COVID-19 зцәа иалаз апациент лыԥсҭазаара далҵит Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы, лара 95 шықәса лхыҵуан.

1925 шықәсазы ииз апациент мшаԥы 26 ашьыжь лыԥсҭазаара далҵит COVID-19 ицәырнагаз ауадаҩрақәеи, уаанӡа акыраамҭа лцәа иалаз ачымазарақәеи ирыхҟьаны. Абри азы адырра ҟанаҵеит Аԥсны ауааԥсыра акоронавирустә ҿкы рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.

Аԥсны атерапевт хада Анжела Арҷелиа лажәақәа рыла, 95 шықәса зхыҵуаз ачымазаҩ Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭахь данааргоз ҩ-ганклатәи аполисегментартә гәаҵәкра лызцәырҵхьан, уи инацны ашьақәыӷәӷәара ҳараки, аҷаҷа чымазареи лыман.

«Апациент илзымҩаԥыргоз ахәышәтәра иабзоураны лрыԥҳақәа акыр ицқьахеит, аха зеиԥшла лҭагылазаашьа шыуадаҩыц иаанхон, лықәрагьы иара атәы ҟанаҵеит», – ҳәа азгәалҭеит аҳақьым.

Ачымазаҩ иаҭахны иҟаз амедицинатә цхыраара нагӡаны илоуит, акоронавирустә ҿкы иаццәырҵуа ашьаршәы чымазарақәа Адунеизегьтәи агәабзиарахьчаратә еиҿкаара апротоколқәа инарықәыршәаны рыхәышәтәрагьы уахь иналаҵаны.

«Аҳақьымцәа ирыхәҭаз зегь ҟарҵон, аха ачымазаҩ лықәрагьы зламаҷымыз ала, леиқәырхара залымшеит», – лҳәеит Анжела Арҷелиа.

Аԥҳәыс бырг адиагноз COVID-19 лзықәдыргылахьан мшаԥы 11 рзы, аха лара мчыбжьык инеиҳаны ахәышәтәырҭа аҭалара мап ацәылкуан. Ашьҭалара дақәшаҳаҭхеит мшаԥы 20 рзы, лҭагылазаашьа акырӡа ианеицәаха аамышьҭахь.