Амениу
30 Мшаԥы 2024
23:21
Аҽҭаҩра

Адунеизегьтәи
аԥсуа-абаза
конгресс

Ҳара адунеи иқәынхо аԥсуааи абазақәеи реидкылара хықәкыс иҳамоуп

Лента событий ВААК

    17 Мшаԥы 2024
17.04.2024 17:37
Очамчыра, Аԥсны Аҳәынҭқарра

АААК иацнаҵоит амилаҭтә хәмаррақәа ирызку амастер-классқәа рымҩаҧгара.

Амилаҭ-спорттә хәмаррақәа ирызкыз амастер-классқәа мҩаҧысит Очамчыратәи ашкол-интернати Ҧақәашьтәи абжьаратә школи рҿы. Аҿар рыҿиареи абаҩрҵәыреи рзы АААК аҟәша анапхгаҩы Валери Берзениа иҧкааны еиҭеиҳәеит амилаҭтә хәмарра “Аимҵакьачара” аҧҟарақәа. Анаҩс, х-гәыҧкны рыҽшаны, аиҳабыратә классқәа рҵаҩцәа имҩаҧыргеит аицлабра. Имҩаҧысуа амастер-классқәа ирылҵшәахоит ҳазҭоу ашықәс лаҵарамзазы еиҿкаахо аҧсуа милаҭтә хәмаррақәа рзы аицлабра. Уи еизнагоит иреиӷьӡоу ахәмарҩцәа, насгьы иалкаахоит амилаҭтә хәмаррақәа рзы аиааира иаҧсоу агәыҧ.

0
17.04.2024 16:00
Аҟәа, Аԥсны Аҳәынҭқарра

Хәаҧ имҩаҧысит ашколхәыҷқәа рдиспансеризациа.

Изаамҭанытәиу ашколхәыҷқәа рдиспансеризациа мҩаҧысит Гәдоуҭа араион Хәаҧ ақыҭан. Ашколхәыҷқәеи урҭ рырҵаҩцәеи еиуеиҧшым ахырхарҭақәа рыла аспециалистцәа рҿы ихарҭәаау агәаҭара иахысит.

Аконгресси Аҧсны Аҳәынҭқарра Агәабзиарахьчара аминистрреи рхаҭарнакцәа рыла ишьақәгылаз агәыҧ азанааҭтә ҟазареи адыррақәеи аарҧшны, адиспансеризациа зхы алазырхәырц зыӡбаз ақыҭауаа хәыҷқәа зегьы ирызҿлымҳаны, игәцаракны амедицинатә гәаҭара иахрыжьит. Адиспансеризациа аҳәаақәа ирҭагӡаны, игәаҭан 70-ҩык ргәабзиара аҭагылазаашьа, еиуеиҧшым ашьақәҟьарақәа зыдбалаз ихаҭәаау агәаҭарахь адәықәҵабӷьыц рыҭан.

Апроект азынархоуп Аҧсны ақыҭа школхәыҷқәеи арҵаҩцәеи зыҩаӡара ҳараку амедицинатә цхыраара арыҭара.

0