Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресси аилазаара «Алашареи» аԥсуа-абаза жәлар рдоуҳатә мазара иазкны ихацдыркыз апроект ҿыц иацнаҵоит аԥсуа жәлар рашәа «Нарҭаа рышьҭыбжь», О. Хәынҵариа ихьӡ зху аҳәынҭқарратә орекстр ари ашәа шынаргыӡо авидео ианҵоуп.

Оҭар Хәынҵариа ихьӡ зху амилаҭтә арҳәагақәа роркестр инарыгӡаз аԥсуа жәлар рашәа «Нарҭаа рышьҭыбжь» ала иацҵоуп АААК-и «Алашареи» ихацдыркыз апроект ҿыц «Амазара».

Ишәгәалаҳаршәоит, «Амазара» ҳәа хьӡыс изауз апроект авторс дшамоу Аконгресс Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы Мусса Егзакь. Апроект шьақәгылоуп еиуеиԥшым ахәҭақәа-аетапқәа рыла, дара зегьы реиҳа иналукааша ҳажәлар ркультуратә цәырҵрақәа ирызкызаауеит.

Етапцыԥхьаӡа иалҵшәаны иҭыху авидеороликқәа Аконгресс аинформациатә портали егьырҭ аинтернет даҟьақәеи рыла алаҵәара рыҭахоит.

АААК Аҳәса рхеилакқәа рнапхгаҩы Гета Арӡынԥҳа раԥхьатәи амшқәа инадыркны активла далахәуп авидеороликқәа реиқәыршәара аус. Лара излалԥхьаӡо ала, апроект «Амазара» уникалтәуп иаҵоу аҵакала, насгьы аԥсуа-абаза жәлар рдоуҳатә культура иазкны абас еиԥш зымҽхак ҭбаау апроект раԥхьаӡа акәны адунеи абоит.

Арӡынԥҳа еиҭалҳәеит АААК акоманда авидеороликқәа аус рыдулара ишазнеиуа кәама-ҵамақәак: раԥхьаӡа инаргыланы, ззанааҭ бзиаӡаны издыруа аҟазацәа, апрофессионалцәа адыԥхьалатәуп.

«Ҳаԥхьа дҵас иқәгылоуп – зегь реиҳа улаҿы иааиратәы аролик ҭызхаша аспециалистцәа гәыԥкны реидкылара, иалҵуа авидео даара иԥшӡахароуп. Ҳара иҭаҳхуа асахьа даҽакы иаламҩашьозароуп, иҽыцу знеишьак аныԥшуазароуп», – лҳәеит Аҳәса рхеилакқәа рнапхгаҩы, иагьацылҵеит аԥсуа ашәа иазку аролик аҭыхра иадыԥхьалаз зегьы «лакҩакрада иақәшаҳаҭхеит, убри азыҳәан иҭабуп ҳәагьы раҳҳәоит» ҳәа.

АВИДЕО АԤХЬАРБАРА МҨАԤЫСУЕИТ АБҴАРА 16 РЗЫ АСАИТ АҞНЫ, ИАРА УБАС АСОЦИАЛТӘ ҲАҚӘА РҾЫ.

FACEBOOK , INSTAGRAM ИҞОУ АААК АДАҞЬАҚӘА ШӘНАПЫ РЫҴАЖӘҨЫ.

Оҭар Хәынҵариа ихьӡ зху амилаҭтә арҳәагақәа роркестр алахәцәа ҷыдала абри апроект азы амаҭәа рзыӡахын Аҟәатәи аӡахратә ҩны «Мода-текс» аҿы.

«Ҳара ҳназыдҵаало зегь ҳацхраауеит. Аидгылара бзиаӡа ҿиоит. Абри апроект иаднаԥхьалаз апрофессионалцәа даара ирацәаҩуп, дара зегь гәыбылрала, ҭакԥхықәра дула иазнеиуеит рус. Аинтернет аҟны Аԥсны ашьҭамҭа аанхартә иҟалоит. Агәыӷра ҳамоуп, ахәаԥшцәа ҳусура ахәшьара бзиа арҭап ҳәа», – лҳәеит Гета Арӡынԥҳа.

Аҩбатәи авидео режиссиорс дамоуп (актәи ҭыхуп, амилаҭтә кәашара иазкуп – аред.) ахьӡ зырҳахьоу аԥсуа кинематографист қәыԥш Дауҭ Логәуа, нас уи ивидео-продакшн студиа VERTIGO. Иара иҳәеит «абас еиԥш иҟоу акы» аҭыхра иҭахызижьҭеи акыр шааҵуаз, Аконгресс аҟынтә апроект «Амазара» алахәразы ааԥхьара аниоугьы иаразнакала дақәшаҳаҭхеит.

«Сара раԥхьаӡа иргыланы сзыҳәаз, аԥсуа милаҭтә арҳәагақәа ҭысхырц сҭахуп ҳәа акәын. Сара исарҳәеит ус еиԥш ансамбль шыҟоу, убри аҟнытә гәахәарала сақәшаҳаҭхеит, избан акәзар схаҭагьы аинтерес сыман амузыка шадырҳәо аҭыхра. Уи даараӡа иԥшӡоуп, угәаҵанӡа инеиуеит, ухнахыртә еиԥш иҭухыр улшоит. Аха уигьы акәым аус злоу: амилаҭтә музыка – ҳара иҳахәҭакуп. Аролик аҿы ҳара иаҳаарԥшырц ҳҭахуп акомпозициа злеиҿартәоу абжьырацәа абеиара зегьы, насгьы иацаҳҵеит амузыкантцәа рыҽшазыҟарҵо узырбо ахәҭагьы», – иҳәеит арежиссиор иусумҭазы.

Дауҭ Логәуа аҭыхрақәа ахьымҩаԥысшаз аҭыԥ алхра акыр дазхәыцуан.

«Раԥхьа сзызхәыцыз ҭыԥын Ешыра ақыҭан иҟоу Уазабаа, уа игылоу абаа жәытә адагьы даара иԥшӡоуп аккара иҟоу, ухаҿы иузаамго аҟара иԥшӡоуп. Аха уахь анеира уамак иманшәаламхеит: ҳара, ишыжәбо еиԥш, ҩажәаҩык ҳаҟоуп, насгьы аинструментқәа, аидара, анс-арс игатәу-иаагатәу рацәоуп. Еиҳа иманшәалаз аҭыԥ аԥшаара ҳалагеит. Нас арахь иаахьаз аҷкәынцәа абри аҭыԥ сдырбеит, насгьы убас еиқәшәеит, ҳоператор Валери Кәакәасқьыр ара аҭыхрақәа мҩаԥигахьазаарын , аҭыԥ ирҽхәеит, даара ибзиоуп иҳәеит. Мчыбжьык аԥхьа ҳааит, ҳнаԥшааԥшит, аганқәа зегьы рыла иҭаҳҵааит – даара иԥшӡароуп арагьы, ҳәарада, уи адагьы акадр акырӡа ибеиахоит амшын анаднакыло. Нас убас абри аҿы ҳаангыларц ҳаӡбеит, машьынала аранӡа ааира маншәалоуп, аԥшӡара акәзар, Уазабаа акала еицәам», – иҳәеит арежиссиор.

Аоператор-ақәыргылаҩ Валери Кәакәасқьыр, астудии Alan Studio аԥҵаҩы, ааигәа ихатә проект хациркит Аԥсны ашьхаҭыԥқәа ирызку. Иара ивидеонҵамҭақәа жәбар шәылшоит Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс аинформациатә портал адаҟьаҿгьы. Валери Кәакәасқьыр гәахәара дула дақәшаҳаҭхеит апроект «Амазара» алахәхара.

«Ари ишьахәу проектуп, адунеи зегьы ҳаӡбахә аланарҵәоит, зеиҭагара аҭахым абызшәала – ҳапланета иқәынхо ауаа зегьы еилыркаауа – амузыкеи арҿиареи рбызшәала», – иҳәеит аоператор.

Аԥсуа милаҭтә музыка аӡыргара акыршықәса рахыс рнапы алакуп Оҭар Хәынҵариа ихьӡ зху амилаҭтә арҳәагақәа рҳәынҭқарратә оркестр, хаҭалагьы уи анапхгаҩы, амузыкант қәыԥш Денис Арухаа. Иазгәаҭатәуп, ари аколлектив Аԥсны ахәаԥшцәа рыбзиабара ишаԥсахахьоу, ҳтәыла анҭыҵгьы изныкымкәа ишықәгылахьоу.

«Абри апроект азы ҳара иаҳарҳәоит акомпозитор Оҭар Хәынҵариа аус здиулаз аԥсуа жәлар рашәа «Нарҭаа рышьҭыбжь». Ҳара абри ашәа алаҳхит, избанзар ҳмилаҭтә арҳәагақәа шамахамзар зегьы араҟа ахархәара рымоуп. Ари итрадициатәу музыкоуп, 70-80 шықәса раԥхьаҟа абжьы шгарыз еиԥш иаҳарҳәоит иахьагьы. Убри ауп иара ахә ҳаразкуагьы. Егьыс, ажәлар рашәақәа – хәы змаӡам малуп, избан акәзар ҳажәлар рхьааи ргәаҟрақәеи иргәылганы иааргаз акоуп. Ҳара иахьа алшара ҳамоуп ԥхьаҟа уи анагара, имԥсахкәа, абжьы еицамккәа, ҿыц игыло абиԥарақәа идҳарҳартә еиԥш аныҟәара, убри еиҳау акгьы ыҟам», – иҳәеит Денис Арухаа.

Аоркестр анаԥҵаз аахыс уи иалахәу иреиуоуп Асҭан Барганџьиеи Марианна Арышԥҳаи. Арҭ аҩыџьагьы рхәыҷраахыс амилаҭтә музыка ргәы азыбылуеит, рыԥсҭазаара зегь уи иазыркырц ргәы иҭоуп.

«Сара сшыхәыҷыз салалеит Хәаԥ ақыҭан еиҿкааз Денис Арухаа иоркестр. Сара аккордеон асырҳәоит, бзиа избоит абри аинструмент. Уиижьҭеи ҳара амҩа ду ҳанысит, иахьа уажәранӡагьы аус ҳуеит, аԥсуа фольклортә музыка аӡыргара ҳашьҭоуп. АААК апроект акәзар, сара сгәанала, ас еиԥш иҟоу апроектқәа даара иаҭахны иҟоуп. Сара абри аус снапы алакуижьҭеи абри аиԥш зеиԥшу раԥхьатәи проектуп», – иҳәеит Асҭан.

Марианна ачамгәыр алырҳәоит (аԥсуа жәлар рмузыкатә арҳәага - аред.), иагьылыԥхьаӡоит афольклортә музыка еиҳау аӡыргареи аларҵәареи аҭахуп ҳәа.

«Иахьатәи аамҭазы имаҷуп амилаҭтә инструментқәа азырҳәар зылшо ауаа, сара схәыҷаахыс иасырҳәоит, бзиа избон еснагь. Абри апроект аиҿкааҩцәа ииашаны аус иазнеит. Сгәанала, иара иабзоураны адунеи зегьы ирзеиҭаҳҳәарц ҳалшоит ҳдоуҳатә культура шбеиоу, даҽакы ишеиԥшым, ҳмилаҭтә хаҿра шаныԥшуа», – лҳәеит лара.

Аконгресс акоманда иҭабуп ҳәа рарҳәоит апроект адгылара азҭаз зегьы, анаҩсгьы аҭыхрақәа рахь ааԥхьара рырҭалоит еиуеиԥшым аусхкқәа рҟны испециалистцәоу ауаа. Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресси жәларбжьаратәи аилазаара «Алашареи» ихацдыркыз аԥсуа-абаза жәлар рдоуҳатә мал аӡыргара иазку апроект «Амазара» иацҵахоит жәлар рашәақәеи, амилаҭтә литературеи, ахатәы бызшәеи, ажәлар рнапҟазареи, ажәытә қьабзқәеи ирызку авидеороликқәа рыла. Аҭыхрақәа мҩаԥыслоит Аԥсныи Ҟарачы-Черқьестәылеи.