Тевфик Есенч аубых бызшәа здыруаз аҵыхәтәантәи уаҩԥсын. Уи диижьҭеи 115 шықәса аҵра инадҳәаланы АААК аинфопортал Ҭырқәтәыла аубыхцәа ахьынхо Ҳаџьы-Осман ақыҭан игылоу Есенч иҩнаҭа иаҭааит.
Асҭанда Арӡынԥҳа
Аубыхцәа – Мраҭашәаратәи Кавказ иқәынхоз шьагәыҭ жәларуп, збызшәеи, зкультуреи рыла аԥсуааи, абазақәеи адыгақәеи ирзааигәоу. 1864 шықәсазы Кавказтәи аибашьра нҵәаанӡа аубыхцәа Амшын Еиқәа аҿықәан инхон, аӡиасқәа Хәасҭеи Шахеи рыбжьара (ҳаамҭазы Шәача ақалақь ахьгылоу аҭыԥан – аред.). Мраҭашәарала аубыхцәа ирыванхон ашаԥсыӷцәа, мрагыларахь – аԥсуаа.
Аҭоурых иалаӡҩаз
Аурыс аруаа реиҳабы Михаил Тариел-иԥа Лорис-Меликов аубыхцәа ус рзиҳәон «аибашьра згәы азыҳәоз, акрызлаз жәларын, ргәылацәа рҟынгьы еснагь аҵак ҷыда рыман» ҳәа. Усҟан усгьы рҳәалон: угәымшәаны уҟаларц азы аубыхцәа урыланхароуп, ркан рҿуҵаароуп ҳәа. Аха ус шакәызгьы, Кавказ жәларқәа рахьтә реиҳа игәымшәаз аубыхцәа аҭоурых алаӡра рлахьынҵахеит.
Кавказтәи аибашьра анынҵәа аамышьҭахь, аубыхцәа Аурыс империа адҵа иақәныҟәны Ҟәбинатәи адәкаршәрақәа рахь анхара аиасра мап ацәыркын аҟынтә, Османтәи аимпериахь ихҵәар акәхеит.
Ахыҵхырҭақәа иакымкәа-иҩбамкәа иазгәарҭоит ажәлар рыхҵәара даараӡа ирласны имҩаԥысит хәа. Иуҳәар ауеит, хы-мчыбжьы рыла, 1864 шықәса, мшаԥымза анҵәамҭазы Мраҭашәаратәи Кавказ аладахьала аӡиасқәа Хәасҭеи Шахеи рыбжьара инхоз аубыхцәа рҟынтә шамахамзар уаҩ днымхеит.
Еиуеиԥшым адыррақәа рыла, ари ажәлар маҷ рхаҭарнакцәа 50-70 нызқьҩык рҟынӡа амшын нхыҵ нхара ииасит. Дара тәеит Аԥхьатәи Азиа иахьаҵанакуа – Шьамтәыла инаркны Амармалҭашьтә мшыни Балқани рҟынӡа. Хәыҷы-хәыҷла аубыхцәа рмилаҭтә ҷыдарақәеи рбызшәеи рцәыӡит.
«Исыздыруам, аубых бызшәа зҳәо ҳәа аӡәыр даанхо-даанымхо, <…> ари агәыԥ иахь иаҵанакуа аимшьҭрақәа жәпакы «ажәларқәа рыԥсыжырҭаҿы» рызқәаҭыԥ ылырххьеит», – ҳәа иҩуан 1887 шықәсазы еицырдыруа аурыс ҵарауаҩ, кавказҭҵааҩы Пиотр Карл-иԥа Услар ишәҟәы «Кавказ аетнографиа. Абызшәадырра. Аԥсуа бызшәа» аҟны.
Уи иажәақәа ҵабыргхаҵәҟьеит.
Аубыхцәа рцынҵәарах
Иахьатәи аамҭазы иҟоуп уи аҩыза атенденциа: абызшәақәа ыӡуеит, иԥсуеит. Аспециалистцәа ргәаанагарала, иахьазы адунеиаҿ иҟоу абызшәақәа реиҳарак ҳаԥхьаҟа иӡуеит, даҽакалагьы ҟалашьа амаӡам. Ари «аеволиуциатә» процессуп уҳәаргьы ҟалоит, аха уи аамҭазгьы иазгәаҭатәуп – абызшәа аныӡлак ашьҭахь, уи абызшәала ицәажәоз ажәлар хәыҷы-хәыҷла ркультурагьы рцәыӡуеит.
Абри аҩыза арыцҳароуп изықәшәаз аубых бызшәагьы: иахьазы ари абызшәа иԥсхьоу абызшәақәа ирхыԥхьаӡалоуп. Аубых бызшәа аԥсуа-адыга бызшәақәа рҭаацәарахь иаҵанакуеит. Уи афонетика даараӡа иуникалтәуп – иамоуп 80 инареиҳаны ацыбжьыҟақәеи, х-бжьыҟаки (икьаҿу «а», инаӡоу «а», нас «ы»).
Аубых бызшәа здыруаз аҵыхәтәантәи ауаҩԥсы ҳәа дыԥхьаӡоуп Тевфик Есенч. Иара диит 1904 шықәсазы Ҭырқәтәылатәи ақалақь Манианс азааигәара ишьҭоу Ҳаџьы-Осман ақыҭан.
Иара хылҵшьҭрала аубых жәла Зеишуа датәын. Мусҭафа Қьамал Аҭаҭиурк Ҭырқәтәыла хадара аназиуаз аамҭазы дара ирыҭан ажәла Есенч.
Тевфик Есенч дахьӡеит, илиршеит аубых жәлар рбызшәеи рмилаҭтә культуреи ирызку иуникалтәу аинформациа адунеи азеиҭаҳәара, азныжьра. Зхәыцшьа еилккаа иҟаз, агәалашәара ӷәӷәа змаз Есенч, абызшәа мацара акәымкәан, аубыхцәа рмифологиеи, ркультуреи, рҵасқәеи рацәаӡаны аҵарауаа ирзеиҭеиҳәеит.
Насгьы афранцыз лингвист Жорж Диумезиль информаторс имазгьы Есенч иакәын. Урҭ акыршықәсатәи русеицура иахылҿиааит аубых бызшәеи акультуреи рыҭҵааразы акыр зҵазкуа аҭҵаарадырратә усумҭақәа.
Абызшәа бзиаӡаны идыруан
Афилологиатә наукақәа рдоктор, апрофессор Виачеслав Чрыгба – Тевфик Есенч аҵыхәтәаны аус ицызуаз аҳәаанырцәтәи аҵарауаа дыруаӡәкуп.
Дара реиԥылара ҟалеит 1991 шықәсазы. Чрыгба иажәақәа рыла, иҟан аубых бызшәала ажәақәак згәалашәоз абыргцәа, аха Есенч иабацәеи иабдуцәеи рбызшәа баша адырра мацара акәымкәан, уи абызшәа ихатәы бызшәаҵәҟьаны иҟан, ибзиаӡангьы идыруан.
«Ԥшь-сааҭк раҟара аус ицуара сылшеит. Сара иҭазҩит иҭаацәара ирызкны аубых бызшәала исзеиҭеиҳәаз ажәабжь, анаҩс уи аҭырқәшәахь еиҭазгеит, иара убасгьы [иҭазҩит] еиуеиԥшым ажәақәеи, атекстқәеи», - иҳәоит аҵрауаҩ.
Даҽа интервиук аҟны, Есенч дазааҭгылеит аубых бызшәа аӡра зыхҟьаз агәаанагарақәа руак.
«Аубыхцәа Ҭырқәтәыла ианнеи, рхатәы бызшәала ацәажәара иаҟәыҵит. Дара ирымаз агәаанагарала – аҭырқәцәа дрылагыланы тәым бызшәала ицәажәо иааӡам иоуп», - иҳәон иара.
Абызшәа аӡра зыхҟьаҵәҟьаз аҵаҵӷәы
Аиашаз, аубых бызшәа аӡра зыхҟьаз амзызқәа еиҳа ирацәан. Виачеслав Чрыгба излазгәеиҭо ала, иара Кавказгьы аубых бызшәа аԥсшәеи адыга бызшәақәеи рконкуренциа азышьҭнахуамызт. Чрыгба иаҳгәалаиршәоит, абри атәы XIX-тәи ашәышықәсазы ишиҳәахьаз Пиотр Усларгьы (Пиотр Услар – аурыс арратә анџьныр, алингвист, аетнограф, XIX-тәи ашәышықәсазы иреиҳаӡоу кавказҭҵааҩцәа ируаӡәкыз – аред.). Аубых бызшәа аӡраҿы ихадоу мзызны иҟалеит – атәым дгьыл аҟны инанагаз аубыхцәа рынхашьа аҟазшьа: урҭ рҽааидкыланы џьарак аицынхара ахаҭыԥан, Ҭырқәтәыла зегьы рҽаларԥсаҟьеит.
«Ҭрабзон инаркны Бурсанӡа аубых қыҭа хәыҷқәа уԥылон. Урҭ еиланхарҭа хәыҷқәаны иҟан, иаарыкәыршаны – аҭырқәцәеи, ачерқьесцәеи, аԥсуааи, акурдқәеи уҳәа егьырҭ ажәларқәа нхон. Дара еиҳа иахьырацәаз аҭыԥқәа рҿы абызшәа ҳара ҳаамҭанӡа еиқәхеит», - ҳәа иазгәеиҭоит апрофессор.
Убас, аубых бызшәа еиқәхеит Ҭырқәтәыла Мраҭашәаратәи ахәҭахьы, Балықьесир араион аҿы, иара убас атәыла агәҭахьы – араион Сапанджа аҟны.
Абызшәа иацны акультурагьы аӡра атенденциа шыҟоугьы, аубыхцәа рмилаҭтә ҷыдарақәа рбызшәа иацны ирцәыӡит ҳәа аҳәара иашахом – агәра ганы дыҟоуп Виачеслав Чрыгба.
«Ҭырқәтәыла иҟоу аубыхцәа кавказуааны рхы рыԥхьаӡоит, рхылҵшьҭрагьы бзианы иргәалашәоит. Ашьхарыуаа рҵасала ачарақәа руеит, рмилаҭтә ашәақәеи амелодиақәеи еиқәырханы ирымоуп, хәыҷгьы-дугьы заманала икәашоит. Ааи, рбызшәа рцәыӡит, аха рыԥсадгьыл ишадҳәалоу рныруеит, аԥсуааи адыгақәеи рашьцәа реиԥш ирзыҟоуп», - иҳәоит аҵарауаҩ.
«Сыԥсадгьыл сшьапы ықәсыргылеит, шьҭа ҭынч сыԥсратәы сыҟоуп»
1990 шықәсазы Тевфик Есенч Кавказ даҭааит: дыҟан Нальчик, Шәача иара убас Гәбаадәы.
«Анкьаӡа-анкьа, санқәыԥшыз, бзиа избон сылақәа аахҩаны сыԥсадгьыл зеиԥшроу асахьа схаҿы аагара, сабду ишаҳзеиҭеиҳәоз сгәаларшәаны. Ашьхақәа, амшын, уахьынаԥшлак аҵла иаҵәақәа; аҷандарқәа, ааҵлақәа, афасарақәа… Уажә абра санааи избоит схаҿы иаазгоз асахьеи лабҿаба избази зегь рыла ишеиԥшу: акызаҵәык сгәы иалоу – слымҳақәа уажәшьҭа ҽеишәа ираҳауам, сыблабара иагхеит, сшьамхгьы кәадахеит, аха зегь акоуп шьҭа сгәы ҭынчны сыԥсратәы сыҟоуп. Сыԥсадгьыл сшьапы ықәсыргылеит», - иҳәеит убасҟан Есенч.
Тевфик Есенч иоуп Аԥсны жәлар рпоет, ашәҟәыҩҩы Баграт Шьынқәба ироман «Ацынҵәарах» афырхаҵа хада ипрототипс иҟоу. Ари ароман ҭыҵит иҳаҩсыз ашәышықәса 60-тәи ашықәсқәа раан. Аҭырқәшәахь ароман еиҭагоуп «Аҵыхәтәантәи аубых» ҳәа хьӡыс иаҭаны (Son ubih).
«Vubıh dilini ölümsüzlestiren bu dili yazıp konusabilen son Vubıh», абри иаанагоит – «Абраҟа джуп Тевфик Есенч, аубыхцәа рбызшәа здыруаз аҵыхәтәантәи ауаҩԥсы» ҳәа. Абри аҩыроуп Тевфик Есенч иқьашанахаҳә иану, иара анышә дахьамадоу Ҳаџьы-Осман ақыҭа аԥсыжырҭаҿы.
Тевфик Есенч иҩны
Иахьазы аубых қыҭа Ҳаџьы-Осман ҩышә раҟа ҭӡы амоуп, аха реиҳарак ҭацәуп. Ус шакәугьы ақыҭа иалҵны ақалақьахь нхара ицаз аӡәырҩы аԥхынрала рыҩныҟақәа рахь иаауеит. Инеиԥынкыланы ара инхоит ҩажәаҩык инарзынаԥшуа ауааԥсыра еиҳарак атәанчаҩцәа.
Тевфик Есенчи игәараҭа ақыҭа агәҭаны иҟоуп. Иахьа уи дахуп иҷкәын Зеқьи.
Аҩны азал аҿы ихшьуп аҭаацәара зегьы еидызкыло афотосахьа: Зеқьи иԥҳа Америка дынхоит, иҷкәын Сингапур дыҟоуп. Аҭӡаҿы икыдуп иара убас рабду ду Кәыкәышь ипатреҭгьы. Анрала абри иабду ибзоуралоуп Тевфик Есенч аубых бызшәеи афольклори злеидыруаз. Кәыкәышь Убыхтәыла диит, уи ихылҵ зегьы – атәым дгьыл аҟны.
Араҟа иахьубо ихшьуп убасгьы Жорж Диумезиль ипатреҭ. Абри аҩнаҭаҟны акырсааҭ аус еицыруан Тевфик Есенчи афранцыз лингвисти.
«Саби Диумезили аус еицыруан Сҭамԥылгьы, абра ҳаҩнгьы. Абаҳчаҿы атәара бзиа ирбон», - еиҭеиҳәоит Зеқьи.
Абар аӡахәа зқәу аҵлагьы. Аубыхцәа Ҭырқәтәыла ианықәнагала аҩыҟаҵара иаҟәыҵит, аислам динхаҵара аҩыжәра мап ахьацәнакуа аҟнытә, аха аӡахәааӡара атрадициа еиқәхеит. Аха иара абри аӡахәа егьырҭ иреиԥшым.
«Сабдуцәа абри аӡахәажәла Кавказынтә ианықәҵуаз иааргеит, - еиҭеиҳәоит Зеқьи. – Аӡахәа амахәқәа рџьыба иҭаҵаны, ргәы иадҵаны иааргон. Убри акәӡоуп рыԥсадгьыл аҟынтә ирзаагазгьы».
Иахьа Ҳаџьы-Осман аубых бызшәа здыруа ҳәа уаҩ днымхеит. Хазы игоу ажәақәак ргәалашәоит аха, инеиԥшьны ражәаҳәа уажәшьҭазы ирзышьақәыргылом. Убасоуп ишыҟоу егьырҭ Ҭырқәтәылатәи аубых қыҭақәа рҟынгьы. Инықәырԥшны иуҳәозар, иахьазы атәыла иқәынхоит жәа-нызқьҩык рҟынӡа аубыхцәа, рхатәы бызшәа рыздыргәышьом акәымзар.
шәҭалароуп, ма шәыҽҭажәыҩроуп.