ахәыҟаҵашьа лдыруан, ахәыҟаҵара бзиагьы илбон, лыкҿыҩраҿы еснагь ачысмаҭәа дуқәа ықәгылан. Избан акәзар аҩнаҭа иахыз аҭаацәара рыдагьы, лассы-лассы рыуацәа рыланхон, еиҳаракгьы ақыҭарантә иааны Аҟәа аҵара иҭаз астудентцәа.
Ԥшьҩык ахшарагьы ааӡо, асасдкылареи ачеиџьыкеи змаз аҩнаҭа аԥҳәысны иҟаз Нелли зегь акоуп есыҽны аҩразы аамҭа лыԥшаауан.
«Ҳара акьыԥхьга машьынка ҳаман, аԥсуа шрифт зҭагаланы иҟаз. Исгәалашәоит, шьыжьыла данкьыԥхьуаз атах-атах ҳәа иццакны амашьынка абжьы шсаҳауаз. Нас лара акомпиутергьы лымазар лҭахын, аха сара изуамызт быблабара иаԥырхагахоит, усгьы иуашәшәыроуп ҳәа ласҳәон. Ашьыжь асааҭ жәба рзы аусура дцон, уаанӡа ҭаацәара дук ирызхаша ахәы ҟаҵаны. Лара насыԥ змаз ԥҳәысын, ҭаацәала деиқәшәеит, абаҩхатәра лыман, бзиа илбоз аус лнапы алакын. Абри инадҳәаланы исгәалашәоит ашәҟәыҩҩы Вениамин Каверин иажәақәа, уи убас иҳәон: насыԥ имоуп ауаҩы, аԥсҭазаараҿы ауадаҩрақәа шиԥылогьы, иԥсы зыҿҳәароу аус азы аамҭа зыԥшаауа ҳәа. Абарҭ ажәақәа лара илызкушәа иҩуп. Аибашьра ҟамлазҭгьы, иуҳәар ауан, зегь реиҳа насыԥ змаз аԥсуа ԥҳәыс лара лакәын ҳәа», – лҳәоит апоетесса лыԥҳа.
Аԥсны жәлар рпоет
Аԥсны акультура зҽаԥсазтәыз аусзуҩ, Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла алахәыла Нелли Ҭарԥҳа 20 шықәса инареиҳаны аус луан ажурнал «Алашара» аредакциаҿы. 1988 шықәсазы лара иаԥылҵеит Ахәыҷтәы фонд, уи иахьа уажәраанӡагьы аус ауеит: ан изыԥшьалгаз аус иацылҵоит лыԥҳа Асида. 2005 шықәсазы Нелли Ҭарԥҳа иланашьан Дырмит Гәлиа ихьӡ зху аҳәынҭқарратә премиа, 2009 шықәсазы – Аԥсны жәлар рпоет ҳәа ахьӡ лыхҵан.
Аха ахьӡ ҳаракқәеи аҳаҭырбарақәеи уи аҟара ихадарамызт лара лзы, зегь реиҳа зыхә лшьоз – лыжәлар рҿаԥхьа лҿахәы лҳәартә аҟазаара акәын. 50 шықәса анылхыҵуаз Самсон Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа драматә театр аҟны имҩаԥысит лиубилеитә хәылԥазы, уи анҵамҭа еиқәханы иҟоуп. Нелли Ҭарԥҳа лыхьӡ зегьы ирҿыҵакын, лаҳаҭыр ршьеит, атеатр уаала иҭәын, лара насыԥ лыман уи аҽны.
Аԥҳа гәаартыла ишылҳәаз ала, апоетесса аҵыхәтәантәи лышықәсқәа раангьы дзызхәыцуаз арҿиаратә хәылԥазы аиҿкаара акәын. Аха 80 шықәса лхыҵра аламҭалазы Аԥсны алхрақәа мҩаԥысуан, апоезиа аха рымамызт усҟан. Нелли Ҭарԥҳа хәыҷык дзымнаӡеит 80 шықәса лхыҵра аҟынӡа.
Асида Ламиа лажәақәа рыла, апоетесса лҭаацәара гәҭыхас ирымоу акызаҵәык ауп – ран лажәеинраалақәа иахьа Аԥсны имҩаԥысуа апоезиатә хәылԥазқәа рҿы игаларц, ирыԥхьаларц, иахьатәи аԥхьаҩцәагьы ираҳаларц аԥсуа аҳәсатә поезиа ахыҵхырҭаҿы игылоу Нелли Ҭарԥҳа лажәеинраалақәа. Избан акәзар Нелли Золоҭинск-иԥҳа илыбзоуроу рацәоуп лнаҩс еиҵагылаз апоетессацәа Саида Делԥҳа, Гәында Кәыҵниа, Гәында Сақаниа, Заира Ҭҳаиҵыкәԥҳа, Белла Барцыц, Инна Ҳаџьымԥҳа уҳәа егьырҭ рбаҩхатәра аадырԥшыртә еиԥш иахьыҟалаз. Лара еснагь урҭ адгылара рылҭон, гәыкԥсыкала бзиа илбон.
Нелли Ҭарԥҳаи, ибеиоу уи лырҿиареи, луаажәларратә усуреи, лыжәлари лыԥсадгьыли рахь илымаз абзиабареи ирызкны ҳаԥхьаҟагьы ирҳәаша рацәахоит. Уи лажәеинраалақәа зегьы, лыпроза цәаҳәацыԥхьаӡа иргәылыжжуеит акрызхызгахьоу лыԥсадгьыл Аԥсны азгәыбылра ду.
шәҭалароуп, ма шәыҽҭажәыҩроуп.