Еицырдыруа кавказҭҵааҩы Гьаргь Ӡиӡариа Аԥсны аҭоурых аҿы даанхеит ҵарауаҩ дук иаҳасабала, насгьы «Ахҩык рысалам шәҟәы» авторцәа дыруаӡәкны.

Арифа Қапԥҳа

Гьаргь Ӡиӡариа – иналукааша аҵарауаҩ, аҭоурыхҭҵааҩ-кавказҭҵааҩы, аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, зыԥсҭазаара зегьы зыԥсадгьыл аҭоурых аҭҵаара иазызкыз. Гьаргь Ӡиӡариа иҭҵаарадырратә усура мацарала акәӡам Аԥсны аҭоурых адаҟьақәа хьтәы нбанла дзырнылаз, 1940-тәи ашықәсқәа рзы Аԥсны ақырҭқәа ахаҵәо ианалага, Гьаргь Ӡиӡариеи, апоет Баграт Шьынқәбеи, аҵарауаҩ Константин Шьаҟрыли ирыҩуеит еицырдыруа «Ахҩык рысалам шәҟәы», уаҟа авторцәа ӷәӷәала ирықәыӡбеит уи аамҭазы Аԥсны иҩмаԥысуаз апроцессқәа.

Аҭоурых азҿлымҳара

Гьаргь Ӡиӡариа диит 1914 шықәса, лаҵарамза 6 рзы, Лыхны ақыҭан. Гьаргь иаб – анхаҩы Алықьса Ӡиӡариа, Нестор Лакоба еиҿикааз анхацәа ргәыԥ «Кьараз» далан. Иан Елизавета (Зиза) Давид-иԥҳа – «Кьараз» иалахәыз, еицырдыруа ареволиуционер Игнати Аҩардан иаҳәшьа лакәын. Гьаргь ԥшьышықәса шихыҵуаз иаб диԥхоит, ахәыҷы ан лымацара длааӡон.

Жәашықәса анихыҵ инаркны Ӡиӡариа аҵара иҵон Гәдоуҭатәи ахәыҷқәа рыҩны-аинтернат аҟны. Анаҩс, 1929 шықәсазы дҭалоит Нестор Лакоба ихьӡ зху Аҟәатәи абжьаратә Ашьхарыуаа рышкол. Уаҟа аҵара иҵонаҵы, азҿлымҳара ӷәӷәа ааирԥшуан аҭоурых амаҭәар ахь, еиҳаракгьы уи ибзоуран ирҵаҩы Алықьса Всеволод-иԥа Фадеев, иара иоуп аҷкәын қәыԥш иабжьызгаз аҭҵаара аус аҟны зегь реиҳа афактқәа шхадароу, убри азы, адокументқәеи, аршаҳаҭгақәеи реидкыларада аҭҵааратә ус амҩаԥгашьа шамам.

Ашкол даналга ашьҭахь, 1934 шықәсазы, Гьаргь Алықьса-иԥа дҭалоит Москватәи аҭоурыхи, афилософиеи, алитературеи ринститут.

Ихатә биографиа аҟны уи аамҭа иазкны абас иҩуеит: «Араҟа сара рҵаҩцәас исыман иналукааша аурыс ҭоурыхҭҵааҩцәа – Иури Владимир-иԥа Готие, Евгени Алықьса-иԥа Космински, Михаил Николаи-иԥа Тихомиров, Сергеи Владимир-иԥа Бахрушин, Исаак Израиль-иԥа Минц, убас егьырҭгьы. Ҳәарада, урҭ анырра ду сырҭеит ҭоурыхҭҵааҩык иаҳасабала сышьақәгылараҿы».

Астуденттә шықәсқәа инадыркны Ӡиӡариа лымкаала дрызҿлымҳан Аԥсны XIX-тәи ашәышықәсазтәи аҭоурых апроблемақәа.

Иреиҳау аҵараиурҭа даналга ашьҭахь, 1939 шықәсазы иара дхынҳәуеит Аԥсныҟа, аусурагьы далагоит академик Марр ихьӡ зху Аԥснытәи аҭоурыхи, алитературеи, абызшәеи ринститут (иахьазы – Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт – аред.) аҟны, раԥхьа – аҭҵаарадырратә усзуҩ еиҵбыс, анаҩс – еиҳабыс. 1953 шықәсазы дҟалоит аҭҵаарадырра аҟәша аганахь ала аинститут адиректор ихаҭыԥуаҩс, 1966 шықәса инаркны иԥсҭазаара далҵаанӡа – аинститут адиректорс дыҟан.

Ӡиӡариа аҭҵаарадырратә усуреи арҵаҩреи еилеигӡон. 1957 шықәса инаркны 1966 шықәсанӡа А.М. Горки ихьӡ зху Аҟәатәи апедагогикатә институт еиҳабыс даман, 1939 шықәса инаркны уаҟа рҵаҩыс аус иуан. Иара иаԥшьгаралоуп аҭоурыхтә факультет аҟны изалагалахаз амаҭәар ҿыц – Аԥсны аҭоурых. 1979 шықәсазы Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет анаԥҵаз, Ӡиӡариа дахагылоит ауниверситет аҟнны Аԥсны аҭоурыхи, археологиеи, аетнологиеи ркафедра, аԥхьарагьы далагоит XIX-тәи ашәышықәса алагамҭеи XX-тәи ашәышықәсеи раантәи Аԥсны аҭоурых иазку алекциақәа ркурс.

«Гьаргь Алықьса-иԥа Ӡиӡариа – аԥсуа ҭоурыхҭҵаара ахыҵхырҭаҿы игылаз дыруаӡәкын. Уи аҭҵаарадырратә хырхараҭа ашьақәгылара мҩаԥысуан имариамыз аҭагылазаашьақәа раан – ипрофессионалтәу амилаҭтә ҵарауаа-аҭоурыхҭҵааҩцәа ыҟамызт, иара убасгьы иҟамызт аҭоурых анҵаратә традициа», – ҳәа иҩуеит Ӡиӡариа изкны, аҭоурыхҭҵааҩы Арвелод Кәыпраа.

«Ахҩык рысалам шәҟәы»

Гьаргь Ӡиӡариа иналукааша ҵарауаҩын, дпатриот дуун. Аԥсуа интеллигенциа ахаҭарнакцәа аӡәырҩы реиԥш, Ӡиӡариагьы хьаас иман, Нестор Лакоба данԥсы инаркны Аԥсны имҩаԥысуа иалагаз апроцессқәа – ареспублика ақырҭуара аларҵәаразы аҽазышәарақәа, ашколқәа рҿы аԥсуа бызшәа аҵара азин амхра, залымдарала ишьақәгылаз акадртә политика – аԥсуа милаҭ ахаҭарнакцәа зегьы рзы ашәқәа реиҳарак аркын.

1947 шықәсазы Гьаргь Ӡиӡариеи, еицырдыруа апоет Баграт Шьынқәбеи, аҵарауаҩ-кавказҭҵааҩы Константин Шьаҟрыли Асовет Еидгыла абольшевикцәа ркоммунисттә партиа Ихадоу акомитет ашҟа ирышьҭуеит асалам шәҟәы. Ашәҟәы авторцәа инҭкааны Аԥсны иҟоу аҭагылазаашьа иахцәажәеит, аҳәынҭқарра иреиҳаӡоу аиҳабырахь аҳәара ҟарҵеит уи рыхшыҩ азыршьҭырц.

Иара убасгьы, асалам шәҟәы аҟны иарбан абарҭ апроблемақәа – аԥсуа школқәа рхырхарҭа аԥсахра, ашколхәыҷкәа рҵаратә процесс ақырҭуа бызшәахьы аиагара, аԥсуа школқәа рхыԥхьаӡара аркьаҿра, аҭыԥантәи атопонимика ақырҭшәахь аиагара, аԥсуа литература атәамбара, аԥсуа шәҟәыҩҩцәа раԥҵамҭақәа ркьыԥхьраҿы аԥынгылақәа рыҟаҵара, иреиҳаӡоу апартиа анапхгараҿи, еиуеиԥшым аиҳабырақәеи рҿы аԥсуаа рыҟымзаара, уи аамҭазы аиҳабыратә ҭыԥқәа рахь Қырҭтәылантәи ауаа раагара, иара убасгьы, Аԥсныҟа нхара ҳәа хыԥхьаӡара рацәала Қырҭтәылантәи ауааԥсыра раагара.

Ари асалам шәҟәы арҭҟәаҵга аныԥжәо еиԥш аеффект аман, уи авторцәа акритика ӷәӷәа рызуын.

«Асалам шәҟәы авторцәа рахьырхәразы аусура нап аркын – Ихадоу акомитет иҵабыргым аинформациа азнагареи, аԥсуа партиатә еиҿкаара ахара ақәыжьреи азы ҳәа урҭ ахара рыдҵан. Иара убасгьы аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы асалам шәҟәы авторцәа, «абуржуазтә националистцәеи», «афашистра аазырԥшуа аелементқәеи» ҳәа ахьӡқәа рыҭан. Убас иҟан 1953 шықәсанӡа», – ҳәа азгәаҭоуп Олег Бӷажәбеи, Станислав Лакобеи еиқәдыршәаз «Аԥсны аҭоурых – ижәытәӡатәиу аамҭақәа индаркны иахьанӡа» ҳәа захьӡу ашәҟәы аҟны.

Арвелод Кәыпраа иазгәеиҭоит, ари асалам шәҟәы Гьаргь Алықьса-иԥа иԥсҭазаара анырра анамҭар залымшоз – акыраамҭа аҵарауаҩ ҭынч аусуреи анхареи азы аҭагылазаашьа имамызт.

«Аматериалтә уадаҩрақәеи, аморалтә-психологиатә қәыӷәӷәарақәеи ихигон. 1956 шықәсанӡа ԥшьҩык ахшара ахьыҟаз иҭаацәареи иареи апединститут азеиԥшнхарҭа иатәыз уадак аҟны еицынхон. Зыӡбахә ҳамоу асалам шәҟәы ашьҭахь, Гьаргь Ӡиӡариеи, Баграт Шьынқәбеи, Константин Шьаҟрыли акыр икыдырцало иалагеит. Гьаргь Алықьса-иԥа 1949 шықәса алагамҭазы апединститут аҟны иусура дамхын, «аполитикатә гәрамгара» ҵаҵӷәыс иҟаҵаны. Анаҩс иаахҵәаны ҩынтә иарҳәахьан азеиԥшнхарҭа ауада аанижьырц. Уи мап ацәикыр, «апрокуратура ашҟа аус шьҭхоит» ҳәа дыхҭакны диман аинститут адиректор Р. Цулукиӡе», – ҳәа иҩуеит Кәыпраа.

Аҵарауаҩ, аҳәынҭқарратә усзуҩ

Гьаргь Ӡиӡариа 400 инареиҳаны аусумҭақәа дравторуп, урҭ рхыԥхьаӡараҿы – 150 ҭҵаарадырратә усумҭа, 50 монографиа.

Аҵарауаҩ Ӡиӡариа абри аҩыза иҟазшьарбага кьыԥхьын агазеҭ «Аԥсны Жәлар рпартиа» аҟны, 1999 шықәса, лаҵарамза 4 рзы: «Зоура зыҭбаара ыҟаз, изыԥшныз, Гьаргь Ӡиӡариа иусуратә стол, есқьынагьы ашәҟәқәеи, адокументқәеи, анапылаҩырақәеи рыла иҭәыз дахатәан ижәҩахыр ҭбааӡа, имаха-ишьаха шыӷәӷәаз убаратәы иҟан, дынҿаԥхаҿаччоз – игәы шыразыз иныԥшуан. Икабинет иааҩналоз зегьы дырхаҵгылон. Иҭаауаз иколлегацәа рацәажәара бзиа ибон, зны-зынла икабинет аҟны днеиааиуа ацәажәара бзиа ибон. Иҿыцу акы аԥшьызгоз – игәы шьҭызхша ажәа ҟәандақәа иеиҳәон, ихәарҭам шьаҿак ҟасҵап ҳәа згәы иҭазкыз – убас ҟаҵатәым ҳәа агәра ииргон».

Ӡиӡариа – XIX-тәи ашәышықәса анҵәамҭеи XX ашәышықәса актәи аԥшьбараки раантәи Аԥсны аҭоурых азы ихатәроу специалистын. Иара иҭҵарадырратә усумҭақәа ахрестоматиатә ҵакы рымоуп, аҵарауаа рыбжьара азхаҵара роухьан.

«Гьаргь Алықьса-иԥа Ӡиӡариа – XIX ашәышықәсазы иҟаз Аԥсны ауаажәларра рсоциалтә еилазаашьа шьақәзыргылаз, иҭызҵааз раԥҳьатәи ҵарауаҩын. Иара инарҵауланы иҳадигалоит XIX ашәышықәсазы Аԥсны асоциалтә субиектқәа зегьы рсоциалтә хаҿсахьеи, урҭ ирымаз ауаажәларратә ҭагылазаашьеи», – ҳәа иҩуеит Арвелод Кәыпраа.

1866 шықәсазтәи Лыхнытәи ақәгылара иазку аусумҭа аҵарауаҩ иҩуан Ихадоу акомитет ашҟа инашьҭыз асалам шәҟәы ахҟьа-ԥҟьақәа раантәи иуадаҩӡаз аамҭақәа рзы. Ақәгылара зыхҟьазгьы аурыс чынуаа хшыҩзышьҭрада Аԥсны имҩаԥыргоз аполитика ауп: аԥсуаа рменталитет аҷыдарақәа азгәамҭакәа, ирылырҳәеит аҳратәратә зин (азинтә еизыҟазаара асистема, анхаҩы дызқәынхоз адгьыл зтәыз иахь имаз ахьыԥшра – аред.) шахҳәоу атәы. Аха Аԥсны иҟаз аҭагылазаашьа Урыстәыла еиԥшымызт, араҟа ианакәызаалак атәра ыҟамызт, уи азоуп анхаҩцәа агәырӷьара ахаҭыԥан агәеибакра зрызцәырҵыз, избан акәзар дара ихьыԥшым уаауп ҳәа рхы рыԥхьаӡон. Насгьы, ари аҩыза алаҳәара аҭауадцәагьы иргәамԥхеит: ашәҟәынҵа аҿы урҭ «атәцәа» рыман ҳәа иарбан.

Аҵарауаҩ иусумҭа «Аԥсны 1866 шықәсатәи ақәгылара» ҭыжьын 1955 шықәсазы. Уи ашәҟәы – Ӡиӡариа раԥхьатәи иҭҵаарадырратә монографиан, аҭҵаарадырратә дунеи аҟны ахьӡ-аԥша изҭаз.

«Амҳаџьырреи Аԥсны XIX-тәи ашәышықәсазтәи аҭоурых апроблемақәеи» ҳәа хьӡыс измаз Гьаргь Алықьса-иԥа имонографиа, ҳәара аҭахума, иналукааша усумҭоуп, аспециалистцәа ишазгәарҭо ала, уи «XIX-тәи ашәышықәсазы Аԥсны иахнагаз арыцҳара ду, Кавказтәи аибашьраҿы иҭахаз зегьы рзы баҟаҵас иҟоу ашықәснҵоуп». Аусумҭа шьаҭас иамоуп хыԥхьаӡара рацәала адокументқәеи, амемуарқәеи, еиуеиԥшым ақалақьқәа (Аҟәа, Москва, Ленинград, Қарҭ, Краснодар) рархивқәа рыҟны автор аус здиулаз.

Аԥсны аҭоурых аҭҵаараҿы даҽа лагала дуны иҟоуп Гьаргь Ӡиӡариа ифундаменталтәу имонографиа «Ареволиуциа ҟалаанӡатәи аԥсуа интеллигенциа ашьақәгылара» ҳәа хьӡыс измаз. Ари аусумҭа аҟны автор иаҳирдыруеит Аԥсны ауаажәларратәи, аполитикатәи аԥсҭазаара анырра ду азҭаз аԥсуа интеллигенциа иналукааша ахаҭарнакцәа. Ари аусумҭа азы 1980 шықәсазы Гьаргь Ӡиӡариа ианашьан Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аԥсны Аҳәынҭқарратә премиа.

Гьарь Ӡиӡариа иналукааша ауаажәларратә, аҳәынҭқарратә усзуҩын. 1957-1959 шықәсқәа рзы Аԥснытәи АССР Иреиҳаӡоу Ахеилак Апрезидиум ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩс дыҟан, 1975 шықәса инаркны иԥсҭазаара далҵаанӡа – Аԥсны Иреиҳаӡоу Асовет ахантәаҩыс. Хынтәны Асовет Еидгыла Иреиҳаӡоу Асовет депутатс далырххьан.

«Асқьала ныжьны амшын инхылазшәа»

Гьаргь Ӡиӡариа иԥсҭазаара зегьы аҭҵаарадырреи ауаажәларратә усуреи ишадҳәалаз иҭаацәара акыр ирныруан, урҭ рзы аамҭа аԥшаара ицәыуадаҩын. Гьаргь Алықьса-иԥа Ӡиӡариеи иԥшәмаԥхәыс Ольга Александр-иԥҳа Гьериеи ирымын ԥшьҩык ахшара: рыԥҳа Аннета, нас хҩык рԥацәа – Асҭамыр, Гәдиса, Адгәыр.

Аҵарауаҩ иҷкәын – асахьаҭыхҩы Адгәыр Ӡиӡариа иаб дигәаларшәо абас иҩуеит: «Саб ашьыжь аусурахь дандәықәлоз, сан агәашә аҟынӡа днаскьалгон, имаҭәа даҽазныкгьы амаҭәарыцқьагала днахыс-аахысуан. Убасҟан иара санихәаԥшуаз ацәанырра соуан, аӷба асқьала ныжьны, амшын инхылозшәа».

Аҭаацәараҿы Гьаргь Алықьса-иԥа инапы злакыз аҭҵаарадырратә, ауаажәларратә усура ихадоу акы акәны ирыԥхьаӡон.

«Ҳарҭ уамашәа иаҳбомызт, ҳаб аусура аҟынтә данаалак, дышиашоу икабинет ахь аусура ҳәа данцоз, – игәалашәоит иҷкәын. – Нас иансызҳа ашьҭахь оуп ианеилыскаа, аинститут аҟны директорс дахьыҟаз аусуреи, иҭҵаарадырратә усуреи акы акәны ишыҟамыз. Аҭҵаарадырра аҵыхәтәанынӡа ихы азкын, аусураҿы дызхьымӡоз хаирҭәаауан аҩны, мамзар џьара амҩа дахьықәу, иара убасгьы ԥсшьара ҳәа џьара дызцозаргьы инапылаҩырақәа ицын. Сара сакәзар, инакәызаалак ибзианы еилыскаауан, саб акыр зҵазкуа аус дшаҿу, уи аус зегь амҽхакны ишыҟоугьы. Ҳара – иҭаацәа гәакьагьы уи ҳзацлабуамызт. Аиашазы, ҳацлабып ҳәагьы ҳгәы иҭамызт, избан акәзар еилаҳкаауан, ауаҩы иԥсҭазаараҿы абзазаратә комфорти, зегь рыла еиқәышәшәо аҟазаареи шракәым зегь реиҳа ихадоу, иҟоуп еиҳа аҵакы змоу ахықәкқәа».

Аҩнытәи, абзазаратәи усқәа рзы аҵарауаҩ аамҭа шамахамзар имаӡамызт, амала урҭ иҽырзикуазаргьы, ихы аԥсы аиршьарц азы акәын. Иҭаацәара рзы аамҭа рацәа шимамызгьы, Гьаргь Ӡиӡариа ибзиаӡаны еиликаауан ихәыҷқәа аҵара бзиа рыҭара ихадоу акы акәны ишыҟоу.

«Ҳаб ҳара ҳзы илшо зегь ҟаиҵон, – иҳәоит Адгәыр Ӡиӡариа. – Агазеҭқәеи ажурналқәеи зегьы ылиҩаауан. Ахәыҷқәа рзы ашәҟәеизгақәеи, арадиодкылагеи, арҳәагеи, уи иаго апластинкақәеи, уи аамҭазы ҿыц ицәырҵны иҟаз – аԥсуа жәлар ансамбльқәа рықәгыларақәа зныз, аҩны иҳаман.»

Ӡиӡариа иҭаацәара ду џьара ԥсшьара ацаразы алшара рымамызт, еиҳараӡак ԥсшьараҳәа Лыхныҟа ицон.

Аҵарауаҩ иҷкәын игәалашәоит иара даныхәыҷыз бзиа ишибоз иаб изеиҭеиҳәоз ажәабжьқәа: «Саб дышқәыԥшӡаз иаб диԥхеит. Аинтернат аҟны аҵара иҵон. Аԥхын ԥсшьара ҳәа аҩныҟа, ахәыҷқәа ахьырацәаӡаз данаауаз, ҳанду ахьшьцәа дрыцҵаны ашьхаҟа длышьҭуан. Сара даараӡа бзиа избон ашьхара иазкны ажәабжьқәа ансзеиҭеиҳәоз. Саб ибзиаӡаны ихатәы бызшәа идыруан, иара убасгьы идыруан ахьшьцәа, мамзар ашәарыцаҩцәа рбызшәа ҳәа изышьҭоу – уажәы уи иахьыӡҵәҟьоу сгәалашәом».

Аҵарауаҩ ду, апатриот Гьаргь Ӡиӡариа иԥсҭазаара далҵит 1988 шықәсазы, иԥшәмаԥҳәыс лыдунеи лыԥсахижьҭеи 26 мшы ааҵуаны. Иҳаҭгәын гылоуп Лыхнашҭа – иқыҭа гәакьа Лыхны ихьӡырҳәагоу аҭоурыхтә шҭа ду аҟны.

2004 шықәсазы иаԥҵан Гь.А. Ӡиӡариа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа, уи аҭҵаарадырра аҟны аихьӡара дуқәа змоу иранашьахоит. Иара ихьӡ рыхҵоуп Аԥсны ақалақьқәа рҟны амҩа дуқәа, лассы-лассы еиҿкаахоит ихьӡ зху аҭҵаарадырра-практикатә конференциақәа. 1995 шықәсазы аҳәынҭеилакы «Аԥснеимадара» иҭнажьуеит аҵарауаҩ ихаҿсахьа зну иҷыдоу апошьҭатә марка, 2014 шықәсазы – Гьаргь Ӡиӡариа 100 шықәса ихыҵра иазкны иҭыжьын аиубилеитә ԥсар.