Урыстәыла аҳцәа рзы «аҳауазҩыдаратә станциа» ҳәа иԥхьаӡаз акурорт Гагра ашьаҭаркра – апринц Александр Ольденбургтәи ихьӡ иадҳәалоуп. Ҳазҭоу ашықәс азы апринц диижьҭеи иҵуеит 175 шықәса.
Арифа Қапԥҳа
Александр Пиотр-иԥа Ольденбургтәи еицырдыруа анемец хылҵшьҭра змаз аурыс герцогтә ҭауад жәла датәын. Ари ажәла ахәҭакуп Ольденбургцәа рзеиԥш дианастиа – уи шоит абарҭ ажәлақәа рыла: Гольштеин-Готторп-Романоваа (ажәла «аиҳабыратә» махәҭа, Урыстәылатәи аимпериа ахадара азыруан аимператрица Елизавета Пиотр-иԥҳа лыԥсҭазаара даналҵ ашьҭахь (1762 шықәса) – аред.), Гольштеин-Готторпаа (уажәазы Германиа аҩада-мраҭашәараҿы иҟоу Ольденбургаа Ргерцогра хадара азыруан – аред.). Аҵыхәтәантәи амахәҭахь дагьаҵанакуан Александр Пиотр-иԥа.
Санкт-Петербургтәи иԥсҭазаара
Александр Пиотр-иԥа диит 1844 шықәса, лаҵарамза 21 рзы (иҿыцу астиль ала – рашәарамза 2 – аред.) Пиотр Гьаргь-иԥа Ольденбургтәии апринцесса Терезиа Нассаускаеи рҭаацәараҿы. Абрыла – Урыстәыла аимператор Павел I имоҭа-шьмоҭацәа дыруаӡәкын.
1835 шықәсазы апринц Ольденбургтәи дахысуеит иаб иаԥшьгарала Санкт-Петербург иаартыз Азиндырратә ҵараиурҭа аҟны ихарҭәаау акурс. Иаб еиԥшҵәҟьа апринц ауаа рыцхраареи, арккаратә ус амҩаԥгареи рахь агәазыҳәара иман. «Иара агәыҳалалратә цхыраара ҟаиҵон: хылаԥшра риҭон ахәыҷтәы хәшәтәырҭеи, Троицктәии, Георгиевтәии агәшаҭаратә гәыԥқәеи, арыжәтә мап ацәызкыз ргәыԥи, иара убасгьы адгылара ииҭон аурыс ҵарауаҩ Иван Павлов – Урыстәыла афизиологиатә школ аԥҵаразы имҩаԥигоз аус аҟны», — ҳәа иҩуеит ажурналист Анатоли Клиуев, истатиа «Апринц Ольденбургтәи – акурорт Гагра «аб» ҳәа хьӡыс измоу аҟны.
1890 шықәса, ԥхынҷкәын мзазы, Ольденбургаа рҭаацәаратә ԥарала, апринц ихаҭа далахәны Санкт-Петербург иаартын аексперименталтә медициназы Аимператортә Институт (иахьазы – аексперименталтә медицина Аинститут. 1917 шықәсанӡа, апериодикатә кьыԥхь аҟны «апринц Ольденбургтәи Иинститут» ҳәа иашьҭан – аред.), Иван Павлов (аурыс, асовет ҵарауаҩ-афизиолог, 1904 шықәсазы амедицинеи афизиологиеи рзы Нобельтәи апремиа алауреат – аред.) аекспериментқәа ахьымҩаԥигоз.
1870-1876 шықәсқәа рзы апринц амаҵура дахысуан Преображенсктәи аполк алеиб-гвардиа аҟны, 1877-1878 шықәсқәа рзы аинрал-маиор ичын иманы далахәын Аурыс-аҭырқәа еибашьра. 1895 шықәсазы дыҟан аинфантериа аҟнытә аинралси, аҳ иуаа рыҟны аинрал-адиутантси, иара убасгьы Урыстәалатәи Аимпериа Аҳәынҭқарратә Хеилак алахәҩыси. 1903 шықәсазы еицырдыруа аурыс сахьаҭыхҩы Илиа Репин, Ахеилак алахәцәа дрыларгыланы Александр Пиотр-иԥа исахьа ҭихуеит зышәагаа даара идуу – «Аҳәынҭқарратә Хеилак шәышықәса ахыҵра иазку агәырӷьаратә Еилатәара, 1901 шықәса, лаҵарамза 7» ҳәа хьӡыс измоу апортрет аҟны. Ари аусумҭа 1938 шықәса инаркны ицәыргақәҵоуп Санкт-Петербургтәи Аҳәынҭқарратә Аурыс музеи аҟны.
Иара убасгьы, 1889 шықәсазы Санкт-Петербург, Литеиныи апроспект аҟны апринц иԥсадгьыл азы илшамҭақәа азгәаҭаны издыргылеит абаҟа.
Гагратәи абааши уи акәша-мыкәшеи
XIX-тәи ашәышықәсазы Гагра аӡмахқәа ахьырацәаз ҭыԥын, араҟа ашыӡ чымазара лассы-лассы иуԥылон. Аԥхынра – иааузымычҳауа хәыҵашоуран. Даараӡа игәыгәҭажьын Гагратәи Абааҭа – Аԥсны Урыстәылатәи аимпериа иахәҭакны ианыҟала ашьҭахь (Александр I Иманифест инақәыршәаны, Аԥсны аҳра Урыстәыла аимпериа иадҵан 1810 шықәсазы автономтә зинқәа аҭаны, ус иҟан 1864 шықәсанӡа – аред.) араҟа арратә гарнизон еиҿкаан. 1825 шықәсазы, адекабристцәа еицырдыруа рықәгыларақәа рышьҭахь (Петербург иҟоу Сенаттәи ашҭа аҟны атәра аԥыхразы аамсҭацәа рықәгыларақәа. Ақәгыларақәа шьаҽын – аред.) Абааҭа иҟаз агарнизон ахь дахган ақәгыларақәа ирылахәыз ашәҟәыҩҩы Александр Бестужев-Марлински.
1836 шықәса, рашәарамза 19 рзы Александр Бестужев-Марлински иашьцәа Николаи, Ксенофонти Полевоираа (ажурнал «Московски телеграф» аҭыжьыҩцәа) рахь иҩуеит асаламшәҟәы, уаҟа абас еиԥш Гагра дахцәажәоит: «Амшын Еиқәа аԥшаҳәаҿы, ашьха дуқәа рыбжьара гәаҩарак ыҟоуп. Уаҟа ԥшакгьы бжьысуам; ахра ҿҟьарсҭақәа ирхылҟьо ашоура уаҩы изычҳауа иҟам, насгьы уи зегьы азымхошәа, аӡиасгьы нҭабоит, уи аҭыԥ аҟны зыфҩы бааԥсу аӡаҩа ааҟалоит. Уи аиҩхаа аҟны баашәа ак гылоуп, уи иааҟәымҵӡакәа аӷацәа адсылоит. Абаа ахаҭа акәзар, уаҟа шықәсык ала гарнизонки бжаки аруаа ашыӡ иагоит, иаанхазгьы хынҳәуеит ачымазара ӷәӷәа рыманы. Уаҟа игылоуп 5-тәи Амшынеиқәатәи абатальон, урҭ адунеи аҽрымадара рылшоит мшынла мацара, арахә ааӡаразы дгьыл хәыҷыкгьы ахьрымам иахҟьаны, ашықәснтәарак ибаахьоу ажьҵаа мацара афара иаҿуп. Ажәакала иуҳәазор, аурысқәа рзы иҭархагоу Қырҭтәылан, Гагра ахьӡгьы аԥсра уқәырҵа иаҩызоуп».
Шәышықәсабжак ашьҭахь, Александр Пиотр-иԥа Ольденбургтәи ари аҭып азы игәаанагара зынӡа даҽакын, даара игәгьы азцеит.
Ԥсыуала апринц иԥылара
Дышԥақәнагалеи апринц Аԥсныҟа, насгьы ҭоурыхс иамоузеи акурорт Гагра ашьақәгылара? Уи атәы инарҭбааны истатиаҿы далацәажәоит апрофессор, аҭоурыхҭҵааҩы Станислав Лакоба.
Апринц Ольденбургтәи раԥхьаӡакәны Гагра даҭааит 1901 шықәсазы. «Ашьыжь, асааҭ 6 рзы, аӷба «Ледокол» Гагратәи абаа хыжәжәарақәа инрыдгылеит, — иҳәоит уи аамҭа далацәажәо Лакоба, — Аҟәатәи аокруг аиҳабы ихаҭыԥуаҩ, акаԥдан Зинченко аруаа ишырҟазшьоу еиԥш апринц аԥсшәа иеиҳәеит». Иара убасгьы, Калдахәара ақыҭантә иааит гәыԥҩык аԥсуаа, ҳәарада, аԥсуа чеиџьыка ишаҳәо еиԥшгьы апринц иԥылеит: «ирхианы игылаз аишәа иқәын асыс ишеибгаз иӡыз, аԥсуа ҩы, ашә».
Уи аиԥылараан иҟалеит даараӡа аинтерес зҵаз хҭыск. Ладариа зыжәлаз аиҭагаҩ ила, аԥсуаа апринц иахь иҟарҵеит аҳәара, иара дзыхьчоз аполициауаа рабџьар аҟнытә шәақьқәак аамҭала ириҭарц, ашьхара ицаны абнаҳәа, мамзар абнакәтырцына шьны изааргарц азы. Араҟа иҳәатәуп, аҳра иҟанаҵаз адҵала, 1898 шықәса инаркны Гәдоуҭа аҵакырадгьыл аҟны инхоз ауааԥсыра зегьы абџьар шрымхыз атәы.
«Апринц жәлар дипломатцәа рахь ихы нарханы дааԥышәырччан, х-шәақьк аԥсуаа ирырҭараз адҵа ҟаиҵеит», – ҳәа иҩуеит Лакоба. Хара имгакәа ашәарыцаҩцәа хынҳәуеит абнаџьмақәа ҩба шьны ирыманы. Апринц даараӡа игәаԥхеит ари аиқәшәара, акрифон, акрижәуан, «аԥсуаа ргәабзиаразы» аныҳәаҿа ашьҭыхрагьы ихашҭуамызт. Мышқәак рышьҭахь, апринц даҭаауеит Афон Ҿыц, анаҩс – Аҟәа.
Аҟәа дыҟанаҵ апринц Ольденбургтәи дырҭаауеит – абаҳча «Синоп» (XIX-тәи шықәсазы ақалақь аҿацә аҿы иаԥҵаз асубтропикатә баҳча. Аамҭак ашьҭахь ари абаҳча ааихәоит аҭауад ду Александр Михаил-иԥа Романов – аред.), Николаи Смецкои инхарҭа (аурыс меценат, абзиаҟаҵаҩы, Аҟәатәи адендропарк аԥызҵаз, Гәылрыԥшь азааигәара асанаториақәа зыргылаз – аред.), Фиодор Ноев ибаҳчақәа (аурыс ашәҭааӡаҩы, ашәҭ агиацинт Аԥсны иалазырҵәаз – аред.). Апринц Аԥсны иибаз убасҟаара анырра инаҭеит, иагәгьы азцеит, Санкт-Петербургҟа даныхынҳә иуа – аимператор Николаи II зегьы изеиҭеиҳәеит. Иагьазгәеиҭеит, Кавказ ииԥшааз аҭыԥ аҟны ишьаху акурорт аԥҵара шалшо, адгьылбжьарамшынтә Ривиера иаҵамхо.
«1901 шықәса, рашәарамза 20 рзы ахазынарҭа аҟнытә иазоужьын 100 нызқь мааҭ хьыла Гагратәи аҳауазҩыдаратә станциа аргыларазы», – иҩуеит Станислав Лакоба.
Гагра аргылара
1901 шықәса, абҵарамза инаркны акурорт аргылара нап аркын, ишьҭаҵаз амҩала адәыӷбақәа аргыларатә маҭәахәқәа ааргон. Апринц Ольденбургтәи иаан оуп Гагратәи ижәытәӡоу абааш Абааҭа анрыцқьаз, насгьы уи иаҵанакуаз аныхабаа ареставрациа азун. «Апринцесса Ольденбургскаиа (апринц иԥшәмаԥҳәыс, Леихтенбергтәи агерцогиниа, аҭауад ҭыԥҳа Евгениа Миксимилиан-иԥҳа Романовскаиа – аред.) лԥарала, аханатәтәи аԥшра еиқәырханы ареставрациа азун ицқьа Ипати иуахәама. Ауахәама ахыбра иахаргылан ахаҳәтә џьарқәа, аҭӡамцқәа аныхачаԥақәа ҭихит еицырдыруа аурыс сахьаҭыхҩы Михаил Нестеров, ҷыдала уи азы Санкт-Петербургынтә Аԥсныҟа иаагаз», – ҳәа азгәеиҭоит Клиуев истатиаҟны.
Акурорт Гагра ргылан ҩышықәсеи мызқәаки рыла. Амшын азааигәара иаԥҵан ишьахәыз асубтропикатә баҳча, уи аҩнуҵҟа иҟан аскульптурақәа, аӡҭачқәа, апальмақәа, аламала иуԥымло аҵлақәа. Ашьха анаараҿы иҟаҵан аӡыхәышәтәырҭа, амармалташь иалхыз англыз ваннақәа ргылан. Ақалақь аҿы иргылан – аҩнқәа, адәқьанқәа, аресторанқәа, аӷбакыдгыларҭа, ателеграф-пошьҭатә маҵзура.
Зегь реиҳа иԥшӡаз аргыларақәа ируакын аресторан «Гагрыԥшь» – (ихадоу ақалақь аблахкыгарҭа, ақалақь асимвол. Уи ахьӡ аресторан азааигәара имҩасуа аӡиас Гагрыԥшь аҟынтә иаауеит - аред.) амҿы иалху, х-еихагылак змоу, зҿаԥхьа асааҭ ду кыду ахыбра. Ажәытә жәабжь излаҳәо ала, аресторан Гаграҟа иааган хәҭа-хәҭала, иагьеибаркуп ҵәымыӷда. Изларҳәо ала, 1902 шықәсазы Парижтәи Адунеижәларбжьаратәи ацәыргақәҵаҿы иаарԥшыз аргыламҭа зегь рыла еиԥшуп. Убри ацәыргақәҵа аҟнытә апринцесса Евгениа Ольденбургскаиа лхазы иаалгеит аресторани уи иацыз ахани, аҩ-хыбрак азеиԥш архитектура рыман (ахан зеиқәымхеит, еилаҳаит. XX ашәышықәсазы, 80-тәи ашықәсқәа рзы иԥырган – аред.).
Ҳәарада, уаршанхартә иҟоуп апринц ихан: усҟан имодаз астиль модерн ала иргылаз, ақалақь иалыҳәҳәо, аӡиас Жәҩакәара аиҩхаа анаараҿы игылан. Аҩны аиҿкаашьа дахцәажәо, Клиуев абас иҩуеит: «Ауадақәеи, абанкеттә залқәеи, акабинетқәеи, ашьҭаларҭақәеи рыҟны икҿаҟаҵан аихачаԥала ирԥшӡаз амармалташьтә уаџьаҟқәа, ишьҭан џьамтәылатәи ауарҳалқәа, аҭыӡқәа рҿы – еицырдыруа асахьаҭыхыҩцәа русумҭақәа. Зыхә ҳаракыз ак акәны иҟан ижәытәӡоу абџьар реизга, аҩнымаҭәа, араӡны самоварқәа, Ольденбургаа ргерб зныз ачысмаҭәа».
Уамашәа иубаратәы иҟан, асасааирҭақәеи аресторанқәеи ахьыӡқәа рыҭараан апринц аҭыԥантәи атопонимика алихуан, иара убасгьы лассы-лассы идикылон аԥсуа ҭауадцәеи, аамсҭацәеи. Иаҳҳәап, инханы иҟоуп адокументалтә аршаҳаҭга, Топаз Инал-иԥа ҳәа аԥсыуак апринц диҭааны дшыҟаз азы. Ольденбургтәи иахь сасра ацара ҳәа иҽазыҟаҵо, иҽы акәадыр ҿыц ақәиҵеит, аӷәра ҿыц аҿеикит, ихазы акәамжәы шкәакәа арӡаны ҳазырҭрақәа аҭаны иӡахит. Аӡиас Бзыԥ дныруаз амлагәырқәа ҩба икит, урҭ апринц ҳамҭас изнеигеит. Александр Пиотр-иԥа асас даараӡа ибзианы дидикылеит, данцозгьы аҽқәа зҵакыз анемец дилижанс ҳамҭас ииҭеит.
Аҵәцақәа реинҟьабжьы, араӡны медалқәа
Акурорт аартра гәырӷьарала имҩаԥысит 1903 шықәса, ажьырныҳәа 9 рзы, аресторан «Гагрыԥшь» аҟны. «Асасцәеи адныҳәаларақәеи идкыло, Ольденбургтәи аҵәцақәа реинҟьабжьы зыҩныҩуаз аресторан аҟны раԥхьатәи аԥсшьаҩцәа иранеишьон араӡны медалқәа, аныҳәамш азы ҷыдала ичаԥаз. Амедал аҟны ианын аҳ игәыргьын, амонограмма «А.П.О.», аҩыра «Гагра 1903 шықәса». Акурорт аӡыргара хыркәшан ачыс еилаҵаралеи, аныҳәатә артиллериатә салиути, аҭыԥантәи арратә гарнизон рцеремониалтә ныҟәареи, ацқьа Ипати иуахәама аҟны имҩаԥгаз аныҳәареи рыла», – ҳәа иҩуеит Анатоли Клиуев.
Анаҩс, апринц Александр Пиотр-иԥа Ольденбургтәи иԥҳәыси иареи ԥсшьараҳәа лассы-лассы Гаграҟа иаалон, акыраамҭагьы араҟа ирхыргон. Евгениа Максимилиан-иԥҳа лшьапқәа лыхәомызт, уи азы агәыжь зҵакыз х-гьежьык зҵаз акресла ду дақәтәаны днеиааиуан. Ольденбургаа рԥа Пиотр ԥҳәыс дааигоит аимператор Николаи II иаҳәшьа гәакьа Ольга – Романоваа рыҩны аҵыхәтәантәи аҭауадԥҳа Ду.
1917 шықәсазы ареволиуциатә ҵысрақәа аналага, апринц Ольденбургтәи Урыстәылатәи Аимпериа аҟнытә дықәҵны, Финлиандиа далсны Германиаҟа дцоит. Аҵыхәтәантәи ишықәсқәа ихигеит афранцыз қалақь Биарриц аҟны. Иԥсҭазаара далҵит 1932 шықәсазы, 88 шықәса шихыҵуаз. Анышә дамадоуп дахьынхоз ақалақь аҟны, Атлантика аԥшаҳәаҿы.
Аԥсны аҭоурых аҿы Александр Пиотр-иԥа Ольденбургтәи ихьӡ наунагӡа иаанхоит Аԥсныи, Кавказтәи амшынҿықәи рҟны иреиӷьӡоу акурорттә қалақь аргылаҩ иаҳасабала.
Ахархәара змоу алитература:
- Аԥсуа биографиатә жәар.
- Станислав Лакоба. Апринц Александр Ольденбургтәи
- Анатоли Клиуев. Апринц Ольденбургтәи — акурорт Гагра «аб».
шәҭалароуп, ма шәыҽҭажәыҩроуп.