Зыхьӡ нагоу алингвист, кавказҭҵааҩы Николаи Марр иҭҵаарадырратә ҭынха аҵарауаа еиуеиԥшымкәа иазнеиуеит, иара Марр ихаҭарагьы убас, аха ус шакәугьы, иара, жәаҳәарада, иналукааша ҵарауаҩ дуун, аԥсуаҭҵаараҿгьы ишьҭа анымҵуа инижьит. Ԥхынҷкәын 25 иара имшироуп.

Арифа Қапԥҳа

Николаи Марр диит 1864 шықәса, ԥхынҷкәын 25 рзы Қәҭешь ақалақь, ашотланд Иаков (Џьеикоб) Монтегиу-Марри ақырҭуа ҭыԥҳа Агафиа Магәлариеи рҭаацәараҿы. Аха арҭ аҩыџьа ҭаацәароуп ҳәа рызҳәара акыр игәаӷьыуацәан. (Аҧсуа биографиатә жәар аҵыхәтәантәи аредакциа инақәыршәаны иарбоу иирамш, аха егьырҭ ахыҵхырҭақәа шьоукы рҿы даҽа рыцхәқәакгьы уҧылоит - аред.)

Иаков акыраамҭа Қырҭтәыла дынхон, ачаиааӡара инапы алакын. Уа дахьыҟаз 60 шықәса рыла иеиҵбыз ақырҭуа ҭыԥҳа дааигеит: усҟан иара 80 шықәса ихыҵхьан. Уимоу, Иакови Агафиеи рбызшәагьы еибакуамызт: иара англыз бызшәалеи афранцыз бызшәалеи дцәажәон, ақырҭшәа издыруамызт, лара лакәзар – ақырҭшәада егьырҭ абызшәақәа лаҳауамызт. Абас абызшәа аганахьалагьы иџьоушьаратә иҟаз аҭаацәараҿы диит заԥхьаҟа илингвистхашаз Николаи Марр. Ан лԥа лыԥсы зегь иҿҳәаран, даара дихӡыӡааны длааӡон, агәра лгон зегьы дызларылукааша ак илоуп ҳәа. Марр ихатәы бызшәас ииԥхьаӡоз ақырҭшәа акәын, аха Бриатниа Ду датәылатәын.

Абызшәақәа разҿлымҳара

Марр дшыхәыҷӡаз атәым бызшәақәа рҵараҿы абаҩхатәра дуӡӡа ааирԥшуан. Аурысшәа ҵаны, аҩбатәи акласс аҿы дыштәаз уи абызшәала раԥхьатәи ашәҟәы даԥхьеит. Аҵара ахьиҵоз Қәҭешьтәи агимназиахь даара имаҷны дныҟәон, зны-зынла асеместрқәа шеибгазгьы ибжьаижьуан, аха убас шакәызгьы, абызшәақәа рыла ахәшьара ҳаракӡақәа иманы класск аҟынтә даҽа класск ахь диасуан. Абызшәақәа иара ихала иҵон. Еиҳаракгьы абырзенн бызшәа гәцаракны иман. 1884 шықәсазы Никәа Марр хьтәы медалла агимназиа далган, Петербургтәи ауниверситет иатәу мрагыларатәи абызшәақәа рфакультет дҭалоит.

Марр данстудентыз аамҭак ала мрагыларатәи абызшәақәа рфакультет иамаз аԥшь-ҟәшак рахь аныҟәара иҽахьигӡон. Абраҟагьы аҭыԥ аман иахьынӡауа ирацәаны абызшәақәа рҵара дахьаҿыгәҳәаауаз. Афакультет аҿы иддырҵоз абызшәақәа зегь иҵеит. Истудентра ашықәсқәа раангьы ихаҿы иааит аидеиа, кавказ бызшәақәа, хаҭалагьы ақырҭшәа, асемит бызшәақәа иргәыцхәуп ҳәа. Абри игәаанагара нас дышнеи-шнеиуаз иԥсҭазаараҿы зегь реиҳа ихадараз теорианы иҿиеит.

Ауниверситет даналга аамышьҭахь, заԥхьаҟа иҵарауаҩхараны иҟаз Марр Петербургтәи ауниверситет аҟны ақырҭуа, аерман бызшәақәа ркафедраҿы рҵаҩыс даанхоит. Аамҭак ашьҭахь иара ари ауниверситет дапрофессорхоит, 1911 шықәсазы – Мрагыларатәи афакультет адеканс дҟалоит.

Марр иара иаамҭазы зегь реиҳа хьӡи-ԥшеи змаз мрагылараҭҵааҩцәа дыруаӡәкын. Иара еиҟараны дрызҿлымҳан ажәытә ақырҭуа ҭоурыхтә материалқәа реиԥш ажәытә аерман материалқәагьы, аҳәаанырцәҟа маҵураныҟәарала данцоз аҭҵааратә аартрақәа ҟаиҵон, иаҳҳәап, Синаи, Египет даныҟаз, мамзар Ермантәыла ажәытә ҳҭнықалақь Ани аҟны, Иерусалим уҳәа. Кавказҭҵаара иазку иусумҭақәа даара рыхә ҳаракны иршьоит, урҭ рахьтә шьоукы-шьоукы классикатәуп ҳәа иԥхьаӡоуп, абызшәадырреи алингвистикеи рганахьала иусумҭақәа ус узырзымҳәозаргьы.

«Ихагоу» атеориа

Николаи Марр «иҿыцу абызшәадырра» аԥҵаҩыс дыԥхьаӡоуп, уи даҽакала «аиафет теориа» ҳәагьы иашьҭоуп – Абиблиа иалоу Нои ахԥатәи иԥа Иафет ихьӡ иахаршаланы. 1923 шықәсазы Марр ицәыригаз итеориа инақәыршәаны, адунеи абызшәақәа зегьы «ԥшь-елементк» ирхылҿиааит. «Аиафет бызшәақәа» генетикатә акзаарак еиԥш акәымкәа, акласстә акзаарак еиԥш ирыхәаԥшуп. Абасала, Марр излаилшоз ала абызшәадырреи усҟан аӷәӷәахара иаҿыз амарксизми еидиҳәалар иҭахын. Марр «аиафет бызшәақәа» ирхиԥхьаӡалон ақырҭшәа, агыршәа, ашәаныуа бызшәа, аҷан бызшәа, ашьҭахь даҽа акык-ҩбак иԥсхьоу абызшәақәагьы уахь иалаиҵо далагеит, урҭгьы асемит бызшәақәа ирзааигәоуп ҳәа ыршаҳаҭуа.

Егьырҭ аҵарауаа-алингвистцәа Марр игипотезақәа акритика ӷәӷәа иахрыжьуан, аҭҵаарадырра иаҿагылоит, «чмазаратә хыҭҳәаауп» ҳәа рзырҳәон. Николаи Марр ипсихика аганахьала ауашәшәырақәа имазар ҟалап ҳәа гәҩарас дҟарҵо иалагеит, аха ус иҟаҵәҟьазу, иҟамзу аӡәгьы ишьақәимыргылеит.

Аамҭак азы Марр итеориа ақәҿиареи азхаҵареи аманы иҟан, Асовет Еидгыла ахада Иосиф Сталин адгылара аиҭеит аҟынтә. Уи Марр итезисқәа ахархәарагьы риҭеит 1930 шықәса ԥхынгәымзазы имҩаԥысыз Аидгылазегьтәи акоммунистцәа рпартиа жәафтәи реизара ду аҿы иқәгылараан.

Аԥсуа бызшәа аҭҵаарақәа

Академик Марр ихьӡ ҳаҭыр ду рзақәуп Аԥсны. Аԥсуа бызшәеи алитературеи ракадемиа аԥҵара иара иахьибзоуроу рацәоуп. Ишдыру еиԥш, Марр аԥсуа бызшәагьы инарҭбааны иҭиҵаауан. 1912 шықәса аԥхынразы Шәантәыла имҩаԥысыз археологиатә експедициа ашьҭахь иара Аԥсны даҭааит. Дырмит Гәлиеи, Ниқәа Џьанашьиеи, Николаи Патеиԥеи, Пиотр Ҷараиеи егьырҭ аҭыԥантәи аҵарауааи дрыцны иара акыраамҭа дыҟан Кәыдрытәи ауезд иатәыз Џьгьарда ақыҭан, Ашәы Ҳабыџь иҭаацәараҿы. Абраҟа раԥхьаӡа акәны аԥсшәа илымҳа иҭасит, иара ихаҭа ишиҳәаз алагьы, «аԥсуа бызшәа џьгьардатәи ацәажәашьа еиликаауа аҟынӡагьы днеит».

Аԥснытәи ССР ахада Нестор Лакоба иахь ииҩыз асаламшәҟәаҿы Марр иазгәеиҭоит Ареспубликаҿы хымԥада ишаԥҵатәу аҭҵаарадырратә лингвистикатә еилазаара.

«Аҭҵааҩцәа реилазаара рӷәӷәатәуп, еиҳаракгьы ауаҩи, абызшәеи аепоси, афольклори, ажәлар рҳәамҭақәеи, рашәақәеи, рлакәқәеи, рҵас-қьабзқәеи уҳәа ирызку аҭҵаарақәа мҩаԥызго рыбжьара, аматериалтә культура абаҟақәа рыҭҵаара знапы алаку инараҟараны. Зынӡа ибзиахон АбНО (1920 шықәсазы иаԥҵаз аԥсуа ҭҵаарадырратә еилазаара – аред.) аԥсуаҭҵааратә секциа иаарласны хыбрак рзыԥшаазҭгьы, убраҟа абызшәадырратә, аетнографиатә, археологиатә ҭҵаарақәа рымҩаԥгаразы алабораториа еиҿкаазарц», – ҳәа иҩуан Николаи Марр Нестор Лакоба иахь.

1925 шықәса, жьҭаара 11 рзы иаартын Абызшәеи алитературеи ракадемиа (уи ашьҭахь даара акырынтә ахьӡ ԥсахын, иахьазы – Д. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт ауп – прим. ред.). Николаи Марр ари академиа ҳаҭыр хьӡыла ахантәаҩыс дҟалеит, егьыс ахантәаҩыс даман Андреи Ҷоҷуа, усзуҩцәас иҟан Дырмит Гәлиеи Константин Ковачи.

1912 шықәсазы аԥсуа бызшәа аҵара иалагаз Марр иусумҭақәа жәпакы аԥсуаҭҵаара иазикит: «Аԥсуаҭҵаареи аԥсуааи», «Ҩ-елементк рыла ишьақәгылоу аԥсуа ажәақәа рҟынтә», «Кавказҭҵаареи аԥсуа бызшәеи», «Амыругатәи аханатәтәи ападежқәа аԥсшәеи аҟабарда бызшәеи рҿы», «Адунеи амҽхак аҭаны абызшәадырра азҵаара ақәыргылареи аԥсуа бызшәеи», «Аҟәеи Тҟәаԥси».

1926 шықәсазы Марр иҭижьуеит «Аурыс-аԥсуа жәар», иара убас еиқәиршәеит алатин шьаҭа змаз аԥсуа аналитикатә алфавит, 77 нбан рыла ишьақәгылаз. Ари алфавит аамҭақәак рзы ахархәара аман, еицырдыруа арккаҩы, аԥсуа литература ауасхыршьҭаҵаҩ Дырмит Гәлиа дназлаз аԥсуа ҵарауаа гәыԥҩык уи маншәалам ҳәа ахырҳәаанӡа. Абригьы ицәырҵлоз егьырҭ аивгарақәеи рымшала Гәлиеи Марри реизыҟазаашьақәа аибарххара рыбжьалеит.

«Даара иханагалоз, амца зыӷраз, ганрацәала, инарҵаулангьы аҵара змаз уаҩын, – ҳәа иҩуан Гәлиа Марр изкны. – Иара иҳадигалаз алфавит, Кавказ ареспубликақәа жәпакы ирыдыркылаз, сара ҿааҳәырада саҿагылеит. Абри амшалагьы иаразнакала ҳаизыҟазаашьақәа хьшәашәахеит. Аԥсны аиҳабыра Марр иалфавит аларгалеит. Аха аамҭа иаҳнарбеит ари ҳаиҿыхараҿы Марр дышиашамыз – иалфавит шықәсқәак роуп иахьнеиз, нас иҟамызшәа ииаӡааит».

Аԥсны аҳҭнықалақь Аҟәа амҩадуқәа руак Николаи Марр ихьӡ ахуп. Араҟа ибзианы иргәалашәоит, ҳаҭыр дулагьы иршьоит иара аԥсуа бызшәа гәцаракрала дахьазнеиуаз, адунеи аҿы ижәытәӡатәу абызшәақәа инарываргыланы дахьахәаԥшуаз.

Аимператортә ҭҵаарадырратә академиа алахәыла, Аматериалтә культура аҭоурых аҳәынҭқарратә академиа адиректор, Петроград ақалақь аҟны Аиафет институт аԥҵаҩы

(1921 ш.), Асовет Еидгыла Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа ахада ихаҭыԥуаҩ – абри зегьы Николаи Марр изкуп. Иара иԥсҭазаара аӷьырак Петербург ихигеит, идунеи иԥсахит 1934 шықәса, ԥхынҷкәын 20 рзы. Анышә дамадоуп Александро-Невскаиа Лавра аҟны.

Ахархәара змоу алитература:

· Аԥсуа биографиатә жәар

· А.К. Ҳашба «Академик Н. И. Марр – аԥсуаа рбызшәеи рҭоурыхи иазкны ииҳәаз»