Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс аҟны иаԥҵоу Адискуссиатә клуб аекспертцәеи алахәцәеи аԥсуа-абаза жәлар рытрадициатә ҟазара аиқәырхара атема иалацәажәеит изаамҭанытәиу реилатәараҿы. Иара абжьааԥнеиԥш АААК апресс-центр аҟны имҩаԥысит.

Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс Адискуссиатә клуб алахәцәеи ааԥхьара змаз аекспертцәеи аԥсуа-абаза жәлар рытрадициатә ҟазара аиқәырхареи аҿиареи азҵаарақәа ирылацәажәеит жьҭаара 13 рзы имҩаԥысыз изаамҭанытәиу аилатәараҿы.

Ари аиԥыларахь ааԥхьара рыманы иааит Аҭҵаарадырреи акультуреи рзы Аԥсны ахада иабжьагаҩ Ныгәзар Логәуа, Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа реидгыла Ацәыргақәҵатә зал хада адиректор Ельвира Арсалиа, Константин Ковач ихьӡ зху Ахәыҷтәы ҟазаратә школ №1 адиректор Михаил Алхазов.

Аекспертцәа аглобализациеи уи атрадициатә ҟазара ишаныԥшуеи ирыдҳәалоу азҵаарақәа жәпакы ирылацәажәеит, иара убас аԥсуааи ашәуааи рытрадициатә культура аиқәырхашьас иҟоу амҩақәа алыркааит. Еизаз зегьы еиқәшаҳаҭхеит аԥсуа-абаза жәлар рытрадициатә ҟазара шьаҭас иамоу ауаҩышәаратә-хымҩаԥгашьатә кодекс Аԥсуара шакәу, аԥсуа ҟазара атрадициатә формақәа еицамкрада ишеиқәырхатәу, иара уи аамҭазы иахьатәи адунеи аҭахрақәа ирықәшәо аҟазара ахкқәагьы шырҿиалатәу.   

Аглобализациа анымҩаԥысуа аамҭазы аԥсуа культура аҿиашьас иибо дазааҭгылеит Аҭҵаарадырреи акультуреи рзы Аԥсны ахада иабжьагаҩ Ныгәзар Логәуа.

«Адунеи иааҟәымҵӡакәа аҽеиҭанакуеит асоциалтә, аекономикатә, афилософиатә уҳәа убас егьырҭ ахырхарҭақәа рыла. Аԥсуара – иара аформа злаҟоу ала, аԥсуаа рыԥсҭаазара философиас иаҵоу ауп. Аԥсуа культура ныҟәызго ауаҩы дзықәныҟәаша атрадициақәеи ақьабзқәеи ԥҵәаны иҟоуп. Аха иахьатәи асоциум даҽа формақәак ҳаднагалоит. Аҽеиҭакрақәа мҩаԥысуеит. Ҳара адунеи ду ҳҽаҟәыҭханы ҳазҿиаӡом, ҳкультурагьы аԥсахрақәа алаҳамгалалар ауӡом. Убри аҟнытә ҳауаажәларра хҭак еицҭадыршәуа иҟазароуп, аиҭакрақәа рызнеишьа аҳәынҭқарратә ҩаӡара аҟынӡа ишьҭыхны. Аклассикатә формақәа аанхароуп неиҩымсра зқәым ҭынхак еиԥш, уи аҵараиураҿы, аҟазараҿы, амузыкаҿы», – иҳәеит Логәуа.

Иматериалтәым аԥсуаа ркультура аиқәырхареи анаҩс афиксациа азуреи ауаажәлар рыбжьара ирацәаны иалацәажәоит, уи аҵак дугьы амоуп ҳәа лыԥхьаӡоит Ацәыргақәҵатә зал хада адиректор Ельвира Арсалиа. 

«Лассы-лассы азҵаарақәа ҳазцәырҵуеит амузыка, амилаҭ маҭәа, акәашара уҳәа реиԥш иҟоу акультура ацәырҵарақәа рганахьала. Иахьа акрызҵазкуа усны иҟалеит атрадициатә формақәеи астилизациеи реиламхәара, еиҩдрааны реиҟәгара. Аҵыхәтәантәи аамҭазы ари ирацәаны иалацәажәоит. Ҳәара аҭахума, ари апроцесс уадаҩуп, аха мышкызны акәзаргьы иҳамазар ҳҭахуп ҳдоуҳатә культуратә ҭынха ашәҟәынҵа. Акәашарақәа, амаҭәа, амузыкатә арҳәагақәа, даҽак иеиԥшым ацәырҵшьақәа. Егьырҭ аформақәагьы зегьы, хымԥада, аҟазараҿы иҟазароуп, аха атрадициатә культура аҽаарԥшышьа аҳәаақәа ирҭагӡаны», – ҳәа азгәалҭеит Ельвира Арсалиа.  

Ныгәзар Логәуа игәаанагарала, арҿиара знапы алаку ауаа ақәҿиара роуны, хьӡи-ԥшеи рыманы иҟаларц азы абаҩхатәра мацара азхаӡом, урҭ рдыррақәеи рылшарақәеи зхаҭабзиара ҳараку академиатә ҵарала ихарҭәаазароуп.

«Есышықәса Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет Аҟзара аҟәша аҿы 20-25-ҩык аҿарацәа ауҳажьуеит. Иазгәаҭатәуп, ҳҿар даара абаҩхатәра шрылоу, аԥеиԥшгьы шрымоу. Аха ҳара уажәыгьы иаку аҵаратә система аԥҵара астадиаҿы ҳаҟоуп. Аҟазара акәыз, амузыка акәыз, акәашара акәыз, узҿызаалак акыршықәса шьаҭанкылатәи академиатә ҵара иазукроуп, ак улҵырц  уҭахызар. Раԥхьатәи аетап аҟны уи аҟазара ашкол ауп, анаҩс иҷыдоу абжьаратә ҵара, анаҩс иреиҳаӡоу аҵарала ихыркәшахоит аҵараиура», – иҳәеит Ныгәзар Логәуа.

Константин Ковач ихьӡ зху Ахәыҷтәы ҟазаратә школ №1 адиректор Михаил Алхазов иазгәеиҭеит аԥсуа ҟазара аҿиараҿы улаԥш иҵашәо иманшәалам атенденциақәа ауаажәлар рыбжьара ишьақәгылаз астереотипқәа ирыдҳәалазар ҟалоит ҳәа.

«Рыцҳарас иҟалаз, ҳауаажәлар рҟны аҟазара ахәыҷы изеиԥш еизҳара ахәҭак аҳасабалоуп ишахәаԥшуа. Иахьатәи ҳаамҭазы Аԥсны ирацәаҩӡам зхәыҷы аҟазара аганахьала апрофессионалтә ҵара иҭара иазхәыцуа, избан акәзар уи ала ԥара дук узырҳауам ҳәа иԥхьаӡоуп. Иахьа арҿиаратә хырхарҭақәа зегь рыла апрофессионалцәа реиҵааӡаразы иҳалшо зегь аныҟаҳамҵа, уаҵәы ҳхәыҷқәа аҵара дзырҵо ҳәа уаҩ дҳауӡом», – ҳәа агәҽанызаара ҟаиҵеит Михаил Алхазов.

Аекспертцәа изларыԥхьаӡо ала, аԥсуа-абаза культуратә ҭынха аиқәырхара афактор хадақәа ируакуп абиԥарақәа рԥышәеимдара. Аԥсуааи ашәуааи рҟазара еиқәхарц, ԥхьаҟагьы иҿиаларц азы уи ажәлар ибзианы ирылаҵәаны иҟазароуп ҳәа азгәарҭеит.

«Аҟазара аформақәа жәпакы атәыла асоциалтә-економикатә ҿиара амодель иахәҭакзароуп. Ус анакәымха дара ииаӡаауеит. Уажә ҳаазқәылаз аҭоурыхтә, архитектуратә ҭыԥқәа рахь аныҟәарақәа рахь аинтерес духеит. Абри алшара ахархәара аҳҭар ҟалоит аԥара алазҵар зылшо ауаа разхьарԥшразы», – иҳәеит Михаил Алхазов.

Иара иациҵеит убасгьы акультура аҿиараҿы анаплакцәа инамыцхәны акәымкәа ралархәра аҟазара алаҵәара аус иацхраауан ҳәа.

Астол гьежь алахәцәа еизыразхеит амилаҭтә ҟазара аиқәырхара алыршахоит ҳәа аҳәынҭқарра зегьы иазеиԥшу аидеологиа ӷәӷәа шьақәыргыланы ақәныҟәарала.

«Ҳаамҭазтәи акультуратә еизакыраҿы еиуеиԥшым ажәларқәа рыбжьара аҳәаа аԥыхра иацхраауа атенденциақәа есааира ирацәахоит. Аглобализациа аамҭазы еиҳагьы аҵак ду шьҭнахуеит ухатәы культуратә формақәа реиқәырхара. Иҟаӡам ажәлар маҷқәа, аха иҟоуп алшара анмаҷу», – лҳәеит Ельвира Арсалиа.

Аиԥылара ахыркәшамҭаз Адискуссиатә клуб аекспертцәа азааит аԥсуааи ашәуааи рытрадициатә культуреи ҳаамҭазтәи рҟазареи реиқәырхаразы, анаҩс рыҿиаразы иҟоу алшарақәа зегьы ахархәара шрыҭатәу. Ус иҟоу лшарақәас иҟазар ауеит аҟазара знапы алаку ауаа еидызкыло еиуеиԥшым арҿиаратә еилазаарақәа. Аԥсшьаҩцәа ирзынархоу абизнес-проектқәагьы аҟазара алаҵәара иацхраар ауеит, аҭоурыхи аҟазареи ирыдҳәалоу адыррақәа ргеографиа арҭбаарала. Арҿиара иазҿлымҳау аинвесторцәа радыԥхьалара абаҩхатәра злоу ауаа аӡәырҩы алшара ҿыцқәа рнаҭоит. Аҟазара аҿиареи алаҵәареи ирзынархоу аусмҩаԥгатәқәа аԥсуааи абазақәеи ркультуразы илагала духоит. Аекспертцәа изларҳәаз ала, иахьа иҟаҵоу ашьаҿақәа шаҟа ииашоу ала ԥхьаҟа игыло абиԥарақәа рмилаҭ ҟазара бзиала иазнеиуеит.

АААК Адискуссиатә клуб аԥҵан 2019 шықәса абҵарамзазы. Уи аусура мҩаԥысуеит абарҭ ахырхарҭақәа рыла: аԥсуа-абаза жәлар рбызшәеи руаҩышәаратә-етикатә, ркультуратә ҭынхеи реиқәырхара, амилаҭтә ҭҵаарадырра аларҵәара, аԥсабара ахьчара уҳәа егьырҭгьы. Аклуб алахәцәа реиҳараҩык аҿар роуп. 2019-2020 шықәсақәа рзы аҟәатәи аклуб аекологиа ахырхарҭала апроект нарыгӡеит. Ари асекциа аусура иалахәын 23-ҩык ауаа. Адискуссиатә клуб аҳәаақәа ирҭагӡаны аус ауеит Анацәеи абацәеи рыклубгьы.