Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс Ҭырқәтәылаҟа аусуратә аҭаара аҳәаақәа ирҭагӡаны Анкара ақалақьаҿ аиԥыларақәа мҩаԥнагеит.
Саид Барганџьиа
Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс анапхгаҩцәа Ҭырқәтәыла иҟоу Кавказтәи акультуратә центрқәа рфедерациа (Кавфед) ахаҭарнакцәеи, Ҭырқәтәыла иҟоу Аҭакзыԥхықәу, Азинмчра нагӡа змоу Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәаҩ Алықьса Ерохови ирԥылеит Анкара, жьҭаара 23 рзы.
Кавфед ахада Иашар Асланкаиеи ҳареи ҳаиԥылараҟны азҵаарақәа жәпакы рыла аилибакаара ҳауит ҳәа адырра ҟаиҵеит Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы Мусса Егзакь.
«Агәра ҳгеит ҳаешьаратә жәларқәа рыӷьацаразы ҳаивагыланы, ҳаицхырааны ԥхьаҟа ацара шҳалшо», – иҳәеит иара.
Аиԥылара иалахәын иара убас Аԥсуа культуратә хеидкылақәа рфедррациа ахаҭарнакцәагьы, ари аиҿкаара аиҳабы Аҭанур Аҟәысба раԥхьа днаргыланы.
«Ҳара ҭаацәаракны ҳаҟоуп. Даҽазныкгьы иааҳарԥшит аидгылара шҳамоу. Ихадароу – ҳзеиԥш ус ауп, убри ҳаиднакылоит. Ари нахысгьы ҳаивагыланы ԥхьаҟа ҳцалоит», – ҳәа азгәеҭеит Егзакь.
Иара иациҵеит Аконгресси, Аԥсуафеди, Кавфеди аусеицура ду раԥхьа ишышьҭоу.
«Ҳара еилаҳкаауеит уажәтәи ҳаиԥылара ҳаицызнысраны ҳаҟоу амҩа ду алагамҭа шакәу. Даара ирацәаны аус ҳаулароуп, ачҳареи, аҳаҭыреиқәҵареи, ҳазҿу аус аҵакы адырреи рыла ҳаибыҭаны, избанзар ари аус ҳажәлар рԥеиԥш лаша, ҳхәыҷқәа уаҵәтәи рымш иазкуп», – ҳәа иажәа хиркәшеит АААК Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы.
Ишәгәалаҳаршәоит, Кавказтәи акультуратә хеидкылақәа рфедерациа ишеиднакыло Ҭырқәтәыла аҵакырадгьыл аҿы иҟоу 53 дернеқь (культуратә хеидкыла – аред.), иааидкыланы 50 нызқьҩык инареиҳаны Кавказ жәларқәа рхаҭарнакцәа уи иалахәуп.
АААК аделегациа Анкара иҟанаҵ иԥылеит иара убас Ҭырқтәыла иҟоу Аҭакзыԥхықәу, Азинмчра нагӡа змоу Урысстәыла Ацҳаражәҳәаҩ Алықьса Ерохов. Ари аиԥылара аламҭалаз Аконгресс ахаҭарнакцәа ашәҭқәа шьҭарҵеит уи иаԥхьанеиуаз Андреи Карлов инышәынҭраҿы, иара дҭахеит 2016 шықәсазы Ҭырқәтәыла имҩаԥгаз атеракт иахҟьаны.
Аконгресс анагӡаратә маӡаныҟәгаҩ Инар Гыцба иазгәеиҭеит Ерохови дареи реиԥылараан ишырзааҭгылаз АААК Ҭырқәтәыла аҵакырадгьыл аҟны имҩаԥнагаларц агәы иҭоу апрограмма иадҳәалоу азҵаарақәа рацәаны.
«Ҳалацәажәеит Ҭырқәтәылатәи Ареспубликаҿы имҩаԥгахало абаза етнос реиқәырхареи рырҿиареи ирзынархоу акультура-гуманитартә проектқәа рынагӡараҿы Аконгресс алахәреи, абри аганахьала аимадара аҟазаареи ирызку азҵаарақәа», – иҳәеит Гыцба.
Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс усуратә ныҟәарала Ҭырқәтәылатәи Ареспублика иаҭааит жьҭаара 21 азы, аҭаара азԥхьагәаҭоуп жьҭаара 25 рҟынӡа. Ари аамҭа иалагӡаны Аконгресси аҭыԥантәи адиаспоратә еиҿкаарақәеи рыбжьара хықәкылатәи аусеицуразы апланқәа ирылацәажәахоит. Иазԥхьагәаҭоуп иара убас Ҭырқәтәыла аҵакырадгьыл аҿы Аконгресс аиситематә еилазаашьа ашьақәыргылареи, АААК Ҭырқәтәыла имҩаԥнаго аусура инеицыху аплан аԥҵареи.
шәҭалароуп, ма шәыҽҭажәыҩроуп.