АААК Адискуссиатә клуб аҳәаақәа ирҭагӡаны иаартыз Анацәеи абацәеи рыклуб Аԥсны аҳҭнықалақь аҟны раԥхьатәи аиԥылара мҩаԥнагеит.

Саид Барганџьиа

Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс Адискуссиатә клуб иҷыдоу апроект – Анацәеи абацәеи рыклуб аусура иалагеит Аҟәа. Аклуб алахәцәа раԥхьатәи реиԥылара мҩаԥысит асабша, абҵара 30 рзы.

АААК Адискуссиатә клуб анапхгаҩы Ирина Турааԥҳа иазгәалҭеит, Анацәеи абацәеи рыклуб Аԥсназы иуникалтәу проектны ишыҟоу.

«Иахьа уажәраанӡа ас еиԥш иҟоу хеидкылак ҳтәылаҿы иҟамызт. Ҳәарада, ҳара иҳамоуп ауаа доусы ринтересқәа рыла еидызкыло аҭыԥқәа – аполитикатә партиақәа, еиуеиԥшым аиҿкаарақәа, аха Анацәеи абацәеи рыклуб иахьазы иакзаҵәыкуп», – лҳәеит Турааԥҳа.

Анаҩс еизаз зегьы дыдлырдырит Анацәеи абацәеи рыклуб анапхгаҩы – ан қәыԥш Кама Кәыҵниаԥҳа. Уи лганахьала еиҭалҳәеит аклуб ахықәкқәеи ахыдҵақәеи иамоу, иара убасгьы иазгәалҭеит ари «заԥхьаҟа агәҭакы рацәа змоу проектны» ишыҟоу. Аха иара убри аамҭазы, Кәыҵниаԥҳа лгәаанагарала, анацәеи абацәеи активла ралахәроуп аклуб агәҭакқәа зегьы рынагӡара алзыршо.

«Еизаз ҳабжьара ирацәаҩуп, ҳхәыҷбаҳчақәеи, иаҳамоу амедицинатә хылаԥшреи, убас ахәыҷқәа рааӡара иазку егьырҭ аиҿкаарақәеи рҿы иҟоу аҭагылазаашьа згәамԥхақәо. Анацәеи абацәеи ҳааидгылар, хымԥада арҭ азҵаарақәа рыӡбара ҳалшоит. Ҳара абраҟа, раԥхьаӡа иргыланы, адгылаҩцәа ҳрышьҭоуп», – лҳәеит аклуб анапхгаҩы.

Лара еизаз иргәалалыршәеит убасгьы, АААК Адискуссиатә клуб аусураҟны иреиӷьу ҳәа иалкаахо аидеиақәа, Анацәеи абацәеи рыклуб аидеиақәагьы уахь иналаҵаны, афинанстә цхыраара роур шалшо.

«Ҳаицәажәарақәа раан иалаҳкаалоит еиуеиԥшым аидеиақәа, анаҩс урҭ ирылхны ишьақәҳаргылалоит апроектқәа. Урҭ рҟынтә зегь реиҳа иактуалны иҟало, 2021 шықәсазы афинанстә цхыраара роуны инагӡахар рылшоит. Ари аҩыза алшара, ҳәарада, аклуб – акыр зҵазкуа, ажәеи ауси ахьеиқәшәо ҭыԥны иҟанаҵоит», – ҳәа азгәалҭеит Кама Кәыҵниаԥҳа. Уи лажәақәа рыла, Аклуб иалахәхар рылшоит згәы иаҭаху анацәеи абацәеи зегьы, ихадараны иҟоу акоуп – аклуб аусура азҿлымҳара.

Актәи аиԥылараан, еизаз зегьы ирызшан анаҩстәи аиԥыларақәа раан ицәыргахо атемақәа зныз анкетақәа. Урҭ атемақәа рызкуп – ахәыҷы ипсихологиатә гәабзиареи, ани аби ииашаны рхымҩаԥгашьеи, аҵареи, ахәыҷы ихаҭара ашьақәгылареи, ахәыҷқәа ргәабзиарахьчареи, иҽеим асоциалтә ҭагылазаашьа ахәыҷқәа рацәыхьчареи, иара убасгьы ахәыҷқәа рааӡара апроцесс иагәыларсны аԥсуа бызшәа аиқәырхаразы амҩақәа рыԥшаареи зныԥшуаз азҵаарақәа.

«Арҭ атемақәа зегьы рылацәажәаразы ҳара иааҳаԥхьалоит еицырдыруа аспециалистцәа, урҭ рыбжьара иҟазаауеит апсихологцәа, ахәыҷтәы ҳақьымцәа, арҵаҩцәа… анацәеи абацәеи ироуеит алшара ишиашоу урҭ азҵаарақәа рыҭарц», – лҳәеит аклуб анапхгаҩы.

Анацәеи абацәеи рыклуб раԥхьатәи аиԥылара анацәа мацара роуп зхы алазырхәыз, аха аиҿкааҩцәа гәыӷуеит, хара имгакәа аклуб ахь абацәагьы мҩахыҵып ҳәа, иара убасгьы, аклуб анаҩстәи аусура активла рхы аладырхәлоит ҳәа.

Алахәцәа руаӡәк, ан қәыԥш Мрамза Делԥҳа иазгәалҭеит, Анацәеи абацәеи рыклуб иахьазы – иактуалтәу, ихәарҭоу акакәны ишыҟоу.

«Сара агәра ганы сыҟоуп аклуб аусура шықәҿиарахо. Насгьы, аиԥыларақәа аҭаацәаратә ҟазшьа рымоуп, ҳәарада, ари аҩыза аҭагылазаашьа аныҟоу – иаартны ахатә зҵаарақәакгьы рылацәажәара еиҳа иманшәалахоит. Сара ари аҩыза аиԥылара сазыԥшиижьҭеи акрааҵуан. Дарбан анызаалак дылԥылар лҭахуп лара леиԥш ауадаҩрақәеи азҵаарақәеи змоу даҽа анык. Иҭабуп Анацәеи абацәеи рыклуб ахьеиҿышәкааз азы», – лҳәеит Делԥҳа.

Уи лажәа дадгылеит даҽа аныкгьы – Елана Кәакәасқьырԥҳа. Уи агәра ганы дыҟоуп, аклуб алахәцәа зегьы «аусуреи, аилацәажәареи, иқәгылоу азҵаарақәа рыӡбареи» ишазыхиоу.

Убасгьы, Анацәеи абацәеи рыклуб алахәцәа дыруаӡәкхеит Агәыҳалалратә ауаажәларратә еиҿкаара «Кьараз» (ацхыраара зтаху Аԥснытәи аҭаацәарақәа ирыцхраауеит – аред.) аицаԥҵаҩы Камма Гоԥиаԥҳа. Лара еизаз ажәа рылҭеит, «илылшо зегь шыҟалҵо», «Кьараз» зыцхыраауаа аклуб аусурахь радыԥхьаларазы.

Раԥхьатәи аамҭақәа рзы, Анацәеи абацәеи рыклуб аиԥыларақәа мҩаԥыслоит мызкахьы знык. Аиԥыларақәа зегьы ишиашоу ицо аефир ала ишьҭхоит АААК Адискуссиатә клуб асоциалтә ҳақәа рыҟны.

Сынтәа, абҵарамзазы Аҟәа ақалақь аҟны Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс ихацнаркит Адискуссиатә клуб – аԥсуа-абаза жәлар реиқәырхара иазку, зымҽхак ҭбаау азҵаарақәа иахьрылацәажәо ҭыԥны. Аклуб ӡырган абҵарамза 7 рзы имҩаԥысыз аибадырратә еиԥылараҿы. Уи аҽны аиқәшәара рхы аладырхәит Аконгресс Иреиҳаӡоу ахеилак алахәцәа, иара убасгьы аԥсуа массатә-информациатә хархәагақәа. Убри нахыс апроект активла аусура хацнаркит – иалкааз атемақәа рыла аицәажәарақәа ирылахәхарц зҭаху разыҳәарақәа реизгареи, атематикатә еиқәшәарақәа реиҿкаареи рганахьала.