АААК Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы Мусса Егзакь Аԥсны ажурналистцәа реидгыла алахәылацәа рызҵаарақәа рҭак ҟаиҵеит.

Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы Мусса Егзакь Аԥсны ажурналистцәа реидгыла иалоу амедиа аусзуҩцәа дырԥылан, рызҵаарақәа рҭак ҟаиҵеит Аҟәа ԥхынҷкәын 6 рзы. 

Апресс-конференциаҿы ишьҭыхын абас еиԥш иҟаз азҵаарақәа: ахатәы бызшәа аиқәырхареи аҿиареи, аҿар ирызку аполитика ахырхарҭа хадақәа ралкаара, Аԥсны иаԥу аинвестициатә климат аиӷьтәра, аҳәаанырцәтәи ҳџьынџьуаа рхеилакқәа русеицура, аԥсуа, абаза информациатә хархәагақәа реимадара уҳәа. 

Апресс-конференциа алагамҭаз аԥсуа журналистцәа Мусса Егзакь Аконгресс 30 шықәса ахыҵра идырныҳәалеит, анаҩс еизаз дара-дара иҭабуп ҳәа еибырҳәеит абас еиԥш аинтерес зҵоу аицәажәара аиҿкаара ахьалыршахаз азы. 

АААК Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы Мусса Егзакь иазгәеиҭеит Аконгресси амассатә-информациатә хархәагақәеи рхыдҵақәа акыр еиԥшуп ҳәа. 

«Аконгресс азгьы, аинформациатә хархәагақәа рзеиԥш, ихадароуп ауаажәлар ирыхәаша, ргәы аззырҳаша аинформациа рыҭара. Иахьа даара акраанагоит адунеи еиуеиԥшым атәылақәа ирыланхо абаза жәлар рхаҭарнакцәа рҭоурыхтә ԥсадгьыл аҿы иҟоу-иану рзеиҭаҳәара, ара аҩнуҵҟагьы аҭыԥантәи ауааԥсыра ирбо-ираҳауа. Абасала мацара, зхаҭабзиара ҳараку аинформациа аларҵәарала, шә-нызқь километра зыбжьоу ауаа рыбжьара ацҳақәа хаҳҵоит», – ҳәа азгәеиҭеит Егзакь.

Ажурналистцәа рызҵаарақәа рҭак ҟаҵо иара еиҭеиҳәеит Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс аилазаашьа зеиԥшроу, уи аусура принцип хадақәас иамоу. Егзакь ишиҳәаз ала, иарбанзаалак АААК апроект гәыцәс иаӷроу – астратегиатә планҟаҵароуп.

«Алашара» анаԥаҳҵоз (Мусса Егзакь напхгара аиҭоит Аԥсуа-абаза милаҭ рыҿиара иацхраауа жәларбжьаратәи аилазаара  «Алашара» – аред. азгәаҭа), заа аплан ашьақәыргылара, азԥхьагәаҭара аҵакы нагӡаны иахьаҳзеилымкаауаз ауадаҩрақәа ҳазцәырнагеит, уи амшала иаҳзынамыгӡаз аусқәа ҟалеит. Абасала ҳазааит апроект аԥсҭазаара аларҵәаразы шьаҿа-шьаҿала уи анагӡашьа аплан ҭыхны иҟазар шакәу. Убри аҟнытә АААК иахьа иаԥшьанаго иарбан усзаалак астратегиатә планҟаҵарала иалагоит», – ҳәа Аконгресс аусушьа акәамаҵамақәа дырзааҭгылеит Мусса Егзакь.

Қәҿиарала аусура зыда ухаҿы иузаамго акакәны иара иазгәеиҭеит зҳәоу еиқшәо ауаа ргәыԥ аидкыларагьы. 

«Аҵыхәтәантәи хәышықәса рыла Аконгресс еизнагеит аҵара бзиа змоу аспециалистцәа ҿарацәа, дара ирылшеит ихырҳагны аусушьа аҽақәыршәара», – иҳәеит Мусса Егзакь.

Ажурналистцәа азҵаауан аԥсуа-абаза диаспора рхаҭарнакцәа Аԥсныҟа рырхынҳәра атемагьы. Мусса Егзакь игәаанагарала, ари азҵаара аӡбара шьаҭас иамазароуп ҳџьынџьуаа рҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь ахынҳәра ргәазырԥхо, аԥсҭазааразы иманшәалоу аҭагылазаашьақәа раԥҵара иазынархоу аҳәынҭқарратә программа. Уи ҟамлакәа арепатриациа апроцесс алацәажәара иашаӡам ҳәа ациҵеит иара.

«Ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи рхаҭақәа Аԥсныҟа нхара аара рҭаххартә еиԥш аҭагылазаашьа аԥаҳҵароуп. Рԥеиԥш абра ирбартә иҟаҵатәуп. Ус анакәха, аусурҭа ҭыԥқәа, аинвестициатә климат бзиа. Ари азҵаара асистематә ҟазшьа аҭаны иӡбалатәуп, аплан аус адулатәуп», – иҳәеит амеценат, адунеитә ԥышәа иреиӷьу аҿырԥшқәа ахархәара рыҭатәуп ҳәагьы азгәаҭаны.

Аԥсны аинвестициатә лшамҭақәа дрылацәажәо Мусса Егзакь иҳәеит аинвесторцәа ааиуазар ҳәа аԥшра стратегиак аҳасабала иаанашьҭуа акгьы шыҟам, уи аиҳа еиӷьуп абизнес зыхьчо ахаԥшьгарақәа азакәан аҿы иарбхаратә аҟаҵара, усҟан аҳәаанырцәтәи анаплакцәа рхалагьы ҳтәыла иазхьаԥшуа иалагоит ҳәа.  

«Алшарақәа ыҟоуп, аха акрызку аԥсуааи абазақәеи ааны рԥара Аԥсны иаларҵап ҳәа аԥшра лыҵшәадоуп. Аинвестициатә программа аԥҵатәуп, абизнес ашәарҭадара закәанла ихьчатәуп», – ҳәа ихшыҩҵак ажурналистцәа ирызнеигеит Егзакь.

АААК Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы ишиԥхьаӡо ала, аҳәынҭқарра аекономикатә ҿиара аԥхьа изыргыло азнеишьа адемографиатә проблема аӡбарагьы иацхраауеит. Аирақәа рацәахарц азы зегь рыла иҭышәынтәалоу, зыбзазара маншәалоу ахәыҷырацәа зааӡо аҭаацәарақәа рҿырԥшы улаԥш ихгылазароуп, зекономика ӷәӷәоу аҳәынҭқарраҿы ушынхо дырны. 

АААК Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы иазгәеиҭеит иара убас Аконгресс аԥсуа, абаза массатә-информациатә хархәагақәа аус рыцура  ишазыхиоу, ажәалагалақәа ыҟазар гәахәарала ишидикыло. 

Абри аганахьала Аԥсны ажурналистцәа реидгыла ахантәаҩы Руслан Ҳашыг еизаз ирзеиҭеиҳәеит напхгара зиҭо ателеканал «Абаза ТВ» ала абаза телехәаԥшра ажәабжьқәа шырышьҭлоз, иара иажәақәа рыла, ари ԥышәа бзиан, ахәаԥшцәа иргәаԥхеит.

«Сара (ателеканал адиректор хада иаҳасабала – аред. азгәаҭа) лассы-лассы «Абазашҭа» адырраҭарақәа сышьҭуан, уаҟа абаза хәмаррақәа анымҩаԥысуаз, мамзаргьы аҵарауаа рықәгыларақәа аныҟаз, ма ҳтәыла ахада Ҟарачы-Черқьестәыла даҭааны даныҟаз амшқәа рзы», – иҳәеит ажурналист. 

Анаҩс аԥсуа, абаза массатә-информациатә хархәагақәа рахь ихы нарханы ажәалагала ҟаиҵеит абас еиԥш аамҭа-аамҭала аретранслиациақәа ҟарҵаларц.  

«Ҳара ҳазыхиоуп ҳефиртә аамҭа арҭбаара, абаза редакциа ражәабжьқәагьы ҳашьҭларц», – ҳәа ажәалагала ҟаиҵеит Руслан Ҳашыг. 

Иара излаиԥхьаӡо ала, аԥсуа, абаза информациатә хархәагақәа абас еиԥш ажәабжьқәа еимардо иалагар адиаспора еиҳагьы ӡбахәыла еибадыруа иҟалоит. 

АААК Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы, ауаажәларратә, аҳәынҭқарратә усзуҩ, амеценат Мусса Егзакь Аԥсны дааны дыҟоуп Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс VIII-тәи Аизараду аҽалархәразы. Уи аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысуеит атәыла аиҳабыреи, ауаажәларреи, еиуеиԥшым асоциалтә гәыԥқәеи рԥыларақәа.

Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс VIII-тәи Аизараду шымҩаԥысуа еиҭарҳәоит: Аԥсуа ҳәынҭқарратә телерадиоеилахәыра, ателеканал «Абаза-ТВ», аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны.