АААК Аинфопортал иацнаҵоит аҳәаанырцә инхо аԥсуа-абаза милаҭ ахаҭарнакцәа рыӡбахә шәзеиҭаҳәара. Иахьатәи анҵамҭа изкуп Иорданиа инхо ҳџьынџьуаҩ Азиз Абаза (Мыхц).
Изольда Ҳагԥҳа
Ҳазҭоу ашықәс, нанҳәамзазы Иорданиа иаҭааз АААК аделегациа алахәцәа ргәалашәараҿы лассы-лассы ицәырҵлоит уаҟа ирԥылаз, хаҭала изабадырыз ауаа, ирбаз аҭыԥқәа, аԥхарра зҵаз аиԥыларақәа, ачеиџьыка брақьаҭ. Даҽа тәылак аҿы инхо ҳџьынџьуаа рабадырра, урҭ рыԥсҭазаашьа абара, рҭаацәарақәа рҭоурых аилкаара, ҳәараада, ҳамҭак иаҩызоуп.
Иорданиа ҳаннеи аҽныҵәҟьа, аԥсуа-абаза милаҭ ахаҭарнакцәа зегьы еидызкыло ахеилак «Диуан Абаза» аофис аҟны ҳиабадырит Азиз Абаза (Мыхц) (Иорданиа иҟоу адиаспора, Египет иҟоу аԥсуа-абаза диаспора еиԥшҵәҟьа, ахаҭарнакцәа зегьы официалла ажәла Абаза ныҟәыргоит. Аха урҭ рҟынтә зегьыҵәҟьа рхылҵшьҭра ргәалашәом – аред.). Ҳаибадырра адырҩаҽны, ҳаԥсадгьыл аҿы ишыҟарҵо еиԥш, аделегациа иалахәыз зегьы Азиз иҩныҟа ааԥхьара ҳарҭеит, иҳаздырхиаз аишәа еиуеиԥшым ачысхкқәа рыла ихыркын. Аԥшәма иҭаацәареи, «Диуан Абаза» аҟынтә иҩызцәеи, ҳареи ҳаидтәаланы ҭаацәашәала аамҭа ҳхаҳгеит.
Ҳаицәажәара ҵаулақәеи иаҳҳәоз алафи – зегьы Аԥсны иадҳәалан. Даҽакалагьы иауӡомызт, избан акәзар аԥсуа-абаза амилаҭ ахаҭарнакс зхы зыԥхьаӡо доусы иблақәа ирхубаалон иԥсадгьыл азхьаара… уи лабҿаба имбахьацзаргьы.
Абазаа рыжәла аԥацәеи аԥҳацәеи
Асасдкылашьа здыруа, ачеиџьыка змоу аԥшәма иаҳзеиҭеиҳәеит ихылҵшьҭра аҭоурых. Иабду Кавказынтә нхара ҳәа даауеит Шьамтәылаҟа, уаҟагьы аҭаацәара аԥиҵоит, диоуеит аԥа – Азиз иаб иашьеиҳабы. Анаҩс аҭаацәара рынхарҭа ҭыԥ рыԥсахуеит – ииасуеит Амман ақалақь ахь (Иорданиа).
Ҩышықәса рышьҭахь аҭаацәара даҽа ҩыџьа аԥацәа роуеит – Азиз иаби, иаб иашьеиҵби. Аишьцәа ирызҳауеит, ихацәахоит, аҭаацәарақәа аԥырҵоит, аха урҭ рҭаацәарақәа рҿы ииуаз реиҳараҩык ӡӷабцәан…
«Саб иашьеиҳабы аԥҳа димоуп. Саб иашьеиҵбы – хәҩык аԥҳацәа. Саб иакәзар – хәҩык аԥҳацәеи иԥа заҵәи. Убас ала Мыхцаа рҭаацәараҿы ҵәҩаншьапыс сараӡәк сакәын иҟаз. Исылшоз зегь ҟасҵеит аҭагылазаашьа аԥсахразы, ҳажәла Иорданиа имыӡырц азы, – ҳәа дахлафааны иҳәоит Азиз Абаза, – ԥшьҩык аԥацәеи аԥҳаи схылҵит».
Иахьазы Азиз насыԥ ду змоу абык иаҳасабала дахьыҟоу адагьы, ԥшьҩык амоҭацәа драбдууп – ихәыҷқәа рыла ҩыџьа аҷкәынцәеи, ҩыџьа аӡӷабцәеи ибеит. Иаб Ҳеирилдин Абаза (Мыхц) ашкол даналга ашьҭахь аррамаҵура дахысуан Британиатәи ар рҟны, анаҩс диасуеит Иорданиатәи ар рахь. Тәанчара дцаанӡа Акралтә гвардиа далан, атехника аҭагылазаашьа дахылаԥшуан, убрахь иаҵанкуан иара убасгьы акрал Хусеин имашьынақәеи имотоциклқәеи.
Анаҩс, Ҳеирилдин нхара ҳәа диасуеит иорданиатәи ақалақь Акаба ашҟа, уаҟа акрал ииахтақәа инапы ианын, еиқәшәшәа иҟазар акәын.
«Усҟан сара ԥшьышықәса схыҵуан, – игәалашәоит Азиз. – Ҳаб дахьцоз ҭаацәала зегь ҳаицны ҳцеит. Уа ҳахьнеиз ашкол сҭалеит, анаҩс англыз бызшәа аҵаразы шықәсык ҳәа Лондонҟа срышьҭит».
Акрал игәрагара
19 шықәса анихыҵуаз Азиз Амманҟа дхынҳәуеит, араҟа иҽазикуеит акомпиутертә технологиақәа, анаҩс апрограммист изанааҭ иоуеит. Иреиҳаӡоу аҵараиурҭа даналга ашьҭахь Иорданиа аԥшыхәразы Ихадоу Аусбарҭа аҟны аррамаҵура дахысуеит.
«Акралтә усбарҭаҿы аррамаҵура сахысуанаҵы еиуеиԥшым азанааҭқәа сыԥсахит: зны акомпиутертә шәарҭадара сазкын, ҽазны аелектромеханикс сыҟан, нас аиха бџьари арҭҟәацгақәеи рзы експертс», – еиҭеиҳәоит Азиз Абаза (Мыхц).
Иааизакны иуԥхьаӡозар, Азиз аррамаҵура 34 шықәса азикит, игәымшәаразы изныкымкәа амедалқәа ианаршьахьан. Зегь реиҳа зыхә ишьо, игәгьы зызҭоу аҳамҭа - Иорданиа Ахьыԥшымра акралтә медал ауп, 1990-тәи ашықәсқәа раан шьҭралатәи апринц Ҳасан иҟынтә иоуз.
Иара усгьы зхы аӡыргара иашьҭам, мыцхәы зымҳәо Азиз, зынӡагьы ажәак иҿыҵшәом аԥшыхәраҿы иусура ианалацәажәо. Ҳәарада, ииацәажәо роума, иҩызцәа роума еилыркаар рҭахуп: аиордан хылҵшьҭра змам ауаҩы акралтә ԥшыхәраҿы аусура далагарц азы закә ҟазшьа ҷыдақәас илазар акәу.
«Иорданиа сахьыҟоу, сара, раԥхьаӡа иргыланы, счерқьесуп (Иорданиа, Кавказ иалҵыз зегьы черқьесцәаны ирыԥхьаӡоит, аԥсуа-абаза диаспорагьы уахь иналаҵаны – аред.). Ачерқьесцәа ртәы ҳҳәозар, урҭ ианакәзаалак акрал изааигәан. Иорданиа инхо ачерқьесцәа гәык-ԥсыкала акралтә ҭаацәара рзыҟазаара ршьа иалоуп уҳәар ҟалоит, уҳақәгәыӷартә ҳахьыҟоуи, ҳгәымшәареи пату ақәырҵоит», – иҳәоит Азиз.
Ачерқьесцәа рахь иҟоу агәрагара убас иҳаракуп, иациҵоит Азиз, «акрал Абдалла II-тәи ибн Хусеин Ачерқьес гәыҳалалратә еилазаара данаҭаауа, акралтә гвардиа адәахьы иаанхоит, ахыбра аҩнуҵҟа иҩналаӡом». Убри ала акрал ачерқьесцәа идеилиркаауеит рыгәра шиго, насгьы гәык-ԥсыкала рыҟазаара пату шақәиҵо ааирԥшуеит, ҳәа дазгәдууны еиҭеиҳәоит Азиз Абаза.
«Диуан Абаза» аусурамшқәа
Иахьазы Азиз Абаза (Мыхц) тәанчара дцахьеит, аха уи аамҭазгьы «Диуан Абаза» аҟны афинанстә менеџьерс аус иуеит, иара убасгьы Иорданиатәи аԥсуа-абаза еилазаара аусура активла далахәуп. «Диуан Абаза» аусура ианалага раԥхьатәи ашықәсқәа рзы, аиҿкаара амаӡаныҟәгаҩ хадас дыҟан. Иахьазы Азиз иаԥиҵоит аусураҿы ирыхәо апрограммақәа, иара убасгьы Иорданиа инхо ҳџьынџьуаа аԥсуа тәылауаҩшәҟәқәа рыла реиқәыршәараҿы аҭакԥхықәра идуп.
«Аилазаара иалаларц, нас Аԥсны атәылауаҩшәҟы роурц азы ауааԥсыра анаҳзаауа, сара хымԥада урҭ рхылҵшьҭра ҭысҵаауеит. Аԥшыхәараҿы исоуз аԥышәа сыхәозар акәхап (дыччоит). Ҳара ишьақәҳаргылоит ауаҩы иҭоурыхтә жәла: аԥсуа, абаза жәлақәа зну асиа иаҿҳарԥшуеит. Зыӡбахә сымоу асиа Аԥснынтәи иаҳзаарышьҭит, уи аурысшәеи араб бызшәеи рахь еиҭаҳгеит. Иара убасгьы иҭаҳҵаауеит ауаҩы иҭаацәара рҭоурых – иабацәеи иабдуцәеи ахьынтәааз, аҭаацәаратә еимадарақәа еиҭашьақәҳаргылоит», - еиҭеиҳәоит Азиз Абаза, аилазаара аусурамшқәа дрылацәажәо.
Иара иажәақәа рыла, кавказтәи ажәлақәа ԥыҭрак рҳәашьала иахьеиқәшәо иахҟьаны ауадаҩрақәа рызцәырҵлоит. Насгьы, урҭ араб бызшәахьы ианеиҭарго ажәлақәа рыҩраҿы аԥсахрақәа ҟалар алшоит.
«Иҟалалоит ҳара ҳахь имҩахыҵуа ауааԥсыра рыжәлақәа – ашаԥсыӷ, аубых, ма аҟабарда хылҵшьҭра анрымоу. Ҳара ҳнапы злаку аусура ҭакԥхықәра дула ҳазнеиуеит, аамҭагьы рацәаны иаҳцәагоит», – иҳәоит Азиз Абаза.
Ихылҵшьҭра шизаатыз
Азиз ихаҭа 20 шықәса ихыҵуан, иаб иҟынтә милаҭла дшабазоу анеилеикаа. Уи иаанагоз – дахьчерқьесу (Кавказ иалҵыз – аред.) адагьы, хазы иҟоу, зхатәы бызшәа змоу амилаҭ дырхылҵшьҭроуп.
Азиз ихәыҷра Акаба ихигеит, уаҟа аԥсуа-абаза милаҭ ахаҭарнакцәа ыҟамызт, ихатәы бызшәа иаҳаратәы алшара имамызт. Иара иажәақәа рыла, еиҳарак аԥсуааи абазақәеи Заркеи Аммани рҟноуп иахьынхо. Амман дыҟанаҵ, Азиз лассы-лассы дырԥыло далагеит иаб данқәыԥшыз дыздыруаз ажәла Абаза ахаҭарнакцәа.
«Диуан Абаза» аҟны аусура саналага инаркны, схылҵшьҭра аҭоурых ашьақәыргылара нап асыркит. Ҳҭоурыхтә ԥсадгьыл атәы еилыскааит, иара убасгьы аарта дук исзаҩызахеит Иорданиа ҳмаҷҩымкәа ҳшыҟоу аилкаара («Диуан Абаза» иамоу адыррақәа рыла, Амман инхоит ԥшь-нызқьҩык инареиҳаны аԥсуа-абаза милаҭ ахаҭарнакцәа. Урҭ рҟынтә 750-ҩык Аԥсны атәылауаҩшәҟәқәа роухьеит – аред.). 1990-тәи ашықәсқәа рзы Аԥсны аӡбахәгьы смаҳаӡацызт, аибашьра атәгьы сыздыруамызт. Аԥсны еибашьуаз раԥхьаӡа акәны сынрабадыр, уи, ҳәарада, сгәы ҿнакааит. Сара еилыскааит аԥсадгьыл шҳамоу, уи аҭоурыхгьы ҭысҵааит», - ҳәа ихьааганы игәалаиршәоит Азиз Абаза.
Аԥсны уанарҿыхо
Раԥхьаӡатәи Аԥсны иаҭаара игәаларшәо, Азиз Абаза еиҭеиҳәоит, раԥхьаӡа аԥшаҳәа ишьапы анықәиргыла, «ицәаз агәалашәарақәа» шаҟа ирацәаны игәаҵаҿы иҿыхаз.
«Ҳаԥсадгьыл аԥшӡара анызба, иаразнак схаҿы иаазгеит сабдуцәа, ари џьанаҭ ҭыԥ ныжьны, атәым дгьыл аҿы анхара зықәшәаз. Урҭ агәаҟрақәа рацәаны ирхыргеит, рхатә дгьылҵәҟьа рымамкәа ҿыц рыԥсҭазаара ашьақәыргыларазы. Аԥсны изышьцылахьаз аҳауа Иорданиа иҟамызт – араҟа сакароуп, ақәа аламала илеиуам… ақәа ахьымлеиуа аиаҵәарагьы маҷуп, Аԥсны акәзар – зехьынџьара аиҵәара ахыҵәаны ицоит. Ҳаԥсадгьыл даараӡа иԥшӡоуп», – ҳәа гәахәарала иҳәоит Азиз.
Инацҵангьы иазгәеиҭоит, Аԥсныҟа нхара ҳәа аиасра дшазгәышьуа, аха уи азы аҽазыҟаҵарақәа рацәаны иаҭахуп – ус имариам «зегьы ааныжьны», уҭаацәара ааидкыланы анхарҭа ҭыԥ аԥсахра.
«Сара стәанчаҩуп, ара сызку сҭаацәара заҵәык роуп. Схәыҷқәеи смоҭацәеи аусқәа руеит, аҵарақәа ирҭоуп. Абызшәа рзымдыркәа, Аԥсны аусура аԥшаара рцәыуадаҩхоит. Усурада ухәыҷқәеи умоҭацәеи ршьапы иузықәыргылом. Сыԥшәмаԥҳәыси сареи хы-мчыбжьы ҳәа Аҟәа ҳаҟан, аурысшәа шаҳзымдыруазгьы уаантә Шәачаҟагьы ҳцеит. Аха аԥсшьара атәы хазуп, аусуреи аҵараҵареи рзы абызшәа бзиаӡаны иудыруазароуп. Убри иахҟьаны, ҭаацәала зегьы ҳҽааибаркны Аԥсныҟа нхара ҳәа аиасра макьана ҳазхиам», – иҳәоит Азиз Абаза (Мыхц).
Азиз Абаза ихаҭа гәазыҳәарас имоуп аԥсуа қыҭаҿы анхара – иҩны-игәараҭа ыҟаны, ибаҳча шәырҵлала иҭалаҳаны.
«Аԥсны аԥсабара ссируп, адунеи зехьынџьара ирзымхо аӡыхь ыҟоуп. Азауадқәеи, анефт аҵхреи – ари аԥшӡара зегь ықәырхоит. Зегь реиҳа ихадароу – аԥсабара пату ақәҵаны, иахьа ишыҟоу еиԥш аиқәырхароуп», – ҳәа иԥсадгьыл аԥеиԥш гәыҵхас иманы иҳәоит Азиз.
Абас ала иԥсадгьыл игәы иҭахәхәа, иҭаацәареи иџьынџьуааи хәыцырҭас иманы дынхоит, Иорданиа иҟоу ҳашьцәа ируаӡәку – Азиз Абаза (Мыхц). Иареи Иорданиа иҟоу аԥсуа-абаза милаҭ ахаҭарнакцәеи рацәажәара даҽазныкгьы иарҵабыргуеит – ашьа аҽадыруеит, егьа аамҭа царгьы, егьа ухараны уҟазаргьы.
шәҭалароуп, ма шәыҽҭажәыҩроуп.