Амениу
26 Мшаԥы 2024
13:26
Аҽҭаҩра

Адунеизегьтәи
аԥсуа-абаза
конгресс

Ҳара адунеи иқәынхо аԥсуааи абазақәеи реидкылара хықәкыс иҳамоуп

Лента событий ВААК

    Вернуться к ленте
30.01.2023 11:40
Гәдоуҭа, Аԥсны Аҳәынҭқарра

Азанааҭалхра иазкыз атренинг мҩаԥысит Жәандәрыԥшь.

Жәандәрыԥшьтәи абжьаратә школ аиҳабыратә классқәа рҵаҩцәа раԥхьаҟа занааҭқәас изызхәыцша иазкыз аицәажәара мҩаԥысит АААК аҵареи, агәабзиарахьчареи, асоциалтә активреи рыҟәша апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны.
Аиԥылара иалахәын ҷыдала ааԥхьара змаз Аҟәатәи аҳәынҭколлеџь аргыларатә маҭәарқәа рырҵаҩы Алиса Барцыц, АААК аусзуҩцәа Изольда Ҳагԥҳаи Наур Хышбеи, ахәыҷқәа ирзеиҭарҳәеит азанааҭ иашаны алхра аҵак ду шамоу. Убри аганахьала иахьазы иаҭахны иҟоу азанааҭқәа ирылацәажәеит, Аԥсны аҩнуҵҟа абжьаразанааҭтә ҵара ахьуоуша рҳәеит, дасу рхатә ԥышәагьы иазааҭгылеит: аҵараиура ашьҭахьгьы иҿыцу адыррақәа шдырҳауаз, аусура аԥшаараан уадаҩрақәас ирԥылоз уҳәа.

0
Ахҳәаа ыҟам