АААК Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы Мусса Егзакь 15 нызқь доллар ҳамҭас иҟаиҵеит Сакариа ақалақь аҿы аԥсуа культуратә хеидкыла аргыларазы.

Саид Барганџьиа

Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы Мусса Егзакь 15 нызқь доллар азынаирхеит Ҭырқәтәылатәи ақалақь Сакариа аԥсуа культуратә хеидкыла ахыбра ҿыц аргыларахь. Абри атәы АААК аинфопортал иазааицҳаит Аконгресс анагӡаратә маӡаныҟәгаҩ Инар Гыцба.

Иара еиҭеиҳәеит, Егзакь абас аҟаҵара шыиӡбаз, АААК анапхгаҩцәеи ари ақалақь аҿы аусура иалагахьоу аԥсуа культуратә хеидкыла ахаҭарнакцәеи реиԥылара ашьҭахь. 

Сакариа иҟоу ахеидкыла еиднакылоит х-нызқьҩык рҟынӡа аԥсуа-абаза жәлар рхаҭарнакцәа, уи анапхгара ргәы иҭоуп хара имгакәа хә-нызқьҩык рҟынӡа алахәцәа рхыԥхьаӡара аизырҳара. Ахеидкыла аҟны аԥсуа бызшәа ддырҵоит, имҩаԥысуеит акультуратә уснагӡатәқәа, аус ауеит аҳәса рхеилак, урҭ атрадициатә аԥсуа напҟазара ахкқәа реиқәырхара иаҿуп, аԥсуа милаҭтә арԥшӡагақәа ҟарҵоит. 

«Ҳаиԥылара аҳәаақәа ирҭагӡаны ауаажәларра ҳрацәажәеит, убраҟа ицәырган ахыбра аргылара апроектгьы», – ҳәа ҳаилиркааит Гыцба.

Акультуратә хеидкыла аиҳабы Орал Бганба иеиҭеиҳәеит, ааигәа Сакариа ақалақь ахадарахь инеины аҳәара шыҟарҵаз, адгьыл азылхразы. Аҳәара нарыгӡеит, адгьыл ҽыҭ азылхын, уажәшьҭа ахыбра аргыларазы аԥара еидкылатәуп. Аргылара апроект ишаҳәо ала, иааидкыланы уи иақәхарџьтәуп 160 нызқь доллар. Изҭаху зегьы ирылшо аԥарала ари аус иадгылар ҟалоит. 

Сакариа иҟоу аԥсуа культуратә хеидкыла – Ҭырқәтәылатәи аԥсуа культуратә хеидкылақәа рфедерациа иалоу 14 ируакуп. Афедерациеи уи иалоу ахеидкылақәеи русура хықәкы хадас иамоуп аԥсуаа рмилаҭтә-культуратә ҭынха аиқәырхареи ахьчареи.