Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс Аинформациа аҟәшаҿы иҭацәыз ажурналист иҭыԥахь аконкурс мҩаԥысуеит.

Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс Аинформациа аҟәшахьы аспециалист еиҳабы идкыларазы аконкурс хацыркуп. Абри атәы иҳәеит АААК Аҟәатәи аофис анапхгаҩы Ҭемыр Рекәаа.

Иара иажәақәа рыла, Аинфопортал аҿы иҭацәыз амаҵураҭыԥ ахь адкыларазы аконкурс ԥшь-етапк аманы имҩаԥысуеит.

«Актәи аетап аан ҳара ҩырала арзаҳалқәа ҳадаҳкылоит иҭацәу аҭыԥ ахь зкандидатура ықәзыргыло ауаа рҟынтә, арзаҳалқәа АААК Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы Мусса Егзакь ихьӡала иаашьҭызароуп. Аҩбатәи, ахԥатәи аетапқәа раан иалԥшаау акандидатцәа хаҭала ирыҿцәажәоит Аҟәа Аконкурстә комиссиа алахәцәеи, Санкт-Петербург итәоу  АААК Иреиҳаӡоу ахеилак Аппарат аусзуҩцәеи – видеоеимадарала. Аиҿцәажәарақәа хықәкыс ирымоуп аконкурсант ипрофессионалтә ҩаӡара ахәшьара аҭара, Аинфопортал ажурналист иаҳасабала инапынҵақәа рынагӡара дахьынӡазыхиоу аарԥшра. Аԥшьбатәи аетап хыркәшахоит АААК Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы Мусса Егзакь онлаин иҿцәажәарала», – ҳәа аԥҟарақәа дырзааҭыглеит Ҭемыр Рекәаа.

Иара иазгәеиҭеит убасгьы, арзаҳалқәа ирыцзар шакәу амзызра зныԥшуа ашәҟәы (мотивационное письмо), аԥсышәала ма урысшәала, даҟьак инеиҳамкәа, арезиуме, атәылауаҩшәҟәы ахҩылаақәа, аџьашәҟәы ахҩылаа.

АААК Аинформациа аҟәша ажурналист имаҵураҭыԥ ахь анеира зҽазызшәо изы ихымԥадатәу азанааҭ знеишьақәа: иреиҳаӡоу апрофессионалтә ҵара имазароуп, амедиа ахырхарҭала хышықәса иреиҵамкәа аус иухьазароуп, атекст аҩреи аредакциа азуреи илшозароуп, акьыԥхьреи асахьа, авидео аҭыхшьеи, аус адулашьеи идыруазароуп. Зхы иақәиҭны аԥсшәа здыруа аԥыжәара иоуеит.

Ҩыралатәи арзаҳали ашәҟәқәеи абри аелектронтә ԥошьҭахь иаашьҭтәуп: info@abaza.org. Арзаҳалқәа рыдыркылоит ҳазҭоу ашықәс хәажәкыра 27 инаркны мшаԥы 24 рҟынӡа.

Аконкурс актәи аетап алҵшәақәа рыла, АААК Аконкурстә комиссиа иалнахыз акандидатцәа хаҭа-хаҭалатәи рыҿцәажәара арыцхәқәа алкаахоит ҩымчыбжь рыҩнуҵҟа.

АААК Аинформациа аҟәша аусура иалагеит 2018 шықәса цәыбрамзазы ф-бызшәак рыла: аԥсшәа, абаза бызшәа, англыз бызшәа, араб бызшәа, аурысшәа, аҭырқәшәа. Хәышықәса рыла асаит аҟны икьыԥхьу аматериалқәа рзеиԥш хыԥхьаӡара 4500 инареиҳауп абызшәақәа зегь рыла. Ҽнакала Аконгресс асаит иаҭаауеит ҩ-нызқьҩык инареиҳаны аԥхьаҩцәа. Асаит аус ауеижьҭеи хәышықәса рыла 350 000 нызқьҩык иуникалтәу аԥхьаҩцәа ҭалахьеит.