Аԥсуа-абаза милаҭ рыҿиара иацхраауа Жәларбжьаратәи ахеидкыла «Алашара» ахада, Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы Мусса Егзакь «Алашара» фышықәса ахыҵра аламҭалазы АААК аинфопортал иаиҭаз аинтервиу аҟны еиҭеиҳәеит ахеидкыла аусуреи, пхьаҟатәи гәҭакқәас иамоуи ртәы.

– Сынтәа шәара иаԥышәҵаз, хадарагьы ззыжәуа жәларбжьаратәи ахеидкыла «Алашара» фышықәса ахыҵит. Иаҳзеиҭашәҳәарц ҳҭахын абри аус ахацыркра шәшалагаз. Абас иҟоу аиҿкаара аԥҵара аидеиа шԥашәызцәырҵи?

– Абаза жәлар реизҳазыӷьара иадҳәалоу аусқәа рымҩаԥгара ҳалагахьан 2013 шықәсазы «Алашара» официалла ашәҟәы иҭаҳаҩаанӡагьы, уи акырӡа шагыз. 2011 шықәсазы еилкаахо иалагеит иаку аҳәаақәҵаратә центрк ыҟамкәа, ашәуаа ахьынхо аҵакырадгьыл аҿы ҳгәы иҭоу аусқәа зегьы рымҩаԥгара шыуадаҩхо. Убас ҳагьазааит Иавтономтәу, икоммерциатәым аиҿкаара «Алашара» аԥҵара шаҭаху, Абазашҭа инхо аԥсуа-абаза жәлар реизҳазыӷьаразы апрограмма ашьақәыргылареи анаҩс уи аларҵәареи хықәкыс иҳаманы.

– Иахьазы «Алашара» – ахықәк дуқәа зҿаԥхьа иқәзыргыло, аха еснагь қәҿиарала иагьыназыгӡо еиҿкаароуп. Ианаԥҵаз раԥхьатәи аамҭақәа рзы иарбан хыдҵақәаз хадаратәла иамаз, насгьы иарбан уадаҩрақәаз усҟан ишәԥылоз? Шәышԥариааиуаз урҭ ауадаҩрақәа?

– Усҟангьы уажәгьы ихадароу хыдҵас иҳамоу – ҳажәлар рыбзазара ахырхарҭақәа зегьы рыла ацхыраара рыҭароуп, ԥхьаҟатәи реизҳазыӷьаразы. Уи шыҟаҵатәу ҳәа хазы литературак ԥшааны узаԥхьаӡом, мамзаргьы егьырҭ ауаажәларратә еиҿкаарақәа рԥышәа рымданы ухы иузархәаӡом. Убри акәын уадаҩрас иҟаз – «Алашара» аусзуҩцәа злагоз зегьы раԥхьаӡа акәны иҟарҵон. Аха лҵшәас иҳаурц иаҳҭахыз ҳдыруан аҟнытә, насгьы гәыкала ҳажәлар ҳахьырзыҟоу иабзоураны, усҟангьы иахьагьы ицәырҵуа еиуеиԥшым ауадаҩрақәа ҳариааиуеит. Убри аҟнытә иахьа ҿыӷәӷәала иаҳҳәарц ҳалшоит амилаҭ рыҿиара аазырԥшуа иқәҿиаратәу амодель ашьақәыргылара ҳалшеит ҳәа.

– Фышықәсатәи шәусура аихшьалақәа ҟаҵо, ҳаҭала шәара хәшьарас иашәҭои «Алашара» аусура? Аԥхьа шәаналагоз шәзызхәыцуаз, ишышәҭахыз еиԥшҵәҟьа зегь ҟалеит ҳәа шәызҳәома? Шәыззыԥшыз нагӡахама, мамзаргьы шәыззыԥшыз инахыҳәҳәо алҵшәақәагьы шәоузар?

– Ҳусура даараӡа ибзиоуп ҳәа ахәшьара асҭаӡом, «Алашара» алахәцәа рыҽдырҭынчцәар ҳәа сшәоит аҟынтә, аха иааидкыланы уахәаԥшуазар, алҵшәақәа цәгьам ҳәа уҳәартә иҟоуп. «Алашара» еснагь аҿиарамҩа иануп, ус анакәха еиԥҟьарада ԥхьаҟа ицоит, убри аҟнытә ҳаҟәшақәа зегьы русура аоптимизациа азаҳуеит. Иаҳҳәап сынтәа иаԥҵан астурктуратә ҟәша ҿыц – Ахада иаппарат, уи хықәкыс иамоуп есышықәсатәи аусуратә планқәа рышьақәыргылара, ауаҩытәыҩсатә, аматериалтә ресурсқәа еффективла рхархәарала аусура аиӷьтәра, иара убас агәыԥ зегьы русура азеиԥш ҳәаақәҵара аҭара. Есышықәса иҳадаҳкыло аҿиара апрограмма есааира ихаҭәаахоит акрызҵазкуа, зынагӡарагьы мариам аусмҩаԥгатәқәеи апроектқәеи рыла.

Фышықәса рышьҭахь хьаҳәхьачарада исҳәар сылшоит раԥхьатәи ҳагәҭакқәа наӡеит ҳәа, убри аҟнытә аханатә иалҳхыз амҩала ҳцоит – абаза жәлар рбызшәеи, ркультуреи, рытрадициақәеи рыхьчара хықәкыс иҟаҵаны.

– Фышықәса рыла «Алашара» ахықәкқәеи ахыдҵақәеи рҽышԥарыԥсахи? Насгьы иарбан шәеиҿкаара зегь реиҳа ихадароу ҵакыс иамоу, ҩажәа шықәса рышьҭахьгьы ԥсахрада иаанхо?

– Ҳхықәкы хада – аԥсуа-абаза жәлар рхаҭарнакцәа зегьы аӡәыцыԥхьаӡа ақәҿиарақәа роуа иҟаларц ауп. Уи иаанаго – доусы иҭахызароуп аҵара бзиа иманы, доуҳала дбеианы дыҟазарц; ижәлар рҟны ҿырԥшыс дҟарҵо, ижәлар дырхаҭарнак иашахо, абиԥарала иҳауз абызшәеи, акультуреи, аҵасқәеи рыхьчара адагьы, аԥсуааи ашәуааи ахьынхозаалак ақьаиреи агәыразреи раларҵәара дазхиазароуп. Ҳажәлар абас иҟоу ахаҭарнакцәа рыла ишьақәгылар, ҳакәша-мыкәша иҟоу адунеи еиӷьаҳтәырц алшара ҳауеит.

Фышықәса рышьҭахь абри ҳхықәкы шыҟац иҟоуп, 20, 50, ма 100-шықәса рышьҭахьгьы, агәра ганы сыҟоуп убасҵәҟьа ишаанхо. Аԥсуа-абаза жәлар – ҭаацәарак ҳауп, ус анакәха ҳазегь аҭакԥхықәра ҳадуп уи арӷәӷәареи аҿиареи рзы.

– «Алашара» аӡбахә анаҳҳәо, раԥхьаӡа иргыланы ҳхаҿы иааиуа – уи еиднакыло хҭак еицҭазыршәуа ауаа роуп. Дареи шәареи мҩа дук шәеицанысит. Шәгәанала, ахеидкылақәа ақәҿиара анроуа, уи иалоу ауаа иабанӡарыбзоуроу? Иарбан уаҩытәыҩсатә ҟазшьақәоу иаҳа азҿлымҳара зышәҭо, аусзууҩ ҿыц идкылараан?

– Ақәҿиара зыбзоуроу ауаа аӡәыкны реидгылароуп. Ажәлар ртәгьы анаҳҳәо, убас иаӡәыкзароуп. Ҳкомандахь ауаа рыдкылараан раԥхьаӡа иргыланы ҳазхәаԥшуа – системала аусура азхиареи, аҭышәынтәалареи, аҭакԥхықәреи роуп. Ауаҩы еиликаауазароуп иара иџьабаа ахаҭабзиареи, аҵыхәтәан иҳауа алҵшәеи шеибарку, ус анакәха жәлар рыҿиарагьы иузаҟәымҭхо ишадҳәалоу.

Ҳусзуҩцәа зегьы еизҳауеит доуҳалеи профессионаллеи. Ҳазҿу аус ажәлар реизҳазыӷьара иахьазку азы даргьы иреиӷьӡоу рыуаҩышәаратә ҟазшьақәа шәуеит.

– Жәларбжьаратәи ахеидкыла «Алашара» иреиҳаӡоу еихьӡарас ишәыԥхьаӡои?

– Бзиарас иҟоу зегьы иреиҳау – акзаареи аидгылареи шакәу аилкаара ауп. Ауаа агәахәара роуа иалагеит еидгыланы апроблемақәа еицырыӡбо, еибабо ианалага. Ҳара еилаҳкааит ҭаацәара дукны ҳшыҟоу, доусы илагала – зегьы ишрыхәо. Еилаҳкааит ҳгәыла бзиарак изыҟаҳҵар, ҳхаҭақәагьы иҳахәара шыҟаҳҵаз. Ашьыжь аҩны уанаадәылҵуа, угәыла данубалак гәыкала «Шьыжьбзиа! Сабауцхраари?» ҳәа иауҳәар уҭаххоит.

Ауаа зынӡа даҽа еизыҟазаашьақәак рыбжьалеит, аицхыраара, акзаара агәахәара унаҭоит. Ажәа хаак ҳҳәандаз ҳәа ҳаҟоуп еснагь, уи ҳзырҳәаша аус бзиақәа ҳрышьҭоуп. Ҳажәлар рхаҭарнакцәа ахьынхо аҭыԥқәа зегьы рҟны системала аус шаҳуц иаҳуеит, иреиӷьӡоу ауаҩытәыҩсатә ҟазшьақәа ԥхьаҟагьы раарԥшразы, ауаа ргәалаҟареи, иааидкыланы рыԥсҭазаара ахаҭабзиареи реиӷьтәразы.

– Шәхеидкыла имҩаԥнагахьоу апроектқәа рҟынтә иарбан зегь реиҳа зымҽхак ҭбаау?

– Амҽхак адура ахьыҟоу ҳгәыԥ зегьы еихсыӷьра зқәым есыҽнытәи русураҿоуп, уи аусура алҵшәақәа шамоу аарԥшхоит есымзатәи, есышықәсатәи аҳасабырбақәа рҿы. Иџьабаауп, аха џьабаада иарбанзаалак аус лыҵшәадахоит. Егьыс мҽхакыҭбаалатәи усмҩаԥгатәыс иаҳаԥхьаӡо иреиуоуп Абаза жәлар рыхәмаррақәеи, Аԥсуа-абаза жәлар ркультура амши. Есышықәса урҭ мҩаԥысуеит ԥхынгәымза анҵәамҭазы, иагьеизыргоит ауаа рацәа, ҳажәлар рхаҭарнакцәа аауеит ааигәатәи ақыҭақәа рҟынтә еиԥш, адиаспорақәа рҟынтәгьы, иара убас иаҳҭаауеит Ҟарачы-Черқьессиа ауааԥсыреи асасцәеи.

Абаза жәлар рыхәмаррақәа, ақыҭа Инџьықь-Ҷкәын, Ҟарачы-Черқьесиа, ԥхынгәымза, 2018 шықәса
Абаза жәлар рыхәмаррақәа, ақыҭа Инџьықь-Ҷкәын, Ҟарачы-Черқьесиа, ԥхынгәымза, 2018 шықәса
Сынтәа ашьапылампылтә турнир аҟны аиааира агеит Инџьықь-Ҷкәынтәи акоманда. Иагьанаршьеит иҷыдоу аҳамҭа – Тарас Шамба ихьӡ зху ахраҿа.
Сынтәа ашьапылампылтә турнир аҟны аиааира агеит Инџьықь-Ҷкәынтәи акоманда. Иагьанаршьеит иҷыдоу аҳамҭа – Тарас Шамба ихьӡ зху ахраҿа.
© Ҭемыр Тургунов
Аԥсуа-абаза хәмаррақәа рылахәцәа анашьаратә церемониа ашьҭахь. Аӡәырҩы рылаӷырӡ рызнымкылеит.
Аԥсуа-абаза хәмаррақәа рылахәцәа анашьаратә церемониа ашьҭахь. Аӡәырҩы рылаӷырӡ рызнымкылеит.
© Ассоциациа «Алашара»
Еиуеиԥшым атәылақәа рҟынтә иааз хышәҩык инареиҳаны аԥсуа-абаза жәлар рхаҭарнакцәа еицлабуан амилаҭтә хәмаррақәа рҟны ихадоу ахраҿа агаразы.
Еиуеиԥшым атәылақәа рҟынтә иааз хышәҩык инареиҳаны аԥсуа-абаза жәлар рхаҭарнакцәа еицлабуан амилаҭтә хәмаррақәа рҟны ихадоу ахраҿа агаразы.
© Ҭемыр Тургунов
Сынтәагьы егьырҭ ашықәсқәа рзеиԥш амилаҭтә хәмаррақәа ирылахәын  Аԥснытәи еизгоу акоманда, сынтәа аԥсуа спортсменцәа аспорт хкқәа зегьы рҟны рхы аадырԥшит.
Сынтәагьы егьырҭ ашықәсқәа рзеиԥш амилаҭтә хәмаррақәа ирылахәын Аԥснытәи еизгоу акоманда, сынтәа аԥсуа спортсменцәа аспорт хкқәа зегьы рҟны рхы аадырԥшит.
© Ҭемыр Тургунов
Абаза доуаԥшьқәа аидара дыршәуеит.
Абаза доуаԥшьқәа аидара дыршәуеит.
© Ҭемыр Тургунов
Афестиваль иалахәызи исасцәаны уи иаҭаази ашаха ахара лымкаала иргәаԥхеит. Афотосахьаҟны: аԥсуа команда алахәцәа.
Афестиваль иалахәызи исасцәаны уи иаҭаази ашаха ахара лымкаала иргәаԥхеит. Афотосахьаҟны: аԥсуа команда алахәцәа.
© Ассоциациа «Алашара»

Абаза жәлар рыхәмаррақәа – зымҽхак дуу спорттә еицлаброуп, агәызҩыдаратә ԥсҭазаашьа алазырҵәо, амилаҭтә хәмарра хкқәа еиқәзырхо, изырҿио усмҩаԥгатәуп.

Акультура амш уажәшьҭа ишаԥу еиԥш Черқьесск ацентртә парк аҟны имҩаԥысуеит. Амилаҭтә ашәақәеи, акәашарақәеи, ачысқәеи, ацәыргақәҵақәеи, атеатри, анапҟазареи, атрадициатә костиумқәеи – абри зегьы ҽнак ала иубартә алшара ыҟоуп. Ари амш – ныҳәа дууп Ҟарачы-Черқьессиа атәылауааи асасцәеи зегьы рзы. Абаза жәлар ркультура амш ԥхынгәы 23 рзы иахьазгәарҭо машәырӡам. Абри аҽны Аҟәа иазгәарҭоит Аԥсны аҳәынҭқарратә бираҟ амш. Ҳаргьы адунеи зегьы идҳарбоит аԥсуа-абаза жәлар аӡәыкны ҳшыҟоу, бираҟк шаҳхашәыршәыруа, уи даараӡа ҳгәы аладууп.

– Иарбан проектқәоу иааиуа ахәышықәсазы иазԥхьагәаҭаны ишәымоу?

– Ҳхеидкыла априоритеттә хыдҵақәас ишыҟоу иаанхоит ҳажәлар рбызшәеи, ркультуреи, рҵасқәеи реиқәырхара, реизырҳара. Убри инамаданы ҳара иацаҳҵоит абызшәатә курсқәа русура, абаза бызшәа зҵарц зҭаху зегьы рзы иаартуп; акьыԥхьтәи, аудио-видео материалқәа ҭҳажьуеит абаза бызшәа арҵаҩцәеи афилологцәа қәыԥшцәеи ирыцхыраагӡахарц, хкырацәала егьырҭ ауснагӡатәқәагьы мҩаԥаҳгоит ахатәы бызшәа аларҵәара иазынархоу.

«Алашара» игәцаракны иазнеиуеит ауаажәларратә еилазаара аҿиара азҵаарагьы. Уажәазы иприоритеттәу зҵаараны ҳҿаԥхьа иқәгылоуп Абаза жәлар рмилаҭтә фонд аусура арҭбаара, уи аҳәаақәа ирҭагӡаны ашәуа қыҭақәа руааԥсыра аԥара еизганы рхаҭақәа ирыӡбоит иахьнырхша.

Аспорт арҿиареи агәызҩыдаратә ԥсҭазаашьа аларҵәареи – «Алашара» аусура ахырхарҭақәа иреиуоуп, уи рнапы алакуп ахеидкылаҿы иаԥҵоу аспорти амедицинеи рыҟәшақәа. Ҟарачы-Черқьесиа иахьаҵанакуа аспорттә, акультуратә-гәызҩыдаратә обиектқәа ҳаргылоит, аԥсуа, абаза спортсменцәа ацхыраара раҳҭоит, амедицинатә цхыраара ахаҭабзиара еиӷьаҳтәуеит, амедицинатә усбарҭақәа рҿеиԥш ашколқәеи ахәыҷбаҳчақәеи рҟынгьы.

Евразиатәи аонкологиа афедерациа иҳацымҩаԥнаго акциа «Аонкологиатә чымазарақәа заатәи рдиагностика» ҵыԥх Кара-Пагәа ақыҭан имҩаԥаҳгеит, ҳаԥхьаҟа егьырҭ ақыҭақәа зегьы рҿгьы амҩаԥгара ҳгәы иҭоуп.

Ахеидкыла аҟәша «Аҭаацәеи ахәыҷқәеи» ашәуа қыҭақәа рҟны иаԥҵоу Аҳәса ркоординациатә хеилаки русура иацырҵоит атрадициақәа реиқәырхареи ахшара рацәа змоу аҭаацәара ахыԥша аӡыргареи аганахьала.

Аҿар ирызку аҟәша аҭоурыхтә ныҟәарақәа мҩаԥнагалоит «Ҳабдуцәа рышьҭала» ҳәа хьӡыс измоу, иара убас акультуреи, аҵасқәеи, ахатәы бызшәеи рдырра ахьынӡаҳараку аазырԥшуа аинтеллектуалтә хәмаррақәа мҩаԥнагоит; иалахәхоит аҿар рыҿиара иазынархоу арегионалтә, афедералтә программақәа, ауаҩы ихаҭара ашьақәырӷәӷәара иазку апроектқәа мҩаԥнагоит. Абарҭ аусхкқәа зегьы ҵакыс ирымоу ақәыԥшцәа рылаԥшҳәаа арҭбаареи, адырра ҿыцқәа раиуреи рҿы ацхраара рыҭароуп.

ИАЕ «Алашара» аинформациатә аиурситтә ҟәшақәа ракәзар, ашәуа уааԥсыра аинформациа роура еиӷьнатәлоит, ашьагәыҭтә милаҭ маҷ рзинқәа рыхьчара иацнаҵалоит.

Уажәазы аус здаҳуло апроектқәа рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп «Абаза жәлар рашәаҳәаратә, рыкәашаратә фестиваль», «Абаза ашықәс ашәа», Ельбырӷан ақыҭан аетнографиатә музеи аргылара уҳәа убас ирацәаны.

Ҳнапы злаку апроектқәа иаҳа инартбааны иубар улшоит ишьақәырӷәӷәоу 2019 шықәсазтәи «Алашара» аусуратә план аҟны.

– «Алашара» ахадас шәыҟанаҵ, Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩыс шәалхын. Аамҭа кьаҿк иалагӡаны арҭ аҩ-еиҿкаарак еицымҩаԥыргаз апроектқәа ыҟоуп. Урҭ рыӡбахә ҳзеиҭашәҳәар ҳҭахын.

– АААК Аԥҟаԥҵәа инақәыршәаны, «Алашара» – ҳәарадатәи Аконгресс апартниорс иқәгылоит. «Алашара» иалоу зегьы Аконгресс иахәҭакуп, Аконгресс иалахәугьы – убас. Убри аҟнытә инаҳагӡо апроектқәа зегьы еицеиԥшуп ҳҳәар ҳалшоит: еснагь аинформациа еимаҳдоит, ҳԥышәеи ҳагәҭакқәеи еимаҳдоит. Аҩ-еиҿкаарак рҟны аструктуратә ҟәша ҿыцқәа аԥҵоуп – аусура ҳәаақәызҵо аппаратқәа.

– Аԥсны имаҷым ауаажәларратә еиҿкаарақәа, ауааԥсыра рҭахрақәа инарықәыршәаны еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рыла қәҿиарала аус зуа, аха иахьазы «Алашара» иаҩызоу, иуниверсалтәу хеидкылак ҳԥымлар ҟалап: амедицинеи алитературеи, аспорти аекологиеи, абызшәа аиқәырхара азҵаареи ақыҭауаа рзы аусурҭа ҭыԥқәа рыԥшаара азҵаареи – зегьы неибеиԥшны изыӡбаша. Иаҳҳәар ауама «Алашара» регионалтә ҿырԥштәуп ҳәа Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс аусуразы, аха уи аан адунеи зегь амҽхакны ҳәа?

– Иаҳҳәар ҟалоит, иагьҳәатәуп абарҭ ашықәсқәа ирылагӡаны аус ауеижьҭеи «Алашара» иарҳаз аԥышәа – амилаҭ рыҿиара аус аҿы зеиӷьыҟам ҿырԥшы бзиоуп ҳәа, уи адунеи егьырҭ ажәларқәагьы рхы иадырхәар рылшоит. Аконгресс аусура «Алашара» амодель шьаҭас иамоуп, уи аԥышәа иқәныҟәоит, уажәнатәгьы иааԥшхьеит Аԥсны аҵакырадгьыл аҿы ари амодель қәҿиарала аус шауа. Ҳаԥхьаҟагьы абас еиԥш ҳусура иацаҳҵоит аԥсуа-абаза жәлар рхаҭарнакцәа ахьынхо егьырҭ аҭыԥқәа рҟынгьы.