Амениу
30 Мшаԥы 2024
00:25
Аҽҭаҩра

Адунеизегьтәи
аԥсуа-абаза
конгресс

Ҳара адунеи иқәынхо аԥсуааи абазақәеи реидкылара хықәкыс иҳамоуп

Лента событий ВААК

    14 Мшаԥы 2024
14.04.2024 10:00
Аҟәа, Аԥсны Аҳәынҭқарра

АААК иацнаҵоит амузыкатә проект.

АААК иацнаҵоит амузыкатә проект Аҿар рыҿиареи абаҩрҵәыреи рзы АААК аҟәшеи, амузыкант акомпозитор Абзагә Марыхәбеи К. Аргәын ихьӡ зху акультура Ахан аҿы иҟоу афонҿыцтәи аҟазарақәа ршкол аҟны  имҩаҧыргеит амузыкатә мастер-класс. Валери Берзениеи Абзагә Марыхәбеи ахәыҷқәа ирымардеит амузыкатә индустриаҿы ирымоу адыррақәа, еиҭарҳәеит еиуеиҧшым апрограммақәа аус рыдулашьа, лабҿаба иддырбеит аранжировка аиқәыршәара аетапқәа. 

Аҟазарақәа ршкол аҿы аус руеит аҧсуа сектори аурыс сектори рыла ишьақәыргылоу амузыкатә студиақәа ҩба. Астудиақәа рнапхгаҩцәа Елизавета Ершовои Мадина Кәарацхелиаҧҳаи иҭырҵаахьоу арепертуар аҟнытә иалрыҧшааит ахәыҷқәа еицырҳәаз ашәақәак, амузыкантцәа ракәзар, урҭ акомпозициақәа рзы азҟазаратә аранжировка еиқәдыршәеит. 

АААК амузыкатә проект мҩаҧысуеит амастер-классқәа рформала Аҧсны ақалақьқәеи ақыҭақәеи рҿы. Уи ахықәкы - аҟыбаҩ злоу аҿар ралҧшаареи рырҿиареи.

0