Аԥсны жәлар рартист, акомпозитор Оҭар Хәынҵариа еиқәиршәаз аԥсуа жәлар рыркәашага ашәақәа реизга ӡырыргеит Аҟәа.

Шьазина Бганԥҳа

Аҟәа иӡырыргеит аԥсуа аркәашага ашәақәа еидызкыло аизга. Ари аҩыза аизга еиқәиршәахьан Аԥсны Жәлар рартист, амузкант, ашәаԥҵаҩ Оҭар Хәынҵариа. Ажәлар рҟны ииз амелодиақәа рнотатә анҵамҭақәа рыдагьы аизга иагәылалеит иара ихатә аԥҵамҭақәагьы.

Ашәҟәы аӡыргара мҩаԥысит Аԥсны ахәыҷтәы-ақәыԥшратә хореографиатә коллективқәа ХХV рконкурс "Аӡыхь" аҳәаақәа ирҭагӡаны. Аконцерт-еицлабра мҩаԥысуан Ражьден Гәымба ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә филармониаҿы. Уи иалахәыз ахореографцәеи амузыкантцәеи зегьы ашәҟәы ҳамҭас ироуит. 

"Ари аизга акьыԥхь арбара ҳҭахызижьҭеи акрааҵуеит, 1994 шықәсазгьы ҳгәы иҭаҳкхьан. Убасҟан иԥшаан аизга анапылаҩыра еиқәханы иҟаз цыразаҵәык", - иҳәеит АААК Иреиҳаӡоу Ахеилак алахәыла, афестиваль аиҿкааҩ Нодар Кәарҷиа. 

Иара анапылаҩыра иԥшааит ахореографиатә ансамбль "Кавказ" иалаз, заа ари адунеи иаԥырҵыз иԥа Инал имаҭәақәа ирыланы. Уи аизга инапаҿы иҟалеит автор ихаҭа имҭаны. 

Акыршықәса рышьҭахь абри аизга ауаа ирылаҵәарц азы аҭыжьра иахаҵгылашаз аспонсор дҳаԥшааит - уи АААК Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы Мусса Егзакь иоуп. Ари ҳажәлар зегьы рзы иҳамҭа дууп", - иҳәеит Нодар Кәарҷиа.

Анапылаҩыра аҭыжьра азырхиара инапы алаикит ИАЕ "Алашара" аусзуҩцәа ицырхырааны. Аизга ҭыжьуп Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресси "Алашареи" еицымҩаԥырго апроект "Амазара" аҳәаақәа ирҭагӡаны. Аԥсуа-абаза жәлар рдоуҳатә культуратә ҭынха ахьчареи аихаҳареи иазку ари апроект хацзыркызгьы Мусса Егзакь иоуп. 

Ашәҟәы ҭыжьуп ари ахырхарҭала аус зуа санкт-петербургтәи ашәҟәҭыжьырҭа «Композитор» аҟны. Атираж - 350 цыра. 

"Алашара" акоманда уажәадагьы аркәашагатә нотақәа аус рыдуланы рҭыжьра ахахьы иагахьан", - ҳәа азгәеиҭеит аилазаара анапхгаҩы Мураҭ Мыкәа. 

2015 шықәсазы абаза жәлар рмелодиақәа реизга ҭыҵхьан "Ашәала сгәы рԥхоуп" ҳәа хьӡыс иаманы, уи еиқәлыршәеит акомпозитор Галина Гәажәԥҳа, "Алашара" аусзуҩцәа рыцхыраара лыманы. 

"Ас еиԥш иҟоу аџьабаа аԥсуа музыкатә культуразы аҵак ду шамоу еилкааны, ашәҟәы аҭыжьра ҳапрограмма иалаҳҵеит. Оҭар Хәынҵариа иааԥсара зду ашәҟәы аҭыжьра аус рхахьы ианырга, "Алашара" аусзуҩцәеи Нури Кәарҷиеи иаҭахыз акы агмыжькәа аус адуланы ашәҟәы акьыԥхь ахь ирырҭеит", - ҳәа еиҭеиҳәеит Мыкәа. 

АААК Аҟәатәи аофис анапхгаҩы Ҭемыр Рекәаа Аконгресс аколлектив зегьы рыхьӡала иҭабуп ҳәа иеиҳәеит Нури Кәарҷиа, иара убас аизга аҭыҵра иазааԥсаз зегьы.

"Ари аҩыза аркәашага ашәақәа реизга иазыԥшиижьҭеи акрааҵуан. Ашәҟәы рҭахуп акультура аханқәа рҟны, ахореографиатә коллективқәа рҟны, амузыкатә школқәа рҟны. Ажәлар рмелодиақәа ақьаад ианҵаны иахьҳамоу иаанагоит урҭ уажәшьҭа ахаан ԥсра-ӡра рыхьуам ҳәа", - азгәеиҭеит Рекәаа. 

"Амазара" - Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресси Жәларбжьаратәи аилазаара "Алашареи" еицымҩаԥырго проектуп, хықәкыс иамоуп аԥсуа-абаза жәлар рдоуҳатә культуратә ҭынха аииқәырхара. Апроект аидеиа изцәырҵит АААК Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы Мусса Егзакь.