АААК апресс-центр аҟны еиҭаҳәан Аконгресс аделегациа Мраҭашәаратәи Европа раҭаара лҵшәақәас иаанашьҭыз, иара убасгьы иҳаҩсуа ашықәс азтәи аусура аихшьалақәа ҟаҵан.

Саид Барӷанџьиа

АААК аделегациа Европа атәылақәа маҵураныҟәарала раҭаара алҵшәақәа ртәы еиҭарҳәеит, 2019-шықәсазтәи аусура аихшьалақәагьы ҟарҵеит ашәахьа, ԥхынҷкәын 23 рзы имҩаԥысыз апресс-конференциаҿы.

Апресс-конференциа иалахәын Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс Иреиҳаӡоу ахеилак алахәыла Виачеслав Чрыгба, АААК ауснагӡаратә маӡаныҟәгаҩ Инар Гыцба, Аконгресс Аинформациатә портал анапхгаҩы Амина Лазԥҳа. Аконференциа скаип ала иҽалаирхәит иара убас АААК Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы Мусса Егзакь.

Мусса Егзакь 2019-шықәсазтәи Аконгресс аусура «ибзиоуп» ҳәа ахәшьара аиҭеит. Иара иазгәеиҭон аԥсуа-абаза диаспора ахаҭарнакцәа ахьыҟазаалакгьы рыхабар ԥшааны рабадырреи, еиԥмырҟьаӡакәа рымадареи акырӡа шаҵанакуа.

«Ҳара хықәкы хадас иҳамоу – ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи ахьыҟоу аҭыԥқәа зегьы рҭаароуп, аӡәы зҿлымҳарада даанымхарц азы, Аԥсны аҩнуҵҟеиԥш уи анҭыҵгьы. Иахьазы ҳара адунеи аҿы иааҳартхьеит Арегионалтә ҟәшақәа 11, иара убас Аԥсны, Ҭырқәтәыла ақалақьқәеи ақыҭақәеи рҿы Аҭыԥантәи аҟәшақәа рхеилакқәа 26 аартуп. Ҵабыргуп, Аԥсны араионқәа зегьы рҭаара ҳгәы иҭан, аха сынтәа ҳахьымӡеит. Ари аганахьала активла аусура цоит, ҳаԥхьаҟа аҵыхәтәанынӡа иагьынаҳагӡоит. Ҳара убас еиԥш аҭагылазаашьақәа аԥаҳҵарц ҳҭахуп – аӡәыцыԥхьаӡа зегьы рыбжьы ҳаҳартә еиԥш ҳҟаларц, убри ҳагьазнеиуеит ҳара. Сынтәатәи Аконгресс аусура акыр ихырҳаган ҳәа сыԥхьаӡоит. Ҳара макьана аҵарамҩа ҳануп, ҳхаҭақәагьы иаҳҵоит, егьырҭгьы идҳарҵоит еиӷьу аԥсҭазаара аԥҵашьа, ҳара ҳамчала, аӡәы иҟаиҵаанӡа ҳәа ҳамԥшыкәа. Аргылареи, ашәҭыкакаҷреи, аизҳазыӷьареи ҳахшыҩ рзаҳашьҭуеит. Аԥышәа излаҳнарбо ала, аусушьа ҳақәшәоит», – иҳәеит Аконгресс Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы.

Иара апресс-конференциаҿы еизаз иргәалаиршәеит иахьазы аԥсуа-абаза милаҭ ахаҭарнакцәа Аԥсны аҩнуҵҟеиԥш егьырҭ еиуеиԥшым атәылақәа рҟынгьы ишынхо, уахь иаҵанкуеит Ҭырқәтәыла, Египет, Иорданиа, Аҷариа, Ервопа атәылақәа, Урыстәыла арегионқәа – Ҟарачы-Черқьесиа, Ҟабарда-Балкариа, Адыгатәыла.

«Ҳара ҳҿаԥхьа хықәкыс иқәҳаргылоит, ҳмилаҭ ахаҭарнакцәа ҭыԥс иахьынхозаалакгьы зегьы реидкылара. Ҳара ҳанасыԥ ахьыҟоу ҳакзаареи, ҳҳәоуеиқәшәареи, ҳгәыбылреи рыҟноуп», - инаҵшьны иазгәеиҭеит АААК Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы.

Мусса Егзакь иҳәеит, Аконгресс ҷыдала изызҳауа аҿар ишрызҿлымҳау.

«Ҳара ҳусураҿы хырхарҭа хадас иҟоу – ахәыҷқәа ргәы бзианы ииларц, анацәеи абацәеи рхәыҷқәа рааӡараҿы хара анаԥшра рымазарц, ахәыҷқәа рхатәы бызшәеи рмилаҭ музикеи разхьарԥшра, акультура агьама дыркра. Ахәыҷқәа аԥсҭазаара иазыҟаҳҵароуп, ҳазҭагылоу аамҭеи аперспективақәеи азгәаҭаны», - иҳәеит Егзакь.

Апресс-конференциа алахәцәа инарҭбааны еиҭарҳәеит ԥхынҷкәынмзазы АААК аделегациа Европатәи атәылақәа маҵураныҟәарала раҭаара алҵшәақәа ртәы. Дара иазгәарҭеит, Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы инапынҵала Мраҭашәаратәи Европа атәылақәа рҟны ишаартыз Арегионалтә ҟәшақәа ԥшьба.

АААК Иреиҳаӡоу ахеилак алахәыла Виачеслав Чрыгба еизаз иреиҳәеит, Британиа Ду аҳҭнықалақь аҟны Аконгресс Арегионалтә ҟәша аартра шымҩаԥысыз, иагьазгәеиҭеит Лондон аҟәша аартразы рҿаԥхьа иқәгылаз адҵа шынагӡоу.

АБРИ АХҬЫС ИАЗКУ АВИДЕО АХӘАԤШРА >>

«Лондонтәи ҳдиаспора дук ирацәам. Сара уи ахаҭарнакцәа ԥыҭҩык здыруеит 1990 шықәса раахыс, усҟан Лондон имҩаԥысуаз аконференциа санаҭаа инаркны, убасҟан дҳацын Владислав Арӡынбагьы. Уи аахыс, ҳәара аҭахума, аҿар еиҵагылеит, адиаспора имҩаԥнаго акциақәеи акультуратә хаԥшьгарақәеи активла ирылахәуп», - иҳәеит Чрыгба.

Иара игәаанагарала, Лондон имҩаԥысыз ҳџьынџьуаа рԥылара қәҿиарала имҩаԥысит.

«Ҳара аиԥылара бзиа ҳаман, хәыҷи-дуи зегь еизеит. Сара еиҭасҳәеит АААК хықәкыс иамоу, ԥхьаҟатәи аусура аганахьала иҟоу агәҭакқәак рыӡбахә, Лондонтәи адиаспора раԥшьгарақәа Аконгресс аҟынтә адгылара роур шауа уҳәа. Убас ала иҳаӡбеит Лондон иҟоу Аконгресс аҟәша ааҳартырц, иалаҳхит актив, уи дахагылоуп Иашьым Аҭрышԥҳа. Абри ахҭыс ала даара ҳгәы шьҭыҵны, ҳгәырӷьаҵәа ҳаҟоуп. Ҳгәыӷуеит Лондон иҟоу ҳашьцәеи, ҳаҳәшьцәеи, ҳареи ихырҳагоу аусеицура ҳабжьалап ҳәа», - азгәеиҭеит АААК Иреиҳаӡоу ахеилак алахәыла.

АААК ауснагӡаратә маӡаныҟәгаҩ Инар Гыцба еиҭеиҳәеит Аконгресс аделегациа Бельгиеи Голландиеи ишырҭааз атәы. Иара иазгәеиҭеит, аделегациа алахәцәа акыр ргәы шыхыҭхыҭуаз Голландиатәи аиԥылара аламҭалаз, избан акәзар «аҵыхәтәанынӡа ирыздыруамызт шаҟаҩы ауааԥсыра уахь имҩахыҵуа, насгьы Аконгресс аусуреи, уи ахықәкқәеи шаҟа ирызҿлымҳахо».

«Аха аиԥылара мҩаԥысраны иахьыҟаз аҭыԥ аҿы ҳаннеи, ҳгәыхыҭхыҭра ыҟамызшәа иааҳахҟьеит: ауаа рацәан, аҭыԥқәа ззымхазгьы ыҟан. Голландиа инхо ҳџьынџьуаа аиԥыларахь аинтерес ду аадырԥшит. Еизаз зегьы ирзеиҭаҳҳәеит Аконгресс аусуреи, ԥхьаҟатәи ҳагәҭакқәеи ртәы, иара убасгьы Аконгресс алаларазы иҟоу алшарақәа ҳарзааҭгылеит», - иҳәеит Инар Гыцба.

Иара инацҵаны иазгәеиҭеит, Голландиатәи адиаспора ирхаҭарнакцәоу аҿар активла рхы шаадырԥшыз. Ҿыц иаԥҵаз Аконгресс Арегионалтә аҟәша напхгаҩыс даҭан Ергиун Ашәба.

Анаҩс, аԥсуа делегациа Бельгиатәи Акралрахь рымҩа хан. АААК ауснагӡаратә маӡаныҟәгаҩ излазгәеиҭаз ала, уаҟагьы аиԥылара «ҭаацәашәала» имҩаԥысит, уи аиԥылара ихадоу лҵшәангьы иҟалеит – Аконгресс Арегионалтә ҟәша аартра. Бельгиатәи аҟәша дахагылеит Даур Аламиа – еицырдыруа апоет, Аԥсны ауаажәларра-политикатә усзуҩ Геннади Аламиа иҷкәын.

«Ҳара (АААК – аред.) даараӡа ҳазгәдууп Арегионалтә ҟәша Геннади Аламиа иҷкәын Даур дахьахагылаз, ишдыру еиԥш, Геннади Аламиа аԥсуа-база милаҭтә культуреи Аконгресси реиқәырхараҿы хәы змаӡам алагала ҟаиҵеит», - ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Гыцба.

Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс Аинформациатә портал анапхгаҩы Амина Лазԥҳа ажурналистцәа ирзеиҭалҳәеит АААК аделегациа Германиа раҭаара шыҟаз. Уаҟагьы иаартын Аконгресс Арегионалтә ҟәша, уи – Мраҭашәаратәи Европа иаартыз аҟәшақәа рахьтә аԥшьбатәихеит.

Лазԥҳа еиҭалҳәеит, иҟоу адыррақәа рыла, Германиатәи аԥсуа-абаза диаспора – Европа иҟоу аԥсуа диаспорақәа зегьы иреиҳауп ҳәа, хыԥхьаӡаралагьы Ҭырқәтәыла аамышьҭахь игылоуп. Лара излалҳәаз ала, иахьазы Германиа инхоит жәа-нызқьҩык инареиҳаны Абаза жәлар ахаҭарнакцәа.

«27 шықәса ҵуеит Германиа аус ауеижьҭеи Аԥсуа культуратә хеидкыла, уи еиднакылоит шәҩык инареиҳаны аԥсуа-абаза диаспора ахаҭарнакцәа. Урҭ есымза еиқәшәоит, ҭаацәара дук еиԥш еибабоит. Ҳара ҳаиқәшәарагьы убасҵәҟьа, аԥхарра аҵаны имҩаԥысит. Иубаратәы иҟан, адиаспора ахаҭарнакцәа ҳажәа иазыӡырҩыцыԥхьаӡа Аконгресс аидеиақәа еиҳа-еиҳа ишырзааигәахоз, ишырзаатуаз. Дара рхаҭақәа изларҳәаз ала, даараӡа игәхьааргон, иагьазԥшын Аԥснытәи рашьцәа рбара», - лҳәеит АААК Аинфопортал анапхгаҩы.

Лара лгәы ишаанаго ала, ари аиԥылара зегьы иреиҳау лҵшәаны иазыҟалеит – уи иалахәыз еицҿакны Германиа инхо аԥсуа-абаза диаспора ахаҭарнакцәа зегьы-зегь реиԥылара амҩаԥгара ахьырыӡбаз.

«Акультуратә-спорттә фестиваль «Абаза» амҩаԥгара аԥышәа ҳамоуп аҟынтә, сгәанала, ҳааидгыланы иҳалшоит убри зымҽхак ҭбаау, иуникалтәу аусмҩаԥгатә аиҿкаара», - ҳәа азгәалҭеит Амина Лазԥҳа.

Апресс-конференциаҟны ажурналистцәа идырбан Аконгресс аделегациа Мраҭашәаратәи Европаҟа рмаҵураныҟәара иазкыз авидеонҵамҭа. Анҵамҭаҿы еиҭаҳәоуп Европа инхо аԥсуа-абаза диаспора рыԥсҭазаашьа атәы, иара убас АААК аделегатцәа уаҟа иазааҭгылоит Аконгресс ахыдҵақәеи ахықәкқәеи. Авидео лабҿаба иунарбоит Европа инхо ҳашьцәа Аконгресс абадырра гәык-ԥсыкала ишеигәырӷьо.

Адунеизегьтәти аԥсуа-абаза конгрес Мраҭашәаратәи Европаҟа амаҵураныҟәара мҩаԥсыуан ԥхынҷкәын 6 инаркны 16 рҟынӡа. Аԥсуа-абаза диаспора ахьынхо атәылақәа раҭааара – АААК аусураҿы ихадароу ахырхарҭақәа ируакуп, хықәкы хадасгьы иамоуп адунеи иалаԥсоу Абаза жәлар ахаҭарнакцәа зегьы реидкылара.