Аҧсны ашколқәа рҿы аҵарашықәс аниас ашьҭахь, АААКи Аҧсны Агәабзиарахьчара аминистрреи адиспансеризациа актәи аетап хдыркәшеит.

Актәи ашықәсбжа иазҧхьагәаҭаз ақыҭақәа рыҟнытә, адиспансеризациа хыркәшан Дәрыҧшьтәи ашкол аҵаҩцәеи арҵаҩцәеи рыла. Урҭ азеиҧш ҭҵаареи ашьақар аҩаӡара аилкаареи рзы ршьа арҭеит, иара убасгьы ачымазарақәа ралмыршареи заанаҵ рышьақәыргылареи хықәкыс иҟаҵаны, комплексла ргәабзиара ҭырҵааит. 

Ашколхәыҷқәа ргәабзиара агәаҭара иалахәын ахәыҷтәы ҳақьымцәа Рогова Наталиеи, Оҭырҧҳа Аделинеи, аендокринологцәа Анқәабҧҳа Ренатеи, Џьыкрҧҳа Ҳамидеи, аблаҳақьым Сангәлиаҧҳа Фатимеи, акардиолог Лакрба Оксанеи, аотоларинголог  Мқанҧҳа Ланеи, УЗИ-адиагност  Габова Ларисеи, аневрологцәа Конџьариаҧҳа Саидеи, Хәаџьааҧҳа Альбинеи, ауролог Шамба Ҳаџьараҭи, ареабилитолог Агрба Арзадини, иара убасгьы «ЭКГ» аспециалист Џьопуаҧҳа Елла Руслан-иҧҳаи. 

Аҵареи, асоциалтә активреи, агәабзиарахьчареи рзы АААК аҟәша аспециалист Наур Хышба еиҭеиҳәеит апроект анхацыркыз инаркны, иахьа уажәраанӡа адиспансеризациа алҵшәақәа зеиҧшроу. 

«Зеиҧшла, апроект анхацыркыз инаркны, иахьа уажәраанӡа амедицинатә гәаҭара иахысит 2100-ҩык инарзынаҧшуа ақыҭауаа - ашколтә қәра иаҵанакуа ахәыҷқәа, иара убасгьы 300-ҩык инарзынаҧшуа арҵаҩцәа. Апроект аус адаҳулоижьҭеи Аҧсны иахьаҵанакуа 24 қыҭа ҳархысит. Сынтәа - 5-қыҭак ҳарҭааит. Мҽхакыҭбаала имҩаҧаҳго аусураҿы иҳацхрааит 90-ҩык инареиҳаны амедицинатә специалистцәеи, 50-ҩык инареиҳаны аволонтерцәеи», – иҳәеит иара. 

АААК 2024 шықәсазы имҩаҧнагаз адиспансеризациа актәи аетап аихшьаалақәа ҟанаҵоит

Апроект аиҿкааразы алшара ахьаҧиҵаз азы, Хышба хазы иҭабуп ҳәа иеиҳәеит АААК ИА ахантәаҩы Мусса Егзакь, иара убасгьы иазгәеиҭеит АААК аколлектив иаадырҧшыз адгылара.

«Иара убасгьы, иазгәасҭар сҭахуп, 2024 шықәсазы мызқәак ирылагӡаны имҩаҧгаз аусура аҳәаақәа ирҭагӡаны, апроект анагӡара ишахҭынҵаз 700 нызқь мааҭ инареиҳаны АААК ИА ахантәаҩы Мусса Егзакь ихатә ҧарақәа. Адиспансеризациа амҩаҧгаразы ҳҭыҵцҧхьаӡа аҳақьымцәа ирыдтәалоуп АААК аофис аусзуҩы ма аволонтер. Урҭ, аҳақьым иажәақәа рыла апациент игәабзиара аҭагылазаашьа ашәҟәы ианырҵоит. Анаҩс, урҭ адыррақәа аус рыдуланы ахәыҷқәа хаҭа-хаҭала арызныҟәаразы араионқәа рҿы иҟоу ахәыҷтәы ҳақьымцәеи, Аҧсны Агәабзиарахьчара аминистрреи ирзыршьҭуеит, избанзар лассы-лассы ишаҳҳәо еиҧш - адиспансеризациа, ари ауаажәлар ргәабзиара аҭагылазаашьа аилкааразы зҵакы дуу хыҵхырҭоуп. Урҭ адыррақәа рыбзоурала аҳәынҭқарра иааиуа 5-10 шықәса ирылагӡаны имҩаҧнагараны иҟоу аусура азҧхьагәанаҭоит», - иҳәеит иара.

Аҵареи, асоциалтә активреи, агәабзиарахьчареи рыҟәша аиҳабы Изольда Ҳагҧҳа апроект анагӡара алзыршаз, ацхыраара ду ҟазҵаз аспециалистцәа зегьы иҭабуп ҳәа ралҳәеит. 

«Зыда ари аус алымшоз уаауп иҳарҭаз ацхырааразы иҭабуп ҳәа заҳҳәо аҳақьымцәеи, Аҧсны Агәабзиарахьчара аминистрреи, хаҭала иаҳҳәозар, Саида Иури-иҧа Делҧҳа, Есма Иури-иҧа Гәниаҧҳа, зхаҭабзиара ҳараку анализқәа ҳзыҟазҵо алабораториа «Medlife». Иара убасгьы, иҭабуп ҳәа расҳәоит «Альба-мед» ацентри, аҳақьымцәа рыдагьы, лассы-лассы еиуеиҧшым атехникала иҳацхраауа уи анапхгаҩы Альбина Хәаџьааҧҳаи. Иҳәоу инацҵаны, иҭабуп ҳәа расҳәоит еиҧмырҟьаӡакәа адгылара ҳазҭоз Адунеизегьтәи аҧсуа-абаза конгресс аҟнытә сколлегацәеи, апроект алыршара иацхрааз АААК ИА ахантәаҩы Мусса Егзакьи», - лҳәеит лара.

Ҳагҧҳа лажәақәа рыла, хыҧхьаӡара рацәала ауаа ари апроект рҽхәаны рыбжьы ақәдыргоит, ирацәаҩуп адиспансеризациа аҳәаақәа ирҭагӡаны ргәабзиара иадырбалаз апроблемақәа зхәшәтәуагьы. Еиуеиҧшым ашьақәҟьарақәа ианаамҭоу рышьақәыргылареи, аспециалистцәа рабжьгарақәа арықәныҟәареи – ахәыҷи, аҭаацәареи, амилаҭи ргәабзиа алыршаразы ихымҧадатәиу шьаҿоуп. 

«Ҷыдала ҳаигәырӷьаны иазгәаҳҭоит, имҩаҧаҳгаз агәаҭарақәа рашьҭахь аоперациақәа ҟазҵаз шырацәоу, имаҷым ихарҭәаау агәаҭара иахысызгьы, аҭаацәа рхәыҷқәа рхәышәтәуеит. Иара убри азоуп ари апроект зеиҿкаазгьы. Раҧхьатәи агәаҭара амҩаҧгара аҭаацәа ирынаҭоит алшара рхәыҷқәа, иаҳа ииашаны иаҳҳәозар ҳхәыҷқәа ргәабзиара аҭагылазаашьа гәцаракны ацклаҧшра, избанзар ахәыҷы дтәымны иҟамлаӡацт. Абарҭ ахәыҷқәа роуп ҧхьаҟа ҳҳәынҭқарра зыргыло, убри аҟнытә ргәы бзиазароуп», - ҳәа ацылҵеит лара. 

Адунеизегьтәи аҧсуа-абаза конгресс ари апроект хацнаркит 2023 шықәса, хәажәкырамзазы. Адиспансеризациа азынархоуп Аҧсны ақыҭа школхәыҷқәеи урҭ рырҵаҩцәеи зквалификациа ҳараку ацхыраара арыҭара.