Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы Мусса Егзакь АААК VIII-тәи Аизараду аихшьаалақәа ҟаиҵеит. 

Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы Мусса Егзакь ҩымш раахыс – ԥхынҷкәын 7-8 рзы Аҟәа имҩаԥысуаз АААК VIII-тәи Аизараду аихшьаалақәа ҟаиҵеит.

Ари аизара Аԥсны аҳҭнықалақь аҿы еизнагеит зынӡа 130-ҩык аделегатцәа Ҭырқәтәыла, Голландиа, Ҟарачы-Черқьестәыла, Ҟабарда-Балкариа, Ставропольтәи атәылаҿацә, Москва, 
Санкт-Петербург рҟынтә, иара убас Аԥсны ахьӡала иааизгьы уахь налаҵаны. 

Аизараду гәырӷьарала иаатит ахаша, ԥхынҷкәын 7 рзы. Ацеремониа иалахәын Аԥсны ахада инаимаркны иналукааша ауаажәларратә, аполитикатә усзуҩцәа, еиуеиԥшым азанааҭтә еидгылақәеи асоциалтә гәыԥқәеи рхаҭарнакцәа. 2022 шықәсазы имҩаԥысуаз Аизарадуи Аконгресс 30 шықәса ахыҵреи еиқәшәеит, убри аҟнытә АААК аусзуҩцәа адныҳәаларақәа рацәаны ироуан.

Ԥхынҷкәын 8 рзы Аизараду аусура ҩ-хәҭакны еихшан: АААК Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩи алахәцәеи ралхра иазкыз аилатәареи, еиуеиԥшым аиҿкааратә зҵаарақәа рыӡбарагьы уахь иналаҵаны, иара убас Аконгресс аусура ахырхарҭа хадақәа ирықәшәо хра злоу атемақәа рыла астол гьежьқәа рымҩаԥгареи. 

АААК VIII-тәи Аизараду ахыркәшамҭаз Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы Мусса Егзакь астол гьежьқәа рҿы имҩаԥысуаз аилацәажәаразы аҭакзыԥхықәу ажәа риҭеит иззааиз ауаа ирыларҳәарц азы. Русҭам Занҭариа – аҿар ирызку аполитикеи, аспорти аекологиеи иахьрылацәажәоз астол гьежь анапхгаҩыс дыҟан, Изольда Ҳагԥҳа – «Ахатәы бызшәа» асекциа дахылаԥшуан, Екатерина Бебиаԥҳа – «Аԥсуара» асекциа мҩаԥылгон. Арҭ рыхҩык Аизараду алахәцәа рҿаԥхьа иқәгыланы жәларбжьаратәи аилазаарақәа ООН, ИУНЕСКО, ИУНИСЕФ рахь ишьҭхо арезолиуциақәа ирыԥхьеит.

АААК Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы Мусса Егзакь иқәгылаз иҭабуп ҳәа реиҳәеит, драҭабуит убасгьы АААК VIII-тәи Аизараду зхы алазырхәыз аделегатцәа зегьы. Аконгресс хәышықәсатәи аусура қәҿиаратәын ҳәа ахәшьара аиҭеит, агәыӷрагьы ааирԥшит ҳаԥхьаҟа аинтерес зҵоу апроект бзиақәа рхыԥхьаӡара иҵегь иацлалап ҳәа, жәларбжьаратәи аҩаӡара змоугьы уахь иналаҵаны.

«Ари аизара ҳара ҳзы иныҳәа дууп, ҳашьцәа рлакҭа ҳҭаԥшуеит, ҳшаӡәыку ҳныруеит. Уи адагьы ҳара ҳзы акраҵанакуеит аус аҟны ҳажәлар реиқәырхареи реизҳареи апрограмма шынаҳагӡо шәырбара», – иҳәеит Мусса Егзакь.

Абасала Аконгресс хәышықәса ирылагӡаны иҟанаҵаз аихшьаалақәа азаҳуит, пҳьаҟатәи аусура аплан шьақәҳаргылеит, адунеижәларбжьаратәи аилазаарақәа рахь инашьҭхо арезолиуциақәа ҳадаҳкылеит, иҳәеит Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы Мусса Егзакь, иагьазгәеиҭеит абарҭқәа зегьы аԥсуа-абаза жәлар ракзаара адоуҳа шацыз. 

«Иҭабуп ҳәа шәасҳәар сҭахуп иааз зегьы, даара иҳахәо шәгәаанагарақәеи шәзеиӷьшьарақәеи ахьҳацеиҩышәшаз. Абас ҳгәы ахьыбылуа ауп изыбзоуроу ҳҵасқәеи ҳқьабзқәеи, ҳбызшәеи ҳкультуреи иахьа уажәраанӡа имырӡкәа иахьааҳго», – ҳәа иажәа хиркәшеит Мусса Егзакь.

Ԥхынҷкәын 7-8 рзы Аҟәа имҩаԥысыз Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс Аизараду аабатәи еизароуп. Уи цонаҵы Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩыс деиҭалхын Мусса Егзакь, Иреиҳаӡоу ахеилак алахәылацәа реилазаашьа ҿыц шьақәырӷәӷәан, АААК Аԥҟаԥҵәа аԥсахрақәа алагалан, аусеицуразы аиқәшаҳаҭрақәа напы рыҵаҩын. VIII-тәи Аизараду аусмҩаԥгатәқәа ирыцҵахоит ԥхынҷкәын 11-нӡа, уа иҟоуп аофициалтә ҟазшьа змоу реиԥш алахҿыхратә ҟазшьа змоугьы.  

Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс аизарадуқәа мҩаԥысуеит хәшықәса рахьтә знык. Абаза жәлар ахаҭарнакцәа адунеи зехьынџьарантә иаауеит Аконгресс аусура аихшьаалақәа рыҟаҵаразы, Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩи алахәцәеи ралхразы. Уи адагьы Аизараду аҿы иалкаахоит ԥхьаҟатәи аусмҩаԥгатәқәа рыпрограммеи, аиҿкаара аусура азеиԥш хырхарҭеи.

Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс VIII-тәи Аизараду аӡбахә еиҭарҳәоит: Аԥсуа ҳәынҭқарратә телерадиоеилахәыра, ателеканал «Абаза-ТВ», аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны.