Ҭырқәтәылеи Иорданиеи инхо аԥсуа хәыҷқәа ԥсшьара ҳәа Аҟәаҟа иааит. Дара рныҟәара еиҿнакааит Аԥсны арепатриациазы аминистрра.
Саид Барганџьиа
12-17 шықәса зхыҵуа 70-ҩык аԥсуа хәыҷқәа Ҭырқәтәылеи Иорданиеи рҟынтә ԥсшьара ҳәа рҭоурыхтә ԥсадгьыл иаҭааит ԥхынгәымза 1 азы. Раԥхьаӡа акәны ахәыҷтәы лагер дара рзы еиҿнакааит Аԥсны арепатриациазы аминистрра.
Арепатриациазы аминистр Беслан Дбар иажәақәа рыла, алагер аиҿкааразы архиаратә усурақәа шықәсак инеиҳаны имҩаԥысуан. Иара аидеиа ахаҭа аԥсшьара аиҿкааҩцәа ирызцәырҵит Ҭырқәтәылеи, Иорданиеи, Шьамтәылеи иҟоу аԥсуа диаспорақәеи дареи реиԥыларақәа раан.
«Ҳрепатриациа аҭоурых аҟны раԥхьаӡа акәны абасҟаҩык ахәыҷқәа реидкылара ҳалшеит. Иахьа абраҟа иҟазар рыхәҭан Шьамтәылатәи аделегациагьы, аха еиуеиԥшым амзызқза ирыхҟьаны урҭ раара залымшахеит», - иҳәеит аминистр.
Дбар инаҵшьны иазгәеиҭеит, ари аҩыза аиԥыларақәа еиуеиԥшым атәылақәа рҟны инхо аԥсуаа реизааигәатәра аус азы аҵак ду шрымоу. Еиҳаракгьы ихадароуп, иара иажәақәа рыла, «ахәыҷқәа анеибадыруа».
«Аԥсшьара иазоужьу аамҭа иалагӡаны алагер аҩнуҵҟа иҟоу ахәыҷқәа еибадыруеит, аиҩызара рыбжьалоит, иара убас аҭыԥантәи ахәыҷқәагьы ирабадыруеит. Анаҩс, рконтактқәа еимырдап, аԥсшьара ашьҭахьгьы реиҩызара иацырҵап ҳәа ҳгәыӷуеит», - иҳәеит аминистр.
Аԥсшьара иааз 70-ҩык рҟынтәи, аӡәы-ҩыџьа роуп аԥсышәала ицәажәо. Ԥыҭҩык аҭаауан Аԥсны арепатриациазы аминистрра Ҭырқәтәыла еиҿнакааз ахатәы бызшәа аҵаразы акурсқәа.
Асасцәа рзы идырхиеит илахҿыху, аинтерес зҵоу апрограмма: аҳәыҷқәа идырбахоит акырзҵазкуа Аԥсны аҭоурыхтә ҭыԥқәа. Насгьы, Аԥсны иҟанаҵ дара иаҭаахьеит Аԥсны Раԥхьатәти ахада Владислав Арӡынба инышәынҭра, Аибашьратә фырхаҵара Ахьӡ-Аԥша амузеи.
«Ахәыҷқәа иԥылоит Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба. Иара убасгьы, урҭ ирзыԥшуп аинтерес зҵоу акультуратә-арлахҿыхратә программа», - ҳәа азгәеиҭеит арепатриациазы аминистр.
Ҭырқәтәылантәи иааз агәыԥ иалоуп Аԥсуа, Кавказтәи акультуратә центрқәа рфедерациа аҟнытә ахәыҷқәа. Урҭ хылаԥшҩыс дрыцуп Аԥсуа культуратә центрқәа рфедерациа ахаҭарнак Шамиль Ешба – Сҭамԥыл иҟоу аԥсуа культуратә центр анапхгаҩы. Иара иажәақәа рыла, ахәыҷқәа Аԥсны раҭаара хҭыс дууп, насгьы иара еиҭеиҳәеит, ари аныҟәара ахәыҷқәа ргәы хыҭ-хыҭуа ишрыдыркылаз атәы.
«Иааз ахәыҷқәа рҟынтә аӡәырҩы раԥхьаӡа акәны Аԥсны иаҭааит. Хшыҩзцарала ирбо, ираҳауа зегьы ҭырҵаауеит. Сара агәра ганы сыҟоуп, ара иахьынӡаҟоу рҭоурыхтә ԥсадгьыл еиҳагьы бзиа ишырбо», - иҳәеит Шамиль Ешба.
Иорданиатәи аделегациа напхгара азиуеит Муҳаммад Чычба, уи ихаҭа изы уажәтәи Аԥсны аҭаара хынтәхоит.
«Сынтәа сара иаазгеит ааҩык ахәыҷқәа. Урҭ раԥхьаӡа акәны Аԥсны иаҭааит. Аԥсныҟа ацаразы алшара ыҟоуп ҳәа анрасҳәа, уи аидеиа рылаҵәеит, амҩа ҳақәлаанӡа амшқәа ԥхьаӡо итәан. Дара уи аԥхьагьы Аԥсны аӡбахә раҳахьан, ҳарҭ (Иорданиа иҟоу аԥсуа-абаза диаспора – аред.) лассы-лассы рҭоурыхтә ԥсадгьыл иазкны ажәабжьқәа рзеиҭаҳҳәалоит, аха ахәыҷқәа ражәақәа рыла, еиҭаҳҳәози уажәы ирбоуи узеиҿырԥшуам», - иҳәеит Чычба.
Ҭырқәтәылантәи иааз ахәыҷқәа руаӡәк – 13 шықәса зхыҵуа Селена Ашәԥҳа, аҵыхәтәаны Аԥсны лаҭаара аахыс аамҭа рацәа цеит, уи аҟнытә илгәалашәо зынӡа имаҷӡоуп. Ус шакәугьы, Селена хар лымамкәа лхатәы бызшәала дцәажәоит.
«Ҳҭаацәараҿы лассы-лассы аԥсышәала ҳаицәажәоит. Иҟалап, аамҭак ашьҭахь Аԥсныҟа нхара ҳәа сааргьы, ара сара даараӡа исгәаԥхоит», - еиҭалҳәоит аӡӷаб қәыԥш.
Селена илықәлоу аӡӷаб – 14 шықәса зхыҵуа Лина Хулан иалкааны ахықәкы лымоуп: лан лҭоурыхтә ԥсадгьыл иахьынӡауа аҭҵаара.
«Ҳара иацоуп ҳанааи, иаҳамбахьац даараӡа ирацәоуп. Аԥсныҟа сцоит ҳәа ансаҳа, даараӡа сгәырӷьеит. Сара сан даԥсыуоуп, ари атәыла иазкны ирацәаны ажәабжьқәа сзеиҭалҳәахьеит, аха лара лаҟара сара макьана исыздыруам, арахьгы сзааз, уи аҭагылазаашьа ариашаразоуп», - ҳәа еиҭалҳәеит аӡӷаб қәыԥш.
Ҭырқәтәылеи Иорданиеи рҟынтәи зҭоурыхтә ԥсадгьыл иаҭааз ахәыҷқәа Аԥсны жәамш иҟазаауеит, уи аамҭа зегьы инхалоит Аҟәа асасааирҭақәа руак аҟны. Аԥсны рыҟазаара аамҭа иҭагӡаны дара рзы идырхиеит еиуеиԥшым аусмҩаԥгатәқәеи аныҟәарақәеи еидызкыло аԥсшьаратә программа.
шәҭалароуп, ма шәыҽҭажәыҩроуп.