Абаза жәлар рҭоурых аҿы иҟоуп ахаҭарақәа, змилаҭтә кульутрахь хәы змаӡам алагала ҟазҵахьоу. Дара убарҭ рхыԥхьаӡараҿгьы Ныхә Уаз иналукааша аҭыԥ имоуп... Харада ахара идҵара иахҟьаны гәаҟрала заа иҿахҵәаз иԥсҭазаара зегь зызкыз ижәлар ракәын: урҭ аҵара рыларҵәара. Ныхә Уаз абаза бызшәа аграмматика авторцәа дыруаӡәкуп, абаза литература ашьаҭаркҩыс дыԥхьаӡоуп.

Пиотр Чкала

Ныхә Уаз диит 1900 шықәсазы Аԥсуа ақыҭан (иахьазы Қарачы-Черқьессктәи Ареспублика аҵакырадгьыл иаҵанакуа), абаза нхаҩы иҭаацәараҿы, иара дыхшара заҵәын. Кавказҭҵааҩы, апрофессор Анатоли Генко ианҵамҭақәа рҿы иаагоуп абас еиԥш иҟоу Ныхә Уаз иажәақәа: «Сара сиит анхацәа рҭаацәараҿы. Саб дцәаӷәон, дшәарыцон, ашьхагәара иман».

Аҷкәын иаб дыԥсит иара фышықәса анихыҵуаз, аха ус шакәызгьы илшоит ақыҭаҿтәи ашкол аҭалара. Уи даналга араб бызшәа аҵара иациҵоит, убри аҟарагьы ибзиаӡаны идыруа дҟалеит, ихы дақәиҭны араб бызшәала Аҟәырҟан даԥхьартә еиԥш. Аха Ныхә иҵара ахыркәшаразы алшара имоуит — Октиабртәи ареволиуциа алагамҭазы, 1917 шықәсазы иҩныҟа дхынҳәуеит.

Ачерқьес бызшәа акурсқәа рҟынтә Амилаҭтә шәҟәҭыжьырҭа аҟынӡа

Ныхә Уаз иҵара иациҵеит ҩышықәса рышьҭахь: 1919 шықәсазы дныҟәо далагоит Теберда иҟаз ашкол арҵаҩцәа рзы ачерқьес бызшәа акурсқәа рахь. Иҵара аныхирқәша инаркны 1928 шықәсанӡа иқыҭа гәакьаҿы рҵаҩыс аус иуан. Ныхә Уаз уи аамҭазтәи иԥсҭазаара иазкны инхаз анҵамҭақәа маҷуп, аха ус шакәугьы идыруп шықәсқәак Аԥсны аус шиуаз, уаантәигьы дшыхынҳәыз Амилаҭтә шәҟәҭыжьырҭаҟны аусура далагарц азы. Иара убарҭ аамҭақәа раан, 1925 шықәсазы Ныхә Абрам-иԥа аҭаацәара далалоит, ҩыџьа аԥҳацәа ихылҵуеит Раисеи Розеи.

1929 шықәса инаркны Уаз аус ахьиуаз Амилаҭтә шәҟәҭыжьырҭа аҟны инаигӡон аиҭагаҩи, арецензенти, аредактори руалԥшьақәа. Урысшәала иҭыҵуаз агазеҭ «Краснаиа Черкессиа» аредактор ихаҭыԥуаҩ аамҭала иуалԥшьақәа назыгӡоз Михаил Вередибин иҟаиҵаз, анаҩс Уаз иганахь ихацдыркыз ашьаусҭҵаара иаларҵаз, иҿахәы аҟны инаҵшьны иазгәеиҭон, Ныхә Абрам-иԥа даара пату шиқәырҵо ауааԥсыра рыбжьареиԥш, иара убасгьы апартиа Обком аусзуҩцәеи, Черқьессиа ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла алахәылацәеи. «1934 шықәсазы, Уаз иқыҭа гәакьа данаҭаа, архиереик еиԥш ауаа дахьцалак ишьҭан, ииҳәозеишь ҳәа иҿы иҭаԥшуа», - азгәеиҭон Вередибин.

Абаза ҩыра ҟалаанӡа

Амилаҭ бызшәала аҩыра ҟалаанӡа, 1933 шықәсанӡа абаза хәыҷқәа аҵара рҵон ачерқьес бызшәала. Ныхә Абрам-иԥа иқыҭатә школ аҟны аус аниуазгьы, аурокқәа ачерқьес бызшәала имҩаԥигон. Иара убасгьы, активла далахәын арҵагатә цхыраагӡақәа реиқәыршәара. 1930 шықәсазы иҭыҵуеит Ҭаҭласҭан Табулови иареи еиқәдыршәаз анбаншәҟәы «Анхаҩы, аколнхаҩы дызнысуа амҩа» ҳәа хьӡыс измаз. Анаҩс, иара уи ашықәсазы Уаз еиқәиршәоит алатин графика шьаҭас измоу ачерқьес бызшәала иҩу ақыҭа школ аҩбатәи акласс аҵаҩцәа рзы ашәҟәы «Аԥсҭазаара ҿыц». Шықәсык ашьҭахь, 1931 шықәсазы Уаз аурыс бызшәаҟнытә еиҭеигоит В. Конель иажәабжь «Ан лрыцҳара». Арҭ ашәҟәқәа зегьы ҭыҵуеит ачерқьес бызшәала.

Уажәшьҭа абаза бызшәала

1932 шықәсазы алатин графика шьаҭас измоу абаза бызшәа алфавит шьақәырӷәӷәан, абаза школқәа рҿы ахәыҷқәа рхатәы бызшәала аҵараҵара иалагоит. Иаарласны иаҭаххеит арҵага шәҟәқәа. Ныхә Абрам-иԥа гәыла-ԥсыла аус ҿыц иҽазикуеит.

Еицырдыруа апрофессор, кавказҭҵааҩы Генко 1933 шықәсазы Ростов иҟоу Ашьхарыуатәи аҭҵаарадырратә инстиут аҟны имҩаԥысыз иқәгылараҿы иазгәеиҭеит: «Апрактикаҿы акрызҵазкуа апедагогикатә, аграмматикатә зҵаарақәа иалкаау аԥҟара аформа рыҭаны, исҳәоз аҟнытәи ирыҩуан абарҭ аҵарауаа: Черқьессктәи аҭҵаарадырратә институт аусзуҩы Табулов, иара идагьы сыҭҵаарақәа ртеоретикатә ҟәша аус рыдырулон Мҳамаҭ Нипови (ақыҭа Хәыжәы иалҵыз), Дауд Уази, Ныхә Уази (ақыҭа Аԥсуа иалҵыз)». Иџьоушьаратә иҟамызт, Асовет ҳәынҭқарреи, Акоммунисттә партиеи рнапхгара ражәахәқәа реиҭагаразы зыгәра ргоз рхыԥхьаӡара иаргьы дахьыҟалаз.

Абаза бызшәала иҭыҵыз раԥхьатәи ашәҟәқәа иреиуоуп Уаз еиҭеигаз «250 нхыҵкавказтәи абригадрицәа Сталин иахь рысалам шәҟәы», уи ҭыҵуеит брашиураҵас Баҭалпашинск, 1933 шықәсазы. Анаҩс иҭыҵуеит, Апартиа 17-тәи реизараҟны Сталин иҟаиҵаз аҳасабырбатә ажәахә, убасгьы иара еиқәиршәеит инапылаҩыратәиу абаза-аурыс ауаажәларра-политикатә жәар.

1934 шықәсазы Уаз иҭижьуеит арҵага шәҟәқәа ҩба: «Алагарҭатә школ азы абаза бызшәа аграматика. 2 ахәҭа. Ахԥатәи акласс азы», «Алагарҭатә школ азы абаза бызшәа аграматика. 2 ахәҭа. Аԥшьбатәи акласс азы». Ҳәарада, Уаз дызҿыз аус мариамызт, уи зыдҳәалазгьы, зегь раԥхьаӡа иргыланы — абаза бызшәа аграмматика хырхарҭа ҿыцны иахьыҟаз ауп.

Аҵарауаҩ иус аҟны иԥылоз ауадаҩрақәа дрылацәажәоит автор иаԥхьажәаҟны: «Ҳазлацәажәо аԥҟарақәа рцәыргаразы, урҭ рыҭҵааразы, ауаҩы имазароуп иҵаулаӡоу адыррақәеи, аԥышәеи. Аха, уи аҩыза ауаҩы дҳаԥшаанӡа, ҳамчқәа ҳармеигӡакәа, агхақәа шҳамоугьы азгәаҭаны, ари амҩа ҳанылароуп. Анаҩс, аҵара змоу ауаа ҳагхақәа дыриашап, иаҳцәыбжьахаз хадырҭәаап, иацырҵап... Акгьы ахьыҟам ауп, акгьы ахьузацымҵо», - ҳәа иҩуан иара.

Арҵага шәҟәқәа равтор ихы акритика азура дацәхьаҵуамызт, иҭҵаарақәеи иусумҭақәеи агхақәа рымазаргьы, дгәыӷуан апрофессионалтә ҳаракыра змоу абиԥара урҭ рбап, идыриашап ҳәа. Дзышьҭаз акы акән — аус алагара, нап аркра...

1934 шықәсазы Д. Богоиавленскии, Л. Тимофееви еиқәдыршәаз арҵага шәҟәы шьаҭас иҟаҵаны Уаз иҭижьуеит зҵарадырра маҷу рзы арҵага шәҟәы. Ашәҟәы ианылаз аматериалқәа реиҳарак аурыс шәҟәыҩҩцәа раԥҵамҭақәа реиҭагақәа ракәын, урҭ Уаз баша еиҭеимгеит, абаза аԥхьаҩ изааигәахарц азы адапатациа рзиуит, аԥхьаҩцәа ркультуреи, рыбзазашьеи еиҳа ирзааигәатәны. Иара убасгьы арҵага шәҟәы ианылеит Уаз ихатә аԥҵамҭақәагьы: ажәеинраалақәа «Хәаха-хәымш», «Сахьымӡеит», ажәабжь «Муса имҩа», насгьы иҩымҭа «Амц рҳәеит» ацыԥҵәаха. Арҵага шәҟәы аҟнытәи адаптациа зызуз ажәабжьқәа ҩба - «Икәеицеиуа», «Аколнхраҿы аицлабра», анаҩс ианылеит 1934 шықәсазы иҭыҵыз Черқьессиа ашәҟәыҩҩцәа раԥҵамҭақәа реизга «Аԥышәарахь ҳцоит».

Абаза литература ашьаҭаркҩы

Ачерқьес бызшәала ииҩуаз арҵагатә материалқәеи, хыԥхьаӡара рацәала аиҭагақәеи аус рыдулара иабзоураны Уаз иоуеит ашәҟәҩыратә ԥышәа ду. Убас, Уаз дҟалоит уи аамҭазы зегь реиҳа алитературатә усура иазыхиақәоу дыруаӡәкны, уи алшара инаҭеит Ҭаҭласҭан Табулов — амилаҭтә литература ашьаҭаркҩы днаиваҟәыло аҟалара.

Уаз ибзиаӡоу прозаикны дҟалар ауан. Илан арҿиаратә гәырцҟәыл, ажәа аус адулашьа идыруан, азнеишьа дақәшәон... Иаԥҵамҭақәа рыԥхьара мариан, иҩын згәынкылара хьанҭам абызшәала. Иара убри аамҭазы, Уаз апартиа иадгылаз, гәыкала асоциалтә револиуциа здызкылыз литераторын.

Ахара идзааит…

Аха аԥсҭазаара даҽакала иаӡбеит... Лаҵарамза 10, 1935 шықәсазы Ныхә Уаз инапы злакыз аусқәа зегьы аанкылан — аобласттә прокуратура иҟанаҵаз аӡбарала иара дҭаркит. Харас идырҵеит «аполитикатә документқәа абаза бызшәахьы реиҭагараан, иара убас аредакциа рзураан аполитика аганахьала рҵакы еицеикуан» ҳәа. Аусҭҵаара шықәсыбжак ицон, анаҩс хымш ицоз аӡбарҭа аилатәараан ирыдыркылеит аӡбара Ныхә Абрам-иԥа иду ахара шьақәырӷәӷәазааит ҳәа.

Аӡбаҩцәа ргәаанагарала, еиҳарак Уаз аполитикатә документқәа рҵакы еицеикит 1934 шықәсазы ажьырныҳәа 26 инаркны жәабран 10 рҟынӡа имҩаԥысуаз Апартиа 17-тәи аизараан Сталин иажәахә аиҭагараан. Еиҭаганы абаза бызшәала Сталин иажәахә зниҵаз анапҩыра хәыжәкыра 14, 1934 шықәсазы Уаз ириҭеит Черқьессктәи апартиатә шәҟәҭыжьырҭахь, мызкы ааҵуаны иџьабаа 83 даҟьа змаз брошиураны иҭыҵуеит.

Зыӡбахә ҳәоу аиҭага атекст игәцаракны уахәаԥшыр, еилукаауеит Уаз харада ахара шидырҵаз. Раԥхьаӡа иргыланы иазгәаҭатәуп, аҭакԥхықәра дуӡӡа змаз атекст аиҭагареи, аиқәыршәареи рзы Уаз аамҭас изоужьыз даараӡа ишмаҷыз – мызкы аарла инахыҳәҳәо. Насгьы, Уаз Сталин иажәахә аиҭагара напы анаиркуаз аамҭазы, абаза бызшәала аҩыра цәырҵижьҭеи шықәсыки ҩымзи заҵәык ракәын иҵуаз, ҳәарада, ари аамҭа кьаҿ ала алитературатә бызшәа зышьақәгыломызт, иара убасгьы аҩышьа аԥҟарақәагьы ҭышәынтәаланы иҟамызт.

Ԥыҭраамҭак ашьҭахь, афилологцәа имҩаԥыргеит Сталин иажәахәи Уаз иеиҭагеи реиҿырԥшратә анализ. Уи алҵшәақәа иднарбеит Ныхә Уаз иҟаиҵаз аиҭагараҿы Сталин иажәақәа шеицакымыз, аҵакы шеиқәырхаз. Абасала еилкаахоит, аусӡбарҭа иаднакылаз аӡбара шҵаҵӷәыдаз. Уаз идҵаз ахара ашьақәырӷәӷәаразы иахәҭан иҵаулоу аексперттә ҭҵаара амҩаԥгара, иара убасгьы аӡбаҩцәеи, апрокуратура аусзуҩцәеи рхаҿы иааганы, ҷыдала иазнеир акәын аиҭагаратә ус иаҵоу акәама-ҵамақәа зегьы. Уи адагьы, аиаша азнеиразы иазхон обиективла азҵаара ахәаԥшра мацарагьы. Аха аӡәгьы ихы ауадаҩра аимыргеит, уи дашьҭамлеит.

Ауаҩы, гәыла-ԥсыла Октиабртәи ареволиуциа здызкылаз, уи аидеалқәа рышьқәырӷәӷәаразы зхы иамегӡоз, ижәлар рҵарадырреи, ркультуреи аҿиара иашьҭаз, ацгьоура изыҟаҵомызт, иара убасгьы имаӡоу аконтрреволиуциатә ус ихы алаирхәуамызт.

Аха зегь акоуп, ухаҿы иузаамго, ихыҭхәыцаау афактқәа хархәара рыҭаны Черқьессктәи автономтә област аӡбарҭа, абҵара 11, 1935 шықәсазы ишьақәнарӷәӷәеит ашьаус аҟны иарбоу апунктқәа зегь рыла Ныхә Абрам-иԥа ахара шидуп ҳәа, жәашықәса аҭакра иқәырҵеит, имоу амал зегь имхын. Ԥхынҷкәын 26, 1935 шықәсазы аӡбара амч аиуит — Уаз дышьҭын Мордовтәи ААСР аҟны иҟаз Темниковтәи алагер ашҟа.

Есымзы Ныхә иԥшәмаԥҳәыс лышҟа асалмшәҟәқәа ааишьҭуан. Иуԥхьаӡартә иҟоуп, иус еиҭахәаԥшырц азы аҳәынҭқарратә усбарҭақәа рахьгьы аҳәарақәа иҩуан ҳәа. Уаз иԥшәмаԥҳәыс лажәақәа рыла, 1942 шықәсазы иара лассы иоужьра деигәыӷуан, усҟан илзааишьҭыз асалам шәҟәаҿы иҩуан ааигәа ишеибабо атәы. Иажәақәа рыла, Москва иус еиҭахәаԥшит, иагьырыӡбеит ихы иақәиҭтәра. 1940 шықәсазы Асовет Еидгыла апрокуратура ҩынтә алагер аиҳабырахь аҳәарақәа ашьҭхьан, зус ӡбоу Ныхә Уаз ишьауӷатә ус аарышьҭырц, аха уаҟа иус аиҭахәаԥшра мҩаԥган ҳәа зырҵабыргуа адокументқәа ыҟамызт. Ныхә Абрам-иԥа иԥсҭазаара далҵит ԥхынгәы 11, 1942 шықәсазы, алагертә хәышәтәырҭаҿы, ихьыз арыԥҳа чымазара иахҟьаны.

45 шықәса рышьҭахь

Уамашәа иубаратәы иҟоуп шаҟа ус дрыхьӡаз абас злахьынҵа зыцымныҟәаз ауаҩы. Еиҳа иҟәыӷоу, аԥышәа змоу аӡә дааиаанӡа ҳәа дыԥшны дтәамызт, илшозгьы илымшозгьы зегь ҟаиҵеит ижәлар аҵарадырра рыларҵәаразы. Уи иџьабаа пату ақәуп, ижәлар ирхашҭӡом, наунагӡа ргәалашәараҿы дынхоит.

Ныхә Уаз илитературатә ҭынха акыр имаҷуп: акьыԥхь абара иахьымӡаз ахәыҷқәа рзы ииҩыз ишәҟәқәеи, инапҩырақәеи еиқәымхеит. Урҭ иреиҳауп зыҩра дахьымӡакәа иара ицыԥсыз ишәҟәқәеи, иаԥҵамҭақәеи…

Аха аиаша аҵыхәтәан аиааира агеит, 45 шықәса рышьҭахь акәзаргьы. Абҵара 11, 1980 шықәсазы УАФСР Иреиҳаӡоу Аӡбарҭа иҟанаҵаз аӡбарала Ныхә Уаз идыз ахара ихыхын ацәгьоура аҵакы ахьыҟамыз азы.