Адунеи аҿы абаза бызшәала иҭыҵуа газеҭ заҵәык ауп, уи «Абазашҭа» ахьӡуп. Агазеҭ раԥхьатәи аномер ҭыҵит 1938 шықәса, ԥхынгәымзазы. Уи инаркны абар уажәшьҭа 80 шықәса раахыс «Абазашҭа» адаҟьақәа ирнылоит Урыстәылеи адунеи егьырҭ атәылақәеи ирыланхо абазақәа рыԥсҭазаашьа атәы еиҭазҳәо астатиақәа: ауаа ргәыӷрақәеи рхьаақәеи аарԥшуа, ауадаҩрақәа рԥызгало, агәахәара рызҭо цәыргауа.
Асҭа Арӡынԥҳа
Абазақәа – Урыстәыла аҵакырадгьыл иқәынхо амилаҭ маҷқәа иреиуоуп, ажәлар реиҳараҩык ршьам дгьыл – Ҟарачы-Черқьестәыла иқәынхоит. Ҳаамҭазтәи адунеи аглобализациеи амилаҭрацәа реилазаареи ирыхәҭаку абаза жәлар рхатәы бызшәеи ркультуреи реиқәырхара иазықәԥоит. Убри аҟнытә ауаажәларра-политикатә, ареспубликатә газеҭ «Абазашҭа» – баша информациатә хархәагам. Ари трибуноуп, ҿахәҳәагоуп, абаза жәлар ирышықәснҵоуп.
Газеҭк аиҳа зҵакы дуу
Агазеҭ аредакциа Черқьесск ақалақь Акьыԥхь аҩнаҿы иҟоуп. Ара иҟоуп Ҟарачы-Черқьестәыла иҭыҵуа егьырҭ амилаҭ газеҭқәа рредакциақәагьы: аҟарачқәа ргазеҭ «Ҟарачаи», ачерқьес газеҭ «Черқьес Хақә», аногаицәа ртәы «Ногаи Давысы» уҳәа убас егьырҭгьы. Агазеҭ «Абазашҭа» аԥҵаҩцәас иҟоуп – Ҟарачы-Черқьестәыла апарламенти аиҳабыреи.
2018 шықәсазы «Абазашҭа» 80 шықәса ахыҵит. Раԥхьатәи агазеҭ аномер абаза бызшәала иҭыҵит ԥхынгәымза 23, 1938 шықәсазы, раԥхьатәи абаза алфавит аԥҵаны иаларгалеижьҭеи фышықәса ааҵуаны, иагьахьӡын усҟан «Черқьес ҟаԥшь». Уи нахыс ԥшьынҩажәа шықәса рыбжьара агазеҭ абаза жәлар рымаҵ ауеит.
Агазеҭ аҟны аус зуа ажурналист Асиаҭ Џьардис ишазгәалҭаз ала, хатәы бызшәала агазеҭ аҭыҵра ашәуаа рзы ҽаԥарак ԥхьаҟа ацара иаҩызахеит. Урҭ аамҭақәа ирхаану абыргцәа ыҟоуп макьана, ргәы хыҭ-хыҭуагьы иргәаладыршәоит ажәлар рҿахәҳәага аира шыҟалаз.
«Уажәааигәа сзыҿцәажәоз 90 шықәса зхыҵуа абырг иҳәеит, агазеҭ «Абазашҭа» - абызшәеи аҵасқәеи еиқәзырхо хәышҭаарак еиԥш дшахәаԥшуа. Уи аԥхьаҩцәа зегьы абаза ҭаацәара ду иахәҭакны рхы рбоит, убри аҟнытә еснагь гәахәарала газеҭцыԥхьаӡа аҭыҵра иазыԥшуп. Изыԥхьахьоу аномерқәагьы карыжьуам, еиқәырханы ирымоуп ажәлар рҭоурых зныԥшуа быӷьшәык аҳасабала», – ҳәа азгәалҭеит ажурналистка.
Агазеҭ «Абазашҭа» акиоскқәа рҿы ирҭиуам. Атәылаҿы иҭыҵуа акьыԥхь аиҳарак аиԥш иаргьы ԥошьҭала иршоит. Мчыбжьык ахь ҩынтә иҭыҵуеит. Атираж – 2500 цыра рҟынӡа ыҟоуп.
«Агазеҭ ааргараны ианыҟаз амшқәа рзы 88 шықәса зхыҵуаз сан уажәы-уажәы слышьҭуан аԥошьҭа гәасҭаларц. Агазеҭ лнапы ианаҳарклак дааҭынчхон. Ахы инаркны аҵыхәанӡа даԥхьаанӡа даԥҳарҟьар ҟаломызт. Саби сани рзы акака газеҭ ылзыҩаауан, мамзар еснагь еимактәыс ироуан раԥхьа иаԥхьода ҳәа», – еиҭалҳәеит Асиаҭ Џьардис.
Аҿар адзыԥхьалаша
«Абазашҭа» аԥхьаҩцәас иҟоу аиҳабыра абиԥара мацара ракәӡам. Аредакциаҿы еснагь аҿар радыԥхьаларагьы рҽазыршәоит. Аредактор хада Фардаус Ҟәыл лажәақәа рыла, урҭ адзыԥхьло иреиуоуп аредакциа еиҿнакаауа аконкурсқәа: «Ажурналист қәыԥш», «Мисс «Абазашҭа», «Ахәыҷра гәырӷьахә», «Зегь реиҳа исызгәакьоу сан», «Аҭаацәа ӷәӷәа».
Арҭ аконкурсқәа есышықәса атәыла зегьы рзы иныҳәа духоит. Аиааира згаша алыркаауеит ҞЧА акультура зҽаԥсазтәыз аусзуҩцәа, аконкурсқәа рфинал мҩаԥысуеит аҳәынҭқарратә филармониа асценаҿы, еиуеиԥшым амассатә-информациатә хархәагақәа рҿы аус зуа ихатәроу ажурналистцәа алархәны.
«Аконкурсқәа рыбзоурала ҳаԥхьаҩцәа разҿлымҳара еиԥхьбом, ҳгазеҭ атиражгьы еиқәҳархоит», – ҳәа азгәалҭеит Ҟәыл.
Абас ауп ажәлар рҭоурых шанҵахо
Аха егьа ус акәзаргьы «Абазашҭа» еиҳарак бзиа изырбо – Ҟарачы-Черқьестәыла аҭоурых, хаталагьы ашәуаа рҭоурых ахьаланарҵәо азоуп. Ԥшьынҩажәа шықәса раахыс агазеҭ адаҟьақәа ирнылоит иналукааша ажәлар рхаҭарнакцәа рыӡбахә, ауаажәларратә еиҿкаарақәа имҩаԥырго иуникалтәу апроектқәа рыӡбахә, абаза бызшәеи акультуреи ирызку аматериалқәа. Аредакциа лымкаала ирылаҽхәоит аҭыжьымҭа ҷыдақәа: «Аҭҵаарадыррақәа рдокторцәа», «Еицырдыруа аспортсменцәа», «Иналукааша акультура аусзуҩцәа», «Абаза чысхкқәа рыҟаҵашьа» уҳәа реиԥш иҟоу.
Ажурналистцәа еснагь азҿлымҳара ҷыда рырҭоит Аԥсынтәыла ажәабжьқәагьы. Аԥсуа жәлар аамҭа уадаҩ ианҭагыла, 1992-1993 шықәсқәа рзтәи Аџьынџьтәылатә еибашьра ашықәсқәа раан, «Абазашҭа» аԥхьаҩцәа – Нхыҵ Кавказ инхо ҳашьцәа Аԥсны имҩаԥысуаз ахҭысқәа рзы иҵабыргу аинформациа роуан. Агазеҭ акорреспондент ҷыда Қьарим Мыхц аибашьра адәаҟынтә аматериалқәа Черқьесскҟа ишьҭуан.
«Абазашҭа» аредакциаҿы еиуеиԥшым аамҭақәа рзы аус руан абаза журналистикеи алитературеи рыеҵәахәқәа: ашәҟәыҩҩы Ҟали Џьгәаҭан, Ҟарачы-Черқьестәыла жәлар рышәҟәыҩҩы Бемурза Ҭҳаиҵыхә, ҞЧА жәлар рпоет Микаель Ҷкату, иара убас хыхь зыӡбахә ҳҳәаз еицырдыруа алирик, жәлар рпоет Қьарим Мыхц. Арҭ ауаа ирылаҽхәо абаза жәлар рымацара ракәӡам, Ҟарачы-Черқьестәыла зегьы, иара убас Урыстәыла рыхьӡ дыруп.
Абаза бызшәала иҭыҵуа агазеҭ заҵәы аханатә инаркны аусураҿы шьаҭас иаиуз атрадициақәа иахьагьы еиқәханы иҟоуп. Иахьа аредакциаҿы аус руеит 14-ҩык ауаа. Есыҽны дара аиҿцәажәарақәа мҩаԥыргоит, атекстқәа рыҩуеит, идыриашоит, агазеҭ даҟьала еихыршоит – ажәакала ирылшо зегь ҟарҵоит 80 шықәса раԥхьеиԥш иахьагьы аԥхьаҩцәа ззыԥшу агазеҭ аномер ҿыц рнапы иакырц, иаԥхьарц азы.
Шьҭарнахыс агазеҭ «Абазашҭа» аелектронтә вариант алагьы аԥхьара улшоит. Ари цхыраагӡа бзиоуп Ҟарачы-Черқьестәылеи Ставропольи инхо абазақәа реидкылара аус аҿы аиԥш, адунеи иқәынхо абаза диаспора зегьы ракзаараҿгьы.
шәҭалароуп, ма шәыҽҭажәыҩроуп.