мАдунеизгьтәи аԥсуа-абаза конгресси уи ахантәаҩы Мусса Егзакьи акоронавирустә чымазара ҿкы COVID-19 аламырҵәара аус аҿы Аԥсны ацхыраара иацырҵоит.

АААК Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы Мусса Егзакь Аԥсныҟа иааишьҭит акоронавирус аҽацәыхьчаразы ихәарҭоу амедицинатә маҭәашьарқәеи ахыхьчагақәеи.

АААК ИА ахантәаҩы амедицинатә маҭәашьарқәа ихәҳаит Аԥсны Агәабзиарахьчара аминистрраҟны иаԥҵоу Ауааԥсыра акоронавирустә ҿкы рацәыхьчаразы аоперативтә штаб ишьақәнаргылаз асиа инақәыршәаны.

«Адунеи зегь аҿы аҭагылазаашьа мариаӡам. Авирус Аԥсныҟагьы инеигәышьеит, аха ауааԥсыреи, ауаажәларратә еиҿкаарақәеи, аҳәынҭқарратә мчра аусбарҭақәеи ҳәоуеиқәшәала иҟарҵаз ашьаҿақәа ирыбзоураны аҭагылазаашьа ҭышәныртәалоуп. Абас иҟоу аамҭақәа раан зегьы узеиԥшны утәар ҟалаӡом, ҳазегь ҳамчқәа еибыҭаны ари аԥышәара ҳахысроуп», – ҳәа агәрагара имоуп Мусса Егзакь.

Иара иазгәеҭеит, АААК акоманда акоронавирус раԥхьатәи ахҭысқәа шааҟалаз еиԥш реиҳа зсоциалтә ҭагылазаашьа уашәшәыроу аҭацәарақәа ацхыраара шрырҭоз, зҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь ихынҳәыз ҳџьынџьуаа рҭаацәарақәагьы уахь иналаҵаны.

АААК ИА ахантәаҩы игәаанагарала, абри аамҭазы иреиҳаӡоу аидара рыбӷа иқәҳаит аҳақьымцәа. «Апациентцәа реиқәырхаразы дара аус руеит уахгьы-ҽынгьы, тәаха рымамкәа. Ачымазцәа рхыԥхьаӡара акыр иацлар ауеит азы, аныхратә материалқәеи ахәшәқәеи, амедицинатә хархәагақәеи еиҳаны иаҭаххоит», – иҳәеит иара.

Акоронавирус аламырҵәара хықәкыс иҟаҵаны Аԥсны аҭагылазаашьа ҷыда аналагалаз аахыс АААК аусура хадаратәла ҳтәыла ауааԥсыра аҿкы рацәыхьчара ахырхарҭахь иианагеит. Аконгресс акоманда активла аус рыцнауеит Аԥсны ауааԥсыра акоронавирус рацәыхьчаразы аусбарҭабжьаратә оперативтә штаб, агәыҳалалратә еиҿкаара «Кьараз», ауаажәларратә информациатә центр «Адгылара».

АААК иахьеи-уахеи иамадоуп Москватәи аԥсуа диаспора, ари аиҿкаарагьы Аԥсны ацхыраара анаҭоит амедицинатә маҭәашьарқәеи, ахыхьчагақәеи, афатәи раахәараҿы.

Уаанӡа АААК ацхыраара ҟанаҵеит акоронавирустә пандемиа амшала ауадаҩрақәа зызцәырҵыз арепатриантцәа рҭаацәарақәа фатәыла реиқәыршәараҿы. Иааидкыланы ацхыраара роуит126-ҩык ауааԥсыра, акыр шәызҳахәома ҳәа Аконгресс иадҵаалаз арепатриантцәа иҟарҵаз аҳәара аҭакс.

Апандемиа аамҭазы АААК аинфопортал аусура ажәабжьқәа реиҭаҳәара аформат ахь иианагеит: адунеи иаланхо ҳауаажәлар рҭоурыхтә ԥсадгьыл аҟны акоронавирус иадҳәалоу аҭагылазаашьа зеиԥшроу рдыруазарц, аоперативтә штаб аҵыхәтәантәи адыррақәа кьыԥхьхоит.

Иахьазы COVID-19 Аԥсны издырбалахьоу рзеиԥш хыԥхьаӡара 28-ҩык рҟынӡа инаӡоит, 23-ҩык ргәы бзиахеит, аӡәы лыԥсҭазаара далҵит. Ачымазара зцәа иалоу Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп, аҳақьымцәа рыбла рхуп.

Лаҵара 30 рзы Аԥсны ахада инапы аҵаиҩит уаанӡа иалагалаз ақрақәа зегьы рашәара 15-нӡа рыҿҳәара иацҵазарц зҳәо аусԥҟа