АААК Анацәеи абацәеи рыклуб имҩаԥнагеит аҭаацәаратә психологиа ахырхарҭала еицырдыруа специалистцәас иҟоу Ричарди Оксанеи Коннераа рԥылара. 

Саид Барганџьиа

АААК Анацәеи абацәеи рыклуб ажьырныҳәа 25 рзы имҩаԥнагаз аиԥыларахь ааԥхьара рырҭеит Аԥсны еицырдыруа апсихологцәа, хаҵеи ԥҳәыси Ричарди Оксанеи Коннераа. Аклуб аиԥылара азкын аҭаацәаратә еизыҟазаашьақәеи аҭаацәараҿы изызҳауа ахәыҷы игәы бзианы иааӡареи ирыдҳәалоу азҵаарақәа. 

АААК Анацәеи абацәеи рыклуб анапхгаҩы Кама Кәыҵниаԥҳа аиԥылара алагамҭаз иазгәалҭеит, «Аҭаацәара – ахәыҷқәа рыҿиара иашьаҭоуп» ҳәа иалкаау атема хада азҵаара рацәа шцәырнаго, убри аҟнытә ааԥхьара зырҭаз асасцәа рааира аҵак ду амоуп.  

Коннераа акыршықәса раахыс апсихологиа азҵаарақәа ҭырҵаауеит, аҭаацәаратә психологиа иалкаау аҭыԥ азылхны. Дара аус еицыруеит 2007 шықәса раахыс. Ричард Коннер – зыхьӡ нагоу ҭаацәаратә психологуп, акоучинги аҭаацәаратә еизыҟазаашьақәеи рганахьала авторитет ду имоуп. Оксанагьы хаҭалатәи ҭаацәалатәи аконсультациақәа мҩаԥылгоит. Уи адагьы лара ахәыҷқәа рааӡара иазку асеминарқәа мҩаԥылгоит, авторс дызмоу атренинг иахьӡуп  «Ахәыҷқәа рықәра зеиԥшразаалак ишааӡатәу», цәеижьла аҿиареи акәашаратә-еиҭаҵратә хырхарҭеи рыла атренингқәа мҩаԥылгоит. Оксана 19 шықәса ҵуеит ари аус лнапы алакуижьҭеи, лырҵаҩратә ԥышәа иахәҭакуп «злеишәа бааԥсу» ахәыҷқәа аус рыдуларагьы.

Аспециалистцәа изларыԥхьаӡо ала, ахәыҷқәа ргәабзиара – апсихика аганахьалагьы уахь иналаҵаны – ишиашоу ани аби реизыҟазаашьақәа ирхьыԥшуп.

«Иҟаҳҵо ҳзымдыруа ҳанықәхогьы [аҭагылазаашьа зеиԥшразаалак], еснагь аицәажәара аҭахуп. Аҭаацәаратә еизыҟазаашьақәа рҵакы шдуӡӡоу еилкаатәуп, ани аби аинаалашьа иақәымшәар, уи ахҟьа-ԥҟьақәа зеиԥшрахо дыртәуп. Ани аби аицәажәашьа, аиқәшаҳаҭхашьа рдыруазароуп, ахымҩаԥгашьа аԥҟарақәа заа еибыҳәаны ирымазароуп, доусы ихымҩаԥгашьа иахькылнагар алшо еилыркаароуп. Ари, хымԥада, аҩыџьагьы ралахәра зҭаху усеицуроуп», – ҳәа агәра ганы дыҟоуп Ричард.

Оксана ахәыҷқәа рааӡара атема иацҵауа, зеиԥш ԥҟарақәак еиқәылԥхьаӡеит ахәыҷқәа еиҳа еиӷьны реилкаареи, рааӡара зыҟаҵарала азнеиреи алзыршо. 

Аклуб аилатәара инагӡоу авидеоверсиа шәахәаԥшыр шәылшоит АААК иамоу YouTube канал аҟны >>

Убас, лара ишазгәалҭаз ала, аҭаацәараҿы иалкааны иҟазароуп зегьы рзы еилкаау, хымԥада зегь зықәныҟәаша аԥҟарақәа. Оксана лажәақәа рыла, ахәыҷқәа рзы ани аби роуп еснагь зегь рыла иҿырԥшу. 

Уажәшьҭа ишаԥу еиԥш, аиԥылара аинтерактивтә форма аманы имҩаԥысит, аклуб иалахәу анацәеи абацәеи рганахьалагьы аинтерес ду цәырнагеит.

Анацәа руаӡәк илҭиит ԥыҭҩык ргәы иҵхоз азҵаара: «Ахәыҷы иаҳа изеиӷьузеи: ани аби еинаалашьак ахьрымам, ацҭәы ахьыҟоу аҭаацәараҿы азҳара акәу, дара еилыҵыр иаҳа еиӷьу?» ҳәа.

Ричард Коннер абри азҵаара аҭак абас иҟаиҵеит: «Еснагь аизыҟазаашьақәа реиӷьтәра уҽазушәалароуп. Аха ас иҟоу аҽазышәарақәа лҵшәа ҳәа акгьы шаармышьҭуа убазар – усҟан аизыҟазаашьақәа аанкылазар еиҳа еиӷьуп, ҳәарада». 

Иалацәажәеит актуалра зҵоу даҽа зҵааракгьы: ахәыҷы иааӡараҿы ахақәиҭра мыцхәи (дыбжьымсырц) аџьбарара мыцхәи (ихаҭара хыумҽырц) рыбжьара аҳәаа абаҟоу?

«Ахәыҷы идыруазароуп узхысыр иҟамло ахымҩаԥгашьа аԥҟарақәа шыҟоу, аха дара убарҭ аҳәаақәа рыҩнуҵҟа ахақәиҭра имазароуп», – лҳәеит Оксана Коннер. 

Аҟәа иҟоу АААК Адискуссиатә клуб аҟны имҩаԥысуа аиԥыларақәа раан, ааԥхьара змоу асасцәа рахь лассы-лассы ицәырҵуеит азҵаарақәа, ус унарыдыххыланы зҭак аҟаҵара уадаҩу, аинтернет аҿгьы зҭак узымԥшаауа. Ари аиԥылараҿгьы уи аҩыза азҵаара цәырҵит. Иагьазкын иара аԥсуаа рҭаацәаратә традициақәа. 

Аԥсуаа рҿы ишаԥу еиԥш, аҷкәын аиҵбы аҭаацәара анаԥиҵалак аҩнду аҿы даанхоит, иани иаби дрыцынхоит, нас ахәыҷқәа аныҟалалак, зны-зынла андуцәеи абдуцәеи урҭ рааӡара иадҳәалоу азҵаарақәа зегь рхахьы ианыргацәо ҟалалоит. Абри инамаданы азҵаара ҟаҵан: ани аби зықәшаҳаҭым анырра ишԥаиааитәу, аиҳабацәагьы ргәы дмырхькәа ҳәа.   
Ари азҵаара аҭак Оксана иҟалҵеит.

«Ас иҟоу аҭагылазаашьаҿы ан ҩынтәны аҭакԥхықәра лыдлоит. Ҿыц еибагаз арԥызбеи аԥҳәызбеи хазы ианнымхо ауадаҩрақәа рԥылозар ауеит. Аха хазы нхара ицаз аҭаацәарақәагьы урҭ зынӡа ирцәыхарам. Ари азҵаараҿы ачҳара аарԥштәуп, ахымҩаԥгашьатә стратегиа ылхтәуп. Иаҳҳәап, ааӡара аамҭала анхәа лнапы ианҵазар ҟалоит. Уи лабжьгарақәа ирзыӡырҩлатәуп, убас ала аҭацеи анхәеи реизыҟазаашьақәагьы иаҳа ибзиахоит», – лҳәеит апсихолог. 

Ричард Коннер иакәзар, иазгәеиҭеит абжьаратәи америкатә ҭаацәараҿы аҭагылазаашьа зынӡа даҽакала ишыҟоу. 

«Уаҟа ахәыҷқәа ианрызҳалак ани аби ирыцынхаӡом, зықәрахь инеихьоу анацәеи абацәеи абыргцәа рыҩнахьы идәықәырҵоит, уаҟа «аҭаацәара» ҳәа изышьҭоу уажәшьҭа баша ажәоуп еиҳарак. Ара, Аԥсны зынӡа даҽакалоуп ишыҟоу, аизыҟазаашьақәа, аибабарақәа – зегь хазуп, ишахәҭоу иҟаҵәҟьоуп», – иҳәеит иара. 

Аспециалистцәа иазгәарҭеит, инасыԥу аԥсҭазаара ихадароу «маӡас» иаҵоу – ауацәеи аҭынхацәеи реизыҟазаашьа бзиақәа роуп ҳәа, убри аҟнытә аԥсуа милаҭтә ҭаацәаратә система абас иҟоу аҭагылазаашьақәа зеиӷьыҟам ала иаԥнаҵоит. 

«Аԥсны изызҳауа ауаҩы зехьынџьара адкылара имоуп. Дшыҟоу еиԥш дрыдыркылоит, егьырҭ дреиԥшымзаргьы. Араҟа иара ихаҭара аарԥшразы азин имоуп. Аҭаацәараҿы зегьы бзиа дырбоит, иҟазшьа зеиԥшразаалак», – ҳәа ациҵеит Ричард.

Излацәажәаз даҽа темакгьы аӡбахә ҳәатәуп: иаҳҳәап, аҭаацәара аиқәырхаразы шьоукы адгалатәны ианыҟоу, апсихолог, ма апсихотерапевт ицхыраара анаҭаху, аха ахаҵа иаҿаршәны мап икуазар, аԥҳәыс лхала ари аҭагылазаашьа аиӷьтәра лылшома?

«Теориала илылшоит, аха уи даара иуадаҩуп. Хаҵеи ԥҳәыси [руаӡәы] апсихолог ицхыраара мап ацәикуазар, сара, иаҳҳәап, иақәшаҳаҭу аԥҳәыс аус лыцура салагоит, усҟан лхаҵагьы ааира иҭаххар ауеит», – ҳәа игәаанагара иҳәеит Ричард Коннер.

Аиԥылара ҩ-сааҭк инареиҳаны имҩаԥысуан, ари аамҭа иалагӡаны аспециалистцәа ирыҭаз азеиԥш зҵаарақәеи хаҭалатәи азҵаарақәа рацәан. Оксанеи Ричарди еизаз аклуб алахәцәа ирзеиҭарҳәеит дара рхатә ҭаацәаратә ԥышәа атәгьы, рыҷкәын Артиом иааӡареи, рхаҭақәа ранацәеи рабацәеи дареи реизыҟазаашьақәеи ртәгьы ацҵаны.

Анацәеи абацәеи рыклуб – Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс Адискуссиатә клуб аҩнуҵҟа иаԥҵаз проект ҷыдоуп, аусура иалагеит иаҳхысыз ашықәс абҵарамза 30 рзы. Анацәеи абацәеи рыклуб иалалар рылшоит ахәыҷқәа змоу, изҭаху зегьы. Аиҿкааҩцәа ражәақәа рыла, уи азы иаҭаху – «агәаҳәареи амотивациа аҟазаареи мацароуп».