Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы Мусса Егзакьи АААК VIII-тәи Аизараду аделегатцәеи 2021 шықәсазы иаатыз аетнопарк «Аԥсны» иаҭааны аекспонатқәа рбеит.
АААК Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы Мусса Егзакь Аԥсны иааны иҟоу асасцәа– Ҟарачы-Черқьестәылеи Ставропольтәи атәылаҿацәи рҟынтә иааз аԥсуа-абаза диаспора ахаҭарнакцәа – дрыцны Гәдоуҭа араион Мгәыӡырхәа ақытан иҟоу аетнопарк «Аԥсны» даҭааит.
Аетнопарк «Аԥсны» аартын 2021 шықәсазы, ари зымҽхак ҭбаау музеитә комплексуп: ара иҟоуп аетнографиатә музеи, аԥсуа инхамҩатә ргыларақәа – акәасқьа, аԥацха, амҳара. Аҭааҩцәа рзы аус руеит итрадициатәу аԥсуа наплакқәа рсекциақәа: ахыц алахысра, ажьира, акыцӡырҭа. Изҭаху зегьы арҭ аусхкқәа шрыцааиуа рбар ҟалоит, рхы ԥыршәар рылшоит.
Аетнопарк аҿы асасцәа ирԥылеит ауснагӡаратә директор Рашь Ҵәыџьбеи апарк иатәу аетнографиатә музеи аиҳабы Илона Кәыҵниаԥҳаи. Лара Мусса Егзакьи аделегатцәеи рзы аекскурсиа мҩаԥылгеит, ԥхьаҟа аҽеиҵыхра ргәы ишҭоу еиҭалҳәеит.
«Ҳаԥхьаҟа апарк иахьаҵанакуа атеатр ҳаргыларц ҳгәы иҭоуп. Архитекторцәеи аекологцәеи ҳрацәажәеит, аԥсабара ԥырхага амҭакәа ари апроект аԥсҭазаара аларҵәара иазыхиоуп», – лҳәеит амузеи адиректор.
Ашәуа қыҭақәа ирыланхо аҳәса ркоординациатә хеилак ахантәаҩы Ирина Хәытаԥҳа илбаз зегьы даара илгәаԥхеит, ари аҩыза акомплексқәа раԥҵара ажәлар рытрадициатә культура аиқәырхаразы зеиԥшыҟам цхыраагӡоуп ҳәа азгәалҭеит.
«Иахьатәи ҳныҟәара даара аинтерес аҵан, иагьауын. Уамакала иаҳгәаԥхеит. Акомплекс акыр иҭбаауп, аекспонатқәа рацәоуп, дара зегьы ҟазара ҳаракыла иҟаҵоуп», – лҳәеит Хәытаԥҳа.
Мусса Егзакь аетнопарк аԥҵаҩцәа рџьабаа ахә ҳаракны ишьеит, амузеи еснагьтәи аекспозициа иалоу аԥсуа-абаза жәлар рыбзазара аазырԥшуа амаҭәарқәагьы убас: ажәытә ҟазшьала иӡаху амилаҭ маҭәа, аҽымаҭәа, ацәеи амҿи аус рыдуларазы амыругақәа уҳәа егьырҭ артефактқәагьы.
«Аҭоурых лабҿабашәтәуеит арҿиаратә цәаҩа ахаҵаны. Ара еизышәгаз зегьы аҭҵааразы ҽнак азхаӡом. Избаз зегьы саланахаланы сыҟоуп», – ҳәа аетнопарк ирҽхәеит Мусса Егзакь.
Ицамҭазы иара аетнопарк «Аԥсны» ҳамҭас иаиҭеит аԥсуа сахьаҭыхҩы Баҭал Џьапуа исахьа «Аԥхьарца» - аибашьҩы аԥхьарца кны ишаирҳәо дҭыхуп. Аетнопарк ауснагӡаратә маӡаныҟәгаҩ Рашь Ҵәыџьба иакәзар Мусса Егзакь ҳамҭас ииҭеит инапылаҟаҵароу аԥсуа ҳәызба.
Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩи Аконгресс ахаҭарнакцәеи аетнопарк «Аԥсны» иаҭааит АААК 30 шықәса ахыҵреи VIII Аизарадуи рҳәаақәа ирҭагӡаны. Аизараду аделегатцәа Аԥсны рыҟазаара апрограмма ԥхынҷкәын 6 инаркны ԥхынҷкәын 11-нӡа инаӡоит. Уи иалоуп аофициалтә усмҩаԥгатәқәа реиԥш иофициалтәым аформат змоугьы. Ашьыжь ԥхынҷкәын 9 рзы АААК Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩи Аизараду аделегатцәеи Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба анышә дахьамадоу Ешыра ақыҭан ибаҟа амҵан ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит.
Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс VIII-тәи Аизараду аӡбахә аларҵәара аганахьала цхыраара ҟарҵоит: Аԥсуа ҳәынҭқарратә телерадиоеилахәыра, ателеканал «Абаза-ТВ», аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны.
шәҭалароуп, ма шәыҽҭажәыҩроуп.