Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс аделегатцәа усуратә ныҟәарала Египет иаҭааны Абазаа рыжәла ирԥылеит.

Саид Барганџьиа

Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс аделегациа Египет иаҭааны иҟоуп, уаҟа инхо аԥсуа-абаза диаспора рхаҭарнакцәа ирԥыларц. Аделегациа иалахәхеит АААК ауснагӡаратә маӡаныҟәгаҩ Инар Гыцба, Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы Мрагылара Ааигәеи Африкеи рыҟәша аиҳабы, АААК Иреиҳаӡоу Ахеилак алахәыла Инвер Алшәындба, Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра адҵа ҷыдақәа рзы ацҳаражәҳәаҩ, АААК Аҿар рхеилак алахәыла Алиас Асабуа.

Инар Гыцба иажәақәа рыла, аҭаара хықәкы хадас иамоуп – Египет иҟоу ҳдиаспора рабадырра, дареи ҳареи аимадара ӷәӷәа ҳабжьаҵара. Египет иҟоу аԥсуа-абаза диаспора аинтерес зҵоу ҷыдарак рымоуп – уи ахаҭарнакцәа зегьы официалла ажәла Абаза ныҟәыргоит. Аха ус шакәугьы, урҭ рыҟнытә рхылҵшьҭра зегьы иргәалашәом.

Аделегациа Каир ианнеи, урҭ дырԥылеит ажәла ахаҭарнак – Рауф Абаза (Маан), АААК Египет рыҟазаара апрограмма аиқәыршәараҿы ацхыраара ду ҟазҵаз. Мшаԥымза 22 рзы, Гиза имҩаԥысит раԥхьатәи инарҭбаау ажәла Абаза ахаҭарнакцәа рԥылара.

«Аиԥыларахь имҩахыҵит Каири, Александриеи, убасгьы Египет егьырҭ арегионқәеи рҿы инхо ҳџьынџьуаа. Ԥыҭҩык иазгәарҭеит, раԥхьаӡакәны ишырԥыло Аԥснынтәи рџьынџьуаа. Аиԥылара гәаартыла имҩаԥысит, ҳрылацәажәеит хкырацәала азҵаарақәа», - иҳәеит Гыцба.

АААК аделегтцәа ирзеиҭаҳәан Абаза ажәла ахаҭарнакцәа рынхашьа, рынҵышьа.

«Еилкаахеит, Абаза ажәла рдиаспортә еиҿартәышьаҿы ишыҟоу иформалтәым аусбарҭақәа. Уахь иаҵанакуеит – абыргцәа рхеилаки аҿар рхеилаки. Египет иҷыдоу аполитикатә ҭагылазаашьа азгәаҭаны, ажәла реиқәшәарақәа акыр шықәса имҩаԥырымгацызт, аха иҟан аамҭақәа, 500 инадыркны 1000-ҩык рҟынӡа ажәла ахаҭарнакцәа анеиднакылоз», - иҳәеит Гыцба.

Иара иазгәеиҭеит, аобективтә ҭагылазаашьақәа ирыхҟьаны, ажәләа ахаҭарнакцәа реиқәшәарақәа аԥсуа культура атридициатә атрибутқәа шрыцымыз, амилаҭтә кәашарақәа, ашәаҳәарақәа, афольклортә, амилаҭтә чысқәа уҳәа реиԥш иҟоу. Аха ус шакәугьы, АААК аделегатцәа рԥылараан иазгәаҭан «Абаза ажәла еиднакыло зегьы реиқәшәара ду аиҿкаара рыҽшазыршәо».

АААК ахаҭарнакцәа, еизаз ирзеиҭарҳәеит адунеи зегьы аҟны инхо аԥсуа-абаза етнос ахаҭарнакцәа реидкылареи, урҭ рыбжьара аимадара абжьҵареи, аԥсуа кульутреи, аԥсуа бызшәеи аиқәырхареи разы Аконгресс имҩаԥнаго аусқәа. Гыцба иажәақәа рыла, имҩаԥгаз апрезентациа ашьҭахь, ҳџьынџьуаа иаадырԥшит аԥсуа-абаза кульутра аелементқәа рыԥсҭазаара алагалара шырҭаху, уи азы ирымоу агәазыҳәара.

«Ԥыҭҩык иазгәарҭеит, есымша ишырдыруаз дара даҽа хылҵшьҭрак шрымоу, даҽа дгьылк ишатәу», - иҳәеит АААК ауснагӡаратә маӡаныҟәгаҩ.

АААК Иреиҳаӡоу Ахеилак алахәыла Инвер Алшәындба иазгәеиҭеит, «ҭаацәашәалатәи аиқшәара» даараӡа ибзианы ишымҩаԥысыз. Ҳџьынџьуаа азҿлымҳара арҭон, рҭоурыхтә ԥсадгьыл аҭааразы иҟоу аҭагылазаашьақәеи, насгьы, аҿар рықәлацәеи, рашьцәеи рымадаразы иҟоу алшарақәеи.

«Аиқәшәара ныҳәак иаҩызан. Иҟоу шыҟоу иуҳәозар, абасқәа раан еилукаауеит ҳџьынџьуааи ҳареи ҳаиқәшәарақәа ирымоу аҵак ду, насгьы, уи аамышьҭахь иаҳагьы иуҭаххоит ҳмилаҭ реидкыларазы аусура, ҩ-напык рыла уи аҽазкра», - иҳәеит Инвер Алшәындба.

Ари аҩыза агәаанагара дадгылоит АААК Аҿар рхеилак ахаҭарнак Алиас Асабуагьы. «Амала, Абаза ажәла ахаҭарнакцәа рыбжьара, аҿар роума, аиҳабацәа роума, аԥсуа бызшәа здыруаз аӡәгьы дҳақәымшәагәышьеит», - иҳәеит иара.

АААК аделегациа Египет раҭаара аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥыргоит адиаспора активистцәеи, акульутра аузуҩцәеи, ажәла Абаза аҭоурых аспециалистцәеи рԥыларақәа, ԥхьаҟатәи аусеицура амҩақәа ылырхуеит.