Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьраан иҭахаз ргәалашәра иазку есышықәстәи аклассикатә музыка аконцерт мҩаԥысит Аҳәынҭқарратә филармониа аҟны.

Саид Барганџьиа

Есышқәстәи аконцерт-реквием, Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьраан иҭахаз ргәалашәара иазкыз, мҩаԥысит Аҟәа, Ражьден Гәымба ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә филармониа аҟны, ашәахьа, хәажәкыра 18 рзы.

Аусумҩаԥгатә еиҿнакааит Ражьден Гәымба ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә филармониа, Аԥсны акультуреи аҭоурыхтә-культуратә ҭынха ахьчареи рминистрра адгыларала.

Аҳәынҭқарратә филармониа PR-менеџьер хада Арифа Қапԥҳа еиҭалҳәеит, сынтәатәи аконцерт ишалахәу Урыстәылатәи артистцәа. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп Урыстәыла зҽаԥсазтәыз артист Маргарита Спиридонова, аскрипка арҳәаҩы Виктор Абрамиан-Ешба, авиолончель арҳәаҩы Андреи Спиридонов, жәларбжьаратәи аконкурсқәа рлауреат Михаил Турпанов, агобои арҳәаҩы Алексеи Балашов.

«Амузыка уахәышәтәуеит, агәыхь аамҭала еиқәнартәоит. Ҳара ҳзы акраҵанакуеит арҭ аконцертқәа рыҩаӡара ҳаракны рымҩаԥгара, иреиӷьу артистцәа ралархәра. Анцәа иџьшьаны, уи ҳалшо ҳааиуеит. Аконцертқәа дара-дара еиԥшӡам, еснагь аинтерес рыҵоуп. Есышықәса иҳацықәгылоит Аҳәынҭқарратә камертә орекстр. Аконцерт-реквиемқәа рымҩаԥгара атрадициа иацаҳҵарц ҳгәы иҭоуп, избан акәзар иаҳныруеит ауаа шазыԥшу», – лҳәеит Қапԥҳа.

Ҷыдала ахәылԥаз ахь иааԥхьаз аскрипка арҳәаҩ қәыԥш Мариа-Емилиа Терзиан-Ҳагба раԥхьаӡақәны ари аконцерт лхы алалырхәит, иагьыналыгӡеит Генрик Вениавски илирикатә аԥҵамҭа «Алегендақәа».

«Сара сзы ари ҳаҭыруп, иара убасгьы иҭакԥхықәра дууп. Сара сықәгылара рзыскит зхы иамеигӡакәа ҳаԥсадгьыл ахақәиҭреи ахьыԥшымреи рзы иқәԥоз аибашьцәеи, аибашьраан иҭахаз ахәыҷқәеи, аҭынч уааԥсыреи. Инасыгӡаз аԥҵамҭа атрагедиатә ҟазшьа шамоугьы, иунаҭоит аԥеиԥш лаша шыҟало азы агәыӷра», – лҳәеит Терзиан-Ҳагба.

Акультуреи аҭоурыхтә-культуратә ҭынха ахьчареи рминистрра апресс-маӡаныҟәгаҩ Сариа Маршьан еиҭалҳәеит аминистрра ацхыраарала арҭ аконцерт-реквиемқәа есышықәса ишымҩаԥысуа, уажәшьҭа ԥшьышықәса раахыс.

«Хаҭала сара сзы ари аусмҩаԥгатә акраҵанакуеит, иҳацәцаз ргәалашәара ԥшьа шҳацу аанарԥшуеит. Сеигәырӷьоит аҳәынҭқарратә филармониаҿы есышықәса иахьымҩаԥысуа Аԥсны ахақәиҭреи ахьыԥшымреи зхы ақәызҵаз раҳаҭыразы абас еиԥш аусмҩаԥгатәқәа. Абас иҳауз аҭынчра пату ақәаҳҵалароуп, ҳахӡыӡаалароуп», – ҳәа азгәалҭеит Маршьанԥҳа.

Аконцерт-реквиемқәа мҩаԥысуеижьҭеи уи бжьамыжькәа иаҭаауа ахәаԥшцәа арҳахьеит, убас иҟоу дыруаӡәкуп ажурналист Рена Шьакаиа.

«Сынтәа аконцерт ахь ахәыҷқәагьы сыманы сааит, избанзар акырӡа аҵанакуеит аҭоурых агәалашәара, уи аиҭаҳәара. Амузыкала агәалашәара – даара еффективра алоуп. Ҳхьааи ҳгәадуреи еиднакылоит, аԥеиԥш лаша аагаразы зхы-зыԥсы иамеигӡаз ҳхашҭыр ҟалаӡом. Иҭабуп ҳәа расҳәоит абри аконцерт аиҿкааҩцәа зегьы. Ас иҟоу амузыка уаназыӡырҩуа, иҭахаз угәаларшәауа, улаӷырӡ маар залшом», – лҳәеит Шьакаиа.

Агәаларшәаратә концерт аҟны иадырҳәеит еицырдыруа акомпозиторцәа Платти, Моцарт, Бетховен, Вениавски, Барбер, Шостакович уҳәа раԥҵамҭақәа.

Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы иҭахаз ргәалашәаратә концерт раԥхьаӡа акәны имҩаԥысит 2015 шықәсазы, уи аахыс ари – есышықәсатәи усмҩаԥгатәуп. Арҭ ашықәсқәа ирылагӡаны апроект аус рыцнауит Аԥсны аҳәынҭқарратә камертә орекстр, Аԥсны аҳәынҭқарратә хортә капелла, Москватәи аҳәынҭқарратә хортә капелла. Хәажәкыратәи аконцерт-реквиемқәа ирылахәын аԥсуа солистцәа-авокалистцәа Нана Черқьезиа, Кристина Ешԥҳа, Алхас Ферзба, ааԥхьара рыҭан асолистцәа Михаил Алхазов, Елена Шагун, Елена Ҳагԥҳа, иара убас анҭыҵтәи асолистцәа Лиубов Молина, Ольга Локоленкова, Геннади Косинов, Лариса Леунова, Александр Кожанов. 2017 шықәсазы апроект иалахәхеит Владимир Спиваков ихьӡ зху Жәларбжьаратәи агәыҳалалратә фонд астипендиатәагьы.