Лиудмила Логәуа лыхьӡ лассы-лассы иавадыргылоз ажәан «раԥхьаҭәи»: раԥхьатәи апрофессионалтә оператә шәаҳәаҩы, мамзаргьы «раԥҳьатәи аԥсуа ҟармаҵыс», ажәлар рҿы ус акәын ишлышьҭаз… Лара лоуп раԥхьатәи аԥсуа опера аҟны ихадоу апартиа зҳәаз, Аҟәа амузыкатә хәылԥызқәа раԥхьаӡакәны реиҿкаара иалагаз.

Арифа Қапԥҳа

Лиудмила Логәуаԥха шьҭрала д-Ԥақәашьтәиуп (Очамчыра араион), аха диит Аҟәа, ԥхынҷкәын 10, 1939 шықәсазы. Ақыҭараҿ лаб дыргәалашәоит даара пату зқәыз, зажәа акыр ԥхылнадоз уаҩны, иажәагьы еснагь иазыӡырыҩуан. Ҟәыӷак иакәын иара, аиашаз, ихәыҷқәа рыхәҩык ирылаз абаҩхатәрақәа гәаҭаны, ргәазыҳәарақәа ихаҿы иааганы, илшеит ибзиаӡоу аҵарақәа рыҭара. Убас Лиудмилагьы дшыхәыҷыз амузыкахь илымаз азҿлымҳара ангәарҭа, илԥырхагамхеит, уимоу илыцхраит, илывагылеит.

Қарҭынтә Киевҟа

Раԥхьаӡа аҵараҵаразы Лиудмила днеиуеит Аҟәатәи амузыкатә ҵариурҭахь, уи даналга ашьҭахь дҭалоит Қарҭтәи аконсерваториа. Амузыкаҭҵааҩы Аида Ашьхаруа ишазгәалҭо ала, убраҟа Лиудмила даара дазҿлымҳахоит акомпозитор Дмитри Шведов иҿы акамертә шәаҳәара. Анаҩс иара акрызҵазкуа ароль наигӡоит Логәуаԥҳа лҟазаратә биографиа аҟны.

Қарҭтәи аконсерваториа ахԥатәи акурс аҿы дыштәаз Лиудмила Андреи-иԥҳа диасуеит Киевтәи аконсерваториахь. Уаҟа лара дақәшәоит Украина жәлар рартист Мариа Едуард-иԥҳа Донец-Тессиер напхгара ззылуаз акурс, лара дагьылԥхьаӡон зегьы реиҳа лыԥстазаараҿы ихадаз рҵаҩыс. Урҭ рҩыџьагь ахьеидгылоу афотосахьа Лиудмила Логәуа аҟәатәи луаҭах аҟны есымша иахьубо аҭыԥ аҿы иқәгылан.

Киевынтә ихынҳәыз аоператә шәаҳәаҩ қәыԥш раԥхьатәи лконцерт мҩаԥылгеит илызгәакьаз Аҟәа.

Уи лықәгылара иазкны Аида Ашьхаруа абас лыҩуеит: «Диит раԥхьаӡатәи аԥсуа оператә шәаҳәаҩы. Лара лыбжьы – алирика-колоратуратә сопрано, ихьыԥшшәылоу атемб ԥшӡа змоу (ҩбеи бжаки октава) – арегистрқәа зегь рҟны еиҟараны, аҿахарада игауаз, азыӡырыҩцәа хнахит иахаз ацқьаралеи, иуадаҩӡаз ариақәа рынагӡараан иаалырԥшуаз аҟазаралеи. Асцена ианаалоз аԥшра-сахьа бзиаӡа змаз Лиудмила Логәуаԥҳа, ԥсабарала аамысҭашәара дугьы лылан».

Аҩныҟа ахынҳәра

Москватәи Большои театр аҟны шықәсыктәи астажировка ашьҭахь, Логәуаԥҳа шықәсқәак аус луан ақалақь Самарканд, Самаркандтәи аопереи абалети ртеатр аҟны солисткас, еицырдыруа асовет дирижиор Борис Хаикин инапаҵаҟа. Анаҩс, 1971 шықәсазы Лиудмила Логәуаԥҳа дхынҳәуеит Аҟәаҟа, дагьыҟалоит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониаҿы солисткас.

Амузыкаҭҵааҩы Асида Царгәыш ишылҳәо ала, Лиудмила Логәуаԥҳа лырҿиаратә мҩа иреиҳаӡоу аҩаӡараҿ ихалеит 1970-1980-тәи ашықәсқәа раан, усҟан ареспублика аҩныҵаҟа лара хыԥхьаӡара рацәала имҩаԥылгон еиуеиԥшым ақәгыларақәа, иара убасгьы активла егьырҭ атәылақәа дырҭаауан.

Лиудмила Логәуа лрепертуар аҟны еиҳарак иҟан аоператә ариақәа: Розина – «Севильски цириульник» аҟнытә (Россини), Џьильда – «Риголетто» аҟнытә (Верди), Баттерфлиаи – «Мадам Баттерфлиаи» аҟнытә (Пуччини), Марфа – «Царскаиа невеста» аҟнытә (Римски-Корсаков). 80-тәи ашықәсқәа раан, Қарҭтәи атеатр асценаҟны Логәуаԥҳа иссирӡаны Виолетта лроль налагӡеит Џьузеппе Верди иопера «Травиата» аҟны.

Аве Мариеи «Аламыси»

Лиудмила Логәуаԥҳа лҟазартә мҩаҿы иҷыдоу аҭыԥ ааннакылон Пицундатәи ауахәама ауарӷантә зал аҟны ақәгыларақәа. Уаҟа лара имҩаԥылгон ауахәаматә музыка аконцертқәа, илыцықәгылон еицырдыруаз амузыкантцәа-ауарӷан арҳәаҩцәа Сергеи Дижур, Олег Ианченко, Александр Фисеиски.

«Зегьы иргәалашәоит лара лыпрограмма «Аве Мариа», уаҟа концертк аҳәаақәа ирҭагӡаны лара иналыгӡон еиуеиԥшым акомпозиторцәа иаԥырҵахьаз «Аве Мариа» ашәа ахкқәа зегьы», — ҳәа азгәалҭоит Царгәыш.

1984 шықәсазы «раԥхьатәи аԥсуа ҟармаҵыс» – убас акәын Лиудмила Логәуаԥҳа ишлышьҭаз – раԥхьаӡатәи аԥсуа опера «Аламыс» аҟны иналыгӡеит ихадоу аԥҳәыс лроль. Аопера компзоиторсгьы даман Дмитри Шведов – Лиудмила Андреи-иԥҳа Қарҭ аҵара ахьылҵоз акамертә шәаҳәаразы лырҵаҩы.

«Ари аопера ақәыргылара зыбзоуроу адирижиор Лев Џьергениа иоуп, – еиҭалҳәоит Асида Царгәышԥҳа. – Аспектакль Аԥсуа драматә театр аҟны иқәыргылан, ахәаԥшҩы ирбан знызацәык мацара, уи зыхҟьазгьы аоператә театр ахьҳамам оуп. Ахор аҳасабала иқәгылеит акапелла, асимфониатә оркестргьы алахәылацәа рыла инеиҵыхын, Лев Григори-иԥа еидикылеит асолистцәа, апартиақәа дирҵеит, иара ихаҭа уи зегьы напхгара азиуан».

Аԥсуа культура аҭоурых аҿы ихҭыс дуны иҟалаз ари аопераҟны рбаҩхатәра аадырԥшит иналукааша аԥсуа шәаҳәаҩцәа – Борис Амҷба, Томас Кәакәасқьыр, Тото Аџьапуа, Вили Чақмач-иԥа уҳәа убас егьырҭгьы.

Лиудмила Логәуаԥҳа аспектакль аҟны иналыгӡеит аӡӷаб қәыԥш Назира лроль, уи, амузыкаҭҵааҩы Аида Ашьхаруа излалҳәо ала, «абзиабара зылшо, иаҭаххаргьы шәышықәсала ишьақәгылаз атрадициақәагьы рывсра иазыхиоу» аҭыԥҳа лхаҿсахьоуп.

Еибашьрала аԥышәара

Иуадаҩу ԥышәараны Лиудмила Логәуаԥҳа лыԥсҭазаараҿы иҟалеит 1992-1993 шықәсқәа рзтәи Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра. Илхылгаз агәыҿкаареи, ахьаацәгьеи анырра ӷәӷәа арҭеит лгәабзиара, ианыԥшит иара убас артиска лыбжьгьы.

«Аибашьра анцоз, лара дыҟан лқыҭа гәакьа Ԥақәашь, даара ихьанҭаны илхылгон уи аамҭа, акырынтә ӷәӷәала дычмазҩхеит, – еиҭалҳәоит аҟазараҭҵааҩы Асида Царгәыш-ԥҳа. – Лқыҭаҿгьы баша лнапқәа еиқәҵаны дтәамызт, лыкәша-мыкәша иҟаз зегьы далахәын, аибашьцәа дрыцхраауан, афатә ҟалҵон, дыӡәӡәон-дыҳәҳәон, ауҭраҭых аалрыхуан. Зынӡа лхы деигӡомызт… Арахь уаазхәыцыр – аоператә дива, аԥҳәыс ԥшӡа, махәҿыла аџьабаа абара иашьцыламыз. Абас дынхон шықәсык, уи, ҳәарада, лыбжьы ианымԥшыр залшомызт. Лареи сареи аибашьра ашьҭахь ҳанеиқәшәа, ҳаизааигәаны ҳанеибадыр, лара аҳақьымцәа рахь аныҟәара далагахьан, ирацәаны дырхәышәтәуан, аха акгьы ахәомызт, лыбжьы лцәыӡхьан, ашәаҳәара уаҳа илылшомызт».

Аибашьра ашьҭахь, Лиудмила Логәуаԥҳа асценаҿы даара имаҷны дцәырҵуан: зны длыцықәгылеит апианино арҳәаҩы Нинель Бжьаниа, афилармониа асценаҿы, аҩынтә раан – лҩыза, лколлега, «Аламыс» аҟны ихадоу ахаҵа ироль назыгӡоз Борис Амҷба ииубилеи аҟны.

Арҵаҩы лаҳасабала

Лиудмила Логәуаԥҳа лыбжьы анылцәыӡ ашьҭахьгьы еиқәлырхеит амузыкахь илымаз абзиабара, лҽагьазылкит уи агәыблыра лҵаҩцәа рызнагара. Лара лҵаҩцәа дыруаӡәкуп аоператә шәаҳәаҩы Асҭамыр Кәыҵниа. Раԥхьаӡа акәны Асҭамыр Лиудмила Андреи-иԥҳа лыҩны днеит 2000 шықәсазы, лара лҩыза, апианино арҳәаҩы Етери Адамиа лаԥшьгарала. Уи аамҭазы Лиудмила Логәуа Аҟәатәи аҳәынҭқарратә музыкатә ҵариурҭа аҟны лусура нлыжьхьан, аҵаҩцәа лыдылкылон дахьынхоз лхатә уаҭах аҟны.

«Раԥхьаӡа акәны сара слызнеит саб сицны, –игәалаиршәоит Кәыҵниа, – уамашәа избеит ҭакԥхықәра дула ҳаиԥылара дшазнеиз. Амузыка аҟазшьа шыуадаҩу, аџьабаа шацу атәы кыраамҭа исзеиҭалҳәон. Иара убас, сыԥсҭазаара ашәаҳәара иазыскырц сгәы иҭамзар, лара лахь аныҟәара ҵакы шамам атәгьы азгәалҭеит. Хәыҷыкгьы саашәеит уи ансаҳа, избан акәзар усҟан азы иааҿахҵәаны исмыӡбацызт ашәаҳәара сҭаху, исҭахыму, уи иахҟьангьы лара лахь ахынҳәра маҷк сацәшәон, аха аҵыхәтәаны уи сазааит».

Лиудмила Логәуаԥҳа илылшозгьы илылымшозгьы ҟалҵеит абаҩхатәра злоу аҿар аҟазарахь рхьарԥшразы, аҵаҩцәа азыҟалҵон лыҩны, илымоу аԥышәеи, адырреи дырмеигӡакәа ирыҭо, лхазы акы дашьҭамлакәа. «Лиудмила Андреи-иԥха лыԥсҭазаара зегьы зызкыз амузыка акәын. Зны-зынла лафҵас илҳәалон, данқәыԥшыз дызгәаԥхақәоз шырацәаҩызгьы, лара лзанааҭ оуп насыԥс иалылхыз ҳәа», – еиҭеиҳәоит Асҭамыр.

Есымша иҟоу шыҟоу изҳәоз, аха зегь рыла аамысҭашәала инхоз уаҩын. Лиудмила Логәуаԥҳа анык леиԥш дырзыҟан лҵаҩцәа, аха иара убри аамҭазгьы акыр дыџьбаран, – убас дыргәаладыршәоит лара лҵаҩцәа Асҭамыр Кәыҵниеи Баҭал Сақаниеи.

Лҵаҩцәа дышрызнеиуаз еиԥшҵәҟьа акәын лыхгьы дшазнеиуаз, лхазгьы дыџьбаран.

«Зны лара машәырла дкаҳан, лшьапы ԥылҵәеит, дызныҟәомызт, даара ахьаа лыман. Аха аҽазыҟаҵарақәа рынкылара лхаҿгьы иаалымгеит, – игәалаиршәоит Асҭамыр. – Сара сныҟәон лара лахь асинтезатор сыманы, ҳҽазыҟаҳҵон акгьы ҟамлазшәа. Нас оуп ианеилыскаа, аус аҽадцалара лара лзы иаҵанакуаз: уи иабзоураны ахьаа илымаз лхашҭуан, амузыка лгәы-лыԥсы зегьы акәылҵон».

Лиудмила Логәуаԥҳа лмузыкатә салон

Иуадаҩыз аибашьра ашьҭахьтәи аамҭақәа рзы, Лиудмила Логәуа игәхьаалгон акультуратә ԥсҭазаара, аконцертқәа, амузыкатә хҭысқәа. Даара даргәамҵуан акультура арҿиара аӡәгьы а́ха имамшәа иахьыҟалаз. Убасҟан лара лхаҿы иааит, Аԥсны азы иуникалтәыз – аҩнаҿтәи амузыкатә хәылԥазқәа реиҿкаара.

Ашәаҳәаҩ лгәылацәа ибзианы ирдыруан, мызкахьы знык ахԥатәи аихагылаҿы, Аԥсны жәлар рартистка луаҭах аҟны ишымҩаԥысуаз амузыкатә хәылԥазқәа. Лиудмила Андреи-иԥҳа аишәа лырхион, илызнеиуаз лысасцәеи лыуацәеигьы напҭацәы иааиуамызт, ахышәҭ-мышәҭ ааргон. Амузыкатә хәылԥазы иаҭаауан амузыкантцәа, арҿиара знапы алаку уаа, аполитикцәа, аҩызцәа, иара убас гәыкала аҟазара бзиа избоз зегьы.

Амузыкатә хәылԥазқәа рҿы еиҳарак иқәгылоз Лиудмила Логәуаԥҳа лҵаҩцәа ракәын.

«Ҳара ҳзы арҭ ахәылԥазқәа аттестациак иаҩызан, – игәалаиршәоит Асҭамыр Кәыҵниа. – Еизаз рҿаԥхьа ашәа сҳәон сара, Баҭал Сақаниа, иара убас еицырдыруа амузыкантцәа – ашәаҳәаҩ Алиса Гыцԥҳа, апианино арҳәаҩцәа Алла Оҭырԥҳа, Нинель Бжьаниаԥҳа. Иқәгылон иқәыԥшыз, усҟантәи аамҭазы зырҿиаратә мҩа хацзыркыз – аскрипка арҳәаҩы Михаил Алхазов, апианино арҳәаҩы Тамара Шьанааԥҳа, ашәаҳәаҩ Ҭамара Воронова, агитара арҳәаҩы Максим Бусловски, аиҳәшьцәа Нореи Иренеи Окәыџьаа-ԥҳацәа. Лиудмила Андреи-иԥха лхаҭа арҭ ахәылԥазқәа рҿы ашәа лҳәаӡомызт, ахәаԥшыҩцәа дрылатәан. Ашәа зҳәақәаз ахәшьара ҳарҭон, ргәаанагареи, рзеиӷьашьарақәеи рҳәон. Ҳара ҳзы ари аҩыза аԥышәа аиура акы иузадкыло иҟамызт. Лассы-лассы ахәылԥазқәа мҩаԥылгон аҟазара аҭҵааҩы Асида Царгәышԥҳа. Сара ибзиаӡаны исгәалашәоит, лара лзанааҭ ахь, амузыка ахь дышлырхынҳәыз Лиудмила Андреи-иԥха. Асида аҭаацәара даналала ашьҭахь аамҭала лзанааҭ дацәхьаҵит. Логәуаԥҳа длықәыӷәӷәаны илыдылцалон ахәылԥазқәа мҩаԥылгаларц, убас ала дагьлырхынҳәит амузыкахь, лара леиԥшгьы ус аӡәырҩы».

Лиудмила Логәуаԥҳа лҿы аҩнтәи амузыкатә хәылԥазқәа иҷыдоу атмосфера рыман. 90-тәи ашықәсқәа реиҩшамҭаз ақалақь аҿы лассы-лассы афымца аныҟамыз, ашәаҳәаҩ луаҭах амузыкатә-культуратә оазисны иҟалон.

Ҩ-сааҭк, х-сааҭк ҳәа уа еизоз ауааԥсыра апианино ахьыҩнагылаз уамак идуум ауадаҿы аишәа иахатәаны, ирымаз ауадаҩрақәеи, апроблемақәеи зегь рхашҭуан, иара убасгьы ирхашҭуан аибашьара ааигәаӡа ишеилгаз, уажәыгьы уи ахҟьа-ԥҟьақәа ишырҭагылоу.

Асида Царгәыш ишазгәалҭаз ала, Лиудмила Андреи-иԥҳа амузыкатә хәылԥазқәа реиҿкаара профессионалла дазнеиуан: еиқәшәарацыԥҳьаӡа иаман ахатә тема, ахатә фырхаҵа (еиҳарак урҭ акомпозиторцәа ракәын), иалԥшаахон иҷыдоу, атема иақәшәо, арепертуар. Убас иҟаз ахәылԥазқәа руак аҟны иаазыркьаҿны имҩаԥган Алиса Гыцԥҳа лырҿиаратә мҩа иазкыз аиԥыларагьы: лара еицырдыруа аклассикатә аԥҵамҭақәа рцыԥҵәахақәа налыгӡеит, еиҭалҳәеит амузыка иадҳәалоу аҭоурыхқәа.

Абас ала Лиудмила Логәуа аҩнаҿтәи амузыкатә салон атрадициа хацлыркит, адунеиаҿы уи иҿыцу акы акәым, аха Аҟәа ақалақь азы уи уникалтәын, еиҳаракгьы аибашьра ашьҭахьтәи аамҭақәа рзы.

«Амузыкатә салон иамоу аҵакы аасҭагьы идуун уи аҵакы, – ҳәа лыԥхьаӡоит Царгәышԥҳа, – раԥхьаӡа иргыланы хадара злаз ҳара-ҳара ҳаибабара акәын. Лиудмила Андреи-иԥҳа еснагь илҳәалон, ҳаҳҭнықалақь ҳаназыхынҳә аамышьҭахьҵәҟьа раԥхьатәи аамҭақәа рзы ииаҭымын, ахаҿра ԥшӡа еицакын, ауаа реибабара ацәмаҷын ҳәа. Лиудмила Логәуа лсалон иаҭаауан еиуеиԥшым азанааҭқәа змаз ауаа: иааиуан аспортсменцәа – ражәеинраалақәа ирыԥхьон, иааиуан амедикцәа, амузыкахь агәыблыра змаз. Исгәалашәоит зны ус дҵас исылҭеит: аҳақьымцәа рԥылара анеиҿаҳкаауаз, сара снапы ианын амедицинеи амузыкеи ирзеиԥшу аиҭаҳәара, амузыка ахәышәтәра шалшо атәы аҳәара».

Амузыкатә, арҿиаратә хәылԥазқәа Лиудмила Логәуаԥҳа акыршықәса инеиԥынкыланы имҩаԥылгон лхазы қьырак аҭнымхкәа, реиҿкаара иацыз аџьабаа зегьы лхы иадҵаны.

Аԥсны жәлар рартистка, «раԥхьатәи аԥсуа ҟармаҵыс» лыԥсҭазаара далҵит ԥхынҷкәын 16, 2013 шықәсазы. Аҟәатәи луаҭах, аамҭақәак рзы аҳҭнықалақь амузыкатә елита ахаҭарнакцәа реиԥыларҭас иҟаз, арҿиаратә ԥсҭазаара иагәеисырҭаз иахьа иҭацәуп, аха урҭ аҭыӡқәа рҟны ихьчоуп ашәаҳәаҩ лҭынха зегьы, хәы змаӡамыз лара лархив. 2019 шықәса – иубилеитәхоит Лиудмила Логәуа лырҿиара абзиабаҩцәа зегьы рзы: лара диижьҭеи иҵуеит 80 шықәса. Убри аҟнытә агәыӷра ҳамоуп уи арыцхә иазкны имҩаԥгахо агәаларшәаратә усқәа ирыхәҭакхап ҳәа лара лархив ауаа рахь ацәыргарагьы