Адунеи ахьынӡанаӡааӡо аԥсуа-абаза жәлар ахьықәынхозаалак аҳәынҭқарратә бираҟ амш есышықәса инарҭбааны иазгәарҭоит. Сынтәа Аԥсны уи шазгәарҭаз еилышәкаар шәылшоит АААК аинформациатә портал иазнархиаз арепортаж аҟны.

Рада Ажьиԥҳа

Аԥсуаа еигәырӷьаны, лымкаала ргәы аздуны, инеиҵыхны иазгәарҭоит Аԥсны аҳәынҭқарратә бираҟ амш, ԥхынгәы 23.

Ныҳәа дук еиԥш иаԥылоит. Ари амш азгәарҭо иалагеит 2005 шықәса инаркны: усҟан Аԥсны аҩбатәи ахада Сергеи Багаԥшь инапы аҵаиҩит Апарламент иаднакылаз азакәан «Аԥсны аныҳәатә, агәаларшәагатә мшқәа ирызкны» Аԥсны Аҳәынҭқарра азакәан ахарҭәаареи аиҭакреи алагаларазы». Иахьатәи аԥсуа бираҟ шьақәырӷәӷәан 1992 шықәса ԥхынгәымза 23 рзы, Аԥсны Иреиҳаӡоу Асовет аҭоурых ианхалаз аилатәараан.

Абираҟ аԥшшәқәа ирышьашәаланы

Амилаҭтә ныҳәа инарҭбааны иазгәарҭоит. Ари амш – агәырӷьареи, ашәаҳәареи, акәашареи ирымшуп. Шьоукы абираҟ кны аныҳәатә демонстрациақәа мҩаԥыргоит, даҽа шьоукы абираҟ аԥшшәқәа ирышьашәалоу маҭәала рҽеиларҳәоит. Ус иҟан сынтәагьы. Аныҳәамш аҽны Аҟәа амшын аԥшаҳәаҿы ауаа узрылымсуа ирацәан: аҿар, ақалақьуаа, асасцәа – зегьы еицны – зыԥсы ҭоу абираҟ ду еиԥш еилашьқьыруан.

Сергеи Багаԥшь ихьӡ зху ашҭаҿы имҩаԥысит аныҳәа аофициалтә хәҭа, уи иалахәын Аԥсны ахада, Апарламент ахантәаҩы, адепутатцәа. Аныҳәа блахкыганы имҩаԥган. Амҳаџьырқәа рыԥшаҳәа ианысит аҽыуаа, Аԥсны аҳәынҭқарратә бираҟ ҳаракны икны. Анаҩс уи абираҟ Аҟарул ҳаҭыр зқәу арота аиҳабы идыркит, анаҩс иара абираҟ инапаҿы ииҭеит Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба. Абираҟ анышьҭырх аамышьҭахь, аҳәынҭқарратә гимн абжьы гауа, Аԥсны ахада зегьы ирыдиныҳәалеит аныҳәамш.

«Аԥсны аҭоурых аҿы имаҷым ҳаҿиараҿы иҷыдоу аҭыԥ аанызкыло ахҭысқәа. Урҭ рахь иаҵанакуеит аҳәынҭқарратә символқәа ирыдҳәалоу амшқәагьы. Иахьа ҳаԥсадгьыл иахашәыршәыруеит, ахьшь ахы иақәиҭны ианыԥыруеиԥш, Аԥсны аҳәынҭқарра абираҟ!» – иҳәеит атәыла ахада иадныҳәаларатә ажәаҿы.

Иара иазгәеиҭеит амилаҭтә-хақәиҭратә қәԥара аԥхьагылаҩцәа рыбзоурала Аԥсны ауадаҩрақәа зегьы ишырхысуаз, Владислав Арӡынба раԥхьа днаргыланы.

«Иԥшьоу ҳаԥсадгьыл Аԥсны ӷәӷәаазааит, ишәҭыкакаҷлааит наунагӡа! Ҳҿар ақәҿиара ҿыцқәа роулааит, ҳбираҟ шьҭыхны аԥеиԥш лашахь ҳазгаша!» – ҳәа азеиӷьшьарақәа ҟаиҵеит Аԥсны ахада.

Аҟәа-Черқьесск-Есқьишьеҳир-Амман
Абираҟ амш азгәаҭара аҳәаақәа ирҭагӡаны аԥсуа-абаза диаспора жәпаҩны иахьынхо аҭыԥқәа рахь ателемост еиҿкаан «Аҟәа-Черқьесск-Есқьишьеҳир-Амман» ҳәа хьӡыс изауз, уи абзоурала Иорданиа иҟоу «Диуан Абаза» ахантәаҩы Ҳасан Хусеин Чычба Абаза Аԥсны жәлар рмилаҭтә ныҳәа рыдиныҳәалеит.

«Аҭынчра шәымазааит ҳашьцәа, ҳаҳшьцәа Аԥсны инхо шәеиԥш, адунеи егьырҭ атәылақәа ирықәынхогьы зегьы! Ари амш аҽны ҳара ҷыдала иаҳгәалаҳаршәарц ҳҭахуп Аԥсны ахақәиҭреи, аԥсуаа рыԥсадгьыл аҿы рзинқәа рыхьчареи рзы иҭахаз ҳашьцәа. Гәыкԥсыкала ишәыдаҳныҳәалоит иахьатәи амш!» – иҳәеит Чычба.

Ахақәиҭра асимвол

Ҳтәылазы абираҟ – ахақәиҭреи ахьыԥшымреи ирсимволуп. Абри атәы иҳәеит Аԥсны Жәлар реизара ахантәаҩы Валери Кәарҷиа.

«Сара исгәалашәоит абираҟ ашьақәырӷәӷәаразы Апарлмамент аҿы ианаарга, уа иҟаз ауаа шгәырӷьоз. Абираҟ акәым, уи шаҟа гәырӷьара, шаҟа насыԥ ауаа ирынаҭаз акәын ибатәыз. Уи аҽны ауаа рыхдырраҿы аҽеиҭакра ҟалеит. Ахақәиҭреи ахьыԥшымреи шҳауа азы агәыҩбара змамыз, рыгәрагара еиҳагьы иӷәӷәахеит», – ҳәа азгәеиҭеит Кәарҷиа.

Амилаҭтә-хақәиҭратә қәԥара иалахәыз, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеран Закан Нанба агәра ганы дыҟоуп абираҟ иара ианаамҭаҵәҟьаз ишҳауз.

«Ҳбираҟ – амилаҭтә-хақәиҭратә қәԥара иасимволхеит, Аиааира, акзаара, аиашьара ирсимволхеит. Абираҟ шьақәырӷәӷәан аибашьра аламҭалаз, ҳҵеицәа зықьҩыла рхы ақәырҵеит иахьа ҳара абри аныҳәамш азгәаҳҭо ҳҟаларазы», – иҳәеит Нанба.

Аветеран иациҵеит иара убас, аԥсуа бираҟ адунеи атәылақәа рбираҟқәа зегь раасҭа иԥшӡоуп ҳәа шиԥхьаӡо.

Аԥсуа бираҟ амш – дарбан аԥсыуазаалак дзеигәырӷьо ныҳәа лашоуп ҳәа агәра ганы дыҟоуп Аҟәа инхо Викториа Маланиа.

«Макьана иқәыԥшу ҳҳәынҭқарразы даара акраҵанакуеит ҳбираҟ егьырҭ атәылақәа рбираҟқәа ираҟараны иахьышьҭыху. Сара сгәы иахәоит абри аныҳәа ҳажәлар гәыбылрала, гәаартыла иахьазгәарҭо», – лҳәеит Маланиаԥҳа.

Агәыҳалалреи аекспозициақәеи

Абираҟ амш азгәаҭараан агәыҳалалрагьы аҭыԥ аиуит: уи аҽны имҩаԥысит агәыҳалалратә фонд «Ашанеи» Аҟәатәи ахәышәтәратә центри рҟны изхылаԥшуа ахәыҷқәа рсахьақәа рцәыргақәҵа. Изҭаху зегьы урҭ асахьақәа рыхәҳар ауан. Иара убасгьы ацәыргақәҵа азааигәара ҭырқәтәылатәи ахаа-мыхаақәа рҭиуан. Аԥара еидкылаз зегьы агәыҳалалратә фонд иахыԥхьаӡалахеит, згәабзиара уашәшәыроу ахәыҷқәа рыхәышәтәразы.

Асцена азааигәара еиҿкаан Аԥсны амузеитә фондқәа рҟынтә абзазара амаҭәарқәа рцәыргақәҵа. Аԥсуаа рыбзазара амҭәарқәа, амилаҭ маҭәа, ахҭырԥақәа – абри зегьы ажәҩан аҵаҟатәи ацәыргақәҵа аҭааҩцәа рыблала ирбар, иркыр рылшон, изҭаху афотосахьагьы ҭырхуан.

Абираҟ амш азгәаҭара хыркәшахеит аныҳәатә концерт ала, уи иалахәын аԥсуа естрада ашәаҳәаҩцәеи, акәашаратә коллективқәеи.

Иахьатәи Аԥсны Аҳәынҭқарра абираҟ шьақәырӷәӷәан Аԥсны Иреиҳаӡоу Ахеилак асессиаҟны 1992 шықәса, ԥхынгәымза 23 рзы, Аҟәа, 1978 шықәсазтәи Аԥснытәи АССР Аконституциа аԥыхны, 1925 шықәсазтәи Аԥснытәи ССР Аконституциа амчра аҭаразы аӡбамҭа анрыдыркыла ашьҭахь. 2005 шықәса инаркны Аԥсны Аҳәынҭқарратә бираҟ амш официалла иазгәарҭоит ныҳәак аҳасабала ԥхынгәы 23 рзы.