Ԥхынгәымза 23 рзы Аԥсны иазгәарҭеит Аҳәынҭқарратә бираҟ амш. Уи аныҳәамш есышықәса амҽхак ҭбааны иазгәарҭоит адунеи иқәынхо аԥсуа-абаза жәлар зегьы.

Саид Барганџьиа

Аҩаша, ԥхынгәымза 23 рзы, шәаҳәаралеи кәашаралеи Аҟәа иазгәарҭеит Аԥсны аҳәынҭқарратә бираҟ амш. Аныҳәа еиҿнакааит Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс.

Ахәылбыҽха, асааҭ 7 рзеиԥш, маҷк ақәа шлеиуазгьы, Аԥсуа драматә театр аҿаԥхьа ауаа рҿеидыркыло иалагеит: аныҳәа асасцәа ирзырхиан даараӡа аинтерес зҵаз апрограмма.

Убас, ахәылԥаз иаҭааз зегьы рзы еиҿкаан иҷыдоу аныҳәатә баннер ахьгылаз афото-зона, уаҟа згәы иаҭахыз зегьы рфотосахьақәа ҭырхыр рылшон. Иргылан асахьаҭыхҩы Диана Воуԥҳа иаԥылҵаз милаҭ маҭәала еилаҳәоу афигурақәеи, аԥсуа-абаза диаспора ахьынхо атәылақәа зныԥшуа ахсаалеи.

Иара убасгьы, ахәылԥаз асасцәа рзы иргылан Абаза жәлар рҭоурыхтә бираҟқәеи, ҳаамҭазтәи Аԥсны абираҟ аҭоурых иазку аинформациеи зныз астендқәа.

Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс Аҳәса Рхеилак анапхгаҩы Гета Арӡынԥҳа – аныҳәа ихадоу аиҿкааҩцәа руаӡәк, иазгәалҭеит, иахьатәи амш – Аԥсны зегьы азеиԥш, Аконгресс азгьы аҵак ҷыда шамоу.

«Абар шьҭа ҩышықәсоуп инеиԥынкыланы ҳгәы хыҭ-хыҭуа еиҿаҳкаауеижьҭе Абираҟ амш. Ҳара ҳзы ихадоуп ҳажәлар рҭоурых даҽазныкгьы иахьеиҭаҳҳәо. Аныҳәа ибзианы еиҿаҳкааит ҳҳәар ҳалшоит, уи ауаа рхы-рҿы ианубаало агәырӷьарала еилукаартә иҟоуп. Ҳәарада, арҭ реиԥш иҟоу аныҳәақәа ауаа еиднакылоит. Ҳахьаԥсыуоу ҳалаҽхәартә ҳҟазҵо мшуп абри амшгьы», – лҳәеит Арӡынԥҳа.

Еиҿкааз аныҳәатә концерт аҟны, ахәылԥаз асасцәа рзы иқәгылеит – Оҭар Хәынцариа ихьӡ зху амилаҭтә арҳәагақәа роркестр, амузыкантцәа Ҭемыр Ҳагбеи, Мадина Кәарцхьиаԥҳаи.

АБРИ АХҬЫС ИАЗКУ АВИДЕО АХӘАԤШРА >>

«Ианакәызаалакгьы гәахәара дууп иахьатәи аныҳәеиԥш иҟоу ирызку аконцертқәа рҟны ақәгылара. Аԥсны иахнагаз рацәоуп: ахьыԥшымра азнеиразы ҳажәлар знысыз амҩа уадаҩӡан. Иахьатәи амшгьы уи аршаҳаҭуеит», - лҳәеит ашәаҳәаҩ Мадина Кәарцхьиаԥҳа.

АБРИ АХҬЫС ИАЗКУ АФОТОЛЕНТА АХӘАԤШРА >>

Аныҳәаҿы ихадоу хҭысны иҟалеит жәлар аԥшаҳәа рықәсра. Ауааԥсыра, аҽыуааи аԥшӷәынҵәмца аныҟәгаҩцәеи рыцны Амҳаџьырцәа рыԥшаҳәа иалыргеит идуӡӡаз, зышәагаа – 20х30 метра иҟаз Аԥсны Аҳәынҭқарра абираҟ.

«Ари акы иузадкыло иҟам! Сара сзы насыԥ дуун сыуаажәлар срылагыланы сбираҟ ахьыскыз! Иахьатәи аусмҩаԥгатә ҳаиднакылоит, аԥсҭазаараҿы ихадоу ҳгәаланаршәоит – Аԥсадгьыл, аҭаацәара, апатуеиқәҵара, акзаара», - лҳәеит аныҳәа асас, Аҟәа инхо Марина Дарчам.

Аӡәырҩы аныҳәа иаҭааит амилаҭ маҭәа рышәҵаны. Убас, 9-шықәса зхыҵуа Милана Барцыцԥҳа, лҭаацәареи лареи аныҳәахь имҩахыҵит рҽазыҟаҵаны.

«Ҩынтәҩны ари аныҳәа ҳаҭаауеит, сара есымша амилаҭ маҭәа сшәуп. Ҳбираҟ аҭоурыхгьы саб исзеиҭеиҳәахьеит», - лҳәеит аӡӷаб хәыҷы.

Ахәылԥаз анҵәамҭазы, Аҳәынҭқарратә жәлар рыкәашаратә ансамбль «Шьараҭын» инарыгӡеит акәашара «Аибаркыра». Иара убасгьы, уи акәашара рхы аладархәыр ҟалон згәы иаҭаху зегьы. АААК Аҳәса Рхеилак анапхгаҩы, аныҳәа аиҿкааҩцәа зегьы рыхьӡала агәыӷра аалырԥшит, ари акәашара традициак аҳасабала иҟалап ҳәа.

«Ари акәашара ауаа шеиднакыло атәы еилкаауп иара ахьӡ мацара алагьы. Ҳара ҳзы гәадуроуп иара аиҿкаара ахьҳалшаз, насыԥуп – ауаа гәахәарала рхы ахьаладархәыз», - лҳәеит Арӡынԥҳа.

Аныҳәаҿы згәы иаҭахыз зегьы Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс алаларазы алшара рыман, уи азы ихадырҭәаар акәын иҷыдоу анкета. Амш аихшьаалақәа рыла, Аконгресс иҿыц лахәылацәаны иҟалеит 94– ҩык.

Аныҳәа анеилга ашьҭахьгьы ауаа акыраамҭа рыҩныҟақәа рахь ицомызт: амилаҭ ашәақәа рҳәон, икәашон.

Автономтә советтә социалисттә республика Аԥсны 1978-шықәсазтәи Аконституциа аԥыхны, 1925-шықәсазтәи Аԥснытәи ССР Аконституциахь ишиасуа атәы алаҳәара ҟаҵаны, 1992 шықәса, ԥхынгәымза 23 рзы, Аԥсны Аҳәынҭқарра Иреиҳаӡоу Асовет ишьақәнарӷәӷәеит ҳаамҭазтәи Аԥсны абираҟ. 2005 шықәса инаркны Аԥсны Аҳәынҭқарра абираҟ амш официалла иазгәарҭоит ԥхынгәымза 23 рзы.