Ҭырқәтәылатәи ақыҭа Ақԥынар еиҿкаауп абаза бызшәа аҵаразы аԥхынтәи акурсқәа, иахьазы урҭ иаҭаауеит 70-ҩык инареиҳаны ауааԥсыра.

Саид Барганџьиа

ИАЕ «Алашара» еиҿнакааз абаза бызшәа аҵаразы аԥхынтәи акурсқәа мҩаԥысуеит ҭырқәтәылатәи ақыҭа Ақԥынар. Рашәарамза 1 инаркны аусура иалагаз абызшәатә курсқәа иахьазы ирҭаауеит 70-ҩык инареиҳаны ауааԥсыра.

Абаза бызшәа аурокқәа мҩаԥигоит Ҟарачы-Черқьессиатәи Ареспублика Аҳәынҭқарратә телерадиоеилахәыра ажурналист Заур Лыи. Заур рҵаҩыс аус имуӡацызт, аха далгахьеит Ҟарачаев ақалақь аҿы иҟоу апедагогикатә институт, насгьы еиԥмырҟьаӡакәа абызшәа аус адиулоит.

Лыи иажәақәа рыла, иҵаҩцәа рҟынтә аӡәырҩы Ақԥынарҟа ԥхынрала мацароуп ианаауа, егьыс дара нхоит Франциа, Германиа атәылақәа рҿы. Иара убасгьы Ҭырқәтәыла еиуеиԥшым ақалақьқәа рҟынтә акурсқәа ирҭаауагьы ыҟоуп.

«Сара исымоуп х-гәыԥк: 7 –12 шықәса зхыҵуа, 13 – 22 шықәса зхыҵуа, 23 шықәса инареиҳаны изхыҵуа. Иҟоуп зықәра акыр инеихьоу аҵаҩцәагьы. Аурокқәа мҩаԥысуеит есыҽны, аамҭала ҩ-сааҭк инаӡоит. Аҵаҩцәа рдыррақәа, ҳәарада, еиԥшӡам. Ақыҭаҟны инхо аиҳабацәа абаза бызшәа рдыруеит. Иҟоуп, анбанқәа ззымдыркәагьы иаҳзааиз аҵаҩцәа, аха иахьазы урҭ зегьы рхатәы бызшәала аԥхьареи аҩреи рылшоит. Зегь реиҳа ихадоу – иҟоуп азҿлымҳара, ахатәы бызшәа аҵаразы агәазыҳәара. Аурокқәа зегь авидео ианаҳҵоит, аҵаҩцәа аҩны рҽазыҟарҵаларц азы», – ҳәа еиҭеиҳәеит арҵаҩы.

Заур Лыи инацҵаны иазгәеиҭеит, абжьаратәи аиҵбытәи агәыԥқәа абаза жәеинраалақәа рҵара ишалагаз. Ахәыҷқәа зегьы ҩажәанӡа аԥхьаӡашьа рҵахьеит. Арҵаҩы иажәақәа рыла, аҵаҩцәа рхаҭагьы, урҭ рҭаацәарақәагьы ас еиԥш ақәҿиара ҳаракқәа ирзыԥшымызт.

Бжьышықәса зхыҵуа Салиха Аиканаҭ милаҭла дҭырқәоуп, аха абаза бызшәа аҵарахьы азҿлымҳара ду аалырԥшит. Аӡӷаб хәыҷы лажәақәа рыла, абызшәа аҵара далагеит, раԥхьаӡа иргыланы, абазақәа дахьрыланхо азы, иара убасгьы иазгәалҭеит абазақәа лымкаала бзиа ишылбо.

«Даараӡа исгәаԥхоит абаза бызшәа аҵара. Сгәы иахәоит, сҩызцәа абазақәа дара рбызшәала срацәажәартә алшара ахьсымоу», – лҳәеит аӡӷаб.

Иашьеи еҳәшьеи Булени Омари Касаа – абазақәоуп, инхоит ҭырқәтәылатәи ақалақь Адана. Аԥхынра дара ԥсшьара ҳәа Ақԥынар инхо рыуацәа рахь сасра иаауеит. Рхатәы бызшәа аҵаразы ирызцәырҵыз алшара даараӡа еигәырӷьеит. «Гәахәарала акурсқәа ҳарҭаауеит, аихьӡара хәыҷкәакгьы ҳамоуп. Иҭабуп идуӡӡаны!» – иҳәеит Омар Кас, акурсқәа реиҿкааҩцәеи арҵаҩи рахь ихы нарханы.

Абаза бызшәа акурсқәа мҩаԥысуеит ҭырқәтәылатәи ақыҭа Ақԥынар, абаза бызшәа аиқәырхареи арҿиареи апрограмма инақәыршәаны. Акурс аиҿкааҩы – Икоммерциатәым Автономтә Еҿкаара «Алашара» ҷыдала иазнеиуеит абызшәа аиқәырхара азҵаара, иалшогьы зегь ҟанаҵоит уи иазку аусқәа рынагӡаразы.