АААК аинфопортал хықәкыс ишьҭнахит ахатәы бызшәа аҵаразы Аԥсны иҟоу алшарақәа реилкаареи насгьы урҭ ҷыдарақәас ирымоу азгәаҭареи.
Саид Барганџьиа
Ҳазҭагылоу аамҭазы Аԥсны ауаажәларра гәыхьс ирымоуп рхатәы бызшәа аҭагылазаашьа, уи аԥеиԥш. Лассы-лассы иҳаҳауеит «ҳбызшәа аӡра иаҿуп» ҳәа аспециалистцәа ргәаанагарақәа, ашәарақәа. Аиашазы, зхәыҷра аахыс зхатәы бызшәа здыруа, мамзаргьы иара ҷыдала изҵаз рхыԥхьаӡара еиҳа-еиҳа имаҷхоит. Ҳәарада, абызшәа апроблема ыҟоуп, аха аекспертцәа ишазгәарҭо ала, ииашаны ҳазнеир – уи азҵаара ӡбахар алшоит. Ҿырԥштәысгьы иааргоит ауаҩы игәы иаҭахны, дацәымаашьакәа иҽазикыр – иарбанзаалак абызшәа иҵарц шилшо. Ус анакәха, еилкаатәуп, иахьазы аԥсуа бызшәа аҵаразы лшарақәас, мҩақәас иҟоу. Уи аилкаара ҳара ҳагьҽазаҳшәеит.
Аиндивидуалтә знеишьа
Хаҭалатәи арҵаҩы (арепетитор) иахь аныҟәара – еиҳараҩык рхы иадырхәо методуп. Ҳәарада, ари зегь реиҳа аԥыжәарагьы змоу методуп: арҵаҩи аҵаҩи ирымоуп алшара, аҽазыҟаҵарақәа анымҩаԥгахо аамҭеи, урҭ ахьымҩаԥгахо аҭыԥи ралхра, насгьы индивидуалтәу арҵаратә программа ашьақәыргылара. Еиҳарак, хаҭалатәи арҵаҩы ихы иаирхәо ахархәара зоухьоу, злыҵшәа ҳараку апрограммақәа роуп, мамзаргьы, иара игәаанагарала иаҳа еиӷьуп ҳәа ииԥхьаӡо апрограммақәа неилаҵаны еиқәиршәоит иҵаҩы идыррақәа реиҳа ирықәшәо арҵаратә методика. Аҵатәхәқәа рыхәԥса атәы уҳәозар, арепетиторцәа сааҭк иақәырҵоит бжьаратәла 300-500 мааҭ. Аха иазгәаҭатәуп, аурок лассы-лассы сааҭк аҳәаақәа ишырҭыҵуа.
Аԥсуа бызшәа аҵаразы хаҭалатәи арҵаҩы дуԥшаар алшоит Аԥсны ақалақьқәа зегь рыҟны. Иаҳҳәап, Аҟәа инхо афилолог, ажурналист Нонна Ҭхәазԥҳа, аԥсуа бызшәа арҵара лнапы алакуижьҭеи 12 шықәса ҵуеит, уи аамҭа аҩныҵҟала шәҩык инареиҳаны аҵаҩцәа аус рыдылулахьеит. Лара лҵаҩцәас иҟан ахәыҷқәа реиԥш, адуцәагьы, еиҳараҩык Ҭырқәтәылеи, Иорданиеи, Шьамтәылеи рыҟнытә арепатриантцәа. Аԥсуа бызшәа длырҵоит аҭыԥантәи ауааԥсырагьы.
«Аԥсуа бызшәа арҵара саналагоз аамҭазы, инҭырҳәцааны ацхыраагӡатә методикақәа ҳәа акгьы ыҟамызт. Сара хаҭала еидыскылон еиуеиԥшым аматериалқәа, урҭ рылагьы арҵаратә процесс еиқәсыршәон. Исзаауаз реиҳараҩык абызшәа зынӡа ирыздырӡомызт. Аха урҭ рыбжьара аурокқәа бжьамыжькәа мчыбжьык ахь хынтә иныҟәоз аҵыхәтәан зегь акоуп ацәажәашьеи, аԥхьашьеи, аҩышьеи рҵеит – џьоукы иаҳа еиӷьны, џьоукы маҷк ихьысҳаны. Быжьҩык раҟара аԥсуа бызшәа ибзиаӡаны ирҵеит, ицқьаӡа ицәажәо иҟоуп», - ҳәа еиҭалҳәоит арҵаҩы.
Акурсқәа ирзоужьу аамҭа далацәажәо лара иазгәалҭеит, лҵаҩцәа рҟынтә ишыҟаз акыраамҭа – хышықәса инарзынаԥшуа, акурсқәа рахь иныҟәозгьы. Аха урҭ рхыԥхьаӡара рацәамызт, аҵаҩцәа реиҳараҩык шықәсык аҟара акәын абызшәа аҵара иазыркуаз.
«Даара акраҵанакуеит аҵаҩы имотивациа. Аԥсуа бызшәа, ҳәарада, иузҵоит уалагар, иуҭаххаҵәҟьар, уи азы аҿырԥштәқәа рацәоуп», – ҳәа азгәалҭоит Нонна Ҭхәазԥҳа.
Аԥсуа телехәаԥшра амҩаԥгаҩ, ажурналист Лана Аԥшьлааԥҳа ааигәа далагеит абызшәа арҵара аус. Ларгьы излалԥхьаӡо ала, арҵаҩы заҵәык иҽазышәара азхаӡом ауаҩы абызшәа иҵарц азы: аҵаҩы ихаҭа имотивациа ӷәӷәазароуп.
«Зны аҵаҩи сареи ҳаибадыруеит, идыррақәа ахьынӡаҟоу еилҳаргоит, нас ауп иара инаалаша аметодика аналсхуа. Сара сахь иааиуа ауаа еиуеиԥшым аусхкқәа рнапы рылакуп, убри аҟнытә доусы инаалаша ахырхарҭала абызшәа аҵара ҳалагоит. Иҟоуп, баша ацәажәаратә бызшәа мацара зҵар зҭаху. Сара сзы ихадоу – аҽазыҟаҵарақәа раан аԥсуа бызшәа агәылалара, уи агәыбылра дыркроуп. Ҳәарада, ари апроцесс аҟны аҵаҩы инапы иану рацәоуп, абызшәа аҵаразы игәаҳәара акраҵанакуеит», - лҳәеит Аԥшьлааԥҳа.
Аҳәынҭқарратә программақәа
Аԥсны аџьынџьтәылатә еибашьра анеилга ашьҭахьҵәҟьа иаԥҵан Аԥсуа бызшәа аҿиара афонд. 2016 шықәсазы уи еиҭакын Абызшәатә политиказы аҳәынҭқарратә еилакы ҳәа. Аилак ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Тамила Арышԥҳа лажәақәа рыла, Аилак аус ауеижьҭеи иаартын еиуеиԥшым акурсқәа, аха урҭ лҵшәа дук рымамызт. Иаҳҳәап, ҵыԥх алаҳәара ҟаҵан Аҟәа хәыда-ԥсада ишеиҿкаахо аԥсуа бызшәа аҵаразы акурсқәа. Уи атәы зҳәоз алаҳәара Аԥсны амассатә-информациатә хархәагақәа зегьы ирынҵан. Ус шакәызгьы, Арышԥҳа лажәақәа рыла, аԥсуа бызшәа акурсқәа рахь иныҟәоз зынӡа имаҷӡан, уи иахҟьаны ари апроект лҵшәа дук аман ҳәа узҳәом.
«Иахьазы арҭ акурсқәа русура аанкылоуп. Аилак абиуџьет аҟны иарбан ахәыҷқәа аԥсуа бызшәа дырҵаразы апроект ахә ахшәаара. Ҳгәы иҭан ахәыҷқәа ашкол аҭаларазы разыҟаҵара, аха аҳәынҭқарра аԥара азымхеит, уи иахҟьаны апроект аҳаркыр акәхеит», - лҳәеит Арышԥҳа.
Лара лажәақәа рыла, ҳазҭоу ашықәс азы иарбоуп аҳәынҭқарратә усзуҩцәа зегьы аԥсуа бызшәа дырҵара иазынархоу апроект.
Абызшәа апроблема далацәажәо Тамила Арышԥҳа иазгәалҭоит, ганкахьала – ауааԥсыра рхатәы бызшәа аҵаразы агәазыҳәара дук шрымам, даҽа ганкахьала – аԥсуа бызшәа аҵаразы ишаԥҵам исистемтәу аҳәынҭқарратә знеишьа. Насгьы иазгәалҭеит, Аилак иамоу абиуџьет абызшәа апроблемақәа ркомплекс аӡбаразы ишазымхо. «Даараӡа ирацәоуп апроектқәа, ақьаад аҿы инхо», - ҳәа лгәы иҵхо иазгәалҭеит Арышԥҳа.
Аԥсуа бызшәа арҵара азҵаара иҷыдоу азҿлымҳара анаҭоит Аԥсны арепатриациазы аминистррагьы: рыхә ашәоит, иагьымҩаԥнагоит Аԥсныҟа ихынҳәыз арепатриантцәа рзыҳәан абызшәатә курсқәеи, Ҭырқәтәыла иҟоу ҳџьынџьуаа рзы еиҿкаау абызшәатә курсқәеи.
Ашкол аҿы иҟоу аҭагылазаашьа
Ахатәы бызшәа аҵара апроблемазы АААК акорреспондент дзыҿцәажәаз аекспертцәа аӡәырҩы ашколқәа рҿы ахархәара змоу абызшәа арҵаратә методикақәа ирхарартәуа рацәоуп. Раԥхьаӡа иргыланы, урҭ ргәаанагарала, ахәыҷы ихатәы бызшәала ацәажәара далагоит ҳәа ахәдақәҵара ахәыҷбаҳчақәа роума, ашколқәа роума – иурҭаӡом. Уи адагьы, ашкол ма ахәыҷбаҳчахь аныҟәара иалагаз ахәыҷы, ихатәы бызшәа идыруа днеиргьы, уи ихашҭыртә аҟынӡа ашәарҭара ыҟоуп. Амала араҟа иазгәаҭатәуп, иарбанзаалак азеиԥшҵараиурҭа, ахатәы бызшәа аҵара апроцесс аҟны ишамоу ахатә ҷыдарақәа.
Алаҳаӡытәи 1-тәи ашкол адиректор Саид Беиа игәаанагарала, иара ишкол аҟны ахәыҷқәа аԥсуа бызшәа даараӡа ибзианы иддырҵоит. Иара иажәақәа рыла, арҵаҩцәа ирылшо зегь ҟарҵоит, ахәыҷқәа арҵаратә программа баша агәынкылара мацара акәымкәан, рхатәы бызшәала ибзиаӡаны ацәажәара рылшарц азы.
«Ҳара ҳашкол урыс школуп, убри аҟнытә аԥсуа бызшәа маҭәарк аҳасабала, абызшәа ззымдыруа ахәыҷқәа рзы ҳәа ахырхарҭа амоуп. Аԥышәарақәа ртәы ҳҳәозар, алҵшәа бзиақәа ыҟоуп, аԥыжәара змоу адинамика гәаҳҭоит», - иҳәеит Беиа.
Аԥсуа бызшәа аҵара иацу апроблемақәа ахҳәаа рзыҟаҵо Беиа иазгәеиҭеит, ихадоу проблемас иҟоу ауаа рхаҭа рхатәы бызшәа аҵаразы агәацԥыҳәара ахьрымам, ус анакәха, ахәыҷкәа абызшәа дырҵара еиҳагьы иуадаҩхоит.
«Лассы-лассы аҵаҩцәа рани раби ахашшауеит, арҵага шәҟәы иану ҳзеилкаауам ҳәа, нас уи амшала арҵаҩы, ма абызшәа еилызкаауа ргәылацәа шдыргәамҵуа. Аиашазы, ари проблема ыҟоуп. Сара излазбо ала, ахәыҷи ауааԥсыреи ирнырӡом есыҽнытәи рыԥсҭазаараҿы ахатәы бызшәа ахархәара рҭаххоит ҳәа», - иҳәоит ашкол адиректор.
Беиа игәаанагарала, еилкаатәуп аԥсуа бызшәа аҵаразы ашколтә программа хықәкыс иамоу – «қәҿиарала аԥышәара азыҟаҵара акәу, мамзаргьы хатәы бызшәала аҩышьеи, аԥхьашьеи, ацәажәашьеи арҵара акәу»?
«Уажәазы, еиҳарак ашколқәа хықәкык анагӡароуп ирылшо – аԥышәарақәа разыҟаҵара. Ииашоуп, ахәыҷқәа ицәгьамкәа аԥышәара арҭоит. Аха ашкол мацарала абызшәа апроблема узыӡбаӡом», - иҳәоит иара.
Аҭаацәараҿы ацәажәара
Ҳәарада, ахатәы бызшәа аҵаразы зегь реиҳа ихадоу «школуп» аҭаацәара. Хәышықәса зхыҵуа Соломон Ачба дынхоит Гәдоуҭа ақалақь, раԥхьатәи иажәақәа ԥсышәалаоуп ишиҳәаз. Убас, ихатәы бызшәа ихатәыҵәҟьаны изыҟалеит. Урысшәала ахәыҷы уажәааигәоуп ацәажәара даналага.
Соломон иан Инга Варданиаԥҳа гәаартыла илҳәоит, ахәыҷы ԥсышәала мацарала иацәажәара маҷк ишылцәыуадаҩыз.
«Сара схаҭа аԥсшәа уамак ибзианы исыздыруам, сыԥшәмагьы ибзиаӡаны хатәы бызшәала дцәажәоит узҳәом. Аха ҳара иҳаӡбеит, ҳхәыҷқәа хымԥада ԥсышәала ицәажәалароуп ҳәа. Ус иагьыҟалеит. Раԥхьатәи аамҭазы иаҳцәыцәгьан ари ахықәкы анагӡара. Соломон дахьынӡахәыҷӡаз иаҳдыруаз абызшәа изхон, иара дызҳацыԥхьаӡа, ҳаргьы ҳбызшәа ҿион, ҳдыррақәа ирыцлон», - еиҭалҳәоит Инга Варданиаԥҳа.
Лара илгәалашәоит, лгәылацәеи лыуацәеи дышрыҳәоз, лыҷкәын ԥсышәала мацара иацәажәаларц. Уи анагӡара мариамызт, аха иулшартә иҟоу ак шакәу еилкаахеит.
Аамҭаказы ан илхьаауан, ахәыҷы ахәыҷбаҳчахь иныҟәара ихатәы бызшәа адырра ишаныруа.
«Даараӡа ибзиаз ааӡаҩ дҳақәшәеит ахәыҷбаҳчаҿы: ахәыҷқәа ԥсышәала ицәажәоит. Сара даараӡа сазгәдууп сыҷкәын ԥсышәала дахьцәажәо. Ԥсышәалоуп дышхәыцуа, урысшәала акы иҳәар аниҭаху иаразнак еилыскаууеит уи ахшыҩҵак ихатәы бызшәа аҟынтә ишеиҭеигаз», - лҳәоит Варданиаԥҳа.
Аԥсуа бызшәа аиқәырхара азҵаара – ари аԥсуа милаҭ ахаҭарнакцәа зегьы еицырзеиԥшу акоуп. Ҳәарада, ахатәы бызшәа аҵаразы зегь реиҳа ихадоу ҭыԥны иаанхоит ауаҩы ихәышҭаара, аԥсуа бызшәа ахьхьаҳәа иахьго. Нас оуп абызшәа аҿиараҿы ахәыҷбаҳчеи, ашколи, ауниверситети, иаҭаххар – хаҭалатәи арҵаҩи, акурсқәеи ацхыраара анурҭо. Аметодикақәа шмаҷугьы, аԥсуа бызшәа аҵаразы иазоужьу абиуџьет шазымхогьы, зегьы реиҳа ихаданы инхоит – инуникалтәу, ажәытәӡа иагәылсны иаауа ҳабдуцәа рбызшәа аҵаразы ауаҩы игәазыҳәара.
Аԥсны анҭыҵ аԥсшәа аҵара ахьалшо иазкхоит анаҩстәи ҳматериал.
шәҭалароуп, ма шәыҽҭажәыҩроуп.