Аҧсны зҽаҧсазтәыз акультура аусзуҩ, ашәҟәыҩҩы, "Ахьӡ-Аҧша" аорден II-тәи аҩаӡара занашьаз Адиле Аббас-оглы 2019 шықәсазы 99 шықәса лхыҵра азгәалҭеит
Асҭа Арӡынԥҳа
Аԥҳәыс-алегенда, аԥҳәыс-аепоха, ҿырԥштәыс иааугаша афырԥҳәыс. Абас оуп, еиуеиԥшым аамҭақәа рзы Адиле Аббас-оглы илхырҳәаауаз ажурналистцәа, ашәҟәыҩҩцәа, ауаажәларратәи, акультуреи аусзуҩцәа. Адиле Шьахбас-иԥҳа Асовет Еидгыла аамҭақәа раан Аԥсны акультура зҽаԥсазтәыз аусзуҩи, аџьа аветерани ҳәа аҳаҭыр хьыӡқәа лыхҵан. Иара убасгьы, Аԥсны иреиҳаӡоу аҳамҭа – аорден «Ахьӡ-Аԥша» аҩбатәи аҳаракыра кавалерс дыҟоуп. Аха иарбанзаалак аҳамҭа, мамзаргьы аҳаҭыртә хьӡы изалшом зымҽхак ҭбааӡоу лхаҭара аныԥшра.
Адиле Аббас-оглы – Асоветтә Аԥсны илегендартәу аԥхьагыла Нестор Лакоба иҭаацәара датәын, уи иԥшәмаԥҳәыс Сариа Лакоба дылҭацан.Аамҭак ашьҭахь, аҭаацәара зегьы ықәырхит, Адиле Шьахбас-иԥҳа заҵәык лыԥсы еиқәхеит. Лыуацәа зегь ҭаркит, «ажәлар раӷа иԥшәмаԥҳәыс» ҳәа ахьӡ лыхҵаны иреиҳаӡоу аҵариурҭа дҭырцеит, анаҩс – абахҭа, ахгара, амлакра, акыршықәсатәи аҽыҵәахра – лара илхылгеит сталинтәи арепрессиақәа ирыцыз арыцҳарақәа зегьы, аха аԥсра дацәцаны, лгәалашәарақәа рыҟны уи зегьы аиҭаҳәара лылшеит. Хаҭала илбаз, илаҳаз ахҭысқәа – ҳәарада, аепоха аҭоурыхтә баҟаҵас иҟоуп, Аԥсныи, Асовет Еидгыла ареспубликақәеи, насгьы адунеи зегьы аҭоурыхазы уи ихадоу лагалоуп.
Даҟәатәиуп
Адиле – Аҟәа инхоз, уаҟа ақьырмыҭтә зауад змаз, аџьам Иаҳиа Аббас-оглы имаҭа лакәын. Лара лхәыҷреи, лқәыԥшреи, Георгиевтәии Екатерининтәии амҩақәа (иахьазы Аиааира апроспекти, Ҷоҷуа имҩеи – аред.) реихҵәара аҟны игылаз лабду иҩны аҟны оуп иахьымҩаԥысыз.
«Усҟантәи аамҭақәа рзы, Аҟәа зынӡа ихәыҷын, еиҳарак аргыларақәа аӷәы иалхын, ахаҳә иалхыз аҩнқәа 11 заҵәык ракәын иҟаз, - 1920-ашықәсқәа рзы Аҟәа аԥсҭазаашьа атәы лмемуарқәа рҿы еиҭаалҳәоит Адиле Шьахбас-иԥҳа. – Ҳахьынхоз араион ахкәакь аформа аман: ҳганаҿы иҟан административтәи, ахәаахәҭратәи, адачатә кварталқәа. Уи ақалақь ахәҭа аристократтә раион ҳәа иԥхьаӡан. Уаҟа инхоз ауааԥсыра, аҩны иандәылҵуаз, асахҭан, мамзар алакыруан еимаа мацара акәын ирышьырҵоз. Ахацәеи аҳәсеи ирхан ашлиапа ԥшӡақәа, иҟан аӡӷабцәа ачықҭы мап ацәызымкуазгьы. Ахьҭақәа аныҟалоз аухақәа рзы, агәылацәа сасра еизнеиуан: ахацәа – анард, ашахмат, адомино иасуан, аҳәса – ажәабжьқәа еибырҳәон, ашәҟәқәеи аспектакль ҿыцқәеи ирылацәажәон. Ахәыҷқәа ҳакәзар – ҳҿы аартны урҭ ҳарзыӡырҩуан. Астол аҟны есымша иқәгылан акаҳуа, ахаа-мыхаақәа, ашәырқәа, араса».
Адиле 15 шықәса лхыҵуан, Емды Џьых-оглы (Сариа Лакоба лашьа) бзиа даниба. Дук мырҵыкәа еибагеит. Адиле лаб Шьахбас даараӡа игәнигон иԥҳа дышқәыԥшӡаз хаҵа дахьцаз, аха аҵыхәтәан аҭаацәа ҿыц иныҳәеит. Убас, Адиле Нестор Лакоба иҭаацәара далалеит. Ҿыц еибагаз рынасыԥ аамҭа кьаҿ азоужьын – шықәсыки бжаки рышьҭахь Лакоба иҭаацәарахь иаҵанакуаз зегьы рҭакра иалагеит, Емдгьы уи аҩыза алахьынҵа изшан. Аамҭак ашьҭахь, 18 шықәса зхыҵуаз Адиле абахҭа дҭаркуеит, анаҩс – ахгара. Уи зегь ҟалеит 1938 шықәса, жәабран мзазы.
Иргәалашәаларц азы
Адиле лгәалашәарақәа знылаз ашәҟәы «Хашҭшьа сымам» (ашәҟәы иацҵаны, ихарҭәааны иҭыжьын «Сара с-Аԥсны – сара слахьынҵа» ҳәа хьӡыс иаҭаны – аред.) аҟны лара дахцәажәоит XX-тәи ашәышықәсазы Аҟәа иҟаз аҭагылазаашьеи, асоветтә ҳәынҭқарратә аусзуҩы Нестор Лакоба иҭаацәареи, имҩаԥигоз аусқәеи ирызкыз ахҭысқәеи, уи иҩнаҭа иаҭаауаз аполитикатә усзуҩцәеи. Иара убасгьы, ашәҟәы аҟны автор инарҭбааны еиҭалҳәоит усҟантәи аамҭазы аҭыԥ змаз аполитикатә репрессиақәа ирыхҟьаны Нестор иҭаацәареи, лара лхаҭеи ирхыргаз арыцҳарақәеи агәаҟрақәа ртәы.
Раԥхьаӡакәны ашәҟәы ҭыжьын 2005 шықәсазы. Аҭыжьымҭа ауааԥсыра ирызцәырнагеит азҿлымҳара дуӡӡа, иаразнак ажәлар ирылаҵәеит, аԥшаарагьы уадаҩхеит. Адиле Аббас-оглы лхатә биографиа еиҭагоуп аҭырқәшәеи авенгр бызшәеи рахь. Сталинтәи аепоха иацыз аполитикатә репрессиақәа зхызгаз лгәалашәарақәа зыгәра угартә иҟоу аҭоурыхтә хыҵхырҭаны иҟалеит. Аҟәа инхоз аԥҳәыс лхатә ԥсҭазаара ианубаалар алшоит Аԥсныи Асовет Еидгылеи рҭоурых.
«Апату зқәу уаҩык, смемуарқәа данрыԥхьа ашьҭахь дсызҵаауеит: - Араҟа иану зегь иашоума ҳәа. Зныказы, исҳәо сҿамшәо сықәхеит, изҵаара саршанхеит. – Шәгәанала, зхы иҭҳәааны изыҩуа ашәҟәыҩҩцәа среиԥшума? Абри зегьы сызхәыцзыр – абаҩхатәра ду сылоуп, ҳәа иасҳәеит», - абас лышәҟәаҿы илыҩуеит Адиле Шьахбас-иԥҳа.
Асасцәа бзиа иахьырбо аҩны
Иахьазы, Адиле Шьахбас-иԥҳа, лыԥҳа Лилиеи лареи нхоит рықалақь гәакьа аҟны. Адиле Аббас-оглы ажурналистцәа лассы-лассы аинтервиуқәа рылҭом, аха акинематографцәеи дареи лара лахь ирымоу азҿлымҳара ашықәсқәа цацыԥхьаӡа еиҳагьы иазҳауеит. Аамҭа-аамҭала, лыҩны, Аиааира апроспекти, Ҷоҷуа имҩеи реихысырҭаҿы игылоу, акамерақәеи, аблокнтоқәеи, адиктофонқәеи кны асасцәа аҭаауеит. Убас, Адиле Шьахбас-иԥҳа лыԥсҭазаара ахҭысқәа, ҟабардатәи ашәҟәыҩҩы, апоетесса Зарина Ҟаныҟәа илызцәырнагеит агәацԥыҳәара – афырԥҳәыс илызку ашәҟәы аҩразы. Иахьазы, Адиле Шьахбас-иԥҳа, уи ашәҟәы раԥхьатәи авариант аԥхьара даҿуп.
Лилиа еиҭалҳәоит, уажәааигәа асасцәа шырҭааз, Адиле Аббас-оглы ихадоу арольқәа руак ахьлымоу – арежиссиор Марианна Иаровскаиа иҭылхыз акиносахьа «ГУЛАГ аҳәсацәа» ҳәа хьӡыс измоу акиносахьа дырбаразы. Акиносахьа шьақәгылоуп, 1930-шықәсқәа рзы ихыргаз аҳәса рықәгыларақәа рыла. Акиносахьа аус адулара хәы-шықәса раҟара агеит, аҭыхрақәа мҩаԥысуан – Урал, Харатәи Амрагылара, Аԥсны, Москва аобласт рыҟны. Мшаԥымза раԥхьатәи амшқәа рзы имҩаԥысуаз Аҩбатәи Аҟәатәи акинофестиваль иаҭааз ирыман алшара афильм «ГУЛАГ аҳәсацәа» ахәаԥшра, убасгьы, акиносахьа аҳамҭа «Оскар» иркьаҿу-асиа ианылеит.
Адиле Шахбас-иԥҳа лакәзар, асасцәа есымша дреигәырӷьоит. Лықәра акыр ишнеихьоугьы, лгәабзиара шкәадоугьы, асасцәа гәаартыла дырԥылоит, амш зеиԥшроугьы дналацәажәоит.
«Ақәа алеира ишаҿыц иаҿуп», - лҳәеит лара аус иналакшәа. Адиле Шьахбас-иԥҳа уажәшьҭақәа ирацәаны ацәажәара лылшаӡом, лыԥҳа Лилиа лганаҿы дтәоуп, ианаҭаху лан лажәа иацылҵарц азы.
«Ҵыԥх Москвантәи асасцәа ҳзааит. Урҭ, сан илыцҭакыз аԥҳәыс лҭынхацәа роуп. Ашәҟәаҿы ранду дырдырит. Сан дырбаразы Аԥсны иаҭааит. Уи, ҳәара аҭахума, иссирыз еиԥыларан», - еиҭалҳәоит Лилиа.
99-тәи лымшира, Адиле Шьахбас-иԥҳа иазгәалҭоит илзааигәоу лыуацәеи лҭынхацәеи рыбжьара. Аныҳәа мҩаԥыргоит ижәытәу ауада аҟны – Емдеи лареи рчара ахьыруаз.
«Ачараҿы сасыс иҟаз Уасил Лакоба (аԥсуа револиуционер, амилаҭ-хақәиҭратә гәыԥ Кьараз анапхгаҩцәа руаӡәк – аред.) хынтә аҭӡамц ашҟа дхысит», - иаҳзеиҭалҳәоит Лилиа, ачара аҟнытә еиқәханы инхаз аныҳәаҿа злашьҭырхуаз ацәца ҳарбо. Егьи ауада аҟны иқәгылоуп даҽа ҭаацәаратә реликвиак – Нестор Лакоба ачаразы ҳамҭас ириҭаз аԥҳал.
«Ажәа «мама» сҳәар ҟалаӡомызт»
Лилиа лхаҭагьы еиҭалҳәаша рацәоуп. Лан илхылгаз ахгара, дахьииз Казахсҭан аҟнытә абналара, анаҩс – лан лыҵәахра, Адиле Аббас-оглы илыдырҵаз ахара
лықәырхаанӡа. Уи зегьы, ҳәара аҭахума, Лилиеи, лашьа Едики ргәабзиара анырра ӷәӷәа арҭеит.
Адиле лхәыҷқәа рыҩџьагьы лоуит Аҩадатәи Казахсҭан аҟны, лара леиԥшгьы иахганы иҟаз, лыԥшәма Иван Василиади иҟнытә. Уи аамҭазтәи лыԥсҭазаара ахҭысқәа ртәы инарҵауланы еиҭалҳәоит лхатәбиографиатә шәҟәы аҟны, иагьазгәалҭоит уаҩ изхымго аҭагылазаашьақәа рыла рыԥсҭазаара шышьақәгылаз. Издыруада, уи аҩыза аҭагылазаашьа шаҟараамҭа иҟазаауаз, аҭаацәа рлахьынҵа зегьы зыԥсахыз хҭыск ҟамлазҭгьы.
«Ҽнак, хышықәса зхыҵуаз Лилиа дкаҳан, лнапы ԥҵәеит. Аҳақьым ибзиаӡаны дгәаҭаны, аҭагылазаашьа даараӡа ишшәарҭоу атәы сеиҳәеит, насгьы иазгәеиҭеит ахәыҷы длыцхрааратәы алшара шимам. Лнапы чит, лымцашоура халеит. Иҟаҳҵара ҳзымдыруа ҳақәхеит. Ахәыҷы аԥсра даҿын. Убасҟан сара исыӡбеит агәаӷьра злоу ашьаҿа аҟаҵара: зинда, схәыҷқәа рыԥсы еиқәсырхарц азы, абналара», - еиҭалҳәоит Адиле Аббас-оглы.
Уи лыгәҭакы анагӡара Адиле илылшеит, акыраамҭа лҽылҵәахуан, аха аҵыхәтәан Аҟәанӡа дааит. Лилиа лыԥсы еиқәдырхеит, аха лхәыҷратә ааха уажәы-уашьҭан ахы лгәаланаршәоит.
Адиле нхара далагоит лықалақь гәакьа аҟны, дыҩналеит лаб иҩны аҿы Асовет мчраан илзынрыжьыз уада заҵәык, егьырҭ ауадақәа зегьы ауаа рыҩнарҵеит. Адиле маӡала акәын Аԥсны дшыҟаз. Лхаҵа Иван иҭаацәара дызрыцынхомызт: иара еиҭах ахгара дақәшәеит, милаҭла дахьбырзеныз иахырҟьаны.
«Ажәа «мама» аҳәара азин сымаӡамызт, - лылаӷырӡқәа хажжала еиҭалҳәоит Лилиа. – Зны, саныхәыҷыз скаҳан, сҵәыуо сан алыԥхьара салагеит. Сашьа дыҩны дааин, напыла сҿы аиркит. Ҳан Аԥсны дзыҟоу аӡәгьы идырыр ҟалаӡомызт. Лара, ахгара аҟнытә ихынҳәыз ҳәа илышьҭан. Акырынтә аҩныҟа иаахьан дрыԥшаарц азы. Сашьа, усҟан иаргьы дхәыҷын, ашкафқәа рҿы диҵәахуан. Азин сымаӡамызт иаҳзымдыруа рҿаԥхьа сан лыӡбахә алацәажәара».
Аԥшӡара абара
Арҭ арыцҳарақәа баша инбжьаӡны цашьа рымаӡамызт. Лилиа лашьа, абаҩхатәра злаз аҷкәын қәыԥш, идырбалеит ахагара, уи, аамҭа цацыԥхьаӡа еиҳагьы еизҳауан. Еиԥмырҟьаӡакәа ахәшәқәеи, аҳақьымцәа рлаԥшылатәи агәаҭареи еизеиҿкаатәын. Едик иԥсҭазаара далҵуеит 55 шықәса шихыҵуаз, Адиле лгәалашәарақәа рыла «лнапаҿы дыԥсуеит».
Лышәҟәы «Ииасхьоу аамҭа уашьыр алшоит» ҳәа хьӡыс измоу ахқәа руак аҟны – Адиле гәаартыла илыҩуеит: «Иҟалап, агха ду ҟасҵазар, схәыҷқәа рхы бзианы имҩаԥыргаларц, аҵара рҵарц азы иансыршәоз – зегьы ҳреиԥшӡам, ианакәзаалак Казахсҭанҟа ҳахыргар ауеит ҳәа анрасҳәоз. Уажәы сара ибзианы еилыскаауеит, сгәырҩақәа схәыҷқәа анырра рырымҭар залымшоз. Урҭ рхаҭа ирымаз агәырҩақәа ирхаԥаны, еиҳагьы ихьанҭаз еидараны рыбӷа иқәҳауан. Схәыҷқәа ирызҳауан иуадаҩӡоу аамҭа азы, ирхыргеит ахьааи, арыцҳареи, есыҽны ирыцын рани раби рцәыӡыр ҟалоит ҳәа ашәара».
Ииасхьоу аамҭа иалшоит уашьырц, уԥнаҵәарц, угәы ԥнажәаларц. Сталини Бериеи ррежим ауаа рыԥсҭазаарақәа аӡлагареиԥш иалагон. Аха, Адиле Аббас-оглы лыԥҵәареи, лгәы аԥжәареи акгьы иазалымшеит. Ари аԥҳәыс – ухаҿы иузаамго аԥсҭазаарахь абзиабара ҿырԥшыс дазыҟоуп, аԥшӡара гәыла избо. Абар уи зыршаҳаҭуагьы. Аҵыхәтәантәи амзқәа рзы, Адиле Аббас-оглы лыблабара зынӡа икәадахеит, илцәыӡит уҳәаргьы алшоит. Ус шакәугьы, ҳамҭас илаҳҭаз афрезиақәеи атиульпанқәеи лнапы ианакы, џьашьахәыс иҟаҵаны «Шаҟа иԥшӡоузеи!» ҳәа лҳәеит.
Шәымшира шәыдаҳныҳәалоит, иҳазгәакьоу Адиле Шьахбас-иԥҳа!
шәҭалароуп, ма шәыҽҭажәыҩроуп.